Урыстәыла

Владимир Путин еиҭеиҳәеит Москва адронқәа рыла ажәлара зыхҟьаз амзызқәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Москва адронқәа рыла ажәлара зыхҟьаз амзызқәа иреиуоуп урыстәылатәи архәҭақәа украинатәи аԥшыхәратә гәыԥқәа аааха ахьрыҭаз ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит.
"Адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа ааха шраҳҭо азы аҳәамҭа ҟаҳҵахьан. Убас ҩымш-хымш раԥхьа инырҵәан украинатәи аԥшыхәратә гәыԥқәа ртәарҭақәа", - иҳәеит Путин.
Путин иазгәеиҭеит Киев ахымҩаԥгашьа атеррористә ҟазшьа шамоу, урҭ рхықәкы- урыстәылауаа рыршәара ауп.
Украинатәи адронқәа ааба Москва иажәлеит лаҵара 30, ашьыжь. Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчрақәа адронқәа карыжьит. Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа аҩнқәа ааха рырҭеит.
Урыстәыла
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Москва адронқәа рыла ажәлара шыҟалаз