АҞӘА, ԥхынҷкәын 5- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит абҵара 28-30 рзы "Сириус" имҩаԥысуаз Аконгресс иалахәыз Аԥсны аҵарауаа ҿарацәа .
Атәыла ахада аҵарауаа ҿарацәа азхьеирԥшит рдыррақәа рырҭбаара, рырҵауылара шхымԥадатәиу.
"Шәара шәоуп Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш. Еиуеиԥшым аусхкқәа рыҟны шәдыррақәеи шәылшарақәеи атәыла аҿиара аҟны анырра анаҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылараҿы иара убасгьы иҳәан атәыла ахада иҟны иаԥҵазарц аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак. Бжьаниа уи аус дшадгыло иҳәеит.