https://sputnik-abkhazia.info/20250309/uggy-dyrueit-uagyrkhshtueit-akhyli-ayrkei-rkhararei-rkharkharei-1053994410.html
"Угәгьы дырҭәуеит, уагьырхәшәтәуеит": ахәыли аҷыркәеи рхәарҭареи рхархәареи
"Угәгьы дырҭәуеит, уагьырхәшәтәуеит": ахәыли аҷыркәеи рхәарҭареи рхархәареи
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа кҿаҩра иахәҭаку, арҵәразы ишьахәу ахәыли аҷыркәеи рхәарҭареи рхархәареи иазкны шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ... 09.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-09T18:30+0300
2025-03-09T18:30+0300
2025-03-09T15:47+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/09/1054071982_0:231:2000:1356_1920x0_80_0_0_35d0419f9daa61f722f4fbf944837356.jpg
Аҵиаақәа уамашәа ишоуп. Реиҳарак фатәысгьы иухәарҭаны, ахьаақәа рыхҽра, ачымазарақәа рыхәшәтәраҟны злагала рацәоу убап. Аԥсуа кҿаҩра иахәҭаку, арҵәразы ишьахәу, ахәшәтәраҿгьы "ихәыдам" аҵиаақәа – ахәыли аҷыркәеи рылацәажәара хацсыркуеит.АхәылАхәыл (урысшәала "кольраби") – акапустақәа рышьҭра иатәу уҭраҭых ҵиаауп. Аԥсуаа ахәыл рҵәны, мамзаргьы каканла ичаԥаны афара бзиа ирбоит. Акҿаҩра иазыманшәалоу аҳәсақәа рымаӡақәа ируакуп - ахәыл, аҷыркәа, анаша уҳәа андырҵәуа изладырҵәуа аӡы аӡахәабӷьы аларҵоит акыраамҭа иԥхасҭамхарц.Шәхаҿы иаажәги: абысҭа ԥхаҵәы-ԥхаҵәуа иуны, аҟәыд цаҳәцаҳә чаԥаны, иҟаԥшьыхәҵәараӡа иҟоу ахәыл, ма аҷыркәа надкыланы. Даара игәыҟаҵагоу, ус ауми! Абасала ахәыли аҷыркәеи "угәгьы дырҭәуеит, уагьырхәшәтәуеит" ҳәа рзуҳәар алшоит. Уи атәы арҵабыргуеит жәлар рмедицина.Ахәыл жәлар рмедицинаҿыАҷыркәаАҷыркәа ("земляная груша", "топинамбур") – ихырҳагоу ҵиаауп. Аԥсабараҭҵааҩцәа аҷыркәа азараҟьақәа рышьҭра иахырыԥхьаӡалоит. Зегь реиҳа хәарҭара злоу аҷыркәа аԥашә аҿы иҟанаҵо акартош еиԥшу ахқәа роуп. Урҭ адгьыл аҵан иҿиоит еиуеиԥшым аформақәа рыманы. Аҷыркәа аԥсуаа ауҭраҿы иаадрыхуан, ӡын хәыс идырҵәуан, аҟәыдыршьшьы иадыркыло ахьшьтәқәа ируакын.Жәлар рмедицинеи аҷыркәеиАԥсуа жәлар рмедицинаҿы иуԥылоит аҿырԥштәқәа аҷыркәа ахархәара аҭыԥ ахьамаз:∕Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика"∕.
https://sputnik-abkhazia.info/20250214/ubla-iagazyrkho-iashyuarkaleiua-iazo-aamazia-akhararei-akharkharei-1053734809.html
https://sputnik-abkhazia.info/20221009/auadka-apyrpyl-tsa-ashsha-asuaa-akhalalara-shyrkhyshtuaz-1041975917.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/09/1054071982_0:44:2000:1544_1920x0_80_0_0_ad8cacc104d34774a30fd86f551577d9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Угәгьы дырҭәуеит, уагьырхәшәтәуеит": ахәыли аҷыркәеи рхәарҭареи рхархәареи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аԥсуа кҿаҩра иахәҭаку, арҵәразы ишьахәу ахәыли аҷыркәеи рхәарҭареи рхархәареи иазкны шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Аҵиаақәа уамашәа ишоуп. Реиҳарак фатәысгьы иухәарҭаны, ахьаақәа рыхҽра, ачымазарақәа рыхәшәтәраҟны злагала рацәоу убап. Аԥсуа кҿаҩра иахәҭаку, арҵәразы ишьахәу, ахәшәтәраҿгьы "ихәыдам" аҵиаақәа – ахәыли аҷыркәеи рылацәажәара хацсыркуеит.
Ахәыл (урысшәала "кольраби") – акапустақәа рышьҭра иатәу уҭраҭых ҵиаауп. Аԥсуаа ахәыл рҵәны, мамзаргьы каканла ичаԥаны афара бзиа ирбоит. Акҿаҩра иазыманшәалоу аҳәсақәа рымаӡақәа ируакуп - ахәыл, аҷыркәа, анаша уҳәа андырҵәуа изладырҵәуа аӡы аӡахәабӷьы аларҵоит акыраамҭа иԥхасҭамхарц.
Шәхаҿы иаажәги: абысҭа ԥхаҵәы-ԥхаҵәуа иуны, аҟәыд цаҳәцаҳә чаԥаны, иҟаԥшьыхәҵәараӡа иҟоу ахәыл, ма аҷыркәа надкыланы. Даара игәыҟаҵагоу, ус ауми! Абасала ахәыли аҷыркәеи "угәгьы дырҭәуеит, уагьырхәшәтәуеит" ҳәа рзуҳәар алшоит. Уи атәы арҵабыргуеит жәлар рмедицина.
Ауаҩы ахьҭа аилцаразы ахәыл абӷьы аӡа ацха ахьшьны игәышԥы иадырҵон.
Ахәдахьаа иаргәамҵуаз изы ахәыл бӷьы маҷк иааҟәаҟәаны ихәда иахьыршьуан, нас аласа шьал акәдыршон.
Ахыхь бааԥс зызцәырҵуаз илахь ахәыл абыӷьқәа ақәҵаны, ирӷәӷәаны иҿарҳәон.
Аҷыркәа ("земляная груша", "топинамбур") – ихырҳагоу ҵиаауп. Аԥсабараҭҵааҩцәа аҷыркәа азараҟьақәа рышьҭра иахырыԥхьаӡалоит. Зегь реиҳа хәарҭара злоу аҷыркәа аԥашә аҿы иҟанаҵо акартош еиԥшу ахқәа роуп. Урҭ адгьыл аҵан иҿиоит еиуеиԥшым аформақәа рыманы. Аҷыркәа аԥсуаа ауҭраҿы иаадрыхуан, ӡын хәыс идырҵәуан, аҟәыдыршьшьы иадыркыло ахьшьтәқәа ируакын.
Жәлар рмедицинеи аҷыркәеи
Аԥсуа жәлар рмедицинаҿы иуԥылоит аҿырԥштәқәа аҷыркәа ахархәара аҭыԥ ахьамаз:
Ауаҩы имцашоура аныҳаракхалак, аҷыркәа аӡа ҵаӷаны ихыхны ачымазаҩ илахь иақәырҵон.
Ахәдахьаа иаргәамҵуаз ихәшәтәраан аҷыркәа цырақәак аӡы лаҵаҭәаны, иҭырттаны иржәуан. Ианжәлак, аҷыркәа иахылҵуа ахылҩа-ԥсылҩала ачымазаҩ иԥсыԥ лаига-ҩаигалар, ихәда бзианатәуеит ҳәа агәаанагара ыҟан.
Абӷахьаа зызцәырҵыз изы жәлар рмедицина излаҳәо ала, аҷыркәа ырссаны ма икылхны ацхеи иареи еиҟараны еилаҵаны, еилдырхуан. Ахәшә абӷаӡара иахьшьны иҵаӷаз касык ақәыршәны, аласа шьал акәдыршон.
∕Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика"∕.