Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьра адаҟьақәа: аветеран Олег Чмель игәалашәарақәа

© Foto / Елеонора Когониа Олег Чмель
Олег Чмель - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2023
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьыньџтәылатә еибашьра аветеран, ақырҭуа ҳаирпланқәа ирышьҭашәарыцоз, иагьказыжьхьаз, иахьа Афон ақалақь инхо, инҵуа Олег Чмель изкуп Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭа.
Ҳџьынџьтәылатәи еибашьра иазкны иҟаҵоу анҵамҭақәа шмаҷымгьы, зегь акоуп есыҽны иаарттәу адаҟьақәа рацәоуп. Анаҩстәи абиԥарақәа рзы инхароуп хәыц-хәыц еизгоу аветеранцәа ргәалашәарақәа.
Маҷгьы ҵуам, акыр зыӡбахә саҳахьоу Афон инхо аибашьра аветеран Олег Чмель дызбарц сҭахуижьҭеи. Сҩызцәа Абылрахәы ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы аибашьра зхызгоз рҟынтәи иӡбахә акырынтә исаҳахьан иара. "Аҳаирплан казыжьыз Олег Чмель" рҳәон дара ражәа иалаҵаны ианааидтәалалакгьы. Аибашьра анеилга ашьҭахь Аԥсны аҳәаанӡа ицоз аелектро-дәыӷбаҿы ҳаибадырит Олеги сареи. Убри аахижьҭеи џьаргьы дсымбацызт.
Ибла иаҵәақәа ирхубаалоит аԥхашьара иакны иаго уаҩны дшыҟоу. Уаҩ фархьк, иқәра аҵкыс маҷк днахыҳәҳәома ззуҳәаша иакәны дысԥылеит 66 шықәса рҟынӡа зхыҵуа Олег иҿцәажәаразы Афон апарк хадаҿы саннеи. Сыԥшәма уи ибзианы дидыруеит, убри аҟынтә мҩанызас даашьҭысхын сцеит Аԥсны аӡын зегь реиҳа иҭынчу ақалақь ахь.
© Foto / Елеонора Когониа Олег Чмели Анзор Гәагәиԥеи
Олег Чмель - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Олег Чмели Анзор Гәагәиԥеи
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра аамҭазы Олег ихыҵуан 35 шықәса, дҭаацәаран, ҩыџьа аԥҳацәа драбын. Олег Чмель аибашьра иалагаанӡа далгеит Москватәи аобласт Тучково ақалақь аҿы иҟаз Автотранспорттә техникум. Даныгьежь, Афон аусурҭақәа рыԥшаара зламариамыз ала, аихамҩатә усбарҭаҿы афымцамч аимадара аусзуҩ иаҳасабала аусура далагеит. Абас аибашьра ишәхымс иаалагылеит Олег Чмель.
Иара ишигәалашәо ала, аибашьра аналага абџьар ыҟамызт азы, ихы ахьирхара изымдыруа дыҟан. Аха ус ицозма аамҭа. Абар иара иеибашьратә мҩа алагашьа шигәалашәо:
"Аибашьра аналага аусурагьы аангылеит. Абра Афон ҳалагьежьуан абџьар ахьыҟамыз азы. Ус Џьон Ажьибеи сареи ҳаибабеит. Иахраҭ бзиахааит, идунеи иԥсаххьеит. Гал дҭахеит аибашьра ашьҭахь. Убри аамҭазы аҳаирпланқәа злакарыжьуаз аракетақәа цәырҵит. Џьон исирбеит уи аус шарутәу. Раԥхьа Ацелофан цех ҳәа иахьашьҭоу Ешыра ацҳа азааигәара сыҟан Гагра ргаанӡа".
Олег ишеиҭеиҳәо ала, аибашьра иазыҟаҵамыз аԥсуа ган маҷ-маҷ аҽеибыҭара иалагеит, еиуеиԥшым абџьар хкқәа рыԥшаауан, иҟан аӷа имырхуаз, иҟан аҳәаа анхыҵынтәи ҳадгылаҩцәа ирырҭоз.
"Ҽнак, Гарри Аиба дааин, Џьони сареи ҳаигеит Ешыра аресторан ааигәара аштаб ахьеиҿыркааз. Аҳаирпланқәа аштаб иахаҩар ҳреихсларц ҳдыртәеит убра. Аракетақәа ҳаман "тепловушка" ҳәа изышьҭоу. Урҭ аракетақәа рхархәашьа Џьон иоуп исзырбаз сара, иабаздыруаз. Ирласны ишьҭыскааит, усҟакгьы иуадаҩӡам. Убасҟан раԥхьаӡа акәны иаҳбеит аҳаирпланқәа хыланы Гәымсҭатәи ацҳа ишеихсуаз", - игәалаиршәоит Олег.
Анзор Гугуипа и собака Дамсик - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.01.2023
Аԥсны
"Ҳаблақәа, ҳлымҳа, нас абинокльқәа ҩба": ианвартәи ажәыларазы аветеранцәа ргәалашәарақәа
Аветеран Чмель ишиҳәо ала, еицәажәаны иҟан, аҳаирплан аар, раԥхьа Џьон дышхысуа азы.
"Раԥхьа Џьон иоуп ихысыз. Аракета абас аҳаирплан инашьҭаланы аҿынанахеит. Аха иақәымшәеит. Иахьагьы исзеилкааӡом ус изыҟалаз. Џьон иасҳәеит ухыс аҩынтәгьы ҳәа. Џьон дхысит, аха ҳракета амҵәыжәҩақәа анааиҵнах, цас иауазшәа фымцатә цәаҳәақәа инараахан иблаҟьеит. (Уи анеиҭеиҳәо дааицрашәеит Олег - Е. К.). Цәгьала ҳгәы ԥнажәеит иахьаҳзақәмыршәаз. Убри анаҩс, Џьони сареи ҳаивыргеит", - еиҭеиҳәоит аветеран.
Анаҩс, Олег Ешыра аҩадахьы ддыртәеит - аҳауа аҽацәыхьчаратә гәыԥ дахаҭарнакны. Усҟан, Чмель ишигәалашәо ала, командаҟаҵаҩыс Мушьни Хәарцкьиа иакәын ирымаз.
"Гагра анҭадырцәы анаҩс, ҳаӷацәа рҳаирпланқәа ҭаха ҳарымҭо иалагеит. Сара аштаб аԥхьа "Анхәа лыбз" азааигәара сдыргылеит. Гарик Аиба ҷкәынак дсываиргылеит. Уи питертәин. Гагра ахақәиҭтәра далахәын. Ихьӡ сгәалашәаӡом, аамҭа кьаҿк акәын дахьсыцыз азы. Уи аракета атәы издыруамызт, аха Гагра автомат игахьан", - иҳәоит Олег.
Амандаринтә баҳча ҳәа иашьҭан Олег "ихырӷәӷәарҭа". Аҵлақәа рышәшьыра акәын хыхьчагас имаз усҟан. Убри аамҭазы иҟалеит сзыҿцәажәо аветеран иԥсҭазаараҿ акрызҵазкуаз аибашьратә хҭыс.

"Ҽнак амш шәшьын, иқәарԥссон. Иааит ҩ-ҳаирпланк. Схысит. Избеит сракета аҳаирплан ишашьҭалаз, аха сара ҵаҟа сгылан, саԥхьа хәран. Избарҭаӡамызт исышьҭыз аракета анаҩс иҟанаҵаз. Аҳаирплан ахәы иавҵалеит, аракетагьы. Ашьҭахь снаԥшын, аҳаирпланқәа руакы ахабар сымбеит. Иҟасҵоз, аштаб ахь снеит…", - иҳәоит Чмель, аӷа иҳаирпалан анкаижьызтәи ахҭысқәа игәаларшәо. Аштаб аҿы "аҳаирплан карыжьит, аҳаирплан карыжьит" ҳәа игәырӷьаҵәа аиқәҿыҭра иаҿызаарын, Олег уа данылбаа.

Су-25 захьӡу аҳаирплан уи аҽны абомбақәа кажьуа Ешыра иахан.
"Абомба канажьит аресторан иҩахыкны. Убра аҩны гылан. Ауаа нхон уаҟа. Убри аҩны иақәнажьит. Уа дыҩнан зыбаҩ зтәымыз аԥҳәыс. Убри дҭахеит…", - иҳәоит иара, игәы иаланы.
Архәҭақәа рнапхгара ишԥарыдыркылеи аҳаирплан ахькаужьыз ҳәа азҵаара Олег ианисҭа, даара акыр дарччеит игәалашәара.
"Гарри Аиба асааҭ "Победа" ҳамҭас исиҭеит. Мушьни Хәарцкьиа иакәзар, иахьынтәааигаз сыздыруам, аха, аԥаратә ҳамҭа 100 долларк ицоз сиркит аибашьра агәаны", - иҳәоит ихыркны дыччо Олег.
Убри ашьҭахь Чмель иҭыԥ Абылрахәы ҳәа иахьашьҭоу ииаргеит, аибашьра еилгаанӡа иҩызцәеи иареи убра акәын иахьыҷаԥшьоз рҽеиҭныԥсахло.
"Ҳара заҟа иҳалахысуаз аҟара даҽаџьара исымбеит. Ус шакәызгьы, аснариадқәа аӡәгьы дрызҭамырхаӡеит. Исгәалашәом заҟантә сыҩны аҽыҵәахырҭа ажра сҭаԥалахьаз аснариад сацәцарцаз", - иҳәоит Олег иахьа, ихы дахлафаашәа.
Руслан Таниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2022
Аԥсны
"Изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп": аветеран Руслан Ҭаниа иҿцәажәара
Аветеран Чмель иахьа дтәанчаҩуп, аус иуӡом, аԥсыӡкра дазгагоуп, иара убас, аԥхын атуристцәа анаауа иуалафахәы инахыҳәхәаны мааҭқәак ирҳауеит. Олег Чмель дызхылҵыз рганахьала аамысҭа шьа шилоу убоит.
Иара ишиҳәо ала, иан лышьҭра Тамбовтәи агуберниаҟынтәи иаауеит, дызхылҵыз иабгьы аамысҭцәа дреиуан, ианду Ермоловаа дырҭыԥҳан. Абри зегь ззысҳәо, ажьра шәыжьра ицоит шырҳәо еиԥш, иара иҿцәажәара, ихымҩаԥгашьа аамысҭашәара аныԥшуеит, ихаҭа иҭеиҭԥш аԥхьа инаргыланы. Олег аинтервиуқәа ажурналистцәа рыҭара иазгәышьуа иакәым, аха мап сцәыимкит аҭел санизас. Ианеибаҳҳәаз амш аҽны амра каххаа иԥхон, Афон аӡҭачаҿы аԥсаатәқәа еилаԥраауа, агәалаҟара бзиа узҭоз мшын...
Чмель дырҩегьых дазыхынҳәуеит аҳаирплан анкаижьыз ашьҭахьтәи ажәабжь.
Геннади Каҷабаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2022
Аԥсны
Аибашьра адаҟьақәа: Пазана данырхәыз
"Убри ашьҭахь Гәымсҭатәи афронт захьӡхаз аибашьра ацәаҳәа еиҿкаахеит. Сергеи Дбар аибашьра ацәаҳәа напхгара аҭара далагеит. Анаԥшырҭа-ԥшыхәратә гәыԥ Абылрахәы (Верешьагин ихәы) ҳәа иахьашьҭоу еиҿыркааит", - иҳәоит Олег.
Аиааира амш аҟынӡа Олег Чмель иракетақәа иваргыланы убраҟа дыҟан. Уа иара даннеиз ахырӷәӷәарҭа ҳәа акгьы ыҟамызт аветеран иажәақәа рыла.
"Раԥхьатәи ашьаҿақәа ирҿын сара саннеи. Аиҿкааратә усқәа асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџь (Ӷыҷа) инапы рылакын. Уи инапы зегь адыруеит. Иржуан, иржуан акыр аамҭа аблиндаж азы. Даҽа ҩынтә ракетала схысхьан аҳаирпланқәа рганахь, аха сақәымшәеит. Ааԥнын. Ҽнак иаҳхалеит ҩба. Иҳалахысуа иалагеит. Сара аҩбатәи аан иҭагьежьны еиҭааиуеит ҳәа сҽазыҟаҵан стәеит. Аха дара знык ихысын ицеит. Сгәы иалоуп сахьҩашьаз", - иҳәоит Олег, ихы дазгәаауа.
© Foto / предоставила Элеонора КогониаАбылрахәы (Верешьагин ихәы)
Гора Верещягина - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.01.2023
Абылрахәы (Верешьагин ихәы)
Аԥышәа рацәамызт, Олег Чмель ишазгәеиҭо ала. Иара ракетала ахысра анаҩсангьы, ахәыҟаҵара дазкызаарын. Уа аблиндаж аныҟала, амца зҭарҵоз аниоу, дықәгьежьааны афатә ҟаиҵон иҩызцәа аибашьцәа рзы.
Олег Чмель игәаанагарала, аибашьраҿы аршьаҟауаа ржәылара анаҩсангьы, даара ихадоуп атанкистцәа, артиллериа, аԥшыхәра, аимадара уҳәа русеицура.
"Сара аруаҩ изанааҭ сымам, аха аибашьра комплекстә еилкаароуп", - иҳәоит иара.
Аибашьра аӷьырак Чмель ихаҭа арациа зхылоз имамызт, ивараҿы итәаз Ҵәыџьба напхгара зиҭоз акомандатә пункт аҿынтә изҿырҭуан "Ажәҩан иху ҳара иаҳтәуп" ҳәа. Аибашьра абжа ус дыҟан. Нас рациа хьанҭак иоуит. Зны-зынла аимадара ақырҭқәа бжьаланы иандырблаҟьозгьы ыҟан. Даргьы тәамызт, аус руан, ҳәарада. Олег Чмель игәы иалоуп аҵыхәтәантәи ажәылара раԥхьатәи амш азы иара Абылрахәы дахьыҟамыз. Ажәылара маӡан усгьы. Чмель иҩызцәа дрыԥсахырц нараҳәаны, Шәача ахәшәтәырҭаҿы аҩежьра зыхьны ишьҭаз иԥшәмаԥҳәыс ахәшәқәа лзигарц дцеит. Аҵыхәтәантәи ажәылара дагхеит. Убри игәы иалоуп. Иҳәатәуп, иан Лариса Чмели иԥшәмаԥҳәыс Алла Григорьевеи агоспиталь аҿы аус шыруаз аибашьра цонаҵы.

Олег Чмель иахьа дтәанчаҩуп. "Леон иорден" ианашьоуп. Аус иуӡом, абжьааԥнытәи анхашәа-чашәа инапы алакуп. Аԥсыӡкра бзиа ибоит. "Ашьыжь ԥсыӡкра сыҟан, аха исықәымҿиеит. Нас, сыԥҳа лҿы сыҟан. Уажәы бара сбацәажәоит. Нас, амҿы еидызгалоит. Абас ицоит саамҭа бжеиҳан", - иҳәеит Олег, иԥсҭазаара иахьа ишихиго дазааҭгыло.

Иԥсҭазаара егьа ихьанҭазаргьы, игәы азыразуп, иажәа ахы ахьхо ала: "Сҭаацәа иҭабуп ҳәа расҳәоит аԥсҭазаара ахьсырҭаз азы", - абас иажәа хиркәшеит Олег Борис-иԥа.
Даара иҟәандан аветерани ҳареи ҳанеиқәшәаз аӡын мшы. Афон ҳанца акаҳуеи, урҭ рчашә хаақәеи ргьама мбакәа ҳаауазма. Ҳаиқәныҳәаны, ҳаҭхаџьны ҳаиԥырҵит ҳазлацәажәоз аамҭа уадаҩқәа шракәызгьы…
Ажәабжьқәа зегьы
0