Атеатр ацәа зыҟәну аполитика

CC0 / / Маски
Маски - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақырҭуа милаҭ атеатртә ҟазараҿы акыр аԥышәа ду рымоуп, аха артистразы аполитикаҿы ирыцназгогьы иԥшаара уадаҩуп, ҳәа лгәаанагара ыҟоуп ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Уажә иаазқәылаз, аамҭа, аамҭала аҳәамҭақәа ҟарҵо иалагеит, "аԥсуааи дареи уеизгьы-уеизгьы еимаркуа акгьы шыҟам, аиҩызареи абзиабареи шрыбжьо" нацҵаны. "Аԥсуаа азыхиоуп ҳусеицура, аха ҳара (ақырҭқәа) ашьаҿақәа ҳзыҟаҵом"?— иҳәеит уажә ааигәа Жәыргьыҭ ақалақь ахадархьы кандидатс иқәгылаз Звиад Сиҷинава.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Атеатр ацәа зыҟәну аполитика
Артистымзар, абас иҟоу алексика зырҿио иԥшаара мариоума? "Бжьыҭгала ирымҳәозаргьы аԥсуаа хаҭалатәи ҳаицәажәарақәа рҿы ҳара ҳҟынтәи ацхыраара ишазыԥшу азгәарҭоит", — иациҵоит Звиад ицәажәараҿы.

Абасала, алхрақәа рҿы аиааира зҭаху ауаҩы, ажәлар рыжәҩа ҭҟьоит иҟам ианым қьачақьратә лекискала. Ақырҭуа политикцәа ирлас-ырласны ражәа иалоуп "аԥсуаа ҳашьцәа роуп, абанҭ ахԥатәи аган ҳԥырхагоуп акәымзар" ҳәа, ҳазхазҵаз Урыстәыла аганахь ҽмыршьагала инықәырԥшны. Убри ааамҭазы, 25 шықәса раԥхьа Аԥсны иақәлаз, ҳмилаҭ анызхырц зҭахыз азусҭцәоу аӡбахә рҳәом иушьыхаҭагьы.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәазы аӷарра

Ҳазҭагыло аамҭазы, ақырҭуа ган ихҭанакит Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа — аԥсшәа. Аиашазы, дара ирбоит ҳара аԥсуаа ҳхатәы бызшәа хуаахаданы ишыҟоу, ахархәарагьы уамак ишырацәам. Ус акәзаргьы, уи азҵаатәы аӡбара зуалу аԥсуа ҳәынҭқарра шакәу рхаршҭны, аԥсшәа арҿиареи аларҵәареи рзы ирылшо зегь шыҟарҵо атәы уажәык ишьҭԥааны ирымоуп.

"Абга ахьҭам, ала ҭашуам" — шырҳәо еиԥш, изеицәааӡарызеи ҳаргьы аҳәатәы анраҳҭо ыҟоуп, абазшәа арҿиаразы аусура ҳшазыхиоу азы. Хара ицатәым аҿырԥштәы азы, "аԥсуааи ақырҭқәеи рымчала аԥсшәа арҿиара" захьӡыз Кишиниовтәи аиԥыларагьы уи шьақәнарӷәӷәоит. Уажәы, дҿыцҳаҳараӡа Қырҭтәыла аԥыза-министр Георги Квирикашвили Жьҭаарамза анҵәамҭазы Аԥсны иазгәарҭо аԥсуа бызшәа амш инамаданы узыршанхаша, театртә ҟазарыла еибарку аҳәамҭа ҟаиҵеит.

"Қырҭәыла анапхгара агәы иҭоуп аԥсуа бызшәа арҿиареи ахьчареи рзы аҳәынқарратә программа аиҿкаара" ҳәа. Аполитик, ари апрограмма хра злоу акакәны дахәаԥшуеит "агәреибагара ашьақәыргыларазы". Абри аҩыза алаԥшхырԥага ҳәамҭа ҟазҵо Квирикашвили имҳәеит аԥсшәа хықәкыла рҿиашьас иеиҭо, хаҭала иара аԥсшәа ззымдыруа иаҳирҵома, мамзаргьы уи иадигалома ртәыла иадгыло аҳәынҭқаррақәа рԥарақәа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Госдеп агәаҳәара

Ажәакала, апроект ргәы ишҭо иҳәеит, аха нагӡашьас имоу атәы дазааҭгыланы аилырккара азимуит. Иҟалап аԥыза-министр ихашҭзар, дара ртәыла иарҿиаз аибашьра хлымӡаах иахҟьаны, Аԥсны асоциалтә- культуратә, адемографиатә уҳәа ганрацәалатәи аԥсҭазаара ахьысҳара ду ишҭанаргылаз.

Иацы ҳазшьуаз, иахьа ҳбызшәа дырҿиошәа ирҳәо алакә-поема гәрагашьас иамоузеи, иахьа уажәраанӡа аибашьра шхацдмыркуа азы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра рзымгәаӷьуазар?! Зегь раԥхьаӡа иргыланы, Қырҭтәыла анапхгара ируалуп 1992 шықәсазы ихацдыркыз аԥсуа жәлар ргеноцид азы иаахтны аиашаҳәара.

Дара ирҳәароуп Аԥсны ишақәлаз, иҭахаз ауааԥсыра рнаҩсан, ҳкультуратә баҟақәагьы шықәырхыз ҳархив аԥхьа инаргыланы. Анаҩсан, иршәароуп абаџь, ҳтәыла иазааргаз ааха азы. Абарҭқәа злымшаз Қырҭтәыла анапхгара, ауадаҩра иҭагыло аԥсуа бызшәа арҿиаразы ирыхәшьадырц ргәы иҭоу апрограмма политикатә спектакльуп.

Ҳарҭ аԥсуаа аспектакль ҳахәаԥшырц ҳҭахызар иҳалшоит атеатр ҳаҭаарц, Анцәа иҟынтә, уажәы Аԥсны атеатртә ԥсҭазаара ашьақәгылара иаҿуп.

Автори аредакцеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0