Олег Лакрба диит 1941 шықәса рзы Гәдоуҭа араион, Ҟәланырхәа ақыҭан. Аҟәатәи аиндустриалтә техникум даналга ашьҭахь дҭалоит Харьковтәи аргыларатә институт. 1967 шықәса рзы аҵара иҵон Аҟәатәи арҵаҩратә институт, аҭоурыхтә факультет аҟны. Гәдоуҭатәи аспорттә школ адиректорс дыҟан. Еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианашьоуп. Аԥсны аспорттә кадырқәа рааӡаразы ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара амедал.
- Олег Константин-иԥа, шәара аспорт шәҽанбадышәхалеи?
— Сара атлетика ласы ала салагеит, нас аӡсарахь сиасит. Иара убасгьы бокс, аҳәеилышьра ахкқәа бзиа избон. Анапылампыл ахь сара снеиит 13 шықәса анысхыҵуаз. Иара уа сагьаанхеит.
- 13 шықәса анышәхыҵуаз еилышәкаама абри аспорттә хкы шәыԥсҭазаара зегьы шадышәҳәалоз?
— Усҟан сара зегьы еидызбалалар сҭахын. Атлетика лас аҟынгьы аԥыжәарақәа сыман. Ареспубликаҿтәи аиндаҭларақәа срылахәын. Аиааирақә згон.
- Шәара шәхала аҟазаара бзиа избо шәакәу акоманда иалахәзар еиӷьазшьо шәакәу?
— Аҩбатәи еиҳа санаалоит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа шыҟазгьы дарбанызаалак ауаҩы изнеишьа сыԥшаауан.
- Шәара еиуеиԥшым атурнирқәа шәрылахәын асовет аамҭақәа рзы. Еиҳа шәгәалашәара иазынхеи?
— Гәдоуҭантәи Аҟәаҟа саниас еизгоу акомандахь снаргеит. Афинал ахь анеираз ахәмарраан Аџьариеи ҳареи ҳаицыхәмарыр акәын. Ауха смыцәаӡакәа исхызгеит. Аҽны, аҽазыҟаҵараан – сшьапжьышә еиҵысхит. Сара ахәмарра абжьажьра сҭахымызт, аха ҳазыҟаҵаҩ ахәмаррахь снеимышьҭит. Ҳара ҳтәқәа аҵахон 2-0 ҳәа. Ҳкоманда ажәылаҩи сареи ҳҽеинраалан ҳахәмаруан, иаргьы саргьы азыҟаҵаҩ ҳиҳәо ҳалагеит ахәмарырҭахь снеишьҭырц. Иааулак дақәҳаршаҳаҭит. Аиааира аагеит. Афинал ахь ҳнеиит. Сара уажәгьы исгәалашәоит усҟантәи сцәанырреи сгәалаҟазаареи.
- Анапылампыл ҟазшьа ҷыданы иамоузеи?
— Ахәмарра ацәанырра аҵазароуп. Укоманда иалоуи уареи аилибакаара шәымазароуп. Ахәмарра ашьҭахь хымԥада еихыршәшәа-еиҵыршәшәа ҳахәмаршьа ҳалацәажәон. Аиааира абжеиҳара аиааирахь иумоу адоуҳамч ауп.
- Аԥсны ҭоурыхс иамоузеи анапылампыл?
— Аԥсны анапылампыл ахәмарра иалагеит 1930 шықәса рзы. Аха иара рылаҵәаны иҟалеит 60-тәи ашықәсқәа раан. Урҭ ашықәсқәа рзоуп ианцәырҵ аҟаза дуқәа: Малашхиа, Ачба, Смаков, Будаков. 1988-1989 шықәсқәа рзы еиҳа имаҷны ихәмаруа иалагеит. Нас аибашьра ҳахьӡеит. Аибашьра ашьҭахьтәи раԥхьатәи ачемпионат Гәдоуҭа имҩаԥаагеит 1995 шықәса рзы.
- Аспортсменцәа зегьы аҩаӡарақәа ирзыԥшуп. Шәара шәнапылампыласыҩцәа ирзыԥшузеи ԥеиԥшс?
— Иахьа агәыԥқәа рацәаны еиҿкаауп. Ирацәаны аиндаҭларақәа мҩаԥаагоит. Адуцәа рыбжьара, ақәыԥшцәа рыбжьара. Аԥсны анҭыҵҟа ҳцоит. Сҩызцәа рыцхыраарала иалсыршеит Урыстәыла ақалақьқәа рыбжьара аиндаҭлара ҳалахәра. Еицырдыруа жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа рахь ҳнеира Қырҭтәыла иалнаршом.
- Аԥсны анапылампыл рылаҵәан иҟоума?
— Ааи. Аиҳарак ахәыҷқәа рыбжьара. Акызаҵәык урҭ азыҟазҵо акадырқәа маҷуп. Ҳара аспорттә кариера хзыркәшаз ауаа радыԥхьалара ҳаҿуп.
Аԥсны иалшоит ашықәс аҩныҵҟа хәымз-фымз адәаҟны ахәмарра, аха иарбанызаалак напылампыласырҭак адәаҟны иҟам. Иҟам аспорттә лагерқәа. Ҳәарада ари зегьы иҳагнархоит.
Ааигәа ҳара имҩаԥаагеит 12-13 шықәса зхыҵуа рыбжьара аспортакиада. Лаҵарамзазы иаҳгәиҭоуп 13-14 зхыҵуа рыбжьара амҩаԥгара. Иаԥсоу аспортсменцәа рааӡаразы иааҟәымҵӡакәа аус улатәуп