Аԥсны

"Уара аҵара умоуп, арахь умааин": аибашьра аветеран Сурам Сақаниа игәалашәарақәа

Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра иазку ланҵамҭақәа ирыцҵо, иахьа еиҭалҳәоит аветеран, аҟазараҭҵааҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, Амилаҭтә сахьатә галереиа аиҳабы Сурам Сақаниа иҭоурых.
Sputnik
Аиааира 30 шықәса иазкны анҵамҭақәа ҟаҵо, хықәкыс исымоуп аибашьра аамҭазы иаадырԥшыз агәымшәара адагьы, аҭынч ԥсҭазаараҿы знысымҩа бзиоу аветеранцәа рыӡбахә цәырызгарц. Сара рҵаҩыс дсыман иахьа зыӡбахә сымоу ауаҩы. Қәрала рацәак шҳабжьамызгьы, аиҳабыратәи аклассқәа рҿы сантәаз асахьаҭыхра арҵаҩы иаҳасабла ҳашкол аҿы аусура далагеит. Сурам Сақаниа иоуп сызҿу. Иара д-Кәтолтәиуп, арҵаҩра адагьы қыҭак ҳаицалҵит, уи анаҩс, Қарҭ атеатртә институт санҭаз, иара асахьаҭыхратә академиа дастудентын.
Арадио
Аҟазараҭҵааҩы Сақаниа ииубилеи аҽны еиҭеиҳәеит игәҭыха, хьаас имоу атәы

Амҿыԥҟара

"Аибашьра раԥхьатәи амш иахьеиԥш исгәалашәоит", - иҳәоит сажәабжь зызку. Усҟан иара Москва аспирантура дҭан аҟазараҭҵаара азанааҭ азы. Убрантәи астудентцәа ирыдҳәалаз қьаадқәак Владислав Арӡынба иусурҭаҿы иныжьны, Кәтолҟа дцеит амҿы ԥҟаны, илганы нас аспирантурахь сгьежьуеит ҳәа (иашьа идунеи иԥсаххьан). Амҿыԥҟара дшаҿыз, абри Тамшь аганахь ахысбыжьқәа го иалагеит, авертолиотқәа хылеит. Асааҭ 12 ирзынаԥшуа Сурам иан арҵәааҳәа лыбжьы геит. Аҩны даназааигәаха "аибашьра иалагеит" ҳәа лажәақәа илымҳа иааҭасит.
Сурам хымԥада идыруан аҭагылазаашьа зеиԥшраз, уи аспирантураҿы аҵара ицызҵозгьы иаргьы алацәажәон, иара убас уа инеиуаз аҟабардақәеи ачеченцәеи ирҳәон ақырҭқәа аибашьра рыҽшазыҟарҵо. Ус акәзаргьы, ас иаалырҟьаны атанкқәа Аԥсны иажәырҵоит ҳәа дыҟамызт. Аҩны дааҩнашылазар, ателевизор аҿы Зураб Аргәын алаҳәара даҿын аӷа дышҳақәлаз, нас Арӡынба даацәырҵын, иҳәеит агрессор ҳашҭа дышҭалаз, ишиҿагылатәу.
"Аиашазы, хшыҩла сазхәыцхьан, аха ҳазлеибыҭамыз ала, ҩымш-хымш џьара ҳазыҟарҵозар акәхап сҳәан, сарҭмаҟ сапынк, қлаԥадқәак уҳәа нҭасҵан, Чаарқыҭ аҳабла агәаҟны снеит. Уа сахьнеиз Нодар Сыҷынаа, Џьон Гәаланӡиа,Тариел Сақаниа уҳәа хәҩык-фҩык раҟара збеит. Бџьаркгьы ҳарҭоз џьаҳшьон аиашазы, избанзар "Жәлар рфорум" ҳақәдыргәыӷхьан ақырҭқәа ҳажәлар, бџьар шәыгхом ҳәа", - иҳәоит Сурам уи амш дазыхынҳәуа.
Аха, аибашьра аҽазыҟаҵара ҳәа акгьы шазгәаҭам анырба, Сурам иҩызцәеи иареи Тамшь аганахь рҿынархеит ршәақьқәа шьҭыхны…

Тамшь

Раԥхьатәи амш ахәлара убра Тамшь аҳәааҿы ирхыргеит Сурам иҩызцәеи иареи. Нас, Ануаа рхәы шыҟаз Тамшьтәи ацҳа аанкыларзы рҿынархеит. Сурам иахьагьы ихашҭуам уа ирԥылаз аԥҳәыс заҟа ргәы шьҭылхыз.
"Аа, Анцәа шәиныҳәааит лҳәеит. Аа, нарҭаа дуқәа рыхшара шәоуп шәара, лҳәан ҳалныҳәеит. Нас, ҭоумышьтәи ацҳаҿы ҳкылсит. Убри аамҭазы ақырҭқәа иртәыз амашьына "Виллис" абзарбзанқәа наҟ-ааҟ иақәыргыланы ииаҟьаны ицеит асасааирҭа "Мишвели" аганахь. Ус, ҳҩызак ихәыцит ацҳа агәҭа ашаха бжьданы иҟаҳҵарц, иара убри ала амашьынақәа аанаҳкылаларц", - Сурам ари анеиҭеиҳәо, аҟыр-ҟырҳәа дыччоит.
Уи ашаха иацзаарын аҩсҭаара, ианылашьцоу амашьына алашара аднарԥхалар, уамаӡак ишәпоушәа унарбозаарын. Ус машьынак ааиуан, днасын ашаха ԥыххааса дцеит. Ашьҭахь даргьы рҭыԥ ахь игьежьит.
Аԥсны
Митиа Хьиба: "Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан…"

Апозициа аанкылара

"Илашьцо ианалага, ҳҩагьежьын, Осиаа ахьынхо Лабра абжьаларҭаҿы апозициа ҳкит. Тҟәарчал иҭрыжьуаз гранатақәак ҳаман, убра ақәыцаанда ҳнаватәеит. Ус Пантик Торчуа дааит, даҽаӡә дааит. Пантик иҳаиҳәеит Џьгьардантәи Тамшьтәи ацҳа аԥжәаразы артҟәацгақәа ааргоит ҳәа", - абас иҳәоит Сурам раԥхьатәи аҽеидкыларақәа дырзааҭгыло.
Аветеран ишигәалашәо ала, Гиви Ҵнариа, Вели Иупов, Витали Сақаниа ааит, нас "Кындыӷ аԥсуаа еизоит аибашьра аҵыхәала афорумаа алахәны" ҳәа ираҳаз инақәгәыӷны уахь рҿынархеит. Уахынла Кындыӷ "аԥсаатә ферма" шыҟаз инеит. Аха, аӡәгьы дрымбеит. Убра ачаиҭрақәа рҿы БТР хыблаа-ҿыблаа гылан. Усҟан Сурам изцәырҵит аидеиа, уи акы иацраҳәаны Кәтолҟа аагара, нас еиҭашьақәыргыланы ахархәаразы.
"Зил 130" ҳақәтәан ҳара. Ани БТР даҽа машьынак инацрарҳәан Чаарқыҭ иааганы иаадыргылт. Ари атрофеи 8-тәи аԥсуа полк иатәын, Кәтолаа идыргьежьит", - иҳәоит Сурам.

Ацҳа аԥжәара

Абас илеилахәла ицеит раԥхьатәи амш. Қәҭелиак асахьаҭыхратә ҵараиурҭа иалгахьаз Сурам зыхьӡ игәаламшәо, Шоҭа Ҵәыџь уҳәа даҽа ԥыҭҩык рыцны Тамшь ацҳа ԥыржәарц иганы иаҵарҵеит артҟәацгақәа. Ацҳақәа ҩба ыҟан. Аҿыц иаҵарҵан иԥыржәеит, ажәытә атанкқәа азынкылаӡомызт усгьы.
"Дым Занҭариа ипозициа ахьникылахьаз ҳцеит. Нас, Кындыӷ аганахь аӡы ҳнырсын апозициақәа ҳкит. Ус қыҭак аиҳабык, аԥсыуак дааит. Ҳаншәырҵәеит, шәызҿу закәузеи иҳәан, дгәамҵит. Убри аҟара ҳгәы ҵкапуан, ҳиеихсындаз ҳҳәо. Ус, ақырҭқәа Драндантәи иааит иԥшыхәырц, итҟәацыз иԥжәаз закәу гәарҭарц. Урҭ ҳҳәынҷан, хылаԥшҩыс Мымка Ҳашба драҳҭеит. Напылатәи бзарбзанк 1928 шықәсазы ирхәыцыз ҳа ҳтәқәа ирыԥшаан, уигьы ҳамоуп . Ус, дук хара имгакәа ҳаирпланк ааит. Шьыжьын. Аҳаирплан ачеченцәа иаарышьҭит ҟаҳҵан, ҳаигәырӷьеит. Ԥшьаала ицон, амҵәыжәҩақәа рыбжьы уаҳартә. Ус атанкқәа ааит Очамчыра аганахьала, рышьҭахь автобусқәа агвардиауаа зҭоу гылан. Ацҳа ԥжәан, изықәсӡомызт аҟынтә, атанк "гәаан", Кындыӷ ахәахьы ихысит", - иҳәоит Сурам, раԥхьатәи рԥышәа игәаларшәо.
Сурам ишиҳәо ала, ҩнык маца акит, даргьы ахыԥша ишьҭнахит хыхь.
"Атанк ҩынтә ихысит. Сагьшәон, аха саргьы агико скын, ҩынтәҟа схысит",- иҳәоит ихы дахлафаауа аветеран.
Ари анаҩс, Тамшь итәаз ҳа ҳтәқәа игьежьыз ақырҭуа автобусқәа иреихсит, уи акәхеит, атәыла бгеит, еиларҵеит 15 рзы ашьыжь - сзацәажәо иажәақәа рыла. Аҳаирплан гьежьын Очамчыра аганахь иԥрит, нас дырҩегьых Дранда аганхь ицеит.
"Нас, ҳаиханы, Ҭоумышь аӡы ҳҽаҭаны Ануаа рхәы ҳхалеит. Аӡба ҳаԥсуан. Ҳахьыҩхалаз, нхаҩык иашҭа ҳҭалеит. Ашампанҵәақәа арҭны иҿан. Амла ҳакхьан азы, урҭгьы ргьама ҳбан, ҳџьыбақәагьы ҳарҭәит, аӡгьы ҳжәит", - игәалаиршәоит Сурам.
"Убри ашьҭахь ақырҭқәа рвертолиот "азаақьҳәа ихәаауа" Ануаа рхәы иаахалеит", - ҳәа иҳәоит аветеран иажәа иалаҵаны.
Тамшь атанкқәа ианрааха, иаагьежьын, аҳабла иақәлеит.
"Ртанк анықәгьежьаа абарбалзынџьыр (гусеница) аҵыҩрит. Убри ахьчарц акәхап авертолиот зхалаз. Ҳара иҳашьҭоу џьаҳшьоит дара. Ҳаршьыз џьыршьеит ҳа ҳтәқәа. Нас, Кәтолҟа ҳгьежьит", - абас алафгьы налаҵо исирҳауеит исмаҳацыз ажәабжь Сурам.
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз

Аҟазараҭҵааҩ аибашьраҿы

Сурам ишигәалашәо ала, аибашьцәа ирласны рҽеизыргеит. Пантик Торчуа еихишан, рҭыԥқәа ааныркылеит. Амобилизациа ззырҳәо ирлас иҟарҵеит. Аха, абраҟа сара иџьасшьо, аруаҩ изанааҭ иацәыхароу аҟазараҭҵааҩ иаразнак абџьар шьҭыхны аӷа дахьиҿагылаз ауп.
Сурам Сақаниа уи азы абас аҭак сиҭеит:
"Арра Ленинград аргыларатә архәҭаҿы сахысуан. Сара уи санахысуаз, Виетнам егьи уҳәа ашәарҭарақәа ыҟан, убри азы "строибатаа" сабшала, мҽышала ҳганы ахысшьа ҳдырҵон. Ианиашьа ихаҵашьоуп ыҟоуп, аха ҳара Москвагьы ҳҽеидкыланы ҳаҟан. Андзор Гоовгьы убра днеилон. Уа иаҳбарҭан иҟаз. Ҟарҟарашвили уаанӡа аӡы ижәуашәа ир иманы Ԥсоунӡа дцахьан, убри азы аибашьра сазхәыцуан сара. Ҳара Кәтол аганахь атанк быжьҟьар, абра артҟәацгақәа рыла иԥаҳжәарц Чаарқыҭ ҳаҟан. Жәамш рнаҩс ауаа рзымхо иалагеит Тамшьтәи ацәаҳәаҿы. Нас, аԥхьаҟа ҳцеит. Пантик Торчуа "уара аҵара умоуп, арахь уааир ҟалаӡом" иҳәеит. Уи захьӡузеи, уара уеибашьуазар, саргьы сеибашьыроуп сҳәеит. Сара ибзианы ахысшьа здыруан аснаиперцәа реиԥш. Шурик Гәаланӡиа иоуп ҳәа сыҟоуп "Дельфин" ахьӡаҳҵап иҳәеит агәыԥ. Дельфин (Амшынҳәа) ауаҩы изааигәоуп, иҟәышуп, уи азы акәхап. Уа, нас акомандирцәа алырхит, аха абри Пантик Торчуа иофициалтәым командирс дыҟан...", - абас иҟоуп Сурам исиҭаз аҭак.
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: аветеран Олег Чмель игәалашәарақәа

Зегь реиҳа иуадаҩу аибашьраҿтәи асахьа

Сзацәажәоз аветеран ихаҿы инхаз асахьақәа рзы иажәаҳәа абас иҟоуп:
"Сыла иабеит ирацәаҩны афырхаҵара злаз ауаа. Аха, избеит даҽакгьы - аибашьра анцоз, ҳара иаҳтәым ақыҭаҟынтәи, ҳашьҭахьҟа инеины ихысуан. Убри ашьҭахь, дук хара имгаӡакәа, агәақьҳәа абзарбзанқәеи аминаршәгақәеи рыла ақырҭқәа ҳпозициақәа ирыжәырҵон. Сара убас сгәы иаанагоит, ақырҭқәа адырра рырҭон ҳәа... Ари изныкымкәа иҟалеит. Уи угәы унархьуеит. Ушьҭахь аӡә днеины аӷа адырга анииҭо".
Анаҩс, Сурам игәалаиршәоит игәыҭшьаагоу ахҭысқәа:
"Артур Гәаланӡиеи сареи абарҭ артҟәацгақәа асилитра ала еиҵаҵаны ажраҿы ҳҽыҵәахны ҳтәон атанк бжьалар иԥаҳжәоит ҳәа. Борис Гәыргәлиа иҷкәын дҭахан, Кәтол днаргеит уи аамҭазы. Асмена ҳара иаҳтәӡамызт азын, аԥсыжрахь ҳнеит. Абзагә дыржырц акгьы агымкәа, атанк ахьиасуаз атҟәацбыжь геит. Адгьыл ҵысит. Ҳахьгылаз иааит абжьы. Аԥсыжра ашьҭахь еилаҳкааит, артҟәацга зкыз адаҷ аҳәынаԥ ихырфаан иԥжәазаап. Атанк иаҵаԥымжәеит, аха иарбрит. Ҳагьаршәеит аиашазы ҳаргьы. Ани атанк анааи, иԥызжәаз Елгәыџьа Сыҷынаа (Гал дыршьит аибашьра ашьҭахь) дфырхаҵами?! Ҳара командирс ҭагалан дҳауит Игорь Сыҷынаа. Зны иара ашоура иоун, аҩны дышьҭан, февральмзазы акәын. Уи анҳаҳа, ҳнеит иҩны Артури сареи. Дбаны аҩныҟа ҳцеит. Адырҩаҽны атәыла бгеит, артҟәацгақәа дыдраҵас рҿаархеит. Ашоура шимаз, апозициахь дцеит дыҩны Игорь. Убра дахьнеиз атанк ҳпозициахь ихыст, ианиааха ихы азбжак амнахит".
1 / 2

Игорь Сыҷынаа

2 / 2

Игорь Сыҷынаа

Сурам ишеиҭеиҳәо ала, ари аибашьратә еилаҩеиласраҿы дырхәит Саӡба Толик, Хьудар Аҩӡба иан дҭахеит, аҩны артҟәацга ақәҳан.
"Гена Қәырсуа иан дызныҟәаӡомызт, ианыцәгьараха, аҟәардә дшантәалаз лԥацәа даашьҭырхын, аҭабиа ҟаҵаны иахьҳамаз дыргеит. Сылаӷырӡ ааит ари анызба. Сангьы мчыла дсышьҭит аҭабиахь. Уантәи афронт аганахь сцарц ахҵысҭа санықәгыла, алақәа ауура иалагеит. Ахқәа сахьгылаз ааигәа аҵлақәа инарылатҟәацит. Санылбаауаз, сгәы ԥшааит, сан дсышьҭаԥшуан, ҳаибабара ҵыхәтәантәихаргьы ауан. Ала мыждақәа сышьҭаууан. Уи ҽеиӡам, ибдыруеит. Амҩаду аҿы скылсит, аха аӡәгьы даным. Февраль 24 ашьыжь асааҭ 6 рзы ахысрақәа еиқәтәеит. Сагьшәон. Ақырҭқәа амҩа ианыланы иаауазаргьы ауан. Чаарқыҭ адәқьанқәа ахьыҟаз саныԥшы, џьоукы аауазшәа збеит, алашара аркуа. Иџьасшьеит. Егьи, ахы асфальт иқәсны иаауазарын. Осиаа рҟынӡа снеит. Андреи Кьыркьинаӡе аснаипер винтовка икын. Абзарбзан Лабра ахәы иқәдыргылеит ақырҭқәа, ирзызуа убап иҳәеит. Дрышьклахысуа даналага, ихьаҵит. Ус, ақырҭқәа рцәажәабжь ааигәахо иалагеит Габлиаа ахьынхо Наӷбоу аҳабла аганахь. Ус атҟәацыбжь геит. Иҟалаз убри ауп - Звелик Ӡлаиа убра акоманда иман. Ҩнык алаӷәраҟны ирыман артҟәацга ықәҵаны. Абарҭ ақырҭқәа шааиуаз убра ианыныҩнала, иԥыржәеит. Иҭадырхеит. Ус Артур Гәаланӡиа дыҩны дааит Тамшь аганахь ҳаҷкәынцәа хәуп ҳәа. БТР ааит ҳа ҳәтәы уи аамҭаз. Руслан Кьекьелиа гәыдкылак аснариад ааигеит. Артури сареи архысгақәа ҳаман ҳцеит ҳпозициақәа рахь. Торчуаа рыҩны аԥхьа ҳаннеи, ахқәа аауан амҩаду ианыршәланы. Ажрақәа алдан амҩаду аганаҿ. Артури сареи ҳанҭаԥаланы ҳдәықәлеит тамшьтәи ацәаҳәахьы. Ҳашнеиуаз, Мелаӡе ижәлан, ихьӡ сгәалашәом, Гәаланӡиаа дрымаҳәын, убри даҳԥылеит. Иан даԥсыуан. Ҳкомандаҿ деибашьуан. Мелаӡе ахы иааханы дыҟазаарын, ашьа иҿыҵкьаса ицон. Сахьнеиз, Ахра Гәаланӡиа ҳкомандир Игорь Сыҷынаа ӷәӷәала дхәуп иҳәеит. Саԥхьа Руслан Чагәаа днеихьан. Убри аамҭазы Заҟала Торчуеи даҽа ҷкәынаки Игорь асакаса данҵаны дааҳԥыргалеит. Асы ӡыҭын, аҟьыҵәыра ыҟан ажраҿы цәгьала. Узылсуамызт аҳәынҵәа. Нодар Торчуа икын асакаса азганк. Исыҭ сҳәан инаимыздеит. Метрак ҳнаӡаанӡа, аҳәынҵәа ҳшьыпны ҳакит. Ус, Заҟала дааин, длыбжьаԥалан иаасымихит. Игорь иԥсы ахәанга ҭан, нас иԥсы ихыҵит... Торчуагьы аҳәынҵәа дамышьҭит, нас имагә ааишьихын, асакаса ԥхьаҟа иргаратәы дныҟәеит қлаԥад заҵәы. Нас, абри фырхаҵараӡами?" - абас иҟаз ахҭысқәа дырзааҭгылоит аветеран.
Аԥсны
Аибашьра иаԥсахит агәҭакқәа: аветеран Артур Гәаланӡиа иҿцәажәара

Аибашьра ҳашьцылеит

Аибашьра ҳашьцылеит. Алафгьы ҳҳәон, анардгьы ҳахәмаруан, аснариад ҳааигәа ианыԥжәозгьы ыҟан. Анерв иахҟьома сыздыруам, аччара уамашәа иацын", - иҳәоит Сурам.
1993 шықәса аԥхын аамҭалатәи аинышәара аламҭалазшәа Сурам ахәра иоуит. Нас, Цагьера ажәылара ҟалоит анырҳәа, зегь акоуп дцеит.
"Цагьератәи ажәыларахь мышкы ҳрымгеит, ҩымш ҳрымгеит. Азԥшра уарааԥсоит цәгьала. Игорь Ҵнариеи сареи ҳаиццеит нас. Уа ҳахьнеиз, ахыуаа иҳәынҷаны иааргаз џьоукы ҳрықәшәеит. Урҭ акы рзырур ҳамуит. Атанк ҳазлеихсуаз ҳмоуит, ҳтанк инеиран иҟаз ҭахеит. Очамчырантәи атанкқәа дәықәлеит ҳа ҳахь. Маниа Џьуку дҳацын. Агранатаршәга икын. Сшьапқәа кьантыжәхеит сара сзеиҭамҵуа. Атанкқәа анҳажәла, ихьаҵтәуп рҳәеит. Аха сызлацои? Акультура аҩны ахьыҟаз ҳаҟан. Цхьынҵҟараа, ахыуаа - ԥхьаҟа цашьа ҳамам, ақырҭқәа рабџьар рацәоуп анырҳәа, ихьаҵтәхеит. Арҭ иҳацыз атҟәацәа ҳхьаҵуашәа анырба, ҳаргьы ҳшәыццоит рҳәеит, аха иҳамуит. Абра аҩны авараҿы шәтәаз ҳҳәеит. Убри аамҭазы сзымгыло сыҟан. РГУ ала икарыжьуа иалагеит ахқәа. Сытҟәаны сыргаргьы хьаас исымамкәа сыҟан. Тариел (Тотка) Сақаниа – уанымгыла суеихсны усшьуеит иҳәеит. Ари сишьуеит сҳәан, сгылеит изулак. Ахыуаа хьаҵит, руаӡәы ишьапы хәын - Рауль Сангәлиа иоуп, сымҩашьозар. Ҳҩагылеит. Ахылаӷьара уҭалароуп. Саныԥшы, избеит - хҩык шьҭан. Аснариад ргәыдыԥжәалазаап. Ихәашхәаша ицеит. Заур Сақаниеи даҽа ҩыџьеи шьын. Шәгыл сҳәеит, аха сыбжьы заҳуаз абаҟаз…".
Сурам аибашьраҿы иҭоурых анеиҭеиҳәо, акыр ихы алаф ахиҳәаауеит. Абар уи игәалаиршәо :

"Ус, сышнеиуаз, адаҷеилышь змаз (сетка) аанда ԥынгылас исоуит. Сыҩны сҽыласыжьит. Инааит, сышьҭахь иааиуаз стәарҭа шьапыла данас снахыбгеит. Аӡышьҭрахь ҳалбаар акәын анаҩс. Иаҳаулакгьы агәаҩа ҳаҽҭаҳажьит. Ҭенгиз Ҷкадуа дызбеит убра. Сангәлиа дыхәны дӷызуа дышьҭан агәаҩаҿы. Снапы мӷьаӡацызт, аҭәеи ашьеи аауан. Ахәра злаҿарҳәоз сыман, иршәны исҭеит. Автомат амаа изынарышьҭын, даадыргылеит ицхраан. Абна ахәы снаҿаланы сықәгылоит, нас шәаргьы шәхазгалоит сҳәахт, сара амч сымоушәа. Сшызмыҩуаз сзеилкаауамызт. Ус абзарбзан ала исгәыдырҵеит. Сшәаны скаҳау, ак саахан скаҳау сеидроу, аха қдык снаваҳаит. Сахькажьу схәыцуеит - сеибганы салҵыр, аӡы сыҽӡаасхуеит ҳәа. Абзарбзан аҿы ааиханакит, ҿыц еиҵарҵозма, сеидроу, алшара ансоу, сыҩт, аха схьыдышьшьуан. Ҷкадуа ииулак дсыгәҭасын хыхь схаижьлеит, нас егьырҭгьы хазгалеит. Ҳашнеиуа, даҽа ӡык ҳҭысроуп. Са снаскьоит, иҟоу збоит сҳәеит, убри аамҭаз аснариад ааигәаны икаҳан, сыжәҩахыр иасит. Сканажьит, абылфҩы схышәшәа. Сыжәҩахыр ҿнахит ари аҟәырҷаха, иаблит ҳәа схәыцуеит. Сшәеит, аиашазы. Изулакгьы скаска аасырҽеин, сшьамхы снықәгылан, исшәыз сбушлат аҩнуҵҟала сыжәҩахь снапы сышьҭит, ашьа аауазар гәасҭарц. Снапы ақәшәеит сыжәҩахыр. Снапы слахаҩахан - аус ауеит. Еибган. Убри аҟара сгәырӷьеит, исзеиҭаҳәом. Сышкаҳаз анырба, сашьыз џьыршьан, исышьҭалан иааиуаз иҩны ицеит. Сгәадимадиуа снагылан, аӡышьҭра ахьыҟаз сааизар, џьоук цәажәоит. Снапы дысын, аха савтомат аасырхиан, "Вы кто?" сҳәахит. Уа ӷәадаа ркоманда акәзаарын итәаз, ихәны ҳа ҳтәқәа неир, иалыргарц иԥшызаарын. Сырдырит, аԥсуа чычиа дузымдыруа дыҟоума", - абас аҟырҟырҳәо дыччо исзеиҭеиҳәеит Сурам иԥсы шеиқәхаз.

Анаҩс, Сурам иқәшәаз Дик Џьынџьал (Дикий - ахьӡҷыда) еиқәшәан ишцоз амҩаду ахь ицәырҵит Амаамынқәа рҭыԥ ахьыҟаз аганахь. Цагьерантәи аӡқәа дрырны дшааиуаз, аурыс бжьаҟазаратә мчқәа гылоуп. Арахь уааи рҳәан, аха икоманда ахьыҟоу ҳәа игәы иахьаанагоз дцеит. Витали Осиа командирс дыҟан уи аамаҭазы. Резик Сақаниа ақәра шимазгьы, ркоманда далан, убри дицхрааны Лабранӡа дааит Сурам.
"Сыԥсы маҷхеит Лабра санааи, - иҳәоит Сурам, ихы дырҩагьых дахлафаауа, нас иажәа иациҵоит, - Сара сзыҳәан аибашьра убра инҵәеит. Аха аҵыхәтәантәи ажәылара ҟалеит ҳаибашьцәа Кәыдры еиԥылеит ҳәа ансаҳа, сдәықәлеит. Лаврик Гәаланӡиеи Адамыр Џьапуеи агәырӷьаҿҳәаша сырҭеит. Сышьҭан, сыжәҩахыр смыхәо, аха срышьҭалан ҭоуиҭадала Очамчыра срыхьӡеит. Саншьа иԥҳәыс дызбеит. Ауха уаҟа саангылт. Гал сцеит адырҩаҽны, аха аибашьра еилгахьан", - абас инҵәоит "Агәымшәараз амедал" занашьоу аветеран, Аԥсны амилаҭтә галереиа адиректор, аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа иажәабжь.
Аиааира аламҭалаз: Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа Кәыдры ацҳаҿы ишеиԥылаз