Арадио

Занҭариа еиҭеиҳәеит ишықәсқәа дшырзыҟоу атәы

70 шықәса ихыҵит апоет, апрозаик, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Владимир Занҭариа. Арадио Sputnik аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит инысымҩеи ауаажәларратә усура дшалагылази ртәы.
Sputnik
Иныиаҟьаны ицаз ашықәсқәа аԥсаатә еиԥш срыхәаԥшуеит, урҭ зегьы ҵакык рыман, џьабаала иҭәын, ҳәа азгәеиҭеит Занҭариа аиҿцәажәараҿы. Иара еиҭеиҳәеит иҟазара ахы ахьыҵнахыз, уи шыҟалаз атәы.
"Ашкол аҿы аԥсуа литература бзианы иаҳҵон, иҳазнаргон. Убра аама скит, нас апоезиа, апроза, сзыԥхьоз исызнарҵысит", - иҳәеит иара.
Ашәҟәыҩҩы далацәажәеит акритика адкылара дшазнеиуа, аԥсуа критика иамоу атрадициақәа дызрықәшаҳаҭым.
"Адунеи иадыруеит ахҭысқәа ашәҟәыҩҩы, асахьаҭыхҩы рыжәлар рлахьынҵа аныуадаҩхо аамҭазы ацәқәырԥа иалымгылар ада ԥсыхәа аныҟам. Ҳара ҳҿы традицианы иаауеит ауаажәларратә ус иалагылаз ашәҟәыҩҩцәа. Арҿиаҩы ажәлар данарԥызахо ахҭысқәа рацәоуп. Сеиҳабацәа ҿырԥшыган, урҭ срызҿлымҳан. Аидгылара анеиҿкааха ҳҽеибаҳҭеит. Ақәыџьмақәа ҳанырк ҳаҽҳарӷәӷәеит", - игәалаиршәоит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.