Аԥсны

Адәыӷба "Ласточка" амаршрут "Шәача - Гагра" ала аныҟәара аԥхьагәаҭара мҩаԥысит

"Ласточка" ареспубликахь аныҟәара алагара алыршахеит "Аԥсныеихамҩеи" "Урыстәылатәи аихамҩақәеи" ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Ахәаша, лаҵара 12 азы афымцадәыӷба "Ласточка" амаршрут "Шәача - Гагра" ала аныҟәара аԥхьагәаҭара мҩаԥысит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныеихамҩа" апресс-маҵзура.
"Аԥсныеихамҩа" адиректор хада Арсоу Ҷыҭанааи урыстәылатәи аилахәыра ахаҭарнакцәеи ражәақәа рыла, атестныҟәара шьахәла имҩаԥысит, аԥснытәи аихамҩақәа адәыӷба адкылара иазыхиоуп.
"Ласточка" уаҵәы инаркны аныҟәара иалагоит ҳазҳәом. Макьаназ ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицәажәоит. Ус акә егьыс акә адәыӷба арахь аара аҭоурых иазынхоит" - иҳәеит Ҷыҭанаа.