Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Адунеи ҳазлалахәу ҳбызшәалоуп": Геннади Аламиа иҿцәажәара

© Фото : ИА "Рес" Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра амилаҭтә премиа
 Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынҭқарра амилаҭтә премиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.12.2021
Анапаҵаҩра
Апоет, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, иахьа иҳадигалоит апоет, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу, Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа рлауреат Геннади Аламиа иҿцәажәара.
Иԥсҭазаара ҭацә шԥаласу
зшьа иалоу згәаламшәо!
Геннади Аламиа
- Бзиара умазааит Геннади Шьаликәа-иԥа! Зегь раԥхьаӡа иудысныҳәалоит ушәҟә ҿыц ҭырқәшәала Ҭырқәтәыла аҭыҵра. Уи акраанагоит уаҟа инхо ҳџьынџьуаа рзеиԥш, иара аҭырқәа ԥхьаҩ изгьы. Избанзар, урҭ алитература бзиа рымоуп, насгьы, аҭырқәа бызшәаҟынтәи егьырҭ абызшәақәа рахь аиҭагарагьы аперспектива амоуп. Аиҭагара анаҳҳәа, еиҭазгада уҩымҭақәа аҭырқәшәахь, насгьы, уи аԥсшәа идыруазма?!
- Иҭабуп, Анатол, удныҳәаларазы! "Хыхьынтә бжьык ааҩран иҟоуп, уазыӡырҩы!" – ҳәа сазҳәаз саҳәшьа бзиа Ҭамила Арышԥҳа лҳәахьа наӡеит. Ииашаҵәҟьан, хыхьынтә исыҵарҳәозшәа акәын "Нарҭашәа" ацәаҳәақәа шааиуаз, анҵара сахьӡомызт. Ари аҩымҭа аишьа еиԥш ауп сшазыԥшымыз уи ахәшьара ду шаиузгьы. Таиф Аџьба Ду ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аԥсахара, иаарылукааша апоет иара ихаҭа дзықәшаҳаҭу хәшьароуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Убри алагьы сгәы дууп. Убасоуп ишыҟалазгьы "Нарҭашәа" аҭырқәа бызшәа ахь еиҭаганы аҭыжьрагьы. Аклассикатә ҩымҭақәа инарываргыланы, аҵыхәтәантәи жәашықәсақәа иҭыҵхьоу иарбан аԥсыуа ҩымҭазаалак зылаԥш иҵымшәо, зыуаҩреи збаҩхатәреи еицнарго анцәа иишаз Октаи Ҷкотуа, дҵаа-ԥшаауа акәымкәа, иаҭахны иԥхьаӡаны аԥсшәахьтә аҭырқәшәахь еиҭеигеит. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ацхыраарала иара Ҭырқәтәыла иҭижьит ари аҩымҭа. Аԥсшәа акәзар, иара иидыруа сара исхашҭхьеит ҳәа сҳәартә сыҟоуп азы, ҭырқәшәала изымҳәоз иарбану! Уимоу, исҳәарц исҭахны исзымҳәазгьы шациҵаз агәра згоит.
Геннади Аламиа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2015
Геннади Аламиа: Кәтол - аҟазара азыҳәан Анцәа иалхны имоу ҭыԥуп
- Геннади, уара алитератураҿы ҳара ҳабиԥара амҩа ҳаннықәлауаз даара уҳавагылеит, уҳацхрааит. Уи ҳара ахаангьы иаҳхашҭӡом, иԥхаӡа ҳгәы иҭоуп! Иахьа ушԥахәаԥшуеи ҳлитературатә ҿар рыҿиашьа, реиҵагылашьа, шәара шәзылгаз Москватәи алитературатә институт ахь аӡәык-ҩыџьак шьҭызҭгьы бзиаӡамзи?!
- Апоезиа шьхацамҩоуп. Иушьҭагылан иааиуа урзымхәцуа, урықәымгәыӷуа, урмеигәырӷьо, ухашәа хы мбо, убжьада бжьы умаҳаӡо уҿынаухар, уахьнеиша узнеиӡом. "Иҩызцәа иман храк днаҿалон…". Уи ауп Хмыҷгьы игәахәтәы дзахьӡоз. Алитература - иҳәаадоу жәҩануп. Уи еҵәа ҿыцк анкыдымло ҟалаӡом. Аус злоу, абашьа уақәшәозар ауп. Иара аеҵәа азы акәым – уара ухы азын! Ирацәаҩуп, збаҩхатәрала ҳзыргәырӷьахьо, зҩымҭақәа агәаӷь ссир ргәылоу аҿар. Уи агәра ҳнаргоит ҳлитература аԥеиԥш бзиа шамоу. Ҳзырмыхәозаргьы, абажәқәа реиԥш ҳанымхалап аҳаракырахь игоу урҭ рымҩа!
- Уара даара агьама бзиа змоу, даара иҵаулан ихәыцуа поетуп. Уи бзиан иазгәарҭахьеит Алықьса Гогәуеи Фазиль Искандери! Ҵыԥх, ҳара ажурнал "Алашараҿ" иаҳкьыԥхьыз упоема "Нарҭашәа" азы Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа уанашьахеит! Иара убасгьы, сымҩашьозар, ҩышықәса раԥхьа, Нхыҵ Кавказ литературатә премиа бзиак уанаршьеит уеиҭагақәа рзы. Иара убас, Косҭа Хьетагуров иҩымҭа дуӡӡа "Ауаԥс ԥхьарца" аԥсышәала еиҭаган Аԥсны иҭужьит. Даара ибзиахон урҭ рҭоурых маҷк ҳзеиҭоуҳәар.
- Кыршықәса аԥсшәахь аиҭагара аус снапы алакуп азы сазгәдууны исҳәоит, сбызшәа ишьҭнамхуа еидара ыҟаӡам! Ауаԥс бызшәеи аԥсшәеи рхыҵхырҭақәа хазӡоуп, аха ауаԥс ҵарауаҩ ду, зеиԥш дыҟамыз апоет, сҩыза гәакьа Нафи Џьусоити сгәы азырхаҵан сызлеигалаз аус ԥшьа, ԥсра зқәым ауаԥс жәлар рҵеи ишәҟәы "Ауаԥс ԥхьарца" аԥсшәахь аиҭагара насыԥхеит сара сзыҳәан. Сбызшәа иамчу сныруа сҟанаҵеит. Уаԥстәыла, нхыҵ аума, аахыҵ аума, уи иажәеинраалақәа аԥсышәала сахьрыԥхьозаалак, сзыԥхьо иарбан ҩымҭоу ахьӡ ҳәаны сызҿырҭуеит. Аԥсшәа – иҳараку поезиа бызшәоуп, уи зегьы ираҳауеит, еилыркаауеит. Уаԥс газеҭк аҿы сара сзын "Ауаԥс фандыр" еиҭеигарц азын абызшәа иҵеит ҳәа анырҵахьан. Мап, ауаԥси аԥсуеи еигәныҩырц азын абызшәа аҵара аҭахӡам, урҭ гәыла-ԥсыла еилибакаауеит. Сбызшәа амчхароуп абри агәра сзыргаз. Сусумҭазы Нафи Џьусоити ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәыла Аҳәынқарратә премиа ансаҭәашьахагьы, уи схахьы исымгаӡеит, сбызшәоуп изыбзоуроу ҳәа исшьеит. Убри атәоуп исҳәазгьы 2018 шықәса азы Нхыҵ-Уаԥстәыла ареспублика Аланиа Ахада иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥша" сшаԥсахаз анрылеиҳәагьы.
© Фото : Алхас ЧхамалиаГеннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.12.2021
Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиты ихьӡ зху Нхыҵ-Уаԥстәыла амилаҭтә премиа
- Сара уара улитературатә гьама даара агәра згоит. Убри азы исҭахуп ҳаԥсуа поезиаҿы быжьҩык уара иахьагьы-уахагьы зпоезиа уцу апоетцәа рыхьӡ уҳәарц. Урҭ иахьатәи ҳлитература иалагылоу рымацара ракәымзаргьы ауеит, ҳаклассикцәа рыла уалагаргьы улшоит!
- Ҳазшаз инапкымҭоу аԥсуа литература ауарҳал ссир аҿы иарбан ԥштәқәоу еиҳа иалукаауа ҳәа усзымҵаан, суҳәоит. Хымԥада, уа иҟоуп хадара зуа аԥштәқәа, аха урҭ згәылыҷҷаауа егьырҭ аԥштәқәа ыҟамзар изеиԥшрахооз уи ауарҳал? Баша ҭӡыхҩага хсаалахон. Ииашоуп, еиӷьу еицәоу нҵәаӡом, аха апоезиа хаҭа анакәха, доусы иара ихатәы бжьы имоуп азоуп ашәа ашәаны изыҟало. Еимакны зегьы ахапа ҳҳәоит ҳәа иалаго анцәа имҳәароуп! Арҿиараҿ иарбан еиндаҭлароу, иарбан хамхаԥагьароу! Иулшаз улшеит, иулымшаз зылшаз иеигәырӷьашьа уақәшәа!
- Геннади, иахьа ҳбызшәа зегьы ҳгәы иҵхоит, уи ацхрааразы еиуеиԥшым аԥшьгарақәа рацәоуп. Аха иахьынӡахәҭоу алҵшәақәа ҳмоуцт макьана… Ушԥахәаԥшуеи, ашәарҭара зегьы ҳашҭақәа ирҭалаанӡа, ҳаҩнқәа ирыҩналаанӡа, иаақәырҵәиааны акы ӡбатәӡами?! Збызшәа ззымдыруа рзы азакәан инахырҟьангьы ирыӷәӷәатәызар?! Иаҳҳәап, раԥхьа методикала еиқәыршәаны, хышықәса аҿҳәара рыҭаны, хышықәса рыла изымҵаз, дарбанызаалакгьы атәылауаҩшәҟәы имоуа… Абас ирыӷәӷәамзар ада ԥсыхәа ыҟамзар?!
- Иахьа аԥсуа бызшәа ахы ахьуеит, агәы ахьуеит… Зынӡа салацәажәарц сҭахӡам Аԥсуа ҳәынҭқарраҿы аҳәынҭқарратә бызшәа хархәашьас иамоу. Схы ларҟәны срывсуеит ақалақь амҩадуқәа рҟны еиԥш, ареспублика ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло акыдҩыла цәыблагәқәа. Урҭ азакәан (!) инақәыршәаны еиҭагоуп. Ари аус ду знапы иану амхәыццәа азакәан акәӡам, ҳажәлар рхоуп еиларго, еицаркәа аԥсуара ахаҿроуп. Уи азын рус ӡбатәуп, уи сақәшаҳаҭуп. Збызшәа мап ацәызкыз зхы зҭахым, ихшаз бзеирак рзызмыӡбуа иакәны агәысакара дықәхоит. Адунеи ҳазлалахәу ҳбышәа ала акәзар, уи ҳшьапы залаҳхрызеи? Тәым хшыҩла иузыӡбны узықәдыршәо ақәнамга цасҳәагь уаиааир ауеит. Аха ухала ухы иазуӡбо азы узцасуада? Еҳ, ҳара арыцҳақәа, мап зцәаҳкуа иарбану! Тәым бызшәала ҳхәыцны, иҳәатәу ҳазҳәома? Мап. Аиқәауаара ушьаҵан ужәлар рахь узцәырҵуам, ихуҩарц иуҭаху узыхҩом. Азакәан дацәыршәаны ауаҩы абызшәа узирҵаӡом. Уи данхәыҷу нахыс иан лкыкахш иалаӡҩан игәы-иԥсы иалалароуп, ԥсыԥ лагаҩагарак еиԥш изыҟалароуп ибызшәа гәакьа. Иаԥсыуамкәа, Аԥсны зыԥсадгьылхазгьы ирдыруазароуп изҭоу аӷба ирҳәо иақәымшәо ианҭаха хара ишзымнеиуа.
© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади Аламиа иҭаацәеи иареи

Геннади Аламиа иҭаацәеи иареи - Sputnik Аҧсны
1/8

Геннади Аламиа иҭаацәеи иареи

© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия - Sputnik Аҧсны
2/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия - Sputnik Аҧсны
3/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия - Sputnik Аҧсны
4/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия

Геннади АламиаГеннадий Аламия - Sputnik Аҧсны
5/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади Аламиа

Геннади Аламиа - Sputnik Аҧсны
6/8

Геннади Аламиа

© Foto / из личного семейного архива Геннадия Аламия

Геннади Аламиа имоҭа Баграти иҭацеи

Геннади Аламиа имоҭа Баграти иҭацеи - Sputnik Аҧсны
7/8

Геннади Аламиа имоҭа Баграти иҭацеи

© Sputnik / Томас Тхайцук

Геннади Аламиа

Геннади Аламиа - Sputnik Аҧсны
8/8

Геннади Аламиа

1/8

Геннади Аламиа иҭаацәеи иареи

2/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

3/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

4/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

5/8

Геннади АламиаГеннадий Аламия

6/8

Геннади Аламиа

7/8

Геннади Аламиа имоҭа Баграти иҭацеи

8/8

Геннади Аламиа

- Уажәы ҳаиҭаиасып алитературахь. Рыхьӡ уҳәар сҭахуп уара угәы зызҭоу, иалукаауа быжьҩык аԥсуаа прозаикцәа. Изусҭцәада, уааигәа зҩымҭақәа ыҟазарц иуҭаху ашәҟәыҩҩцәа?! Иаҳҳәап, умаҭацәа хымԥада изыԥхьарц иуҭаху арбан ҩымҭақәоу?!
- Иууам, иууҵәҟьом, абыжь-ныхак рыхьӡқәа сумырҳәар! Аныха ахьӡ шырымҳәо удыруеит, саргьы иреиӷьасшьо быжьҩык апрозаикцәа рыхьӡ сҳәаӡом. Исҳәо, Дырмит Ду инаиркны, апрозатә ҩымҭа ссирқәа аԥызҵахьо рацәаҩӡоуп. Кыр ҳаԥсаны ҳаҟазар, урҭ рыла ҳааӡоуп. Смаҭацәагьы изыԥхьарц ирҭаху рхала иалырхлааит. Ахәыҷқәа ҟазшьа бзиак рылоуп, иалырхыз алырхит, иузарԥхьом, иаԥсам. Фҩык амаҭацәа рабду, исзымдыруа сыҟаӡам, кырынтәгьы исҳәахьеит, ашәҟәыҩҩцәа рсиа аашьҭыхны, аӡәгьы дымгәаарц, инеишьҭаргыланы рҩымҭақәа рыла арҵагашәҟәқәа реиқәыршәара шиашам. Ахәыҷы ииҭаху аԥсшәа агәыбылра изыркуа аҩымҭоуп, игәы ахзыршәо акәӡам. Аҩымҭа игәаԥхар, изҩызгьы деиликаарц иҭаххап. Шәымшәан, аӡәгьы дыбжьаӡӡом!
- Геннади, иахьатәи ҳаиԥыларазы даара иҭабуп ҳәа уасҳәоит! Ашәаҳәаҩ ду Александр Градски аҵыхәтәанӡатәи иҿцәажәарак аҿы иҳәеит ашәа бзиа акәаци ахши реиԥш ирласны ишыбжьымсуа, акыраамҭа уи азыӡыҩрцәа ишырзынхо! Уаргьы акыраамҭа инхо рацәаны иаҳзаԥуҵахьеит, аха макьана аԥхьаҩ иҟны иноумгац, ушәындыҟәра иҭоу рҿиамҭақәас иҳазцәыругои, ҳзықәургәыӷуеи?
- Имгәыӷкәа иԥсхьада… Саргьы исҳәаша сымоушәа збоит. Иахьазы сызҿу сшәындыҟәра аҭарцәроуп. Сажәеинраалақәа, спублицистика, сеиҭагамҭақәа уҳәа еиқәыршәаны исызҭыжьыр, реидара саҵыҵыр, иудыруеи, кыр шықәса хәыцырҭас исымоу, иахьа уажәраанӡа исзымҳәац ҳәашьа ҿыцк азысыԥшаар. Санду лашҭаҿ зықәра изаҵамгылакәа икаҳаз ашымҳаҵла ацымхәрас шымҳак еиҭасҳаит, убри аизҳара сазыԥшуп. "Ашымҳа иазҳаанӡа…" ҳәа ахьӡысҵарц сҭахуп сышәҟә ҿыц.
Руслан Капба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.11.2021
Аԥсны
Ашәҟәыҩҩы дҳаразкуа акритик: Руслан Қапба иҿцәажәара
- Иааигәахеит Ашықәс ҿыц. Ҳажәлар ауадаҩрақәа ишырҭагылоугьы, ргәы камыжькәа уаҵәтәи амшахь иԥшуеит. Геннади, уара даара акыр улшеит аибашьра аани уи аԥхьеи нхыҵи-аахыҵи, мшыннырцә инхо ҳмилаҭи реидгыларазы, ҭаҷкәымк еиԥш еилаҵәаны рыҟаларазы… Иахьагьы уара убзиара дуқәа згәалашәо рацәаҩӡоуп. Убри азы, сара исҭахуп уара удныҳәалара убарҭ рахьгьы ихазарц.
- Ашықәс ҿыц ааира аамҭеиҭасразар, сыжәлар ирзеиӷьасшьарц сҭахуп ацәгьа наҟ иныиасны абзиара рԥеиԥшзарц, ршьара иқәланы, рхы иақәгәырӷьо, изҭаху ирҭаху рдыруа ахақәиҭра мҩа ианызарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0