Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз

© Foto / из архива Марины БарцыцГеннади Каҷабаа
Геннади Каҷабаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амедицина-санитартә баталион иалаз Елеонора Коӷониаԥҳа Аиааира амш аламҭалаз иҳадылгалоит аибашьра илнардырыз ауаа ирызку анҵамҭақәа рсериа. Иахьа иаҳзеиҭалҳәоит "Агәымшәараз" амедал занашьоу Пазана ҳәа зарҳәо аветеран Гена Каҷабаа иҭоурых.
Аиааира амш ааигәахацыԥхьаӡа хәыцра шәкы цәырҵуеит. Иугәалашәонаҵы иануҵалароуп, избанзар, аамҭа анынаскьо иухашҭуа еиҳауп иузынхо аҵкьыс...
Амедицина-санитартә баталион аҿы дыҟан Пазана ҳәа ахьӡҷыда змаз амашьынарныҟәцаҩ. Усҟан иара 29 шықәса ихыҵуан.
"Аус зуан автоколлонаҿы машьынарныҟәцаҩыс. Сара шьапыла аныҟәара уамак исылшомызт, санхәыҷыз ашьхагьы сыргалон, аха... Убри аҟынтә, аибашьра аамҭазы ибзианы издыруаз аус салагеит. Сҩыза Гогли Гогәуа (идунеи иԥсаххьеит) уахь дназгеит", - игәалаиршәоит иахьа Пазана.
© Foto / предоставил Гена Какубаа Геннади Каҷабаа
Гена Какубаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Геннади Каҷабаа
Аибашьра аамҭазы ахьӡҷыдақәа змаз маҷҩымызт, урҭ рыхьӡи рыжәла хаҭеи здыруаз рацәаҩымызт, аха ирдыруазаргьы, рхы иадырхәомызт. Убарҭқәа рҟынтә, сыҩтәы санадтәала, Пазана ихьӡи ижәлеи сгәаласыршәарц акыр сҽазысшәеит, аха уаҳа умԥсит. Санкараха, Аԥсны афырхаҵа Мзиа Беиа Whatsapp ала илзызҩит Пазана ихы, иҵыхәа сзеилылкаарц. Ԥыҭк ашьҭахь аҭак сылҭеит, ларгьы ишылзымдыруаз, аха уажәы ишеилылкааз.
Ажәакала, еиҭасҳәо ахҭыс иалахәыз Пазана ихьӡи ижәлеи еилкаауп, уимоу, иҭел аномергьы сзиԥшааит аветеран Руслан Ҭаниа.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара
Пазана – Гена Каҷабаа иакәзаап, дсымбеижьҭеи аума ҵуеит, аха ирлас-ырлас дысгәалашәоит.
"Пазана ҳәа схәыҷаахыс исарҳәон, мзызс иамаз сыздыруам, аха... Убас ауп еиҳарак сшырдыруа", - ҳәа сеиҳәеит иара уажә аимадара анҳау. Аибашьра ашьҭахьҵәҟьа еиҳа ҳаибабон, аха нас ҳаицәыӡт иареи сареи. Аха, уажәшьҭа ихьӡи, ижәлеи, иҭел аномери ансоу, исҭахыз аинформациазы "иҿахәы иҿысхит". Амала, изӡом, аҭел санизас, сыхьӡи сыжәлеи сҳәаанӡа сшизымдырыз:
- Алло, Пазана уоума?
- Ааи.
- Иасуа сыбжьы удырма?
- Мап, исаҳахьоу бжьуп, аха бысзеилымкааит.
- Аибашьрахь угьежьи...
- Издыруа бжьуп, аха бысзеилымкааит. Схы мцахьеи бара. (дыччоит)
- Елеонора Коӷониаԥҳа дугәалашәома?
- Унан, сабабгәалашәеи…
Абас ҳааицәажәан, аибашьра адаҟьақәа рахь ҳаиасит, амала, ихьӡи ижәлеи шысгәаламшәоз атәы сыԥсы ахысмырӡааит…
...Ешыра аевакпункт аҿы акәын "ацхыраара лас" захьӡу амашьынақәа рыԥсҟы зкыз рҭыԥ ахьыҟаз. Егьаџьара ирышьҭыргьы, арахь игьежьуан. Дасу ахьцаша азы адҵа ҟазҵоз Викториа (Вика) Ҳашыг лакәын. Дшыԥҳәысызгьы, уи лыдҵа нарыгӡон хьаҳәаԥаҳәада.
Исгәалашәом аӡәы иҳәоны "сызцом, исылшом" ҳәа. Сымҩашьозар, цәыббрамза аҽеиҩшамҭаз акәын. Вика адҵа ҟалҵеит Уазабаа ҳцаразы. Усҟан Цугуровка агаразы ажәылара цон. Ахәцәа Уазабаа аганахьала илбааргон азы, ацхыраара аҭахын. Уазабаа снеихьан аибашьра иалагаанӡа, аха Гәымсҭа аганахьтәи амҩахәасҭала. Аибашьра аамҭазы урсынтәи ацара алшомызт азы, хыхь Ешырала даҽа мҩак алхын. Уажәы уи амаршрут сгәалашәаӡом, аха иҳауз адҵа инақәыршәаны ацаразы абырсааҭк ала ҳҽеибаҳҭеит – Римма Ҳалбад, Џьемфира Ӡаԥшьба, уи лаҳәшьаԥҳа Аида Чхебелиа, нас сара.
© Foto / лхатә архив аҟнытә

Аида Чхебелиа

Аида Чхебелиа - Sputnik Аҧсны
1/3

Аида Чхебелиа

© Foto / лхатә архив аҟнытә

Џьемфира Ӡаԥшьба

Џьемфира Ӡаԥшьба - Sputnik Аҧсны
2/3

Џьемфира Ӡаԥшьба

© Foto / архива Тали Джопуа

Ламара Базбеи Римма Ҳалбади

Ламара Базбеи Римма Ҳалбади  - Sputnik Аҧсны
3/3

Ламара Базбеи Римма Ҳалбади

1/3

Аида Чхебелиа

2/3

Џьемфира Ӡаԥшьба

3/3

Ламара Базбеи Римма Ҳалбади

Амашьына аԥсҟы акра иуалын Пазана. Ҳанындәықәлоз, игәасҭеит Пазана игәы шалаҟамыз, иҟалап, цәалашәарак иоузар, аха акомандир лажәа ҩбамтәқәа амашьына аԥсҟы ааникылт. Ҳцо, ҳцо ҳашнеиуаз, амҩан џьара ҳмашьына бжьысит, иахьынӡасгәалашәо, Ешыра адачақәа рымҩала акәын ҳашцоз. Аҟәа ахақәиҭтәразы Цугуровка агара крызҵазкуаз арратә операциан, убри аҟынтә, ахәцәеи ишьызи ҟалар алшон, даара ацхыраара аҭахын уи аамҭазы.
Ажәакала, ахаан ҳахьымнеицыз адгьылҵакыраҿ ахқәа анкаҟьҟьоз аамҭазы, ҳмашьына џыџӡа иаангылеит. Ҳара ҳтәала ҳагәҭасны аус аҳарурц ҳалагеит, аха иамуит. Егьырҭ сыздыруам, аха сгәы ааиҭаԥеит. Шәазхәыци, ҳҭагылазаашьа зеиԥшраз - ҳмашьына ԥхьаҟа изцаӡом, аӷа иршәуаз артҟәацгақәа ахҩахаха ҳарҭаӡом.
Абас акы санаргәамҵлакгьы, иаацәырызгон бзиа избоз атекст: "Исусыз, сабааи "Черноморец" сдиван сықәиазаруааз", - ҳәа (Гәдоуҭа апансионатқәа руак аҿы сынхон). Нас, ҳарччон, еиҳаракгьы Џьемфира уи анысҳәоз бзиа илбон.
Замира Ҷавҷаваӡе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Аԥсны
Аибашьреи аԥҳәыси: аветеран Замира Ҷавҷаваӡе илызкны
Ҳмашьына ааныжьны шьапыла ҳдәықәлеит Уазабаа аганахь. Ҳцо, ҳцо ҳашнеиуаз, хыбрак ҳнахьыԥшит. Уи ашҭа иқәгылаз ар рымаҭәа зшәыз ибжьы иргеит "арахь шәааи" ҳәа. Ашҭа ҳанҭалазар, абар ассир. Ибзианы издыруаз Витали Кәарҷиа иакәын. Аибашьра иалагаанӡа ҳансамбльқәа руакы далан, дкәашаҩын. Сеигәырӷьеит издыруаз данызба. Витали ишиҳәаз ала, ари артиллеристцәа ирҭыԥын. Иҳахьыз аниаҳҳәа, "амашьына рациала сара саԥхьоит" иҳәеит. Исгәалашәоит, ашҭа хҟьаны иарҭәыз ашәыр шкажьыз. Ҳаԥсы анааи, урҭгьы ргьама ҳбеит.
Дук мырҵыкәа иааит амашьына. Уи ҳнақәтәан Уазабаанӡа ҳнеит. Уа аруаа ыҟан, ҳанырба иааҳаигәырӷьеит, еиҳаракгьы аерманцәа рбаталион акәын игылаз. Ҳаннеи, ҳаԥсы аиҭакха ҳмоуӡакәа аӷа идәықәиҵеит артиллериатә хқәа. Ақәаршҩы анлеиуа еиԥш рҿаархеит дара. Иаразнак "аблиндаж иакуа шәҭал" рҳәеит. Аблиндаж иакуаз аҟара ҩынтә еиҳаны ҳҭалеит, ԥсеивгарҭа амамкәа ҳаидҵәаҵәала. Зегь акуазма, ԥыҭҩык адәахьы инхеит, ҳара ҳмашьынарныҟәцаҩ Пазана уи аамаҭаз ҵлак амҵан днадиаалашәа дтәан. Избан сыздыруам, аха ҳара аӡӷабцәа аблиндаж аҩнуҵҟа ччараха иҳасит, ас иҟаз аҭагылазаашьаҿы уччо иҟахызма, аха... "Черноморецтәи сдиван" анаасҳәалакгьы, Аидараа, Риммараа ччон.
© Foto / из архива Марины БарцыцАибашьраан аус зуаз ацхыраара лас амашьынақәа
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Аибашьраан аус зуаз ацхыраара лас амашьынақәа
Ус, Пазана изааигәаны аснариад тҟәацит. Уи иацыз ахыԥша атәы аҳәара уадаҩуп. Аблиндаж ахышә аҟынтәи иаҳбеит Пазана ахы шиаахаз. Иаразнак аӡӷабцәа ҳанҭыҵын, уи иҿаҳәара ҳалагеит. Иара апаника ззырҳәо имамызт. Аҟәырҷаха ишьамхы иаахеит, ашьа узнымкыло иҟан. Ажгутқәа ҳаман, ҳҩахашәа иҿаҳәаны, сџьыба иҭаз "морфин" наиласҵан, Ешыраҟа машьынала ддәықәаҳҵеит. Усҟан, анаҩстәи ацхыраара ахьыҟарҵоз Ешыра хыхь, атрассаҿы игылаз абар-ресторан аҿы акәын.
Вика Ҳашыг Пазана дырхәит ҳәа рациала ианларҳәа, абӷьааҳәа лбаа Ешырантәи уи аҭыԥ ахь днеизаап. Вика Пазана дыхәны дахьышьҭаз днеихаххын "а, где девочки?" ҳәа диазҵааит, аха уаҳа умԥсит, илаз аморфин илҳәо еилиргаратәы дҟанамҵеит. Дҵааит, деиҭаҵааит, аха еиҿкааз акгьы анлеимҳәа, иара Гәдоуҭаҟа акәу, Афон агоспиталь ахь акәу имҩа дықәҵаны, Вика дышьҭхысаа Уазабаа даакылсит. Уамашәа иаҳбеит дахьааз. "Бзааи?" ҳәа ҳанлазҵаа, иаҳзеиҭалҳәеит Пазана ҳлахьынҵазы аҭак анлимҭа, ҳҭахазар ҳәа дшәаны дышҳашьҭалаз… Вика, ҳшеибгаз анылба, дгьежьит Ешыраҟа.
Ус, дук мырҵыкәа еиҭа ахысрақәа ӷәӷәахеит. Дырҩегьых аҭыԥҳацәеи егьырҭ иакуази аблиндаж ҳанҭарцалт. Ус, милаҭла иерманыз еибашьҩык "сҷаҷа сыхьуеит, но-шпа сзыҟабҵар" ҳәа дсыҳәеит. Аамҭа бзиагьы иԥшааит ахьаахҽразы, аха иажәа ҩбасымтәит. Лашьцан аблиндаж аҿы, аҳауагьы ыҟамызт, аха сарҭмаҟ иҭаз агәыри но-шпеи ааҭызган, гәынхәҵысҭала "еиҵасҵеит". Имахәар хитын иаасирбеит. Сгәыр аҿынасырхеит. Аха, ажьышә аларшьшьра ацынхәрас, иалырҟьан исышьҭызаап (уажәгьы сыччоит ианысгәалашәо). Иара џьеи иасҳәарын. Иангәасҭа, иалхны ҿыц ишақәнагаз иаласҵеит. Дара аԥсшәа раҳаӡомызт азы, адәахьы ахысрақәа цонаҵы, ԥсышәала исыхьыз атема аӡӷабцәа ирасҳәеит. "Бабатәи медиаҳәшьоу, агәыр алырҟьан изышьҭуа, аҭаҭын бҷаҷуаз џьыбшьама" рҳәан, дырҩегьых ччараха ирысит. Амала, иара аибашьҩы ихаҭа изысуз изеилымкааӡеит, уи сгәы арҭынчуан. Ахысрақәа еихсыӷьит, нас адәы ҳнықәлеит. Хыхь Цугуровка ажәыларақәа рышьҭыбжь уаҳауан…
1984 шықәсазы Леон иорден занашьоу Валери Гәыгәиԥа (Чеԥиа) аррамаҵура данцоз аламҭалаз, днаскьазгоз иуацәа рыгәҭа.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2020
Дышҭахоз ҩашьомызт: Валери Гәыгәиԥа игәаларшәаразы
Ус, арациала иаарыцҳаит "Цугуровкантәи ахәы дылбааргоит, шәиԥыл" ҳәа. Асакаса данҵаны дааргеит аӷа иҭирҟьаз зшьапы хнаҵәаз Галуст Трапизониан. Ахәы дылбаазгоз дрыцын Нина захьӡыз, милаҭла иоурысыз амедиаҳәшьа (лыжәла сгәалашәаӡом). Ҳара ҳҿы амашьына усгьы игылан, аӡӷабцәа руаӡәы, сымҩашьозар, Аида, днаицҭартәаны, агоспитальқәа руак ахь ддәықәыргалеит…
Уажәшьҭа сеиҭахынҳәуеит Пазана иахь. Уажәы ҭелла ҳаицәажәараҿы исеиҳәеит "сшьапы ихәыз зны-зынла ахы снардыруеит. Уи иалахаз аҟәырҷаха уажәгьы уа иалоуп, ирзалымхӡеит усҟан, иалакьысыр, анаҩс исԥырхагахар ҳәа ишәеит" ҳәа.
Пазана иара убас исзеиҭеиҳәеит аибашьра аамҭазы ихаҿы инхаз ахҭыс:
"Марттәи ажәылара иазкны телевизорла ианцәажәо, ҳбаталион Гәымсҭа ацҳа аӡәгьы дмырсӡеит рҳәоит, аха уи иашаӡам. Пост ГАИ аблиндаж ыҟан. Усҟан Инга Габниеи (дҭахеит) сареи ҳаицын. Аҟәа аганахь аӡы ирны ицаз "Альфа группа" иалаз амина иахаԥжәеит. Питераа ракәын дара, аԥсуаагьы рыцын. Аԥсуа ҷкәын наҟынтә "шәҳацхраа" аниҳәа (иԥсы ҭоуп, иахьынӡаздыруа, аха ижәла сыздырӡом), Ингеи сареи асакаса аашьҭыхны ацҳа ҳақәсит. Аха, агьежьра уадаҩхеит. Хԥа, ԥшьба сааҭ ҳаныжьлан уа. Лара Инга дхәыҷын, аха амч ду лыман. Маҷк анҭынчраха, ихәыз асакаса данаҳҵеит. Ҩ- метрак раҟара дыҟан иара, данӡаломызт. Ахысра ӷәӷәа цон, арахь агьежьра уадаҩхеит. Инга убри аҟара амч лыман, иаргьы саргьы ҳарҳәазаны ҳалгон. Нас аҷкәынцәа ҳԥылеит ҳа ҳтәқәа. Инга уа акгьы лмыхьӡеит, нас Каман дҭахеит... Ашьҭахь ахәы Афонҟа смашьынала дызгеит".
© Foto / архива Тали Джопуа Инга Габниа
Инга Габниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2022
Инга Габниа
- Абри исзеиҭоуҳәаз еиҳа иухамышҭуа хҭысуама?
- Ааи.
- Пазана, аус абоууеи иахьа?
- Адиван сықәтәан ателевизор сахәаԥшуеит (дыччоит).
- Усурҭас иумои?
- Асасааирҭа "Риҵа" аус зуеит.
- Уазабаа уанырхәыз угәалашәома?
- Ишԥасгәаламшәо. Ба бами агәыр сылазҵаз.
- Уара, аморфин ампулак исырҭаз уара иуласҵеит, суал уқәуп иудыруаз.
- Ауал сықәуп, аха усҟан сџьыба бынҭаԥшызҭгьы, иббон, хԥа-ԥшьба цыра ҭан… (дыччоит).
P. S.: Ихәло ианалага, ҳара Уазаабантә ҵаҟа шәылбаа ҳәа адҵа ҳауит. Абас иҟоуп, икьаҿыз аамҭак иадҳәалоу сгәалашәара. Пазана – Гена Каҷабаа дҭаацәароуп. Иԥшәмаԥҳәыс Аида Џьопуеи иареи ҩыџьа аԥҳацәа рааӡеит. Хәҩык амаҭацәа рымоуп, инхоит Аҟәа Аҳабла ҿыц. Пазана ианашьоуп "Агәымшәараз" амедал.
Надписи времен ОВНА 1992-1993 гг. на мостах в Гудауте. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.09.2020
"Ҳара ҳҭынчраз", мамзаргьы Аиааира амш азхәыцра
Ажәабжьқәа зегьы
0