Аԥсны

"Амҟәыба еснагь аӡы аанагом": аҵиаа хкы амҟәыба иазкны дыррақәак

Амҟәыба ахьӡ иадҳәалоу ажәаԥҟақәеи алакәқәеи, аҵиаа иалырхуа амаҭәарқәеи ирзылкуеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал.
Sputnik
Амҟәыба – ҵиаа хкуп, аҟабжәлақәа иреиуоуп. Ари аҵиаа аракәақәа ирықәланы ирҿало – амҟәыбақәа ҟалоит рцәа кьакьаны, ргьама ашаны. Уи ашара иаҳагьы иацлоит ианшәлак. Амҟәыба (урысшәала "тыква посудная", "кубышка") ашара ахыҵырц азы аҩнуҵҟа иҭоу агәи ажәлеи ҭыганы кыраамҭа аӡы иӡаарҵоит. Убри ашьҭахь ирҭаху аформа аҭаны алак ахьшьны иршәуеит.
Амҟәыба иалхны аӡтага кәапеиқәа, аӡыҵәахыгақәа ҟарҵоит еиуеиԥшым амилаҭқәа. Абжьаратәи Азиа ажәларқәа рҿы амҟәыба иалхны асувенир ԥшӡақәа ҟарҵоит. Аԥсуаа ҳҿы амҟәыба иалырхуан аӡыхтага кәапеиқәа, аҳаԥшьа аҩҭыхгақәа, ахштагақәа, аматрақәа. Аӡлагара ахәҭақәа ируаку - алу гьежьӡа иахькылҵәоу амҟәыба иалху аматра ахадыргылон. Хыхьынтә илеиуаз арыц аԥхьа аматраҟны еизон, нас алу иалагон. Иара убасгьы иазгәаҭатәуп, уажәы аԥсуа музыкатә рҳәага аԥхьарца ашәҵла иалырхуеит, аха ажәытәан аԥхьарца амҟәыба ианалырхуаз ыҟан ҳәа агәаанагара уԥылоит.
Аԥсны
"Угәгьы дырҭәуеит, уагьырхәшәтәуеит": ахәыли аҷыркәеи рхәарҭареи рхархәареи

Амҟәыбеи ажәаԥҟақәеи

Амҟәыба иахҳәааны ишьақәгылаз ажәаԥҟақәоуп: "Амҟәыбагьы ажәла амоуп", "Амҟәыба амҟәыба ахылҵуеит", "Амҟәыба анымиша ихәахәаны иҿалоит", "Амҟәыба еснагь аӡы аанагом", "Аҳәынаԥ акылҳара изкылсуамызт, амҟәыба ацранаҳәон". Аҵыхәтәантәи аҩ-ҿырԥштәык мҽхакы ҭбаала ахархәара рымоуп:
"Амҟәыба еснагь аӡы аанагом" - ауаҩы есқьаангьы аԥсҭазаара бзиа, аманшәалара иман дзыҟалаӡом, зынгьы дшьацәхныслоит ҳәа ҳаҵанаҳәоит.
"Аҳәынаԥ акылҳара изкылсуамызт, амҟәыба ацранаҳәон" - зхатәы ззымдыруа ихҳәаау ажәаԥҟоуп. Ауаҩы ихала аҭыԥ изықәымҵо аус далаганы, уи азымхакәа даҽаӡәгьы данаԥишьуа абас рҳәоит.
Аԥсны
"Иануфо еимыҷҷоит, агәҭа ҩеижьӡа иуҿаҷҷоит": аҟаби уи ахәарҭареи

Амҟәыба зырашаз

Амҟәыба агьама еиҭазкыз, изырашаз атәы ҳазҳәо аԥсуа лакә ыҟоуп. Уи ишаҳәо ала: "Дыҟан анкьа зны нхаҩык. Иара ауҭраҭых ааирыхуан. Хкыс имамыз ҳәа ак ыҟамызт. Амҟәыба усҟан игьежьӡа иҟалон, иааԥуҟаргьы ихааӡа иҟан. Зны акарпыжәи амҟәыбеи акы ааимаркын, рыгәқәа нибархеит. Аԥшәма ари аниаҳа, еиниршәеит. Аиҩызцәа, аигәылацәа еицәгәышуа ихәарҭам ҳәа дрылабжьеит.
Акарпыжә иахашҭит изызгәааз, гәыкала ишыҟаз иааҟалеит амҟәыбазы. Аха амҟәыба агәы ацәгьа ҭакны иҟазаарын. Зны акарпыжә иацәажәо, иргәыбзыӷуа, аӡхықә ахь иааскьанагеит. Акарпыжә аӡы иӡааԥшыларц цқьа инаскьаны ианхықәгыла, инагәҭасын аӡы инӡаанажьлеит. Иара ашьшьыҳәа, ак ҟазымҵаз еиԥш, аҭыԥ инықәтәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аԥшәма ауҭраҿы даанааи, акырпыжә имбеит. Аҵыхәтәаны акарпыжә ахьӡаажьлаз днадгылт. Даара дгәааит анхаҩы амҟәыбазы.
− Уажәшьҭарнахыс уашаӡа, уаҩы уиҭахӡамкәа, уа укнаҳаз! - иҳәан, акарпыжә аӡы иалигеит, иреиӷьыз ҭыԥ бзиа аиҭеит, ихәышәтәит. Амҟәыба акәзар, иашаӡа иааҟалан, уа икынҩалеит.
Акыр аамҭа мҩасит убри аахыс, аха иахьагьы амҟәыба уаҩы иҿахьы изнамго, иашаӡа иаанхеит".
Аԥсны
"Аӡыхь бзиа ахьы иаҩсуеит": аӡыхьи уи иалоу азҩыдарақәеи

Аиҿырԥшрақәа

Абызшәаҟны еиҿырԥшра ҳасабала зыԥсы ҭам амаҭәар аҟазшьа, ма ахаҭабзиара зыԥсы ҭоу ахь ианиагахо маҷым. Иаагозар:
"Амҟәыба лфазшәа (ифазшәа) дыҟоуп" - зҿабызшәа хаам, зҟазшьа ҿаасҭоу, ак заҭәазымшьо, аӡәгьы имаабуа аанагоит.
"Амҟәыба еиԥш дҭацәуп", "Амҟәыба хы ихагылоуп" - ҳәа изырҳәоит зыхшыҩ кьаҿу, уаҵәтәи амш иазымхәыцуа ауаҩы.