Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны хаҵак дҭахеит

© Foto / МЧС Абхазии Пожарные МЧС потушили пожар в частном доме
Пожарные МЧС потушили пожар в частном доме - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2023
Анапаҵаҩра
Амцакраз АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 14:37 амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан иҟалаз амцакра иахҟьаны ахаҵа дҭахеит ҳәа Аԥсны АҶА адырра рыҭан.
Амҽыша, ԥхынҷкәын 3 рзы Гәыԥ ақыҭан ҩбаны еихагылаз ахатәыҩны блит. Абылра шыҟалаз азы АҶА ашҟа адырра ҟалеит асааҭ 14:37 рзы.
"Амцарцәаҩцәа аҭыԥахь ианнеи аамҭазы аҩны аҩбатәи аихагылеи иаҿаԥшьыз ауадеи амца ахыҵәахьан", - ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.
Амца дырцәон Очамчыреи Ткәарчали рраионқәа рҟынтәи амцарцәара-аиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Абылра иахҟьаны дҭахеит 22-шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Абылра зыхҟьаз ҭырҵаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0