Урыстәыла

Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиубилеи рыдиныҳәалеит

© Foto / Россия сегодняСергей Лавров
Сергей Лавров - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2023
Анапаҵаҩра
МОСКВА, ԥхынҷкәын 9 – РИА Новости. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәеи, уи анапхгаҩы Дмитри Кисилиови амаҵзура жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
"Ҳтәылаҿы аус зуа АИХ-қәа ираԥхьагылоуп "Россия сегодня". Жәларбжьаратәи аренаҿы ҳтәыла ҳаҭырла ахьӡ ҭыжәгоит, шәара 30 бызшәа рыла ажәабжьқәа ҭшәыжьуеит, аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи шәареи шәусеицура шьақәгылоуп", - иҳәеит Лавров.
Аминистр иазгәеиҭеит урыстәылатәи амедиа ақәыӷәӷәара ду анарҭо аамҭазы амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа ирылшоит "зыламыс цқьоу ажурналистика аԥҟарақәа рыла аусура".
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров амедиагәыԥ "Россия сегодня" аусзуҩцәа агәабзиареи арҿиаратә гәаҳәареи рзеиӷьеишьеит.
Владимир Путин - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2023
Урыстәыла
Путин "Россия сегодня" жәашықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" еиднакылоит урысшәала аус зуа аинформациатә ресурсқәа: РИА Новости, арадио Sputnik, ПРАЙМ, ИноСМИ, Baltnews, Украина.ру, Социальный навигатор, КОТ и Arctic.ru. Аҳәаанырцә амедиагәыԥ рдыруеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ала.
Ажәабжьқәа уахи-ҽни иҭыҵуеит англыз, араб, аиспан, акитаи, фарси абызшәақәа рыла. Жәларбжьаратәи амедиагәыԥ "Россия сегодня" адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩ идгалоуп еиҳа аинтерес зҵоу ауаажәларратә гәаанагарақәа, аналитикцәеи аекспертцәеи рыҿцәажәарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0