Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аинтерактивтә музеи "Аиааира адәыӷба" Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны иаауеит

© Sputnik / Инна Гришук"Поезд Победы"
Поезд Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аинтерактивтә музеи "Аиааира адәыӷба" Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны иаауеит.
Уи аатуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш, жәабран 23 рзы, Аҟәатәи аихамҩатә аангыларҭаҿы. Аус аулоит асааҭ 12:00 инаркны 18:00 рҟынӡа. Аҭалара хәыда-ԥсадоуп.
Жәабран 26 рзы "Аиааира адәыӷба" аихамҩаангыларҭа "Гәдоуҭа" иааҭгылоит. Уа амузеи аҭаара алшоит асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа.
Амузеи аекспозициа еиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҟаз ахҭысқәа. Аҭааҩцәа аҭынч аамҭа инаркны аибашьра ахҭысқәа иргәылсны Аиааира амш аҟынӡа инаӡоит. Ахархәара рымоуп амультимедиатә технологиақәа — апроекторқәа, аекранқәа, ииашахаҭоу аелементқәа. Аекспозициа есымшааира ихадырҭәаауеит, уи иалоуп Аҧсны иалҵыз аибашьцәа ртәқәагьы, ааигәа 100 шықәса зхыҵыз аветеран Алықьса Лашәриа итәгьы.
Ажәабжьқәа зегьы
0