Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Иануфо еимыҷҷоит, агәҭа ҩеижьӡа иуҿаҷҷоит": аҟаби уи ахәарҭареи

© SputnikНовогодняя ярмарка в Сухуме
Новогодняя ярмарка в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.11.2024
Анапаҵаҩра
Ҭагалан асимволқәа ируаку, згьама хаау, ауаҩы изы хәарҭара згым аҟаб иазку аматериал ҳзеиқәлыршәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҟаб (даҽакала "аҟабақ", "акәабашьиа" ҳәа азырҳәоит) – ҭагалан хьҩеижь асимволқәа ируакуп. Ааԥын аԥшыжәла иалаԥсаны амхаҿы алаҵара инаркны хазы ауҭраҿы иаадрыхуа аҿынӡа аларҵәара амоуп.
Иаҳҳәап, аҟаб амхурсҭаҿы иазҳазар, амхы анҭаргало иацҭаргалоит. Аҟабқәа анеизырклак ашьҭахь абзиеи ацәгьеи еилырхуеит. Ибзааины, зыхәҵәы хжәамкәа иҟоу аҟабаққәа ӡынхәыс иԥхьаркуеит, ибжьаратәу ахаҭабзиара змоу арахә рхәахьы идырхоит.
Тыква - польза и вред_заглушка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2023
Ҭагалан агьама: аҟаб азы идыртәу
Аҟаб ааиҩырԥԥаны, ажәла агәылхны ачуан иҭаҵаны иржәуеит. Ианыржәлак, амацара ма апырпыл џьыка ахьшьны ирфоит. Ацха ахьшьны афара бзиа избогьы рацәаҩуп.
Уажәы акҿаҩраҟны зегьы аӡыгақәа ҳамоуп, аҟаб аӡыга инҭаргыланы афатә хаа алхра уадаҩра алам. Аӡыгақәа анцәырымҵыцыз аамҭазы аҟаб ӡны еилаҳауаз ахәшәҭаараҟны акәицқәа аақәырҳәҳәны ирӡуан. "Ӡнызар, санҿыхалак, раԥхьа исаҳауан агәгәаҳәа еиқәыз амца абжьы, аҟаб ҽыҭқәа аӡра ишаҿызгьы еилыскаауан рыфҩала" - абас иҩуеит аԥсуа литература аклассик Баграт Шьынқәба иҩымҭа "Ахаҳә еиҩса" аҟны.

Аҟаб хкқәа

Адгьыл иагәыҵаҳәҳәа иааӡоу аҟаб икәымпылӡа иахьыҟало аҟнытә "иштәоу иԥсылахоит" ҳәа иахлафаауеит. Иара ԥсабарала ацәа цаӷоуп, аҩнуҵҟа ишәыгәны иҟоуп. Азхара иаажәны, ацәа аахыхны иануфо, еимыҷҷоит, агәҭа ҩеижьӡа иуҿаҷҷоит.
Аҟаб еинҭәылоуп витаминла, ауаҩы ицәеижь арыцқьоит, ииммунитет арӷәӷәоит. Аҟаб иахьазы ачара-гәырӷьара еишәақәа аладырхиоит, уи аԥшаӡа, аџьынџьыхә, алаҳарҩа иаварҵоит.
Аҟаб жәлақәа иреиуоу ахапара атәы уҳәозар, уи ацәа еиҳа икьакьоуп, аҩнуҵҟа итатоуп. Аҟаб жәлақәа ирхыԥхьаӡалоуп амҟәыбагьы (урысшәала "тыква посудная", ма "кубышка" ахьӡуп). Аԥсуаа ажәытәан амҟәыба аадрыхуан, уи фатәыс акгьы иухәом, уаҩимбара иашоуп, аха акәапеи бзиа алҵуеит. Амҟәыба иалхыз акәапеиқәа аӡыхьқәа ирыхдыршәлон.
Акырӡа аларҵәара змоу ажәаԥҟаны иҟоуп "амҟәыба еснагь аӡы аанагом" – ауаҩы еснагь аԥсҭазаара бзиа, аманшәалара иман дзыҟалаӡом, зынгьы дшьацәхныслоит, дымҩахҟьоит аанагоит.

Аҟаб ахархәарахьтә

Жәлар рмедицина ишаҳәо ала аҟаб агәаӷьқәа (ажәла) ацәамакаԥсаразы хәарҭара алоуп ҳәа иԥхьаӡан. Аҟаб ажәлақәа ахәшҭаараҿы иӡны, ацәа аахыхны ахәыҷқәа ирҿарҵон (адәахьы идәылнагаразы). Убас ала ацәамақәа карыԥсон.
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
Аԥсны
"Аҟаб аҵкьыс сара сеиӷьым аума ибҳәарц ибҭаху?" - Аҟаб асимволикатә ҵакқәа
Ишдыру еиԥш шықәсык зхыҵыз ахәыҷы имшәхәы амырхуеит. Амшәхәы ҳәа ззырҳәо ахәыҷы ициуа ахахәы ауп. Зымшәхәы амырхуаз дыӡӷабзар, днаганы, ихәхәаӡа инашьҭу аҟабақ аракәа дықәдыргылон, лхахәы кахәхәа иазҳап ҳәа.
Алитературахьтә
Аҟаб иамоу ахаара, агьама атәы уныруеит аԥсуа литература иагәылоу еиуеиԥшым аҩымҭақәа рҿы:
Асида аҟаб жәны, еимыԥԥо, бзиа илбон, еиҳараӡак аӡынразы, ахьҭа анаҿоу, асы анышьҭоу. (Сергеи Кәыҵниа)
Аишәаҿ: акакан, ауатка, аҟаб, аԥшаӡа, араса. Иахьагьы исгәаԥхоит абарҭқәа. (Мушьни Лашәриа)
Ҟазылбақьгьы уи акәын ииҭахыз, ичақы зымҩа аишәа инықәыршәны, аҟаб сақәа инапала иԥҽны, рцәақәа рхымхӡакәа афара дналагеит. (Алықьса Џьениа)
Ааԥынрак азы Шьамсиа луҭраҿы аҟаб жәла калԥсеит, аха ахәац ирфоу здырхуада, шьаҭак ада мааӡеит. (Гьаргь Гәыблиа)
Ажәабжьқәа зегьы
0