АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Урыстәылатәи ахирургцәа Антон Жаглини Алексеи Березини Аҟәа, Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны ҩ-ԥҟарак мҩаԥыргеит ашьамхырҟәара аԥсахразы ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
Аԥҟара ззыруз руаӡәк 57-шықәса лхыҵуан. Аҭыԥантәи аҳақьымцәа лара далырхит аныҟәара ахьылцәыуадаҩыз азы.
"Аҭыԥантәи аҳақьымцәеи абжьаратә усзуҩцәеи рҟазара ҳахнахит, избанзар ари аҩыза аԥҟара Аԥсны азы аиԥш маҷуп. Ус шакәугьы аҟәша аиҳабы инаиркны амедеҳәшьа лҟынӡа иҳавагыланы аус ҳацыруан", - ҳәа иҳәеит Антон Жаглин.
Иара убасгьы урыстәылатәи аҟазауаа ахәшәтәырҭа аиқәыршәашьагьы дырҽхәеит.
"Сгәы иаанагоит ари аҩыза аԥҟара анапахьы аагара мариахоит ҳәа" - иҳәеит аҳақьым Алексеи Березин.
Атравматологиа аҟәша аиҳабы Асҭамыр Иванба иҳәеит аԥҟара атәылаҿы иззыҟаҵатәу шмаҷым, иҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьымцәа азырхианы ари ахирургиатә процедура аҟаҵара шрылшо.
Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа иазгәеиҭеит, аԥҟара қәҿиарала ишымҩаԥысыз, иҳәеит Урыстәылеи Аԥсни рҳақьымцәа аиҩызаратә усеицурақәа шымҩаԥырго.