Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

© Фото : Из личного архива ветерана Ростислава КетияРостислав Кетия
Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны, аҭыԥ ҷыда аннакылоит Гагратәи ажәыларатә аоперациа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Ҩымш рыла ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ҳтәыла ахыи аҵыхәи рнапахьы иааргеит. Ишьақәгылеит Мрагыларатәии Мраҭашәаратәии афронтақәа. Аӷацәа рымчқәа аизырҳара иаҿын. Иҟан ашәарҭара ӷәӷәа, Краснодар атәылаҿацәи ҳареи ҳаимаздоз ҳашьхатә мҩақәа рнапахьы иааргоит ҳәа. Уи алыршахар, Нхыҵ-Кавказынтәи иҳауоз ацхыраара аанкылахон. Убри аҟнытә, аԥсуа ар ркомандаҟаҵаҩ Владислав Арӡынба адҵа ҟаиҵеит, Гагра араион ахақәиҭратә жәылара амҩаԥгаразы. Аибашьратә ԥышәа змамыз аԥсуа ҵеицәа рзы, уи раԥхьатәи аоперациахеит.

Гагратәи ахыхьчаратә цәаҳәа акомандаҟаҵаҩ Сергеи Дбар драԥхьагыланы, жьҭаара 2, 1992 шықәсазы, зықьҩык аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәылара мҩаԥыргеит, дара рхыԥхьаӡараҿы дыҟан, Бзыԥҭа аҳаблан ииз иааӡаз 37 шықәса зхыҵуаз Ростислав Гьаргь-иԥа Кьетиагьы.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа, Ростислав Кьетиа иҭаацәа иманы дынхон Шәача ақалақь. Зыбзазара шьақәзыргылахьаз, зыхшара рааӡара ада уалԥшьа змамыз аԥсуа хаҵа, ихахьы изаагомызт, зныҭрыс, шықәсырацәалатәи иџьабаа нкажьны бџьарла иԥсадгьыл ахьчара иқәшәоит ҳәа.

"Аибашьра аналага амш аҽны, нанҳәа 14 рзы, Шәача ақалақь, сҩыза Лаврик Дашьелиеи сареи, даҽа қырҭуа хаҵаки аресторан аҟны ҳтәан. Ус, машьынак аангылан, хҩык агырцәа ҩҭыҵын, ҳганахь рҿаархеит. Сара саб игәараҭа ахьыҟоу Бзыԥҭа, ааигәа-сигәа ақырҭцәа ракәын инхоз аҟнытә, рбызшәа маҷк еилыскаауан. Руаӡәы, иҳадтәалаз дааидгылан қырҭшәала, (инормативтәым алексика ала аԥсуаа рзы даацәҳан) ус иҳәеит "Аԥсны аибашьра иалагеит, закәытә хақәиҭроузеи ирҭаху агәымхацәа"-ҳәа. Иаразнак Лаврик иахь ҿаасҭит аҳәызба шьҭых, ҳаргәыдлоит ҳәа. Аибарххара ҳалагоны еиԥш, иҳадтәалаз ақырҭуа ҳаимихит", — иҳәеит аибашьра атәы шиаҳаз игәаларшәо Ростислав Кьетиа.

Аресторан иандәылеибага, уи аамҭазы Шәачатәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз Ростислав иашьа Гарри иахь иҿынеихеит. Аха иара, аибашьра шалагаз иаҳаны дцахьан. Адырҩаҽны, зыԥсадгьыл азы згәы былуаз Ростислав, иҭаацәеи иусуреи ныжьны Аԥсныҟа даауеит.

"Нанҳәа 15 аҽны, Цандрыԥшь ақырҭуа десант анӡхыҵуаз ауп. Аха сара сахьӡеит аҳәаа аиасра. Иаразнак Бзыԥҭа снаӡаны, ашәарыцага шәақь аашьҭхы ақыҭсовет аҟны снеит. Араҟа Бзыԥаа ахацәа еизахьан, сашьцәагьы рыгәҭа иҟан", — еиҭеиҳәоит аветеран.

Абџьар змаз рхыԥхьаӡара зынӡа имаҷын, дара урҭгьы ашәарыцагақәа ракәын. Ростислав Ԥсахара аиҩхаа дыбжьаланы, аерман ахацәа, шәҳадгылома ҳәа дразҵаауа далагеит. Аха аӡәгьы изымгәаӷьит, амала ҩыџьа ашәақьқәа ирҭеит. Уи аҽны, Гагра, асасааирҭа "Украина" аҟныӡагьы инеизаап ҳаибашьцәа, аха изхыҵыз адесант ԥхьаҟа ирымшьҭит.

"Асасааирҭа "Украина" азааигәара раԥхьатәи аиҿахысра ҟалеит. Ҭарба ҷкәынакгьы даҳцәыршьит, иҳацыз Леонид Инал-иԥа дырхәит", — иҳәоит Ростислав.

Амчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, аԥсуаа Гагра иалҵит, уи алагьы, ахыхьчаратә цәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.

"Атоннель ахьчаразы, 12-ҩык ҳаанрыжьит, аха ҩымш рышьҭахь, абџьар ҵәахны Бзыԥҭаҟа шәхынҳәы ҳәа иаҳзаарыцҳаит. Абџьар ҵәахышьа ҳамазма, усгьы ҳаизибархомызт. Еицқәаз иҳаӡбеит, Мамзышьхала ҳшынеибарку Бзыԥҭаҟа ҳалбаарц. Ҳара ҳамҩанызгоз дҳамамызт, убри аҟнытә амҩа ҳацәхҟьеит. Ҳшымгәыӷӡоз, машьыналаскгьы ааҳахьӡеит. Аерман ҭаацәара ракәын. Иҟоузеи Гаграҟа ҳәа ҳанразҵаа, ақырҭцәа ақалақь рнапахьы иааргеит рҳәеит", — игәалашәоит аибашьҩы.

Аԥсны атәылахьчара иахагылаз, аибашьцәа рсиа иахәаԥшны ишҭырҵаауаз, ирыӡбеит арратә кафедра иахысуаз ааизганы аминаршәгатә ԥхьаӡара аԥырҵарц. Ус, Ростислав Кьетиа, Гәдоуҭа ақалақь дыршьҭит аҽазыҟаҵара ахысразы. Иареи, иҩыза Тахьыр Дбари агәыԥ аԥшыхәыҩцәас иахырԥхьаӡалеит.

"Аибашьра ҳахьынӡазыхиоу аилкааразы, раԥхьаӡакәны ҳааргеит Пицунда, араҟа "Птицефабрика" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ аҟны ҳдыргылеит. Руслан Шамба командаҟаҵаҩс дызмаз, 22-ҩык рҟныӡа ишьақәгылаз аԥхьаӡара, хархәагас иҳаман 120-тәи азага змоу аминаршәгақәа ԥшьба. Тахьыри сареи аԥшыхәра ҳцон аҟнытә иаҳдыуан, аӷа ихырӷәӷәарҭақәа ахьыҟаз. Убарҭ ирықәыршәаны ҳхысуан. Пицунда ҳахьынӡагылаз, ақырҭцәа реибашьыгатә техника хьанҭакгьы (БМП) ҭаҳархеит", — иҳәоит аветеран.

Аминаршәгатә ԥхьаӡара ахьгылаз ақырҭцәа ианеилыркаа, иреихсуа иалагеит. Аԥсуа еибашьцәа реимадара анҿахҵәа, аԥсҭабара ҟалаанӡа, Ԥсахара аҩадатәи аиҩхаахь ииаргеит. Уи аамҭазы, Гагратәи ажәыларатә аоперациагьы нап адаркраны иҟан.

"Уантәи, Гагратәи адәыӷбаанҿасырҭеи ахәбатәи аиланхарҭеи "Сихарули" ҳәа изышьҭаз ақыҭеи ҳалахысуа ҳалагеит. Убри аамҭазы, ааигәа инхоз ақырҭцәа рышьҭабжь цәгьахеит. Еибарыҩуа рҿынархеит аҳәаа аганахь", — игәалашәоит Ростислав.

Аминаршәга аԥхьаӡара, амандаринаҭра ишҭагылаз, ҩ-вертолиотк (Крокодил) ажәҩан иаахалеит. Иҳажәырҵоз ахқәа аҵлақәа адац ишакыз иҵыржәуа иалагеит. Ҳхы ахьаҳгара ҳзымдыруа ҳаилагьежьит. Ус ишыҟахыз, ҩ-ҳаирпланкгьы (Сушка) рҿаархеит. Аурысцәа роуп ҳәа маҷк ҳгәы ҳарӷәӷәеит, аха ҩаԥхьа ҳаӷацәа ракәзаарын. Анцәа ҳрыцҳаимшьазтгьы, ас еиԥш ахымца ахьааиуа, аиқәхара уадаҩуп", — аԥсра алакҭа ианҭаԥшуаз атәы еиҭеиҳәоит аветеран.

Аԥсуа еибашьцәа, жьҭаара 2 рзы ажәылара ианеиха, аминаршәга аԥхьаӡара алахәцәа, аибашьыгатә машьынақәа рыла рабџьар рыманы ақалақь ажәытә хәҭа аиҩхаахь ицеит. Гагра араион ахы ианақәиҭха, ари агәыԥ еихыршеит.

Ростислав Кьетиа, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ажәыларатә аоперациақәа зегьы дрылахәын. Аиааира даԥылеит Гал. Аибашьра еилгаанӡагьы, Ростислав Кьетиа иҭаацәа Бзыԥҭаҟа иааигахьан. Уи нахыс, Шәачаҟа дыхнымҳәит.

© Foto / Из личного архива ветерана Ростислава КетияРостислав Кетия
Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кетия

Гагра араион ахақәиҭтәра аԥсуа еибашьцәа аԥышәа ду рнаҭеит, ргәы шьҭнахит, агәра ргеит, ԥхьаҟа Аԥсны ахыи-аҵыхәи аҭарцәрагьы шрылшо.

"Ҳара ҳаԥсадгьыл азы акәын ҳзеибашьуаз, убри аҟнытә шьҭахьҟа хьаҵшьа ҳамамызт. Усҟан иааҳарԥшыз аӡәкреи аҳәоуеиқәшәареи иабзоурахеит Аиааира дугьы. Сара даара сгәы азыҳәоит, Аԥсны бзиа избо зегьы, ҳполитикатә дунеихәаԥшышьа наскьаганы, ҳажәҩахыр еибыҭаны, еиқәҳархаз ҳаԥсадгьыл қәнагала амаҵ азаҳуаларц. Аԥсны зшьа ахьыршу ҳҵеицәеи, аибашьра адәаҟны згәабзиара нзыжьызи, еиҵагыло абиԥареи раҳаҭыр азы" — иҳәоит аибашьра автеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Ростислав Кьетиа.

Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык аибашьцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0