Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аӡыхь бзиа ахьы иаҩсуеит": аӡыхьи уи иалоу азҩыдарақәеи

© SputnikРицинский нацпарк
Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2023
Анапаҵаҩра
Аӡыхь иахҳәаау адыррақәа ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аӡыржәтә бзиа ахьы иаҩсуеит. Хымԥада, уҿы зырцәажәо, ашоураан узырхьшәашо, еихсыӷьра ақәымкәа иҵхәраауа аӡы ахьы иузаҩызахоит.
Иуадаҩуп ҭаацәа дук ахьынхо ирызхаша аӡыржәтә, аӡныхтә анрымам. Рынхара-бзазара акырӡа иаруадаҩуеит. Убри инамаданы аԥсуаа аҩныргылара ахьыргәиҭаз аҭыԥ ааигәа аӡыхь амоума ҳәа азҿлымҳара аадырԥшуан.

Аӡыхьи ажәлар разгәаҭарақәеи

Ирҳәоит, раԥхьаӡа аӡыхь аныҵырхлак, рҿи рнапи ҭарыӡәӡәар ҵасым ҳәа. Адунеи лашара иаақәыԥшыз аӡыхь мыцқьарак нахькьысыр, излыҵыз анышә иналаба ицоит. Ахы ахьчарц амҩа аԥсахуеит. Анышә жны еиҭах иҵухыргьы, уаҳа изӡыхьхом уи.
Аӡыхь ыҵызхырц згәы иҭоу ауаҩы ажра даналаго, зыӡбахә иаҳахьоу ма згьама ибахьоу ӡыхь бзиак аӡбахә иҳәар, иара иеиԥшхоит рҳәоит.
Ауаҩы аӡба дакуа дышьҭалар, иԥсы ӡыжәра ааигәа иҟоу аӡыхь ахь ицоит. Аха уи аӡы ахьажәуа иҭаҳаргьы ҟалоит. Усҟан аӡы ҭызто ихеигалаанӡа уа иаанхоит ҳәа азгәарҭоит. Абри аҩыза ҟамларазы уахынла ианышьҭало аҵәца азна аӡы рхаҿы иқәдыргылоит.
Аҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.10.2022
"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

Аӡыхьи аҭаца ҿыци

Аԥсуаа рыҩнаҭа аҭаца данаанагалак, "аӡы дақәиҭхаразы" ланхәа аӡыхь ахь днаганы дылныҳәон.
Аҭаца аӡыхь аԥхьа данышьамхнышгылалак ашьҭахь, ланхәа Ӡызлан-ӡаҳкәажә длыҳәон аҭаца ҿа дылхылаԥшларц. Анаҩс, акәтаӷь хынтә лхы иакәырхшаны аӡыхь ахыҵхырҭаҿы ихлыршәлон. Ари ақьабз Ӡызлан лгәы аҟаҵароуп хықәкыс иамаз.
Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2018
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡызлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы
Иҳәатәуп, аҳәаанырцә, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа ҳхылҵшьҭақәа рҿы еиқәхаз ҵасны ишыҟаз аҩнра иаанагаз аҭаца маҷк данаԥшәымахалак, заԥхьа дымцәажәо лабхәа изы ҷыдала аӡыхь хьшәашәа ааганы иржәра.

Ҵәыцак аӡыхь

Аԥсуаа ражәаҳәа иалаҵаны ирҳәоит: "Аӡыхь ахьыҵыҵыц иҵыҵуеит", "Аашьаҩ еигәышә ԥынҵала ауп аӡыхь злагәеиҭо", "Аӡыхь бзиа зегьы аиҵыхра рылшом", "Аӡыхь ахы ахьцәырнаго ауп иахьыцқьаҵәҟьоу".
Ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ирыдҳәалоу аритуалқәа рҿы аӡы ахархәара ҭбаауп. Убас "Хәажәкыра" ауха арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ԥхьаҟа ирынасыԥхәхо ԥхыӡла дырбаразы иҵааны, аџьыкахыш иарганы иҟаҵоу ахәажәқәа хԥа-хԥа рыманы, х-мҩакы ахьеихагылоу инеины ирфон. Аҩны ианааилак иаразнак ишьҭаланы ицәон. Рааигәа иқәдыргылон ҵәыцак азна аӡыхь.
Ауха рыԥхыӡ аҿы дааиуеит рынасыԥхә, уи аҵәца ирыҵагылоу ала аӡы диржәуеит ҳәа агәра ргон.
ашьха ӡиас - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.09.2019
Аӡы амчра, мамзаргьы "Аӡы иҭоу" ҳәа аныҳәара шыҟарҵо
Ажәабжьқәа зегьы
0