Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Апарламент аилатәара, ашәахтә рбагақәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны ԥхынҷкәын 4-10 рзы имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысит Аԥсны Апарламент аилатәара, Аслан Бжьаниа Владимир Путин хадас икандидатура ақәыргылара адгылара шеиҭо иҳәеит. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҿы.
Sputnik

Ашәахтә план

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра адыррала, 2023 шықәса жәеизамзы рыҩнуҵҟа Аԥсны еизгоуп 4,7 миллиард мааҭ ашәахтәқәа, планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан.
Аплан 25% рыла еиҳаны инагӡоуп. 2022 шықәса иаҿырԥшны анагӡашьа 121% иҟоуп, ԥарала иуԥхьаӡозар - 808,2 млн мааҭ.
Аԥсны абиуџьет ахь 11 мзы рыла аҳазалхратә шәарақәа 3,3 млрд мааҭ алагалоуп планла иарбаз 2,6 млрд мааҭ рҭыԥан, абри атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзураҿы.
Ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшзар, сынтәа иалагалан 671 млн мааҭ рыла еиҳаны, усҟан 11 мзы рыла иалагалан 2,6 млрд мааҭ.
Аԥсны
Ашәахтә лагалақәа шықәсыктәи ауснагӡа жәамз рыла инагӡоуп

Урыстәыла алхрақәа

Хәажәкыра 17, 2024 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥгахоит ахада иалхрақәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа адгылара шаиҭо иҳәеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аекономикеи, асоциалтә хырхарҭеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рзы Путин имҩаԥиго астратегиа ажәлар адгылара шарҭо.
Аԥсны
Бжьаниа иҳәеит Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа адгылара шаиҭо

Ажәлақәа реиҭашьақәыргылара

Аԥсны Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа" аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит.
Ари азакәанԥҵараҿ иҟаз агха ханарҭәаауеит, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз аԥкрақәа рыхнахуеит.
Урҭ рахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иаԥсуыуаау (иабазоу), XIX–XX ашәышықәсақәа раантәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны змилаҭра зцәыӡыз, атәылауаҩра змам ахаҿқәа.
Аԥсны
Апарламент ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылараз азин

Ауаажәларратә палатаҿ аҭагылазаашьа ҷыдақәа

Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит Ауаажәларратә палата аусура ҳәаақәызҵо закәанԥҵаратә актқәак рахь ариашарақәа.
Адокумент инақәыршәаны Апалата алахәылацәа рзы ақәратә ценз 25 шықәса ҳәа ишьақәыргылахар ҟалоит.
Иазԥхьагәаҭоуп Апалата лахәылацәас амчра азакәанԥҵаратә хәҭа ахаҭарнакцәа ралагалара. Уажәы аус зуа азакәан аҿы Апалата аусура иалахәуп амчра анагӡаратә хәҭа, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа, аграждантә еилазаара рхаҭарнакцәа, аха иҟам амчра азакәанԥҵаратә хәҭа ахаҭарнакцәа.
Аԥсны
Адепутатцәа ирыԥсахыр алшоит Ауаажәларратә палата аиҿкаашьа апринципқәа

Атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа ԥсаххоит

Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы" аԥсахрақәа ралагалара аднакылеит.
Уи инақәыршәаны анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылоуп.

Амаининг ақәгара

Адепутатцәа актәи аԥхьарала амаининг аҿагылара иазырхоу азакәанԥҵаратә актқәа рыдыркылеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа раԥхьаӡа акәны иаҿаркызаргьы ирымырхыр алшоит.
Ахархәага амхра аӡбарҭа аӡбара ашьаҭала имҩаԥгахароуп.
Аԥсны
Аԥсны амаининг хархәагақәа рымхра азин ҟарҵар ҟалоит

USAID апроектқәа мап рыцәкра

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа асертификациа рнаҭом ҳәа иҳәеит аусбарҭа ахада Инал Арӡынба.
Уи адагьы USAID Кавказ иҟоу арегионалтә напхгаҩы Џьон Пеннел Аԥсны персона нон грата ҳәа дшьоуп.
Ареспубликаҿ иара убасгьы рзин ҟаҵахом Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара иазырхо апроектқәа рынагӡара.
Аԥсны
Аԥсны АдәАР USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа аднакылом

"Россия сегодня" аиубилеи

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" анапхгареи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.
"Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи анапхгареи арҿиаратә еихьӡарақәа, агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, ашәҭыкакаҷра шәзеиӷьасшьоит. АИХ-қәа рыҿиаразы иҟашәҵо шәлагала акыршықәса еицакра ақәымзааит", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Аԥсны
Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит.
Матвиенко иазгәалҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" ажурналистцәа аинформациатә цәаҳәаҿы "ииашоу ажәабжьқәа адунеи иазнаргоит" ҳәа.
Урыстәыла
Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдырныҳәалеит
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа аманшәалара рзеиӷьеишьеит.
Урыстәыла
Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдиныҳәалеит
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Киселиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аминистр иазгәеиҭеит урыстәылатәи амедиа ақәыӷәӷәара ду анарҭо аамҭазы амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа ирылшоит "зыламыс цқьоу ажурналистика аԥҟарақәа рыла аусура".
Урыстәыла
Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдиныҳәалеит

Арыцҳарақәа

Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны ахаҵа дҭахеит ҳәа Аԥсны АҶА адырра ҟанаҵеит.
Амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы Гәыԥ ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны блит. Абылра шыҟалаз азы АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 14:37 рзы.
Амца дырцәон Очамчыреи Ткәарчали рраионқәа рҟынтәи амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Абылра иахҟьаны дҭахеит 22 шықәса зхыҵуаз арԥыс.
Аԥсны
Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны хаҵак дҭахеит
Бзыԥтәи ацҳаҿы амашьынақәа еиҿасын, ауаҩы дҭахеит аԥшьаша.
Еиҿасит Toyota Alphard-и Volkswagen-и.
Toyota иақәтәаз ицәаҳәа даныҵны Volkswagen иақәтәаз диҿалеит, имашьына изнымкылакәа дисит. Иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит. Volkswagen аԥсҟы зкыз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.
Аԥсны
Амҩан иҟалаз амашәыр аан ауаҩы дҭахеит