Аԥсны

Sputnik амчыбжь: акандидатцәа реиқәшаҳаҭра, Мурашко Аԥсны иаҭаара, раԥхьатәи асы

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 17-23 рыҩнуҵҟа Аԥсны аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Дмитри Қәычбериа имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихақәиҭтәра ауаажәларра ишрыдыркылаз, Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко Аԥсны иҟазаара шымҩаԥысыз, "Аиааира адәыӷба" ареспубликахь иаанагаз уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.
Sputnik

Аҩбатәи атур

Алхратә комиссиа хада Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгара аҿҳәара шьақәнаргылеит. Уи мҩаԥысуеит хәажәкыра 1 азы. Рхы аладырхәуеит ҩыџьа акандидатцәа – Адгәыр Арӡынбеи Бадра Гәынбеи.
Аԥсны ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысит жәабран 15 рзы. Алхҩцәа рсиақәа ирыҵаркын 134,5 нызқьҩык ауаа. Абжьыҭарахь инеиз рхыԥхьаӡара 65% инареиҳан, 99 нызқьҩык рҟынӡа ауаа рыбжьы рҭиит. Алхрақәа мҩаԥысит 100-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшцәа рхылаԥшрала.
Аҩбатәи атур ахь инеит акандидатцәа: 46,38% зауз Бадра Гәынбеи 36,9% зауз Адгәыр Арӡынбеи.

Михаил Мурашко иаара

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко Аԥсныҟа дааит усутә ныҟәарыла. Жәабран 23 рзы иара Ареспубликатә хәшәтәырҭа даҭааит. Ҩымш раԥхьа араҟа ателемедицинатә центр аусура иаларган. Уи иабзоураны аҭыԥантәи аҳақьымцәа Урыстәыла иԥхьагылоу амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи рколлегацәа абжьгарақәа рыҭара рылшоит.
Жәабран 20-21 рзы урыстәылатәи аспециалистцәа рыла аа-клиникатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа рзы 8-нтә авидеоконференциақәа мҩаԥган. Амедицинатә ҳасабырбақәа 11 роуит. Иҵегь ԥшьҩык ачымазцәа рзы аилацәажәарақәа мҩаԥган, урҭ рыбжьара иҟоуп зцәазтәым ачымазаҩ қәыԥш лзы онлаинтәи аультрабжьытә сканер. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан ԥшь-видеоконференциак.
Ааигәа Москва Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои реиԥылараан Аԥсны ауааԥсыра рзы ателемедицинатә абжьгарақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.
Уи адагьы, Мурашко иҳәеит Урыстәыла шазхиоу амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы анаԥхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәа алагалара, Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны атәылауаа аҳәаанырцәтәи апаспорт шьаҭас иҟаҵаны СНИЛС ада Урыстәыла ахәшәтәырҭақәа рҭаараз.
Иара убас иазгәеиҭеит, Урыстәылатәи аспециалистцәа лаҵарамза анҵәамҭанӡа имҩаԥырго мҽхакы ҭбаалатәи амедицинатә гәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны 1800-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа шгәарҭахьоу.
Аԥсны
Адиспансеризациа иацҵоуп: еицырдыруа урыстәылатәи аҳақьым Продеус Аҟәа ахәыҷқәа гәеиҭеит

Акрызҵазкуа аилыргара

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны аерманцәа Реилазаара аҳәамҭа акьыԥхьит, ареспублика аерман милаҭ атәылауаа рполитикатә алхра азы ирышьҭазаалатәуп ҳәа ааԥхьара ҟазҵо аудиоҭаҩрақәа аинтернет аҿы ирыладырҵәоит ҳәа.
Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи злахәу Апрокуратура хада ахылаԥшрала аоперативтә гәыԥ аԥҵаразы адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа актәи ртур алҵшәақәа рышьҭахь ицәырҵыз аршәарақәеи аҳәамҭақәеи рзы рҭагылазаашьа ҭырҵаарц.
Уи аԥхьаҟа, Бадра Гәынба иштаб ӷәӷәала ирықәыӡбахьан Гәынба зыбжьы изҭаз аерман милаҭ ирхаҭарнакцәоу Аԥсны атәылауаа рганахьала асоциалтә ҳақәа рҿы ицәырҵыз амақаррақәа.
Иара убас, аштаб азинхьчаратә усбарҭақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит, урҭ ааԥхьарақәа азакәантә хәшьара рыҭареи, аерманцәа, Аԥсны атәылауаа, ршәарҭадара аиқәыршәареи рзы.
Урыстәыла
Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу урыстәылауаа рзинқәа реилагаразы агәаҭара еиҿкаазарц
Жәабран 20 рзы еилкаахеит Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы Аусеилыргаратә усбарҭа хада Урыстәыла атәылауаҩра змоу аерманцәеи, аурысцәеи, аԥсуааи рганахь ала ацәымӷреи аиӷареи амца рыҵаҵаразы ашьаус шаартыз. Абри азы адырра ҟалҵеит Урыстәыла Аусеилыргаратә еилакы ахаҭарнак ҷыда Светлана Петренко.
Ишьақәыргылан, жәабран 16 нҵәаанӡа, џьоукы, интернет рхы иархәаны, хыхь зыӡбахә ҳәаз амилаҭқәа ртәылауаа рышьҭашәарыцаразы ааԥхьара шыҟарҵаз.
Енвер Бганба, Иури Ванаба, Дмитри Арӡынба, Геннади Аиба, Гоча Ԥлиа, Масик Шьаҟрыл уҳәа егьырҭгьы рганахь ала иҟаҵоу ацәгьоура ишалахәу ашьақәырӷәӷәаразы аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа реизак еиҿкаауп.

Акадыртә еиҭакрақәеи урҭ рыдкылашьеи

Аԥсны ахада и.н. Валери Бганба идҵала жәабран 17 рзы Дмитри Қәычбериа Аԥсны Аҳынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡалоит ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Чычба.
Иара уи аҽны ахәылбаҽха, Бадра Гәынба иштаб ахь инеит ауаа, урҭ Бганба асеиԥш зыҟаиҵаз атәы иҳәарц адҵа ҟарҵеит, избанзар ахада ҿыц далххаанӡа акадыртә еиҭакрақәа ҟалом ҳәа еиқәышаҳаҭхахьан.
Агәҭынчымра аазырԥшуаз ауаа ԥшьсааҭк инарзынаԥшуа игыланы атәыла ахада ин.н. Валери Бганба иахь аиҿцәажәарақәа рзы ицаз аделегациа ирзыԥшны.
Аԥсны
Қәычбериа еиҭеиҳәеит имаҵура иамхра шыҟалаз
Гәынба иҳәеит Апарламент аҟынтәи Аԥсны аҭынчреи аҭышәынтәалареи зыхьчо аӡбара аднакылоит ҳәа ишазԥшу.
Иара убас, "Амцахара" Валери Бганба имаҵура аанижьырц адҵа ҟарҵеит абҵарамзатәи аиқәшаҳаҭрақәа ахьеилеигаз азы.

Апарламент ааԥхьамҭа

Ахаша, жәабран 18 рзы Аԥсны Апарламент изаамҭанытәим аилатәара мҩаԥысит. Амш аусхәаԥштә аҿы ҩ-зҵаарак ықәгылан — атәыла ахада и.н. Валери Бганба, атәыла ахадарахьы акандидатцәа, атәылауаа рахь ааԥхьареи аҭыԥантәи амчра анапхгараҭаратә мчқәа рзы алхрақәа рыҿҳәара анахареи.
Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иахь ааԥхьара ҟарҵеит иалху ахада имаҵура нап аиркаанӡа иарбанзаалак кадртә ӡбамҭак идимкыларц.
Жәабран 17 азтәи акадыртә еиҭакрақәа шыҟац иаанхоит ҳәа иҳәеит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.
Ақалақьтә еизара адепутатцәеи араионтә еизарақәа рдепутатцәеи рзинмчқәа рашәара 7 рҟынӡа инахеит.
Аԥсны
Апарламент Валери Бганба иахь ааԥхьара ҟанаҵеит иарбанзаалак кадртә ӡбамҭак идимкыларц

Ахыркәшаратә еиқәшаҳаҭра

Ахәашаҽны, ԥшь-сааҭк ицоз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рыла, Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи рнапы аҵарҩит Бадра Гәынба иаԥшьигаз ахыркәшаратә еиқәшаҳаҭра.
Дара еиқәшаҳаҭхеит аҳәынҭқарра аҿиарамҩа зыӡбаша Аԥсны жәлар рымацара роуп ҳәа.
Аиқәшаҳаҭра ишьақәнаргылоит ииашоу алхратә кампаниа апринципқәа, административтә ресурсқәа рхархәара мап ацәкразы ауалԥшьақәа, обиективла, закәанла, алхратә закәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз алхрақәа рылҵшәақәа рыдкылара.
Акадртә ԥсахрақәа рыҟаҵара ақәиҭымразы абҵарамзатәи аиқәшаҳаҭра амч амазаауеит ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза 2 рҟынӡа.

"Аиааира адәыӷба"

Жәабран 23 Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааит акәырқәа ирықәгылоу амультимедиатә музеи "Аиааира адәыӷба".
Акы иаламҩашьо аекспонатқәа рбарц уахь инеит ақалақь ауааԥсыра, ахәыҷқәа, абригада "Пятнашка" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба иҩызцәеи иареи, аполитик Бадра Гәынба.
"Аиааира адәыӷба" — акәырқәа ирықәгылоу музеиуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа ирызкуп жәа-вагонк атематика. Иара убас хаз игоу вагонк аҟны иаарԥшуп раԥхьаӡатәи аԥсуа ԥырҩы Мери Аҩӡԥҳаи атанкист Михаил Китиеи Аиааира агаразы рлагала.
Адәыӷба Аҟәа иҟазаауеит жәабранмза 25-нӡа, 26 рзы Гәдоуҭаҟа ицоит.
Аԥсны
Аинтерактивтә музеи "Аиааира адәыӷба" Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны иаауеит

Ахәыҷқәа амедицинатә гәаҭара рахыжьра

Урыстәыла ахахьы иагаз ахыдҵақәа инарықәыршәаны Аҟәаҟа аҳақьымцәа ааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп апрограмма "Жить здорово" амҩаԥгаҩ Андреи Продеус, иара аиммунологиатә чымазарақәа змоу ахәыҷқәа ргәаҭара мҩаԥигеит.
Ахәыҷқәа рдиспансеризациазы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Бадра Гәынба Москва даныҟаз.
Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы Продеус аилацәажәарақәа, адиагностикатә гәаҭарақәа мҩаԥигеит, ахәыҷқәа досу хаҭала ирнаалаша агәаҭарақәеи ахәшәтәра атактикақәеи алихит.
Иара убас, Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы иколлегацәеи иареи реилацәажәара мҩаԥысит. Иара ахәшәқәа рылҩааразы аԥҟарақәа, урҭ рхәарҭара, ахәшәтәра амҩаԥгашьа уҳәа ирызкыз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Аҳақьымцәа еиҭарҳәеит зегь реиҳа иуадаҩу ахҭысқәа ртәы, урыстәылатәи аспециалист абжьгарақәа риҭеит ас еиԥш иҟоу ачымазцәа анаҩстәи рыхәшәтәра шымҩаԥгатәу азы.
Андреи Продеус иазгәеиҭеит зықәрахь инеихьоу ауаагьы ахылаԥшра шрыҭалатәу.
"Ари ҳара иаҳҩызоу ҳәынҭқарроуп, сара гәыкала сырзыҟоуп ажәлари адгьыли. Ҳара агәаҭарақәа ахәыҷқәа рыла ҳалагоит, ажәытә аурыс жәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, ибыргугьы, ихәыҷугьы — зегь еиԥшуп. Аӡәырҩы ирымоу апроблемақәа еиԥшуп. Убри азы ҳара аиҳабыратә абиԥара ишақәнагоу ҳреиҷаҳалароуп", — иҳәеит Продеус.
Ахәыҷқәа рдиспансеризациагьы иацырҵоит, уи Аԥсны зегьы амҽханакуеит. Жәабран 20 рзы аиқәшаҳаҭра анагӡаразы Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы аҟазауаа ргәыԥ русура хацнаркит.
Лаҵарамза анҵәамҭазынӡа урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны 25 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа гәарҭараны иҟоуп.

"Ашықәс арҵаҩы"

Аҟәатәи 1-тәи ашкол аҿы иаатит жәларбжьаратәи аӡынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы".
Апроект Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи шәҩык рҟынӡа арҵаҩцәа рхы аладырхәуеит. Урҭ рзы Урыстәылантәи зҽаԥсазтәыз арҵаҩцәа 12-ҩык амастер-классқәа мҩаԥыргоит.
Ари Аԥсны имҩаԥырго абыжьбатәи аӡынтәи ашкол ауп.
Актәи амастер-класс ҷыдала еиқәыршәоу амедицинатә класс аҿы имҩаԥысит, уи арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи арҵаратә технологиақәа рдырреи аҵаратә процесс арбеиареи рзы алшара рынаҭеит.
Жәларбжьаратәи ашкол имҩаԥысуеит абиологиа, агеографиа, ахимиа ахырхарҭақәа рыла.

Раԥхьатәи асы

Жәабран 21-22 рзы Аԥсны раԥхьатәи асы леит. Аҳәынҭавтоинспекциеи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрреи русура рӷәӷәоуп.
Илеиз асы ареспубликатә мҩаду аҿы амашьынақәа рныҟәара иаԥырхагамхеит ҳәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
Иара иажәақәа рыла, еиҳа иуадаҩз аҭыԥқәа рҿы атехникала амҩа дрыцқьеит, анаҩс аԥслымӡ карԥсеит.
"Џьаргьы еиҵахарак ыҟам, атранспорт абжьааԥнеиԥш иныҟәоит. Амҩа асы ақәгаразы иахәҭоу атехника ҳамоуп", — ҳәа иҳәеит Базба.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишырҳәо ала ашәахьа, жәабран 24 рзы Амшын еиқәа иахьаԥну ахьҭа шыҟац иаанхоит. Амш шәшьуеит ақәабаасабаа леилоит. Ашьхараҿи ашьха иахьаԥнуи асы леиуеит.