Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәаразы: аконцерт-реквием Аԥсуа филармониаҿы

Анапаҵаҩра
Марттәи ажәылараан иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз аконцерт-реквием мҩаԥган Аҟәа хәажәкыра 16 аҽны.
Есышықәсатәи марттәи аконцерт "Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-1993 шықәса рзы иҭахаз ргәалашәаразы" мҩаԥысит Ражден Гәымба ихьӡ зху аҳәын ткарратә филармониа аҟны хәажәкыра 16 рзы.
Аконцрт иалахәын аҳәынҭфилармониа асолистцәа- Асида Шьакаиа, Елена Анқәаб, Нана Черкезиа, Альдона Цкәуа, Нугзар Какалиа, Алхас Ферзба, Асҭанда Џьыкырба, иара убас Челиабинсктәи аҳәынҭкарратә филамониа асолистцәа Татьяна Заицева, Анастасиа Полумогина, Ирина Головина, Аҿартә театр артистцәа- Альдона Адлеиба, Лана Гергиа, Есма Шуген, Ахра Кәарҷиа.
1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларақәа ирылагеит. Амотохысцәа рыҟәша Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәии амшын аҟынтәии ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан. Аха хәажәкыра 15-16 руыха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит.
Иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ақырҭуа ган иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рырымҭеит. Аибашьра ашьҭахь урҭ Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә иамардеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0