Аԥсны

Sputnik амчыбжь: "Князь Владимир", Кәырбан-баирам, Тамшьтәи адесант 30 шықәса ахыҵра

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 26 инаркны ԥхынгәы 2 рҟынӡа аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имаҷмызт аҵакы змаз ахҭысқәа, арахь иаҵанакуеит: Мрагыларатәи афронт аҿы аԥсуа ар роперациа 30 шықәса ахыҵра, акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәаҟа аара, амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон актәи аконцерт уҳәа егьырҭгьы.
Sputnik

Тамшьтәи адесант 30 шықәса ахыҵра

Ԥхынгәы 2 1993 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭа иахьаҵанакуа амшын аҟынтәи хышәҩык рҟынӡа аԥсуа десант ӡхыҵит. Хықәкы хадасгьы ирымаз астратегиатә ҵак ду змаз Аҟәаҟа ицоз амҩаду аанкыланы, аӷа имчқәа реибыҭара алмыршара акәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан имҩаԥгаз адесант рыӡхыҵра 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Тамшь ақыҭан игылоу Ахьӡ-аԥша амемориал аҟны ашәҭқәа шьҭеиҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Имҩаԥган амитинг, "Ԥсра зқәым" архәҭа амҩасра, иҭахаз рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, ирҳәеит аибашьра иалиааз ашәақәа, афырхацәа ирызку ажәеинраалақәа.
Аԥсны
Аԥсны ҳаибашьразы ҳааит: Имдаҭ Агәас иультәи ажәылара игәалаиршәеит

Ацхантәаҩцәа рԥылара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаари, ЕАР ахаҭарнак ҷыда Џьихан Султаноглуи, ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Виорело Мошани дырԥылеит.
Аиԥылараан Ҭыжәба аҽазныкгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аҵакы аманы дшахәаԥшуа, уи ала арегион аҿы аҭагылазаашьа шҭышәынтәалогьы.
"Аҳәаа иаԥну аҭыԥқәа рҿы узыцәшәаша хҭыс аҭыԥ амамызт, аха иара убри аан НАТО Қырҭтәыла аҵакыраҿы активла ахы шымҩаԥнаго аабоит, уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит", - иҳәеит Ҭыжәба.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит украинаа Урыстәылеи Аԥсни рганахьала аҩбатәи афронт аартызарц иҟарҵо ааԥхьарақәа "ашәарҭара шрыҵоу".

Ҩ-тәылауаҩрак раиуразы аиқәшаҳаҭра

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ҩ-тәылауаҩрак раиуразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит рашәара 29 рзы.
Урыстәыла
Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы Урыстәыла ахада ихаҭарнак далхуп
"2022 шықәса цәыббра 27 рзы Москва анапы зҵаҩу Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак раиуразы Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәазааит", - аҳәоит азакәан апроект аҿы.
Уаанӡа Аԥсны Жәлар Реизара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәахьан. Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп: аҩ-ҳәынҭқаррак – Урыстәылеи Аԥсни ртәылауаа рзинтә статус аҭышәныртәалара, иара убасгьы ареспублика атәылауаа Урыстәыла атәылауаҩра ирмарианы роура.

Кәырбан-баирам

Аԥсны аԥсылманцәа рашәара 28 рзы, реиҳа ихадоу аныҳәақәа ируаку Кәырбан-ныҳәа азгәарҭеит. Зықьҩык рҟынӡа уи иазкыз ауснагӡатәқәа ирылахәын.
"Иахьа Аԥсны аԥсылманцәа, адунеи иқәынхо аԥсылманцәа зегь реиԥш, ари аныҳәа азгәарҭеит. Аҟәеи Гәдоуҭеи аџьаамақәа рҿы Аллаҳ имҵаныҳәара мҩаԥган. Ауаа ахьырацәаз иахҟьаны аџьаамақәа рыҩнуҵҟа адагьы, атротуарқәеи амҩақәеи рҿы ауаа гылар акәхеит, ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Аџьаамақәа рхыбрақәа хәыҷуп азы, изҭаху зегьы акӡом", - иҳәеит Аԥсны Аԥсылманцәа иаку рдоуҳатә усбарҭа аиҳабы Ҭемыр Ӡыба.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбан-ныҳәа рыдиныҳәалеит
Ауадаҩрақәа шыҟазгьы, ауаа рацәаҩны еизеит, амшгьы бзиан. Аматанеира анхыркәшаха, аныҳәеишәақәа рхианы адинхаҵаҩцәеи асасцәеи акрырҿарҵеит.
Ажәа "кәырбан-баирам" аԥсаҭатә ианыҳәоуп, аԥсылман ныҳәа хадақәа ҩба ируакуп, иара иаанаго Меккаҟа ахаџьра ахыркәшара ауп.

Амшынӡы шәарҭаӡам

Имҩаԥгаз амшынӡы агәаҭарақәа ишьақәдырӷәӷәеит уи абактериақәеи авирусқәеи шалам ҳәа лҳәеит Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо, Белиаева илҳәеит аԥстәқәа арахь аӡхыҵра ашьҭахь иаанагазар ҟалап ҳәа.
"Ҭыԥқәак рҿы ақәаршыҩқәа леит, аҳәынҵәаршьшьыра аанагеит. Аԥстәқәа усҟан аӡы ихнаҵазар ҟалоит", - лҳәеит лара.
Аԥстәқәа рыԥсыбаҩқәа аӡы иамеижьҭеи уахыки-ҽнаки иреиҳамызт, уи иабзоураны урҭ шәарҭамызт. Амшцәгьақәа рышьҭахь еиҳа ишәарҭоу аҭагылазаашьақәагьы ҟалалоит лҳәеит асанитартә ҳақьым.
Аԥсны ирацәаҩуп Каховтәи ГЕС аҟны адамба аԥжәара ашьҭахь агәҭынчымра аазырԥшуа. Аха Белиаева ишылҳәо ала, атәыла ауааԥсыреи асасцәеи рзы шәарҭара ыҟам.
"Днепр Ҟрымтәи адгьылбжьаха ҳацәнахьчоит. Амшын еиқәаҿы иҟоу аӡхырхарҭа Аԥсны аганахь иааӡом, ҳара ҳҟынтәи уахь ауп иахьцо", - лҳәеит лара.
Аӡыржәтә акәзар, асанитартә ҳақьым лажәақәа рыла, иршны ирхьшәашәаны иржәлозар еиӷьуп, аӡымҩангагақәа рҟны арҽеиратә усурақәа раан иахьыҟьашьуа иахҟьаны.

Аҟәа иаҭааит "Князь Владимир"

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" раԥхьатәи акоммерциатә реис мҩаԥнагеит.
Аӷба 82-а атуристцәа аанагеит. Дара Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы хымш иҟан. "Князь Владимир" абаӷәаза ааннажьит амҽыша ахәылбыҽха.
Аӷба аԥыларазы абаӷәазахь днеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа. Иара ицын Аҳазалхратә еилакы ахада Оҭар Хьециа, уи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, Аԥсны АШәМ ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭемыр Ахьиба.
Атәыла ахада аӷба аҩнуҵҟа аекскурсиа изымҩаԥго "Амшынеиқәатә круизқәа" рдиректор хада Александр Ткаченко иазгәеиҭеит аӷба аԥсныҟа амҩа ианықәлоз аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы рҭыԥ ишықәҵаз, аԥсуа ҳазалхыҩцәа ракәзар апассаџьырцәа урыстәылатәи амаҵзура аусуҩцәа раасҭагьы хырҩа шрырҭо.

Инал Арӡынба Ҭырқәтәылеи Аҩада Кипри иҟазаара

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ҭырқәтәыла дыҟан. Анкара иара дигәалаиршәеит Андреи Карлов, 2013 - 2016 шықәсқәа рзы Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩыс Ҭырқәтәыла иҟаз.
Рашәара 27, 2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика раԥхьатәи ахада Мусҭафа Кемаль Ататиурк дыргәаладыршәеит.
Рашәара 22 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи апартиа "Аԥсадгьыл" ахантәаҩы Догу Перинчеки еиԥылеит Сҭампыл ақалақь аҿы.
"Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоуп Ҭырқәтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц. Агәра шәсыргоит ҳусеицуреи ҳаицҽазышәареи ари аус аҟалара шалдыршо", - ҳәа иҳәеит Перинчеки.
Анаҩс имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла амилаҭтә еизара Ду адепутатҬалиҳ Ҳәатышьи реиԥылара. Дара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рнырра атәы иалацәажәеит.
Аԥсны
Арӡынба: Аԥсны ААР ҳдиаспореи ҳареи хаимадара арцыхцыхраз аусқәа мҩаԥнагоит
Абри ашьҭахь аминистр апровинциа Сакариа даҭааит, ибеит хара имгакәа аусура иалагараны иҟоу Аԥсуа культуртә центр ҿыц "Адаԥазары", дрыҿцәажәеит уа инхо ҳџьынџьуаа, ирзеиӷьеишьеит ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр усутә ныҟәарыла Аҩадатәи Кипр днеит. Иҳәеит Аԥсны Аҩадатәи Кипр аекономика-инвестициатә усеицуразы лшарақәас иҟоу шҭнаҵаауа Ари аныҟәараҟны иара дицын Урыстәылатәи Афедерациа асенатор Александр Некрасов.

"Apsny Star" аконцерт

Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, рашәара 27 рзы.
Мшаԥы 30 рзы имҩаԥысыз алԥшаарақәа ирхысыз рахьтә актәи аконцерт аҿы иқәгылеит Елизавета Аммаева, Елизавета Ершова, Леван Ԥхалаӡе, Диана Диоскуриа, Кристина Кәыбрааԥҳа, Гәында Абыхәԥҳа, Алиас Ҟалӷьы, Лаура Ҳагԥҳа, Милена Кәыҵниаԥҳа, Таисиа Сердиук, Камилла Кәарцхьиаԥҳа, Диана Чкадуаԥҳа, Ерик Ҳаҭхәа.
Аԥсны
"Еҵәаџьаа" рышәахәақәа рықәыԥхо: "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт
Урҭ ирыцлеит уаанӡа иалырххьаз Инна Коионова, Нила Наҷҟьебиаԥҳа, Сариа Аиԥҳа, Диана Карбашиан, Рената Ҳаџьиева, Муслим Ларго.
Аҩбатәи асезон аан ажиури иалоуп - Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниаԥҳа, Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Алхас Ферзба, амузыкатә продиусер Анри Гәымба.
Арҵаҩцәа реилазаара аҽаԥсахит. Уажәшьҭа Ильда Қәычбериаԥҳаи Фаиа Мархолиаԥҳаи рнаҩс далагалоуп Аԥсуа драматә театр актиор, ашоумен Руслан Шьакаиеи уи иԥшәма, Аԥсуа ҳәынҭқарратә капелла адирижиор Софиа Реинберги.

Иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ Александр Скаков

Аҵарауаҩ Александр Скаков илаҽыз ачымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит рашәара 28 рзы. Скаков Александр Иури-иԥа диит абҵара 29 1971 шықәсазы Москва. М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет далгеит 1993 шықәсазы, 1997 шықәсазы – Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Археологиа аинститут аспирантура.
1998 шықәсазы ихьчеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҩаӡара аԥсахаразы адиссертациа "Кобано-колхидские топоры как исторический источник". Иара авторс дрымоуп археологиа иазку 77 ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭа, Кавказ аполитологиеи аконфликтологиеи ирызку 30 ҭҵаарадырратә кьыԥхьымҭа, урҭ реиҳарак зызку ҳаамҭазтәи Аԥсни иааидкыланы Кавкази рпроблематика.
Аԥсназы ацәыӡ ду: иԥсҭазаара далҵит археолог Александр Скаков

Апрограмма "Анхарҭа"

2023 шықәсазы апрограмма "Анхарҭа" ахь инашьҭыз 60 инареиҳаны арзаҳалқәа рыдыркылеит. Зынӡа аиҳабыратә комиссиа 103 рзаҳал гәарҭеит. 30-ҩык мап рыцәкын, фҩык - еиҭаҭырҵаауеит.
Зырзаҳалқәа ирықәшаҳаҭхаз -20-ҩык I агәыԥ иаҵанакуа ахымхәацәа, 25 - ахәыҷ-хымхәацәа змоу аҭаацәарақәа, аиаҭымцәа 17-ҩык, х-ҭаацәара рацәа, аибашьраан зҭаацәа ҭахаз ҩ-ҭаацәарак.
Аԥсны ахада иусԥҟала 2021 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан аҳәынҭпрограмма Аԥсны социалла ихьчам ауааԥсыра анхарҭаҭыԥқәа раахәаразы хықәкыла ацхыраара рыҭара.
Ари аамҭа иалагӡаны 155 рзаҳал шьақәырӷәӷәоуп. Апрограмма аԥҟарақәа инарықәыршәаны арзаҳал алазҵаз аҭаацәара анхарҭа аахәараз 500 нызқьмааҭи аҭаацәараҿы иҟоу рыцыԥхьаӡа 100-100 нызқь мааҭи рзыршәоит. Иааизакны 1,2 миллион мааҭ артәоит.

Аекономика иаҿагыло ацәгьоурақәа

Рашәара 30 рзы имҩаԥысит 2020-2022 шықәсқәа рзы абиуџьет аимҵәара аҭҵаара иазкыз азинхьчаҩцәа ркоординациатә еилацәажәара.
Аилацәажәараҿы ажәахә хада ҟалҵеит Апрокуратура хада азакәанԥҵара ахылаԥшразы аусбарҭа аиҳабы Лиана Ҭарԥҳа.
"2020 инаркны 2022 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аинформациа инақәыршәаны Апрокуратура хада иаанарԥшит 335,7 миллион мааҭ рыхә азакәанеилагарақәа", - ҳәа лҳәеит лара.
Ҭарԥҳа иазгәалҭеит Ахылаԥшратә палата апрокуратурахь азинтә хәшьара рыҭаразы жә-материалк шынанашьҭхьоу. Аԥсны атәылауаҩык иганахь ала ашьаус шхацырку, ԥшьҩык Аԥсны ауааԥсыра рганахь ала аҵаҵӷәыдара инамаданы ашьаус ахацыркра мап шацәку, быжьҩык аилагарақәа дыриашарц адҵа шрыҭоу.
Афинансқәа рминистрра ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа Апрокуратура хадахьы инанашьҭит агәаҭаратә материалқәа хԥа: шьауск ахацыркра мап ацәкын агәызҩара ззыҟаз иԥсҭазаара дахьалҵыз азы, егьырҭ аусқәа Аԥсны АШәМ ахь инашьҭуп.