Саныҩуа ауп сыԥсы шҭоу аныздыруа: апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыҿцәажәара

© Foto / предоставила Гунда СаканияГунда Сакания
Гунда Сакания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа длыҿцәажәеит апоет Гунда Сақаниаԥҳа.

Абаҩхатәра ашьаҭақәа

- Гунда, бара иахьа ҳаԥсуа поезиа иалԥхаауа, зхатәы бжьы змоу, иҵауланы ихәыцуа, ҳазҭагылоу аамҭа бзианы изныруа, уи ахьааи агәалеи зҩымҭақәа ирныԥшуа поетуп. Уи нас иҵегьы ҳалацәажәап, уажәы ҳазааҭгылап бара ҳлитературахь бцәырҵра шыҟалаз. Дарбан аԥсыуа поету бара раԥхьаӡа бгәазҭаз, "баазыртыз", апоезиа ахьтәы цҳа бықәызҵаз!

- Сажәеинраалақәа раԥхьаӡа игәазҭаз, сыгәгьы азҭазҵаз саб иоуп. Иара даара бзиа ибон апоезиа, иаргьы дыҩуан, аха ицәыригаӡомызт, уи зегь зыбзоураз иҩызцәа Борис Гәыргәлиа, Терент Ҷаниа, Руслан Қапба рнырра акәзар ҟалап. Сангьы алитература даара дазҿлымҳан, дахьырҵаҩыз акәхап, ҿырҳәала ажәеинраалақәа дзыԥхьоз ирыбзоураны саныхәыҷыз инаркны апоезиа агәыбылра сылҭеит. Ажәеинраала исахьаркны аԥхьашьа саб исирҵон, уи иҟнытә раԥхьаӡакәны еилыскааит аԥхьашьа шаҟа аҵанакуаз.

Гәында Сақаниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Сақаниаԥҳа: гәахәароуп Москва ақалақь амш ныҳәаҿы аԥсуа поезиа абжьы ахьго

Саныхәыҷыз инаркны, аҩышьеи аԥхьашьеи сҵаанӡа, еинраалан ашәақәа сҳәон. Уи санду лакәын изыбзоураз, ачамгәыр ианҵаны лареи сареи ашәақәа ҳҳәон ҳхы иҭхәыцаан, уи лареи сареи ҳаиндаҭлар акәын есҽны. Сҭаацәа даара ирҭахын амузыка агәыбылра сдыркырц, амузыкатә школ сҭарҵеит, ахор саларҵеит, акәашарахь срышьҭит, аха башахеит, илҵшәадахеит ари аус. Саб амырзакан бзианы иаирҳәон, ашәа еицаҳҳәон, сан амузыкатә ҵараиурҭа дҭан, уигьы даара аџьабаа лбеит, аха акгьы сылымҵит уи аганахьала.

Саб иаамышьҭахь, хә-класск рҿы стәан раԥхьатәи сажәеинраала ажурналист, апублицист Гьаргь Жанаа саб иҳәарала санизаԥхьа, даара иџьеишьеит. Иара ибзоуроуп раԥхьатәи сажәеинраалақәа "Амцабз", "Алашара", "Аԥсны ҟаԥшь" рҟны акьыԥхь ахьырбаз. Сара сзы саб инаҩс ас сажәеинраалақәа здызкылаз игәаанагара акырӡа сгәы шьҭнахит. Нас, ишырҳәо еиԥш, насыԥны Геннади Аламиа сажәеинраалақәа илаԥш рықәшәеит.

Иҟалап уи сырҿиаратә ԥсҭазаараҿы акырзҵазкуаз хҭысхазар. "Еҵәаџьаа" ианиҵеит сажәеинраалақәа. Еиҭаҳәашьа амаӡам уи агәырӷьара, иахьагьы исгәалашәоит уи амш, шаҟа гәыҭыԥсаара, шаҟа гәырӷьара ацыз, раԥхьатәи ашьаҿа, раԥхьатәи аныҳәабӷьыц.

© Foto / предоставила Гунда СаканияАпоет Гунда Сақаниаԥҳа
Саныҩуа ауп сыԥсы шҭоу аныздыруа: апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Апоет Гунда Сақаниаԥҳа

Гьаргь Жанаа сара рҵаҩыс дсыман, аусушьа, ажәа артәашьа, апоезиа амаӡақәа, агәрагара дуӡӡа, анырра бзиа сиҭеит сыԥсҭазаараҿы. Сара усҟан 17 шықәса ракәын исхыҵуаз, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сҭан, Гьаргь сан лаҳәшьа лыԥшәма иакәын, дара рҿы сыҟан. Есыуаха сзыԥхьаз, изҩыз, исаҳаз зегьы дрызҿлымҳан, илаԥш схын сахьыҟазаалак. Ус еидаҳкылеит сажәеинраалақәа реизга аҭыжьразы, аха 1982 рзы ирыдаҳгалаз 1985 шықәсанӡа ԥсыхәа амоуит, иҭырмыжьит. Иаҿагылаз рацәаҩхеит, заацәоуп ҳәа згәы иаанагоз ашәҟәы аҭыҵра, урҭ ҳзырзымиааит, акы зыҩуа зегь поетхо џьышәшьома ҳәа сарҳәон.

Аимак-аиҿакқәа рнаҩс раԥхьатәи сышәҟәы "Аԥшқарах" ҭыҵит, аха сажәеинраалақәа рыбжеиҳара анымлаӡеит, дара ишырҭахыз еилырхит. Абас иҟан раԥхьатәи сшьаҿа, раԥхьатәи сцәырҵра.

"Арҿиарауаҩы шаҟа дуашәшәыроу аҟара дыӷәӷәоуп"

- Гунда, иахьа аамҭа хьанҭоуп, адунеи аҿы имҩаԥысуа ачымазара бааԥсы ҳара ҳҟынӡагьы иааит. Аха бара уи ашәара бҽабҭаӡом, уимоу, аинтернет аҿы иаҳԥылалоит бара бпародиақәеи бепиграммақәеи… Уи бзиоуп, апоет есымша астимул аԥшаара дашьҭоуп, агәкаҳара дацәыбналоит. Бажәеинраалақәа, ма бышәҟәқәа иаарласны ҳаԥхьаҩ акыр иоураны дыҟоума? Иарбан журналу, иарбан кьыԥхьырҭоу ибыргәырӷьарц иҟоу?

- Арҿиара ахатәы закәанқәа амоуп, арҿиаҩы иҩнуҵҟа имҩаԥысуа иара ихаҭагьы издырӡом. Арҿиара аамҭа есқьынагьы иҿыцуп, еиԥшӡам. Арҿиаҩы аус аниуеи анҿимҭуеи, мамзаргьы ҩнуҵҟала аусура анцои рыбжьара иҟамзар ҟалап аҳәаа. Иҟалап, сара сыԥсы шҭоу, сахьыҟоу, сызусҭоу, исҭаху, сзышьҭоу саныҩуа акәзар ианыздыруа. Уи сара сзы аԥсы аӡааԥшылара, уԥсы ҭырхәрааны аҭыгара, аԥсеивгара, умԥсырц, уԥсы аныԥшылара исзеиҩсуазар ҟалап.

© Foto / предоставила Гунда СаканияАнатоли Лагәлаа, Гунда Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа
Саныҩуа ауп сыԥсы шҭоу аныздыруа: апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыҿцәажәара - Sputnik Аҧсны
Анатоли Лагәлаа, Гунда Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа

Зынгьы уаантә саныхыҳәуа, изҩыз санаԥхьо сгәы иҭасҳәоит - мап, мап, мап, ари сара сакәӡам, ари даҽаӡәуп, сара сабаҟоу, сара сызусҭада? Аха мап, зынгьы схәыҷқәа сажәеинраалақәа санырзаԥхьо ус рҳәоит, ари ҳан лакәӡам, ари даҽаӡәуп, избанзар, сажәеинраалақәа сҩызцәа санырзаԥхьо, сыбжьы, сыԥшра, схаҭа сҽысыԥсахуеит, уи нас ауп ианызбо.

Аибашьра ашьҭахь даара иуадаҩын ашәҟәҭыжьра. Аха, насыԥны, мышьҭа бзиала Александр Анқәаб ицхыраарала, Лиалиа Чамагәуаԥҳа лыбзоурала, иҭыҵит сышәҟәы "Ахьыцәыкәбар". Уи сара сзы ԥсҿыхга цәыкәбархеит, иԥсҭаҵагахеит. Анаҩс арҿиаратә процесс даҽакала иаатит, схы агәра зго, аусура шсылшо, исҳәарц исҭаху шсымоу збеит.

Вечер пародий в абхазском театре - Sputnik Аҧсны
"Алаф ашҭа": апародиақәа рыхәылԥаз адраматә театр аҟны имҩаԥысит

Ииашоуп, иахьатәи аҭагылазаашьа ԥышәароуп зегьы ҳзы, аха арҿиарауаҩы шаҟа дуашәшәыроу аҟара дыӷәӷәазар ҟалап, уи ирҿиара дахәышәтәуеит, дахьчоит, агәыӷрагьы инаҭоит. Сара ԥсабарала аоптимизм злоу уаҩуп, есқьынагьы абзиара сақәгәыӷуеит, агәра згоит, абзиара збалар сҭахуп азы. Ииашоуп, имаҷны сыҩуеит, сышәҟәқәа реизга "Зқьымра" аус адулара ашьҭахь сзызхәыцша, аус здызулаша, исыԥсахша сзынхеит. Аамҭа маҷк ианыбжьыслак, уи апериод аныхуркәшалак, иҿыцу даҽа етапк уазыԥшуп. Уи аамҭаз иныбжьаршәны аус ууеит егьырҭ ажанрқәа рҿы, апародиақәа, аепиграммақәа, алакәқәа, аезотерикатә ессеқәа рҿы уҳәа. Уажәы саҿуп хышықәса раахыс аус здызуло, Нодар Ҷанба иҳәарала, "Амҳаџьырқәа рреквием". Уажәшьҭа ахыркәшарахь снеихьеит, аха макьана сацәшәоит салгеит ҳәа аҳәара, иахьынӡасҭаху исзымҳәазар ҳәа сшәоит исҭахыз.

 

Иара убас, аус адызулоит "Абраскьыл" захьӡу алибретто. Хаз шәҟәны аидкылара саҿуп иажәеинраалоу слакәқәа ахәыҷқәа рзы. Ажәакала, ирацәоуп аусқәа, иҟалап уажәы акәзар еиҳа амч анаҭаху, уи еиҳа-еиҳа еилыскаауа салагеит иахьа.

Cақаниаԥҳа: ажәеинраалақәа ирымоуп рхатәы магиа

Апрозаҿы дзеигәырӷьо

- Гунда, издыруеит бара иахьатәи ҳлитература ибзианы былаԥш шаху, апульс бнапы шақәку. Иарбану, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апрозаҿы баазеигәырӷьаратәы ицәырҵхьоу?

- Сара ирацәаны иаԥхьо аԥхьаҩцәа среиуоуп. Сзеигәырӷьо шԥаҟам, анцәа иҟнытә, зегь раԥхьаӡа схаҿы иааиуа Алықьса Гогәуа иажәабжьқәа "Ажәлар рылахь", "Ӡаҳкәажә", Џьума Аҳәба иавтобиографиатә жәабжьқәа, Даур Наҷҟьебиа ироман "Арыма уаҩы", Анатоли Лагәлаа иажәабжь "Аҳаҭгәынқәа рырҳәыҩцәа" уҳәа убас иҵегьы.

Иҿыцу аетап

- Бара, поетк иаҳасабала, ибымоуп бхатәы аудиториа, бпоезиа иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа. Сара ибзианы исгәалашәоит, 50 шықәса бхыҵра аиубилеи аан, С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр кәапеишәа уаала ишҭәыз. Ф-сааҭк ицоз бпоезиатә хәылԥазы шаҟа гьама ҳаракыла имҩаԥысыз, шаҟа шәҭи напеинҟьабжьи "бықәрыԥсаз"! Уи апоет изы насыԥ дууп!.. Иазгәаҭатәуп, аҵыхәтәантәи аамҭазы бара аусура бшалагаз уи атеатр аҿы, бара быбзоурала уа апоезиатә хәылԥаз бзиақәа шымҩаԥысуа. Шәаԥхьаҟа уи атеатр аҿы планқәас ишәымоузеи?! Шәгәы иҭоума апародиа ахәылԥаз амҩаԥгара? Иббахьазар акәхап, уажәааигәа "Апародиақәа" захьӡу "Аԥҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа" ашәҟәы ссир ҭнажьит! Уи "цыфа" бзиоуп шәара шәзы, насгьы, уа бара бпародиақәагьы ануп!

- Аԥсуа театр аҿы сусура - ари зынӡа иҿыцу етапуп сыԥсҭазаараҿы. Уи ҿыцны сархынҳәит аԥсуа драматургиахь, ҿыцны рыԥхьара салагеит ҳашәҟәыҩҩцәа рпиесақәа, атеатр зынӡа даҽа ҭагылазаашьақәак сзаанартит сыԥсҭазаараҿ.

Аԥсуа литература ашедеврқәа - Sputnik Аҧсны
Ахԥатәи "Аԥсуа литература ашедеврқәа": ахәаԥшҩы иибазгьы, иаҳазгьы дхырхит

Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аиҳабы Нодар Ҷанба исыдигалеит алитературатә проектқәа, сара сгәы иаанагаӡомызт ҳашәҟәыҩҩцәа риубилеиқәа рыда аԥсуа поезиа аҭыԥ змамыз ҳаԥсуа театр аҿы алитературатә проект аус ауп ҳәа. Уи иаҿагылаз актиорцәагьы, анҭыҵгьы иҟалеит, иџьазшьоз рацәан "Алитературатә шедеврқәа" заҭаху атеатр аҿы. Џьоукгьы ирҭахын ашедеврқәа алызхуа азин змоуи измами еилыркаарц, аҩымҭа амҳәыр азҭаз деилыркаарц. Сара, литературатә консультанкт иаҳасабала, уи азы азин сымоуп ҳәа сгәы иаанагоит, актиорцәеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭны иалаҳхуан ажәеинраалақәа. Иҟалон убасгьы, рхала ианҳадыргалоз дара иалырхуаз, ҳара ҳақәшаҳаҭхон.

Агәра ҳгоит ҳаԥхьаҟа иҵегьы аҽарҭбаап ҳәа, еиҳагьы адгылара аиуп ҳәа ари апроект. Апародиақәа рыхәылԥазқәа акымкәа имҩаԥаҳгахьеит, иҟоуп иманшәалахаз, иҟоуп иҵегьы ибзиахандаз ҳәа ҳгәы ззаанаго. Уажәы иҟоу ахҭысқәа ирыхҟьаны иахаҳгеит апародиақәа рыхәылԥаз, маҷк иҭышәынтәалар, хымԥада, иацаҳҵоит ари апроектгьы.

"Бзиа избаз дызбоит, исзымбазгьы - башьа сымаӡам"

- Уажәшьҭа ҳаиасып апоезиа ахь! Гунда, иаҳҳәап, бара быжьҩык иахьа ҳлитератураҿы акалам зырҵысуа апоетцәа рыӡбахә ҳаҳә ҳәа барҳәар, иалыбкаақәода? Бара ирлас-ырласны бзыԥхьо, ибзааигәоу, зпоезиагьы даҽаӡәы ипоезиа иалабымҵо? Иахьеи уахеи бызлагылоу, бгәаанагарагьы уажәраанӡа иаартны иззымдыруа?

- Сара исцәыуадаҩуп быжьҩык, жәаҩык ҳәа аилыхра, аԥсуа поетцәа ракәзар, урҭ быжьҩык иреиҳаӡоуп лассы-лассы сыззыхынҳәуа. Сара сзы аԥсуа поезиа зегьы школ дуӡӡоуп, быжь-ԥштәык иҭаӡоит ацәаҟәа аԥштәқәа, уи еилыскаауеит, аха иҟоуп ҷыдала исзааигәоу апоетцәа, урҭ ирдыруеит рпоезиа сшазыҟоу. Сара мыцхәы иаарту уаҩуп, бзиа избаз дызбоит, исзымбазгьы - башьа сымаӡам. Убри аҟнытә, бзиа избо апоетцәа дара ирдыруеит, урҭ ртәы сымҳәаргьы сгәы иауӡом: Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Станислав Лакоба, Терент Ҷаниа, Гәында Кәыҵниа, Анатоли Лагәлаа.

Алитературатә критика иазкны

- Гунда, ҳакритика, ишыббо еиԥш, ашьамхы "аҵаҟәалеит"! Иахьа хыԥхьаӡара рацәала ҳлитератураҿы иҭыҵуа ашәҟәқәа еилырганы рыхцәажәара акәым, рсиаҵәҟьагьы ҟанамҵацт! Иҟоуп ҳаԥсуа институт, уа аус руеит еиуеиԥшым аҟәшақәа алитератураҭҵаара знапы алаку. Урҭ еиҳа аҭоурых "рҽарҭеит", иахьатәи алитературатә процесс алацәажәара "иахыкәшоит", аӡбахә рҳәар "ажьы адырхьыр" ҳәа ишәошәа! Ус алитература иашаҵәҟьа ҳзыҟаҵаӡом! Иахьа томрацәала ауаа ашәҟәқәа ҭыжьны итәоуп, ԥсыуа критикк, литератураҭҵааҩык (Руслан Қапба далаҳамҵозар, уи зегьы дҳаԥсҿыхҩуп!) шамахак игәаанагара рмаҳацкәа… Ашәҟәыҩҩгьы абриаҟара аџьабаа аниба, ихы-иԥсы ақәҵаны ианиҩы, иззиҩызгьы ргәаанагара иаҳар ами?!

- Акритика атәы ануҳәа, иҟалап адунеи зегь аҿы уи даҽа хырхарҭак шьҭнахзар. Саргьы убас сгәы иаанагоит, иахьа еиҳа алитературадырра аҭҵаара ахь ииасызшәа избоит. Иҟалап, аҩымҭа уаанӡа акритика шыҟарҵоз, ишеилдыргоз аҽаԥсахзар, аамҭа иаҳнарбоит аҩымҭа иаԥсоу, иаԥсам, аԥхьаҩ бзиа есымша дыҟоуп, аамҭа нас зегьы араӡоит, зегьы рҭыԥ аҿы иаргылоит. Даҽакала иуҳәозар, ахьтәлыхәҭа икылнагоит. Убри аҟнытә, сара уи уамак хьаас исымаӡам.

Аҩымҭа бзиа ыҟоуп, уи акритика амоургьы акгьы ахьӡом. Акритика бзиа, Баграт Шьынқәба ишиҳәоз еиԥш, аҩеи аӡеи еилызхуа иахьа ихәшәуп, зыԥшаара мариам, иҟалап уи алитературазы иахьа зда ԥсыхәа ыҟам акакәзар, аха иабаҟоу иахьа Владимир Аҵнариа иҩызцәа агьама ҳарак змаз, абаҩхатәра ду злаз, агәаӷьрагь змаз, аҳәатәы змаз, аҳәашьагьы иақәшәоз.

Ҳлитературатә жәҩан аеҵәа ҿыцқәа

- Бара ҿыц иҩуа аҿар есымша былаԥш рхуп, уимоу, Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы еиҿкаау аидгыла алаларазы акомиссиа беиҳабуп. Аҵыхәтәантәи жәаба, жәохә шықәса рыҩнуҵҟа ицәырҵыз апоетцәа рҟынтәи иалыбкаауада, еҵәак кыдлеит ҳлитературатә жәҩан аҿы ҳәа ззаҳҳәаша, рцәырҵра уааргәырӷьартә, уааршанхартә?

- Ииашоуп, Анцәа иҟнытә, иҩуа аҿар ыҟоуп макьана. Уи абызшәа аҭагылазаашьа ҳзырбо барометрзар ҟалап иахьа. Уи насыԥуп, гәырӷьароуп, гәыӷра дуӡӡоуп зегьы ҳзы. Аибашьра ашьҭахь акризис ҳаԥсы ацәаагеит ҳҳәар ҳалшоит.

Вечер пародий поэтов и писателей Абхазии - Sputnik Аҧсны
Ицҳауа апоезиа: имҩаԥысит апародиақәа рыхәылԥазы

Даара ибзиан аус руеит алитературатә кружокқәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы, аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьали Владимир Анқәаб ихьӡ зху алитературатә кабинет аиҳабы Ахра Анқәаби ирыбзоураны, иара убас, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы аус зуа Заира Ҭҳаиҵыкә уҳәа рыбзоурала иубоит алҵшәа бзиақәа. Уеигәырӷьартә иҟоуп аԥсуа поетцәа иаарывагылаз аҿарацәа: Дырмит Габалиа, Абзагә Ҟалӷьы, Алина Жьиԥҳа, Адгәыр Гәынба, Асҭамыр Кәарҷиа, Џьамбул Инџьгьиа, Аинар Ҷыҭанаа уҳәа…

Адунеитә литератураҟны иалылкаауа

- Гунда, ҳара ҳаицәажәара даара агәахәара снаҭеит, избанзар бара, поетк иаҳасабала, ббаҩхатәра сахьеигәырӷьо анаҩсгьы, бара згьама ҳараку литераторуп, хәыцҩуп… Исҭахуп еилыскаарц, иарбан поетцәоу адунеитә литератураҿы бара иахьеи уахеи ибыцу, зажәеинраалақәа бқьышә иқәыххуа? Иаҳҳәап, жәаҩык рыӡбахә бҳәозар, изусҭцәадашь урҭ?

- Иҟалап, аиқәыԥхьаӡара салагар, иџьоушьар, избанзар аамҭа цацыԥхьаӡа ауаҩы игьамагьы аҽаԥсахуеит. Аха лассы-лассы сзыԥхьо, анкьа ҿырҳәала сзыԥхьоз, аха уажәы еиҳа-еиҳа исцәыуадаҩхо иалагаз: Шарль Бодлер, Гарсиа Лорка, Сесар Вальехо, Осип Мандельштам, Марина Цветаева, Анна Ахматова, Иосиф Бродски, Поль Верлен, Артиур Рембо уҳәа убас иҵегьы.

Апоет "лҭаҵәахқәа"

- Аҵыхәтәан, гәырхаагас даҽа зҵаарак! Апоет бзиа имоуп есымша "аҭаҵәахқәа", иаԥхьаҩ дызлаиргәырӷьаша, иимкьыԥхьыц, аҿыц-цәа зыҟәну. Убас иҟоу шәҟәык бара бҟынтәи ҳазыԥшума ҳаԥхьаҟа? Насгьы, даҽазнык ҳаԥхьаҩцәа зегьы ираҳауа ибыдысныҳәалар сҭахуп ҵыԥхтәи бажәеинраалақәа ҳжурнал ианыз рзы! Урҭ апоезиа аноминациаҿы ашықәс аҩнуҵҟа "Алашара" ианыз рахьтә иреиӷьӡаз рахь иалырхит! Уи, бара бзы мацара акәым, ҳпоезиа зегьы азы гәадуроуп!

- Аиашазы, аҭаҵәахқәа азуҳәар ҟало, иҟамло сыздыруам, аха саԥхьаҟа сгәы иҭоуп аезотерикатә ессеқәа еидызкыло ашәҟәы аиқәыршәара. Уи даара иуадаҩу хырхарҭоуп аԥсуа ԥхьаҩы изы, аха, сгәы иаанагоит, аԥхьаҩцәа аиуп ҳәа.

- Иҭабуп гәаартылатәи ҳаицәажәаразы! Саргьы бара бпоезиа ззааигәоу аӡәы иаҳасабала (еиҳаракгьы уаҟа апародиақәа злысхуа ажәеинраалақәа рзы "сшәарыцоит"!), ибзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәаҳәара, аҭаацәаратә ҭагылазаашьа бзиа, быԥшәмеи бареи шәзыргәырӷьо шәыхшара, бышәҟәы бзиақәа реиԥш, ҳаргьы ҳдыргәырӷьалааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0