https://sputnik-abkhazia.info/20230628/1046601797.html
"Еҵәаџьаа" рышәахәақәа рықәыԥхо: "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт
"Еҵәаџьаа" рышәахәақәа рықәыԥхо: "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт
Sputnik Аҧсны
Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, рашәара 27 рзы. 28.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-28T20:45+0300
2023-06-28T20:45+0300
2023-06-29T09:11+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/1c/1046603145_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_46b4f43c29941480bf511e7b20958805.jpg
Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.Аԥҟарақәа инарықәыршәаны иҟалоит асезонқәа хԥа, урҭ ирылахәхароуп 15-15-ҩык. Дара нас хҩык анапхгаҩцәа ркомандақәа рахь иргоит. Аҩбатәи асезон аан ажиури иалоуп - Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниаԥҳа, Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Алхас Ферзба, амузыкатә продиусер Анри Гәымба.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     фото, афотосахьақәа
"Еҵәаџьаа" рышәахәақәа рықәыԥхо: "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт
20:45 28.06.2023  (ирҿыцуп: 09:11 29.06.2023) Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аҟәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы аҩаша, рашәара 27 рзы.
Апроект "Аpsny-Star" еиҿкаауп Аԥсны акультура аминистрра адгыларала, апроект аспонсор хада - амобилтә еимадара "Аҟәафон". Sputnik Аԥсны – апроект информациатә партниорс иазыҟоуп. Ашоу априз хада - Гнесинаа рыхьӡ зху Амузыка академиаҟны хәыда-ԥсада аҵараҵара.
Аԥҟарақәа инарықәыршәаны иҟалоит асезонқәа хԥа, урҭ ирылахәхароуп 15-15-ҩык. Дара нас хҩык анапхгаҩцәа ркомандақәа рахь иргоит. 
Аҩбатәи асезон аан ажиури иалоуп - Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниаԥҳа, Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Алхас Ферзба, амузыкатә продиусер Анри Гәымба.

"Аpsny Star" – Аԥсны абжьы бзиа зхоу аҿар ралԥшаареи урҭ асцена раршьцылареи ирызку проектуп.

Амузыкатә проект "Apsny Star" аҩбатәи асезон раԥхьатәи аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы рашәара 27 рзы.

Иқәгылеит 19-ҩык ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа.

Урҭ рахьтә 15-ҩык роуп апроект иақәшәаз.

Алахәылацәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵанакуаз ашәақәа нарыгӡеит.

Аҩбатәи асезон аҿы арҵаҩцәа маҷк рҽырԥсахит. Ильда Қәычбериеи Фаиа Мархолиеи ирыцлеит Аԥсуа драматә театр актиор, ашоумен Руслан Шьакаиеи уи иԥшәма, Аԥсуа ҳәынҭқарратә капелла адирижиор Софиа Реинберги.

Фаиа Мархолиаԥҳа лкомандаҿы аиааира иазықәԥалоит - Елизавета Ершова, Елизавета Аммаева, Кристина Кәыбрааԥҳа, Леван Ԥхалаӡе, Сариа Аиԥҳа.

Руслан Шьакаиеи Софиа Реинберги ркомандаҿы - Таисиа Сердиук, Инна Коионова, Ерик Ҳаҭхәа, Диана Карбашиан.

Ильда Қәычбериаԥҳа лкомандаҿы - Лаура Ҳагԥҳа, Муслим Ларго, Рената Ҳаџьиева, Гәында Абыхәԥҳа, Нила Наҷҟьебиаԥҳа. Ажиури ишаӡбаз ала, Ильда Қәычбериаԥҳа лкоманда далалеит Милена Кәыҵниаԥҳа.

Аҩбатәи асезон аан ажиури иалоуп - Аԥсны Жәлар рартистка Нинель Бжьаниаԥҳа, Аҳәынҭфилармониа ахкынагӡаҩ Алхас Ферзба, амузыкатә продиусер Анри Гәымба.

Аҩбатәи асезон аҿы иҟалоит ԥшь-концертк, урҭ мызкахь знык имҩаԥыслоит рашәарамза инаркны цәыббрамзанӡа.