- Нодар, уара уаныҷкәынӡаз аахыс ужәлар рхьаа иаразнак иунырит, мцаҵас иуцрасит, убри азоуп Жәлар Рфорум ацәқәырԥа иаразнак узышьҭнаԥааз, ҳажәлар иреиӷьыз рҵеицәа унаган узрыланаргылаз... Сара исгәалашәоит, Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Жәлар Рфорум аиҳабы Алықьса Гогәуа усҟантәи шәеиҩызара шаҟа гәыблыла далацәажәоз. Уажәы уаргьы иугәалауршәар сҭахуп урҭ аамҭақәа...
- Алықьса Гогәуа ихьӡ ануҳәа, сгәалашәара иара ила салагап. Алықьса Ноча-иԥа шәҟәыҩҩ дуӡӡоуп, уи анаҩс, дуаҩ дуӡӡоуп, дхәыцҩуп. Ажәлар рнапхгара зҭаху рацәаҩуп, аха изылшо маҷҩуп. Иумазароуп аҳәынҭқар хәыцшьа, аԥсабаратә ҟәышра. Алықьса Гогәуа абарҭ зегь имоуп.
Усҟантәи аамҭа уадаҩын, аха уи инаваргыланы аамҭа бзиан. Иуадаҩын - избанзар, иахьатәи ҳаӷацәа усҟан иҳаланхон, ҳажәлар амчымхара дуқәа ирықәдыршәон - аԥсуа бызшәа иаҿагылон, аԥсуаа рзы аусурҭа бзиа аиура уадаҩын, ҳкультура зегь аҵахь ицар акәын ирҭахыз. Хаҭала сара Москва сҵара ашьҭахь саныханҳә, Аҟәа сҭарыҩуамызт, анхарҭа сырҭомызт, ԥырхага иахабалак исырҭон.
Убас изыҟазгьы, аамҭа бзиан ҳәа азуҳәар ҟалоит. Избанзар, аԥсуа жәлар ҳаидгылан. Убри аидгылара иахагылан аԥсуа интеллигенциа.
- Аԥсуа ианакәызаалакгьы, еиҳаракгьы уара уеиԥш абаҩхатәра ду змоу, аҟазара знапы алаку, игәы-иԥсы рҭынчны иус мацара даҿызаартә ахаангьы алшара имоуӡацт. Дырмит Гәлиа инаиркны, еиҳарак ашәҟәыҩҩцәа ртәы ҳҳәозар, Самсон Ҷанбеи, Баграт Шьынқәбеи, Леонти Лабахәуеи, Иван Ҭарбеи, Алықьса Гогәуеи, Џьума Аҳәбеи, Геннади Аламиеи уҳәа ирацәаҩны аполитика ашыра иалагылан, аха рҟазарагьы амаҵ руан. Убасоуп уаргьы, сызҿу аус амацара сыҽҭасыгӡароуп ҳәа атәаха умаӡам, избанзар ужәлар рзы ианшәарҭоу, уҟазаразгьы ишәарҭоуп... Уара аҵыхәтәантәи уусумҭа ссир, ҳпоет бзиа Гунда Сақаниаԥҳа лажәеинраалақәа ирылху "Ареквием" зегьы ҳгәы ҭнашьааит, уи иаҳхаагаз аибашьра ахаангьы хара "ҳашзацәымцо" ҳнардырит... Ҳахәрақәа артытит, ҳарамоу, аибашьра зынӡа иаламԥшыцгьы, усҟан имицызгьы, рылабжыш аҽҽаҳәа иаанагеит. Убри ауп аҟазара иашаҵәҟьагьы, ус анакәха, уи аишьагьы уаҳзалацәажәар бзиан...
- Аҟазауаҩы, анаукаҭҵааҩы зус мацара аҿызаара аҭагылазаашьа змоу уи џьанаҭ дыҟоуп. Ус изыҟамлеит Владислав Григори-иԥа Арӡынба изы, ашәҟыҩҩцәа зыӡбахә уҳәаз зегь рзы. Ужәлар ашәарҭа ианҭагылоу ҭынч утәаны, аҭҵаарадырра, ашәҟәыҩҩра, асахьаҭыхра, ма амузыка аԥҵара зылшо уи игәаҵәа ҷыдарак амазароуп. Згәаҵәа бзиоу аҵеицәа аибашьра ианалага аҩны изтәама? Мап, аӡәгьы изымԥшкәа аӡәк иеиԥш игылеит, ирацәаҩны ҳаԥсадгьыл рыԥсы ақәырҵеит. Урҭ Аԥсны ԥсаҭатә иарҭази ҳара аинтеллигенциа ҳаԥсаҭатәреи узеидкылом. Нас, ҳара даҽакала ҳҟалар ҟалома!
"Афоруми" аибашьреи аамҭа даара ҳкультура ианыԥшуеит иахьагьы. Имаҷымкәа аҟазацәа дуқәа рыԥсҭазаареи рҟазареи аԥсахт. Ара иугәалашәаша маҷым, аха зыӡбахә умҳәар ҟамло дреиуоуп апоет Геннади Аламиа. Ари ауаҩы аҳәынҭқарра аргылараҿы, аԥсуа жәлари Кавказ ажәларқәа реидгылараҿы, аибашьра аамҭан илшаз аусқәа лымкаала алацәажәара аҭахуп. Хымԥада, арҭ аусқәа акыр ирԥырхагахеит Геннади акы иаламҩашьо ипоезиа. Иахьа даара имаҷны иаԥиҵоит ихатә рҿиамҭақәа, аха ииҩуагьы ирныԥшуеит, ааигәа иаԥиҵаз апоема "Нарҭашәа" еиԥш Геннади Аламиа ихәыцра ҵаулақәа.
"Аԥсуа реквием" Гунда Сақаниаԥҳа лажәеинраалақәа ирылхуп. Гунда лпоезиа даара исзааигәоуп. Лажәақәа рыла иаԥысҵахьеит "Адоуҳатә концерт", аромансқәа. Гунда лпоезиа иалкаау лдунеихәаԥшышьа аныԥшуеит, лбызшәа даара исимволтәуп, ибеиоуп. Гунда лпоезиа аилкаара мацара азы аԥсуа бызшәа уҵар иаԥсоуп.
"Аԥсуа реквием" иаанарԥшуеит амҳаџьырцәа ртрагедиа, ари ак еиԥшым ԥҵамҭоуп. Игениалтәу Гунда лажәақәа мырхәашьыкәа амузыка сзацҵазар, ҳазшаз иҭабуп ҳәа иасҳәоит.
- Нодар, уара адунеи аҿы акыр уныҟәахьеит, урхагыланы аус уухьеит, Аԥсны мацара акәымкәа, зыхьӡ аҳәаанырцәгьы ибзиаӡаны еицырдыруа ахорқәа. Насгьы, уара уҭаацәа Париж инхоит, ҳаԥхьаҩ изы даара акраҵанакуеит еицырдыруа ауаа рҭаацәаратә ԥсҭазаара, ишԥаҟалеи аԥсуа ҷкәын ихьӡ адунеи иадыруа иҟалартә, иреиӷьу асценақәа рҿы, аԥсуа бызшәала ажәакгьы ззымдырӡоз ахорқәа аҷҷаҳәа аԥсшәа рҳәартә, Аԥсни ҳаԥсуа жәлари бзиа ирбартә?!
- Ииашаҵәҟьаны, ахорқәеи аоркестрқәеи напхгара зысҭахьоу рацәоуп. Урҭ рахьтә, аҳәаанырцәтәиқәа ҳрылацәажәозар, сгәаҵаҿ иаанхеит - Германиатәи Бах-академиа аоркестри ахори, Сеултәи метрополитен-хор, Кореатәи аҳәынҭқарратә хор, убас егьырҭгьы.
Сеул 16 шықәса инареиҳаны аус зуан, аоркестрқәеи ахорқәеи напхгара рысҭон, ауниверситет аҟны профессорс сыҟан. Уаҟа снапхгарала имҩаԥысит ирацәаны аоперақәа, аконцертқәа.
Иара убас Сеул ауп сбалетқәа рыҩбагьы рпремиерақәа ахьыҟаз.
Ҷыдала, сара сзы даара гәалашәара хаауп, имаҷымкәа аԥсуа жәлар рашәақәа кореиатәи ахорқәа иахьынарыгӡаз, насгьы бзиа ибаны аԥсуа бызшәала иахьырҳәаз.
Иааизакны урыхәаԥшузар, еиҳарак аконцертқәа сыман Аладахьтәи Кореиа, Аԥсны, Урыстәыла, Германиа, Франциа.
13 шықәса ҵуеит Кореантәи Франциаҟа нхара сҭаацәеи сареи ҳаиасижьҭеи. Уа схәыҷқәа рызҳаит, ашколқәеи ауниверситетқәеи ирылганы аусура иалагеит.
- Нодар, уара згьама ҳараку, зкультура ҵаулоу музыкаԥҵаҩуп, композиторуп, иубоит иахьа "иааинырсланы" ашәақәа аԥызҵо шырацәаҩхаз... Урҭ шәарҭаӡамызт ажәа аҳаҭыр рбозҭгьы, ирныруазҭгьы, иахьахәҭоу аҭыԥ аҿы идыргылозҭгьы, уимоу, ашәа бзиақәа хәаҽны, дара асценақәа рҿы аԥыжәара ргарц иаламгозҭгьы!.. Абри апроблема Аԥсны жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиеи сареи ҳалацәажәахьан, аха убригь, усҟан Акомпозиторцәа реидгыла дшеиҳабызгьы " ишизнымкылоз" сеиҳәеит, аӷәра ақәнаршәхьеит иҳәеит. Акызаҵәык, абзиеи ацәгьеи ԥыҭрак ашьҭахь аамҭа еилнаргоит, иҳәеит... Сара усҟангьы уажәгьы сгәаанагара шыҟац иаанхоит, иҟазароуп урҭ зегьы лыхәҭак икылызхуа еиҿкаарак, уи ҿыц аԥҵара аҭахӡам, иҟоуп Акомпозиторцәа реидгыла, ус анакәха, аҟамчгьы арктәуп!..
- Ари ишьҭухыз ашәаԥҵара азҵаара амҽхак даара иҭбаауп. Уи исгәаланаршәеит жәаԥҟак: "Агаӡацәа кыдлан ихаларц иалагоит, амаалықьцәа игәаӷьны ршьапы ахьырзықәмыргыло!.." Иахьа композиторс схы зыԥхьаӡо рацәаҩхеит, аха иабаҟоу, аҵара змоу, акомпозициа амаӡақәа здыруа, агармониа, амузыкатә литература, аклассикатә композиторцәа раԥҵамҭақәа зҵаз?! Апианино аҿы ҩба-хԥа аккорд арҳәашьа здыруа зегь ашәақәа аԥырҵеит, "композитор" ҳәа ирышьҭоуп. Урҭ, еиҳараҩык, аҳәаанырцәтәи, европатәи, америкатәи, зны-зынла африкатәи ашәақәа рҿы ираҳауа амотивқәеи, аритмқәеи рхы инархәаны, аԥсуа ажәақәа наҵаҵаны ашәақәа аԥырҵоит. Убас ииуеит ашәақәа изларҳәо абызшәа узеилымкаауа. Абызшәа уаналацәажәо, идыртәуп изакәбызшәазаалак азы аинтонациа даараӡа акры зҵазкуа зҵаараны ишыҟоу. Ииашам аинтонациа, ииашам ақәыӷәӷәара абызшәа ашьуеит.
Ахаԥшьгаратә композиторцәа иаԥырҵо апрофессионалцәа рылаԥш ахыргаанӡа ажәлар рахь ацәыргара ҟалаӡом.
Ажәлар ҿиаразы, рыхдырра аизырҳаразы, рхаҿсахьа аиқәырхаразы адоуҳатә культураҿгьы иаҭахуп аҳәынҭқартә хылаԥшра.
- Сара ибзиан издыруеит ҳаԥсуа бызшәазы уара уграждантә позициа, ԥсыхәас иамои ҳҿар изааӡаз рыцәымҳа заа икармыжьыртә, урҭ шәаанӡа, иӷәӷәахаанӡа, атәым цәымҳа иахьнымҳалартә аҟаҵара?
- Аԥсуа бызшәа проблеманы иҟазҵаз - ҳдырра ахьмаҷу ауп. Уи аус аҿиара знапы алаку ибзианы ирдыруазар ауп егьырҭ ажәлар маҷқәа рбызшәа аиқәырхашьа. Араҟа иҟоуп ирацәаӡаны амҩақәа, аха иахьабалак иубоит - абызшәа аиқәырхара шьаҭас ишамоу амилаҭ хдырра. Аҳәынҭқарра змамгьы, аҭҵаарадырратә институтқәа змамгьы, рбызшәа еиқәдырхоит, избанзар уи аиқәырхашьа рдыруеит. Ҳара ари азҵаара есымша еиҳа алацәажәара ҳаҿуп, реалла арҿиара аҵкыс.
Иҟоуп ҳҩнуҵҟа ихарҭәаау ауаа, аԥсуа школ аҭахӡам, аԥсуа бызшәа хәышҭааратә бызшәоуп ҳәа изыԥхьаӡо, аԥсшәаҳәара зуалу аԥсуаа заҵәык роуп ҳәа згәы иаанаго. Ари агәаанагара ганкахьала аҟәышра иахылымҵит, насгьы ҳконституциа иаҿагылоит. Аҳәынҭқарратә бызшәа ара иқәынхо зегьы ирдыруазароуп, иалацәажәароуп. Ари аксиомоуп аҳәынҭқаррақәа зегь рҿы, Аԥсны ада.
Аԥсуа бызшәала иҿиахьеит иҳаракӡоу алитература, апоезиа, имаҷымкәа иазҳахьеит анаука. Иҟоуп аԥсуа театр. Иаҳгәалаҳаршәап, ХХ ашәышықәса алагамҭазы аԥсуа театр аиҿкаара ианалага, иҟан ҳажәлар рыҩнуҵҟа аԥсышәала атеатр зыҟалаӡом ҳәа згәы иааногоз. Аха иахьа х-театрк аԥсышәала ицәажәо иҟалеит!..
Арҭ ирыцҵатәуп. Аԥсуа школгьы ҟаҵатәуп. Уаҟагьы, ҳаԥсҭазаара зегьы Аԥсуара шьаҭас иаиуроуп. Иара абарҭ азҵаарақәа - Аԥсуара, аԥсуа школ, аԥсуа бызшәа ирҿагыло, мамзаргьы хьаас измам ауаа анызбо, зҵаарак сызцәырҵуеит – аԥсуаа ҳаҵкыс иаԥсыуахаз еиҳахазар?
Аҳәынҭқарра еиҿаҳкаауазар, иҟаҳҵап аԥсуа школ. Аԥсуа бышәа ҳәынҭқарратә бызшәазар: анапхгаҩцәа, апарламент аԥсышәала ицәажәароуп; Аԥсны иқәынхо ажәларқәа зегьы ирҵаратәы аҭагылазаашьҭа рыҭатәуп; аусҳәарҭақәа, адәқьанқәа, афирмақәа рыхьӡқәа ԥсышәала ианҵатәуп.
Иахабалак аԥсшәа иубо иуаҳауа иҟаҵатәуп. Уи ҟазҵода? Аҳәынҭқарра! Аҳәынҭқарра захьӡи? Ауаа.
- Нодар, уара амузыкатә дунеи аҿы ухьӡ бзианы ирдыруеит, ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы уџьабаа ҳаракны ахә шьоуп, Аԥсны жәлар рартист ҳәа ахьӡ бзиа уанашьоуп. Уара уус аҿы аҵара бзиаӡеи аԥышәеи умоуп, адунеи аҿы иҟоу акомпозиторцәа дуқәеи уареи шәеимадоуп. Ус анакәха, ҳмузыкатә ԥсҭазаараҿы уаҵәы игыло ҳҿаргьы аҵара дырҵареи, рымҩақәа раартреи рҿы даара ацхыраара ҟауҵозар акәхап?!
- Иахьа, Аԥсны аклассикатә музыка аҭагылазаашьа даара илаҟәуп. Иҟоуп амузыкатә школқәа, аҵараиурҭа. Урҭ ирызхом зыквалификациа ҳараку арҵаҩцәа. Амузыканцәа аҵара иалганы иааз ирымам иақәнагоу аконцерттә ԥсҭазаара.
Раԥхьаӡа иҟаҵатәу зҵаароуп амузыкарҵаратә система аиҿкаара, акультура аминистрра аҩнуҵҟа еидҳәаланы иҟалароуп - амузыкатәи аҟазаратәи ашколқәеи, аҵараиурҭеи.
Аҳәынҭарратә коллективқәа ирылшо ала аус руеит, аха араҟагьы иҟоуп ауадаҩрақәа - Акапелла ашәаҳәаҩцәа азхаӡом, еиҳа иуадаҩуп аоркестр аҭагылазаашьа.
Аха, сгәанала, зегь реиҳа проблема дууп акомпозиторцәа рызҵаара. Еицырдыруа акомпозиторцәа рыдунеи рыԥсахит, аҿар уи иазҿлымҳау ыҟаӡам. Аиашазы, уи сара есымша хьаас исымоуп, аха макьана исҳәо сымам. Агәыӷра ҳауит адирижиорцәа рганахьала. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аректор Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа ибзоурала иааҳартит адирижиорцәа азыҟазҵо аҟәша.
Ажәакала, амузыка, аҭагылазаашьа даара аус здуулаша ҳәынҭқарратә зҵаароуп.
- Сара агәра згоит "Ахрашәеи"' "Ахәрашәеи" реиԥш иҟоу арҿиамҭа дуқәа ҳаԥхьаҟа иираны ишыҟоу, ишаҳзыԥшу!.. Нодар, ҳара хажәлар зықәгәыӷуа арҿиаҩцәа дуқәа рахь уԥхьаӡоуп уара, убри азоуп уажәагьы акыр заанаго... Уажә ааигәа иаԥышәҵаз аԥсуа интеллигенциа рхеилак убас иҟалома, ҳкультуреи, инеизакны ҳдоуҳаи, ҳбызшәеи зхы-зыԥсы ахҭынҵаны амаҵ азызуа ауаа алԥшааны аҳәынҭқарра рывагылартә, ацхыраара ахьырҭаху ирыгнамыжьыртә, алаԥш рхызартә?
- Анатоли, сажәа акыр ахьаанаго сажәа еилызкаауа рҿоуп. Уи сара сымацара сакәӡам, аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа рыбжьы аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа иддырҳаӡом. Уи даара ишәарҭоуп ахәынҭқарразы, иара убасгьы, дара иахагылоу рзгьы.
Иаҳгәалаҳаршәап еицырдыруа афранцыз математик Блез Паскаль иажәақәа: "300-ҩык аинтеллектуалцәа алҵны ицар, Франциа башауаа ртәыла акәхоит".
Аинтеллигенциа реидгыла еиҿызкааз аҵарауааи аҟазарауааи Аԥсни анҭыҵи еицырдыруеит, аҳәынқарратә хәыцра рымоуп. Урҭ зегьы даара еилахоуп, русқәа рацәоуп. Аха аамҭа иаҳнарбеит аинтеллигенциа анеидымгыла, ҳажәлар иахьатәи аамҭа цәгьа изалымсыр ҟалоит. Мышкызны, амҩақәагьы ҟарҵап, алашареи аӡи ирызхаша ҟалап, аха ҳажәлар ҟамлар, ҳбызшәа ыӡыр, ҳаԥсуара каҳажьыр, егьырҭ зегь ззаҳҭахи?!
Аинтеллигенциа роуп "Аидгылара" еиҿызкааз, Кавказ еидызкылаз, адиаспореи аԥсуааи ҳаиҭанеиааира аԥшьызгаз…
Иҟаҳҵаша даара ирацәоуп. Аԥсны ҳазегь иаҳтәуп. Ҳтәыла абзиабара раԥхьа инаргыланы, ҳаидгыланы ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟа иаҳгап.
- Нодар, даара гәаартыла имҩаԥысыз ҳаицәажәаразы иҭабуп ҳәа уасҳәоит. Аҟаза бзиа есымша аҭаҵәах лыԥшаахқәа имоуп, ҳаԥхьаҟа ҳзыӡыҩрцәа ззыԥшу урҿиамҭақәа рыӡбахә маҷӡак иадамзаргьы исауҳәар ҟалома, агәра усыргоит, сара сымышьҭа бзиоуп!..
- Анатоли, умшьҭа бзиа агәабзиара ацны Анцәа иуиҭааит.
Зегь реиԥш, саргьы агәҭакқәа сымоуп, аха иҟалаанӡа иуҳәари. Уажәы сзызхәыцуа Акапелла апрофессионалтә ҳаракыра ацҵара, аконцертқәа рҽазыҟаҵара. Ҩба-хԥа даара ибзиоу Урыстылатәи амузыкатә фестивалькәа рахь ааԥхьара ҳамоуп, урҭ рзы еиуеиԥшым апрограммақәа еиқәыршәатәуп.
Аҩбатәи аус ду - ауниверситет аҿы адирижиорцәа разыҟаҵара, арҵаратә процесс аиҿкаара, арҵаҩцәа ралхра, раԥхьа иӡбамзар ԥсыхәа змам азҵаарақәа рықәыргылара.
Иааркьаҿны иуҳәозар, аԥсуаа уахгьы-ҽынгьы аус ҳаулароуп, аамҭа ҳаҵамхакәа ҳацныҟәаразы!
Нодар Ҷанба
© из социальной сети