https://sputnik-abkhazia.info/20231211/sputnik-amchybzh-aparlament-ailatara-ashakht-rbagaa-1049396758.html
Sputnik амчыбжь: Апарламент аилатәара, ашәахтә рбагақәа
Sputnik амчыбжь: Апарламент аилатәара, ашәахтә рбагақәа
Sputnik Аҧсны
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны ԥхынҷкәын 4-10 рзы имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа. 11.12.2023, Sputnik Аҧсны
2023-12-11T09:00+0300
2023-12-11T09:00+0300
2023-12-11T09:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/07/1049361191_137:154:1144:720_1920x0_80_0_0_e1604c867302cf5685f858b8f4c0fe9d.jpg
Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысит Аԥсны Апарламент аилатәара, Аслан Бжьаниа Владимир Путин хадас икандидатура ақәыргылара адгылара шеиҭо иҳәеит. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҿы.SputnikАшәахтә планАшәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра адыррала, 2023 шықәса жәеизамзы рыҩнуҵҟа Аԥсны еизгоуп 4,7 миллиард мааҭ ашәахтәқәа, планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан.Аплан 25% рыла еиҳаны инагӡоуп. 2022 шықәса иаҿырԥшны анагӡашьа 121% иҟоуп, ԥарала иуԥхьаӡозар - 808,2 млн мааҭ.Аԥсны абиуџьет ахь 11 мзы рыла аҳазалхратә шәарақәа 3,3 млрд мааҭ алагалоуп планла иарбаз 2,6 млрд мааҭ рҭыԥан, абри атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзураҿы.Ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшзар, сынтәа иалагалан 671 млн мааҭ рыла еиҳаны, усҟан 11 мзы рыла иалагалан 2,6 млрд мааҭ.Урыстәыла алхрақәаХәажәкыра 17, 2024 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥгахоит ахада иалхрақәа.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа адгылара шаиҭо иҳәеит.Бжьаниа иазгәеиҭеит аекономикеи, асоциалтә хырхарҭеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рзы Путин имҩаԥиго астратегиа ажәлар адгылара шарҭо.Ажәлақәа реиҭашьақәыргылараАԥсны Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа" аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит.Ари азакәанԥҵараҿ иҟаз агха ханарҭәаауеит, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз аԥкрақәа рыхнахуеит.Урҭ рахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иаԥсуыуаау (иабазоу), XIX–XX ашәышықәсақәа раантәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны змилаҭра зцәыӡыз, атәылауаҩра змам ахаҿқәа.Ауаажәларратә палатаҿ аҭагылазаашьа ҷыдақәаАпарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит Ауаажәларратә палата аусура ҳәаақәызҵо закәанԥҵаратә актқәак рахь ариашарақәа.Адокумент инақәыршәаны Апалата алахәылацәа рзы ақәратә ценз 25 шықәса ҳәа ишьақәыргылахар ҟалоит.Иазԥхьагәаҭоуп Апалата лахәылацәас амчра азакәанԥҵаратә хәҭа ахаҭарнакцәа ралагалара. Уажәы аус зуа азакәан аҿы Апалата аусура иалахәуп амчра анагӡаратә хәҭа, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа, аграждантә еилазаара рхаҭарнакцәа, аха иҟам амчра азакәанԥҵаратә хәҭа ахаҭарнакцәа.Атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа ԥсаххоитАԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы" аԥсахрақәа ралагалара аднакылеит.Уи инақәыршәаны анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылоуп.Амаининг ақәгараАдепутатцәа актәи аԥхьарала амаининг аҿагылара иазырхоу азакәанԥҵаратә актқәа рыдыркылеит.Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа раԥхьаӡа акәны иаҿаркызаргьы ирымырхыр алшоит.Ахархәага амхра аӡбарҭа аӡбара ашьаҭала имҩаԥгахароуп.USAID апроектқәа мап рыцәкраАԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа асертификациа рнаҭом ҳәа иҳәеит аусбарҭа ахада Инал Арӡынба.Уи адагьы USAID Кавказ иҟоу арегионалтә напхгаҩы Џьон Пеннел Аԥсны персона нон грата ҳәа дшьоуп.Ареспубликаҿ иара убасгьы рзин ҟаҵахом Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара иазырхо апроектқәа рынагӡара."Россия сегодня" аиубилеиАԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" анапхгареи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа."Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи анапхгареи арҿиаратә еихьӡарақәа, агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, ашәҭыкакаҷра шәзеиӷьасшьоит. АИХ-қәа рыҿиаразы иҟашәҵо шәлагала акыршықәса еицакра ақәымзааит", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит.Матвиенко иазгәалҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" ажурналистцәа аинформациатә цәаҳәаҿы "ииашоу ажәабжьқәа адунеи иазнаргоит" ҳәа.Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа аманшәалара рзеиӷьеишьеит.Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Киселиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.Аминистр иазгәеиҭеит урыстәылатәи амедиа ақәыӷәӷәара ду анарҭо аамҭазы амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа ирылшоит "зыламыс цқьоу ажурналистика аԥҟарақәа рыла аусура".АрыцҳарақәаОчамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны ахаҵа дҭахеит ҳәа Аԥсны АҶА адырра ҟанаҵеит.Амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы Гәыԥ ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны блит. Абылра шыҟалаз азы АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 14:37 рзы.Амца дырцәон Очамчыреи Ткәарчали рраионқәа рҟынтәи амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.Абылра иахҟьаны дҭахеит 22 шықәса зхыҵуаз арԥыс.Бзыԥтәи ацҳаҿы амашьынақәа еиҿасын, ауаҩы дҭахеит аԥшьаша.Еиҿасит Toyota Alphard-и Volkswagen-и.Toyota иақәтәаз ицәаҳәа даныҵны Volkswagen иақәтәаз диҿалеит, имашьына изнымкылакәа дисит. Иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит. Volkswagen аԥсҟы зкыз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.
https://sputnik-abkhazia.info/20231104/ashakht-lagalaa-shysykti-ausnaga-zhamz-ryla-inagoup-1048928423.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231208/bzhania-ieit-putin-urystyla-akhada-ialkhraa-rylakhkharazy-ibama-adgylara-shaio-1049380618.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231207/aparlament-ishanareit-asua-milarei-asua-zhlei-reiashayrgylaraz-azin-1049352730.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231207/adeputattsa-irysakhyr-alshoit-auaazhlarrat-palata-aikaasha-aprintsipa-1049356819.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231207/asny-amaining-kharkhagaa-rymkhra-azin-arar-aloit-1049358042.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231208/asny-adar-usaid-inagany-ma-akhakakh-ala-aara-zzounazhua-aproekta-adnakylom-1049362631.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231209/bzhania-amediagy-rossiya-segodnya-10-shysa-akhyra-rydinyaleit-1049389858.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231209/matvienko-amediagy-rossiya-segodnya-aiubilei-rydyrnyaleit-1049384042.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231209/volodin-amediagy-rossiya-segodnya-aiubilei-rydinyaleit-1049385833.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231209/lavrov-amediagy-rossiya-segodnya-aiubilei-rydinyaleit-1049386299.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231204/gy-ayan-ialaz-amtsakra-iakhany-khaak-dakheit-1049321264.html
https://sputnik-abkhazia.info/20231207/aman-ialaz-amashyr-aan-auay-dakheit-1049349966.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0c/07/1049361191_176:0:1136:720_1920x0_80_0_0_310243cb3c85acc50fe8bbca3021ba33.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Sputnik амчыбжь: Апарламент аилатәара, ашәахтә рбагақәа
Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит Аԥсны ԥхынҷкәын 4-10 рзы имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Ииасыз амчыбжь азы имҩаԥысит Аԥсны Апарламент аилатәара, Аслан Бжьаниа Владимир Путин хадас икандидатура ақәыргылара адгылара шеиҭо иҳәеит. Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik аҿы.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра адыррала, 2023 шықәса жәеизамзы рыҩнуҵҟа Аԥсны еизгоуп 4,7 миллиард мааҭ ашәахтәқәа, планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан.
Аплан 25% рыла еиҳаны инагӡоуп. 2022 шықәса иаҿырԥшны анагӡашьа 121% иҟоуп, ԥарала иуԥхьаӡозар - 808,2 млн мааҭ.
Аԥсны абиуџьет ахь 11 мзы рыла аҳазалхратә шәарақәа 3,3 млрд мааҭ алагалоуп планла иарбаз 2,6 млрд мааҭ рҭыԥан, абри атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы апресс-маҵзураҿы.
Ҵыԥхтәи ашықәс абри аамҭа иаҿырԥшзар, сынтәа иалагалан 671 млн мааҭ рыла еиҳаны, усҟан 11 мзы рыла иалагалан 2,6 млрд мааҭ.
Хәажәкыра 17, 2024 шықәсазы Урыстәыла имҩаԥгахоит ахада иалхрақәа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәыла ахада иалхрақәа рылахәхаразы иӡбамҭа адгылара шаиҭо иҳәеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит аекономикеи, асоциалтә хырхарҭеи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рзы Путин имҩаԥиго астратегиа ажәлар адгылара шарҭо.
Ажәлақәа реиҭашьақәыргылара
Аԥсны Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа" аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала аԥсахрақәа аланагалеит.
Ари азакәанԥҵараҿ иҟаз агха ханарҭәаауеит, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭахыз аԥкрақәа рыхнахуеит.
Урҭ рахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо, иаԥсуыуаау (иабазоу), XIX–XX ашәышықәсақәа раантәи аҭоурыхтә хҭысқәа ирхырҟьаны змилаҭра зцәыӡыз, атәылауаҩра змам ахаҿқәа.
Ауаажәларратә палатаҿ аҭагылазаашьа ҷыдақәа
Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала ирыдыркылеит Ауаажәларратә палата аусура ҳәаақәызҵо закәанԥҵаратә актқәак рахь ариашарақәа.
Адокумент инақәыршәаны Апалата алахәылацәа рзы ақәратә ценз 25 шықәса ҳәа ишьақәыргылахар ҟалоит.
Иазԥхьагәаҭоуп Апалата лахәылацәас амчра азакәанԥҵаратә хәҭа ахаҭарнакцәа ралагалара. Уажәы аус зуа азакәан аҿы Апалата аусура иалахәуп амчра анагӡаратә хәҭа, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа, аграждантә еилазаара рхаҭарнакцәа, аха иҟам амчра азакәанԥҵаратә хәҭа ахаҭарнакцәа.
Атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьа ԥсаххоит
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы аҵыхәтәантәи аԥхьарала азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәуаа рзинтә ҭагылазаашьазы" аԥсахрақәа ралагалара аднакылеит.
Уи инақәыршәаны анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылоуп.
Адепутатцәа актәи аԥхьарала амаининг аҿагылара иазырхоу азакәанԥҵаратә актқәа рыдыркылеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа раԥхьаӡа акәны иаҿаркызаргьы ирымырхыр алшоит.
Ахархәага амхра аӡбарҭа аӡбара ашьаҭала имҩаԥгахароуп.
USAID апроектқәа мап рыцәкра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра USAID инагӡаны ма ахәҭакахь ала аԥара ззоунажьуа апроектқәа асертификациа рнаҭом ҳәа иҳәеит аусбарҭа ахада Инал Арӡынба.
Уи адагьы USAID Кавказ иҟоу арегионалтә напхгаҩы Џьон Пеннел Аԥсны персона нон грата ҳәа дшьоуп.
Ареспубликаҿ иара убасгьы рзин ҟаҵахом Аԥсни Қырҭтәылеи ртәылауаа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара иазырхо апроектқәа рынагӡара.
"Россия сегодня" аиубилеи
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедиагәыԥ "Россия сегодня" 10 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" анапхгареи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.
"Амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи анапхгареи арҿиаратә еихьӡарақәа, агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, ашәҭыкакаҷра шәзеиӷьасшьоит. АИХ-қәа рыҿиаразы иҟашәҵо шәлагала акыршықәса еицакра ақәымзааит", - аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәаҿы.
Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдылныҳәалеит.
Матвиенко иазгәалҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" ажурналистцәа аинформациатә цәаҳәаҿы "ииашоу ажәабжьқәа адунеи иазнаргоит" ҳәа.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Володин амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа аманшәалара рзеиӷьеишьеит.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Киселиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аминистр иазгәеиҭеит урыстәылатәи амедиа ақәыӷәӷәара ду анарҭо аамҭазы амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа ирылшоит "зыламыс цқьоу ажурналистика аԥҟарақәа рыла аусура".
Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны ахаҵа дҭахеит ҳәа Аԥсны АҶА адырра ҟанаҵеит.
Амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы Гәыԥ ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны блит. Абылра шыҟалаз азы АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 14:37 рзы.
Амца дырцәон Очамчыреи Ткәарчали рраионқәа рҟынтәи амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Абылра иахҟьаны дҭахеит 22 шықәса зхыҵуаз арԥыс.
Бзыԥтәи ацҳаҿы амашьынақәа еиҿасын, ауаҩы дҭахеит аԥшьаша.
Еиҿасит Toyota Alphard-и Volkswagen-и.
Toyota иақәтәаз ицәаҳәа даныҵны Volkswagen иақәтәаз диҿалеит, имашьына изнымкылакәа дисит. Иара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днаргеит. Volkswagen аԥсҟы зкыз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит.