Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Митиа Хьиба: "Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан…"

© Foto / Элеонора Когониа Митиа Хьиба
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Митиа Хьиба аибашьра иазку игәалашәарақәа лыцеиҩишеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз, Гәдоуҭа асахьаҭыхыҩцәа рштаб еиҿкаан. Дара иаԥырҵон аӷа ихаҿсахьа аазырԥшуаз акарикатурақәа. Исгәалашәоит, ақалақь агәаны урҭ рцәыргақәҵа аныҟаз. Ииашаҵәҟьаны, уи аҵакы аман иҳабашьуаз рыгәҭакқәа раарԥшразы, ауаагьы адеизаланы ирыхәаԥшуан урҭ аполитикатә карикатурақәа. Иаҳҳәар ауеит уи идеологиатә еибашьран ҳәа. Асахьаҭыхҩцәа аӡәырҩы ишыргәалашәо ала, уи аидеиа рыдигалеит Владислав Арӡынба. Иахьатәи сажәабжь зызку асахьаҭыхҩы иакәзар, иалихит даҽа мҩак, уи амҩа еиҳа ихьанҭан, иагьшәарҭан. Шәҟәыла иара ихьӡуп Сергеи, аха ҳара дшаҳдыруа Митиа ҳәа ауп, д-Хьибоуп, дбаслахәтәиуп. Убри аҟынтә, сажәабжь аҿы иофициалтә хьӡы ахархәарагьы аиуӡом. Аибашьра иалагаанӡа иара дырҵаҩын, иахьагьы уи азанааҭ ала аус иуеит. Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа арҵаҩы Митиа Хьиба изыскуеит сажәабжь.

Раԥхьатәи амшқәа

"Аибашьра аҽны Аҟәа сыҟан. Сара аԥсуа гвардиа салан, уи иалаз Бганба Руслани даҽа гәыԥҩык ҳҩызцәеи ҳареи ҳааигәныҩын Аҽгәара ҳалбааит архәҭа ахьыҟаз абџьар ршоит ҳәа ҳаҳан, аха акгьы ҳмоуӡеит. Нас ҳалҵын, Гәымсҭа нырцәҟа ҳцеит. Ешыра "ацеллофан зауад" ахьыҟаз, Шаҭиԥацәа рыҩны (Владислав Арӡынба иҩны ашьҭахь игылоуп) убра саанхеит сара, нас Гәырам Шьоууа "ацхыраара лас" амашьына сиҭан сақәтәеит. Амедицина-санитартә баталион сатәын", - абас иажәа хациркит Митиа аибашьра раԥхьатәи амшқәа игәаларшәо.
© Foto / из семейного архива семьи ХьибаМитиа Хьиба
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Митиа Хьиба
Митиа имашьынеи иареи ахьыҷаԥшьоз аҭыԥ афронт иаҿықәын, Ешыратәи ацҳа аԥышәаҿ иҟан. Уахь ацара зегьы ирзыгәаӷьуамызт, акыр ишәарҭан, аха Митиа ихаҭа ишиҳәо ала, аибашьра ааилгаанӡа Ешыра-Афонҿыцтәи агоспиталь ҳәа иалхыз амаршрут дыбжьан...
Асахьаҭыхҩы-амашьынарныҟәцаҩ - ишԥаҟалои абас ҳәа Митиа сиазҵааит. Иара дааччан, абас аҭак сиҭеит:
"Сара саагылеижьҭеи амашьына ныҟәысцон. Саб Ҷыҷыкәа Хьиба Аџьынџьтәылатә еибашьра ду далахәын, динвалидын, изшьапык имамызт, апротез ныҟәигон, убри азы аҳәынҭқарра амашьына изаанахәон... Саргьы сақәиртәон азы ибзианы исырныҟәон, нас схаҭагьы амашьына аасхәеит".
Аибашьра ацәаҳәаҿы ила иабоз зегь рылацәажәара ицәыуадаҩуп Митиа. Еиҳаракгьы иара ихьанҭаны иҟаз аамҭа ҳәа дзызхәыцуа Марттәи ажәылара ауп.
© Foto / из семейного архива семьи ХьибаМитиа Хьиба
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Митиа Хьиба
"Сара сыла иабаз даара ирацәоуп, аиаша басҳәап исгәалашәаргьы сҭахым. Ахәцәа, аԥсцәа алаҳгон, Ешыратәи ацҳа ааигәара ҳнеиуан. Нас агоспиталь ахь Афонҟа иаҳгон. Иӷәӷәаны ихәыз Афонҟа, еиҳа ибаргәымыз Ешыра аевакпунт аҿы инҳажьуан. Ирацәаҩны аҷқәынцәа ҭахеит. Марттәи ажәылара аамҭазы Ацҳа ааигәара ҳнеины иаҳгон ахәцәа. Ҩыџьа-хҩык ҳакәын уахь инеиуаз. Уажә зегь уахь ҳнеиуан рҳәоит, аха Анзор Базба, Руслан Ҭаниа реиԥш иҟаз ракәын изгәаӷьуаз…. Хыхь игылан амашьынақәа зегьы. Ҵаҟа илбаауаз рацәаҩымызт. Ахәцәа анааргоз, сыҩуа сырԥылон, нас арахь исыман саауан. Ҳабжьан абас. Наташа Леиба дыҟан уа. Хаҵаҵас дыҟан. Валиа Романовагьы дҳацын. Лыҷкәынгьы дҭахеит. Лыҷқәын аибашьра аналагаз убра арра дахысуан алабораториаҿы, аха дымцаӡеит џьаргьы, уа даанхеит. Икахәхәа иҟаз аҷкәын дҭахеит. Аӡӷабцәа ахацәа ирзымгәаӷьуаз ргәаӷьуан. Наҟ ирылаланы ицон. Иузынкылаӡомызт. Валиа дырхәит Романова. Дганы агоспиталь аҿы дышьҭаҳҵеит. Нас саргьы сырхәит, саргьы нас уахь сыргеит. Ҩымшҟа сышьҭан, нас сыбналеит. Сшьапы ахы иахьагьы иалоуп. Убри аҩыза аҭыԥаҿ иҟоуп, алхшьа амаӡам, аха ахьаа сымаӡам", - иҳәоит Митиа, аибашьра ацәаҳәа дазааҭгыло.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара

Акарикатурақәа мап рыцәкра

Митиа саниацәажәоз хымԥада исҭеит аидеологиатә пропагандатә ус - акарикатурақәа раԥҵара аштаб ахь имҩа зимырхаз ҵаҵӷәыс иамаз азы азҵаара? Илымшаӡози иара, иҩызцәа асахьаҭыхҩцәа рнапы злакыс аус аҽадкылара?
"Сара аҷқәынцәа Аҟәа исыцалҵыз кажьны сзымцеит. Аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа ртәы сҳәозар, абри ҳара ҳсахьаҭыхратә ҵараиурҭа иатәыз 15-ҩык ҭахеит. Сара уа дызбон Муҳамед Шхагушев - уи Нхыҵ-Кавказтәин, дҟабардан. Ара аҵара иҵон. Ешыра есымша амца акын усгьы. Ҽнак сыԥшын Шхагушев дҳәазо даауеит, ибӷа ак шықәу збоит. "Аетиудник узаазгеит" иҳәан исиҭеит, иахьынтәааигаз сеидроу. "Аибашьра еилгар, нас асахьа ҭаҳхлоит", - иҳәеит. 25-ҟа шықәса акәын ихыҵуаз. Нас данаҳцәыршь март азы иҭаацәа дыргагәышьеит. Амольберт исиҭаз сзеиқәмырхаӡеит. Аҟәа агаразы ажәылара ианалага, арахь ҳалалеит. Иара уа Ешыра инхеит. Аибашьра ашьҭахь сцеит, аха иҟаӡамызт. Нас, абас иҟаз аҷкәынцәа ахьжәылоз иааныжьны Гәдоуҭаҟа сахьаҭыхра сызлацарыз?" - саҭеикит аветеран.
© Foto / Элеонора Когониа Митиа Хьиба
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Митиа Хьиба
Митиа иҳәоит иара дахьыҟаз "ацеллофан зауад" азааигәара ирлас-ырлас дшибоз аԥсуа сахьаҭыхҩы Заур Аџьба. Иара ишеиҭеиҳәо ала, акгьы иннамкылоз уаҩын.
"Ешыра ҳара ҳахьыҟаз, амца акын есымша. Ианысгәалашәо сгәы сыхьуеит. Аҳәса аазымгац аҷқәынцәа анҭахо угәы умыхьыр ауӡом. Ҳҩыза Заур Аџьба иакәзар, акгьы дааннакылаӡомызт. "Акарикатурақәа ахьыҟарҵоз шәца" ҳәа иаргьы саргьы иҳарҳәеит, аха мап ҳкит. Сергеи Дбар хаҭала акырынтә иҳаиҳәеит "шәца, шәҭыхла" ҳәа, аха иҳамуит. Ешыра асменаҿ данааилак, ҳаибабон Заури сареи. Деилҟьан. Дҭахеит "Ҳара ҳузшьаҟьом" ҳәа асахьа ҭызхыз аҟаза. Иара данҭахоз сара даҽа хәцәак алызгон, нас ауп иансарҳәаз дышҭахаз. Дуаҩ бзиан, дсахьаҭыхҩы бзиан. Абарҭқәа зысҳәо, излаансыжьуааз афронт, сҩызцәеи сҵаҩцәеи аибашьра адәаҿы ианыҟаз. Сышԥамцоз еибашьра? Саргьы с́ычкәынан усҟан. Аанкылашьа сымазма, сҩызцәа ахьыҟаз сцеит. Амашьына рныҟәцаҩ хыхьчашьа имаӡам. Смашьына алыхәҭеиԥш икылыҵәҵәа иҟан. Ахы ибзианы исықәшәеит ҽнак. Сшьапы иаахеит ахәцәа шызгоз. Рҭыԥ аҟынӡа иназгеит сышхәызгьы. "Ушьҭал" рҳәан, сышьҭарҵеит. Убасҟан Роза Ақырҭаагьы дыхәны дааргеит. Абас схаҿы дтәоуп. Ацәажәара даҿуп. Издыруа аӡә шлакәыз еилыскааит. Сыԥшызар Роза. Цугуровка дырхәын дааргеит…".
Геннади Каҷабаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз

Ҭаацәаныла еибашьуаз

Митиа иԥшәма ԥҳәыс Џьулетта Аҭәмаа занааҭла дмедиаҳәшьан. Аибашьра ианналагоз, дара ирыман ҩыџьа ахшара. Аиҳабы Рамин ихыҵуан 15 шықәса. Аиҵбы Оҭар дхәыҷын зынӡа. Иара убас, иаб ииааӡоз аҷкәын Зурик 14 дырҭагылан.
© Foto / из семейного архива семьи ХьибаМитиа Хьиба
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Митиа Хьиба
"Сҭаацәа аибашьра аналагоз Беслахә иҟан. Нас аӷацәа анааигәаха, Гәыԥҟа ицеит, сыԥшәма уахьтәин азы. Нас, урсынтәи Тҟәарчалҟа ииасит. Рамингьы Зурабгьы рықәра шмаҷӡазгьы автоматқәа шьҭыхны еибашьра идәықәлеит. Нас сыԥшәма лсумка аашьҭылхын, медиаҳәшьара дцеит, агәамбзиара шлымазгьы (абронхиалтә астма даргәаҟуан - Е. К). Баслахәтәи ахырӷәӷәарҭаҿы иҟан дара. Аибашьра азҟазара шьҭрала иаауазаргьы ауан, саби иашьцәа ҩыџьеи еибашьуан 1941-1945 шықәскәа рзы. Руаӡәы Баграт ихьӡын, дыбжьаӡит. Игьежьыз Ваниа ихьӡын. Ибжьаӡыз дахьжу уажә ааигәа ирыԥшааит. Польша джуп. "Умер голодной смертью" ҳәа ануп ашәҟәы исырҭаз. Иҷкәын рыцҳа дыԥсит убрахь ацара шиҭахыз. Саб Ҷыҷыкәа Расҭа-иԥа иакәзар, уи аибашьра изшьапык имнахит, шықәса 50 Баслахәтәи ашкол адиректорс аус иуан убас дшыҟазгьы. Иара аибашьра анцоз иҩуан амшынҵақәа, аха иаҳцәыбжьаӡыз ыҟоуп. Еиқәхеит "Сҭаацәа" ҳәа иҟаиҵаз анҵамҭа.
© Foto / из семейного архива семьи ХьибаМитиа Хьиба
Митиа Хьиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Митиа Хьиба
Аибашьра анеилга ашьҭахь ҳаибабеит сҭаацәеи сареи. Зегь аҩырҭақәа рымоуп, ҳара ҳабацоз аԥсуаа? Ҳара ҳадгьыл аҿы ҳаҟоуп. Даҽа ԥсадгьылк ҳамаӡам. Иҳахьчар акәын, уаҳа ԥсыхәаз иҟааз?", - абас иҟоуп аветеран игәаанагара.

Аҭынч ԥсҭазаара

Аибашьра ашьҭахь аусурахь ирласны дгьежьит Митиа. Витали Лакрба арҵаҩцәа еизиган аусура иалагеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа.
"Ари ахыбра акоммерсантцәа иргар рҭахын усҟан, аха ҳара иҳамуит. Иахьа ужәраанӡа ара ҳаҟоуп. Астудентцәа аҵара дырҵара гәахәароуп сара сзы. Сашьцылеит, ианыҟам сыууаӡа акалашәа сыҟоуп. Слеишәа зны-зынла ицәгьоуп, аха есымша ус иалҵӡом. Иагьургәыбзыӷроуп зны-зынла. Аҟазара злоу рацәаҩны иҳалоуп. Иахьа аԥсҭазаара шцац ицоит. Аҭыхра саҿуп, аҿыханҵахь сиасит. Ешыратәи ацҳа иазку аусумҭақәа сымоуп, уи сыбла ихгылоуп есымша азы. Астудентцәа аҵара дсырҵоит адекоративтә-наплакытә занааҭ азы. Дара уажәы аҩбатәи акурс аҿы итәоуп. Урҭ алырганы, рдипломқәа анырыхьчалакгьы, нас даҽа курс шьҭысхуеит", - иҳәеит Митиа.
Данҿаз инапы злакыз агобелен ахырхарҭа уажәы иара хаҭала даҿӡам, аха астудентцәа идирҵоит. Аҿыханҵахь еиҳа игәы азыҳәоит. Хазы ацәыргақәҵа ҟаимҵац, аха есышықәса иҟарҵақәо дрылахәуп.
"60 шықәса схыҵраны иҟоуп, убасҟан сгәы иҭоуп, аҽазыҟаҵара саҿуп", - иҳәеит иаԥхьаҟатәи агәҭакқәа дрызхәыцуа "Агәымшәараз амедал" занашьоу, арҵаҩы-аветеран Митиа Хьиба.

Анысымҩа хазырҭәаауа

Митиа Хьиба иҭаацәеи сареи ҳаибадырит акыр шықәса раԥхьа. Иара аҵара иҵон Қарҭтәи асахьаҭыхратә академиаҿы адекоративтә наплакытә факультет аҿы, сара атеатртә институт сҭан. Ҳанхон азеиԥшынхарҭаҿы корпуск аҿы. Митиа иԥшәмаԥҳәыс Џьулеттеи иареи усҟан ихәыҷыз рыҷкәын Рамини актәи аихагылаҿы ауада рзалхын. Сара аҩбатәи аҿы сынхон. Митиа аҵарахьы дцон, Џьулетта лхәыҷы длааӡон, аха уи инаваргыланы афатә-ажәтә афҩы лаҳалахауа иуаҳауан луада уанавсуаз. Астудент ԥсҭазаара амлакарақәа ацуп. Исҳәарц сылшоит, сара сеиԥш даҽа ԥыҭҩыкгьы Џьулетта лчеиџьыка иааӡаз ҳрацәаҩуп ҳәа. Сара издыруан лара еснагь фатәы хаак шлымаз. Смаашьоз, насгьы аҵарагьы сарааԥсон астудентцәа зегь реиԥш, лара инеиужьны афатә ҟаҵаха шлымаз еиԥш измадаз.
Астудентцәа еиҳарак азеиԥшныхарҭа иатәыз акрыфарҭахь ҳныҟәон. Аха, Џьулетта луада авсшьаз иҳамааз аҟәыди абысҭеи ҳанеилаҳауаз? Аҭаацәара иалоу аԥҳәыс, еснагь лыкҿаҩра ак ҭазароуп. Џьулетта еснагь дыхиан. Иҟалалон лыԥшәмеи лхәыҷи ирыгырханы ҳара акранаҳҿалҵоз. Егьарааны Митиа дааԥсаха академиаҟынтә дааиргьы, ҳара уа ҳтәан. Еснагь ихи-иҿы ихаччон. Сара исгәалашәом знык иадамзаргьы гәынамӡарак иныԥшуа. Абас ҳаиҭанеиааиуан дареи сареи. Уи агәыбылра иахьагьы исыцуп.
Џьулетта Аҭәмаа лҟазшьала дышгәымшәаз убон, Митиа еиҳа дҭынчын. Аха аҭынч ԥсҭазаараҿы дыршьас иҟааз аибашьра иалагар рҩыџьагьы Аԥсадгьыл ахьчаразы ишгылоз? Аибашьра анеилгагьы акыр ҳаиҿцаауан Џьулеттеи сареи, лара усҟан 2-тәи ақалақьтә хәшәтәырҭаҿы аусура далагеит. Аха, нас, лгәамбзиара иамукәа лусура аанлыжьит. Митиеи Џьулеттеи нхоит Аҟәа. Дара ирымоуп жәаҩык амаҭацәа. Убри адагьы, рмаҭа лҟынтәи даҽа ҩыџьа ахәыҷқәа ыҟоуп.
Ламара Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2023
Аԥсны
Ламара Ҵәыџьԥҳа: шьҭахьҟа игьежьуаз ԥҳәыскгьы дсымбеит
Ажәабжьқәа зегьы
0