1993 шықәса, цәыббра 16 рзы иалагеит Аҟәа ахақәиҭтәразы ихадараз ажәылара. Уи мҩаԥысуан абарҭ ахырхарҭақәа рҟынтә: Ачадарантәи, Аҩадахьала, нас Алашарбага аҳаблаҟынтә. Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит, асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.
Цәыббра 16, асааҭ 13:00 рзы аԥсуа еибашьцәа ҵаҟатәи Гәымсҭатәи ацҳала аӡиас ирит, иара уи аамҭазы ашьхала Аҟәа алаларазы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан.
Цәыббра 17 рзы аԥсуа ар ақалақь агәахьы узгоз, астратегиатә ҵакы змаз амҩақәа рахь икылсит, иагьыркит. Ашьхала ақалақь иалалоз архәҭақәа ржәылара еиҳа-еиҳа идырҿион, урҭ рыхәҭак актәи афланг иатәыз аибашьцәа ирыцлеит. Аԥсуаа рнапаҿы иааргеит аҳаракырақәа – Шрома, Каман, Цугуровка, Ахалшени уҳәа егьырҭгьы.
Цәыббра 19 рзы Ачадара иҟаз, аӷа дахьтәаз уаанӡатәи аҩнуҵҟатәи архәҭақәа рполк аштаб ахыбра ааныркылеит.
Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит
Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит
Цәыббра 27 рзы аԥсуа ар Аҟәа агәы иалалеит.
АҞӘА АХАҚӘИҬТӘРАТӘ ОПЕРАЦИА НАПХГАРА АИҬОН АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТР, АИНРАЛ-МАИОР СУЛТАН СОСНАЛИЕВ.
АҞӘА АХАҚӘИҬТӘРАТӘ ОПЕРАЦИА НАПХГАРА АИҬОН АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА РЫШТАБ ХАДА АИҲАБЫ, АИНРАЛ-МАИОР СЕРГЕИ ДБАР.
Асааҭ 15:30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аиҳабыра рыҩны ахыбра иахашәыршәыруан, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.