Мери Ҷанԥҳа: сыԥсҭазаара абжеиҳан, Гагратәи аҟазаратә школ иазыскит

© Sputnik / Саида ЖибаМери Чанба
Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
44 шықәса инеиԥынкыланы, Гагратәи амузыкатә школ, анаҩс аҟазаратә ҳәа зыхьӡ ԥсахыз, амузыка алитературеи, атеориеи, аҭоурыхи рзы амаҭәарқәа мҩаԥызгоз, иара убас 22 шықәса директорс иахагылаз Мери Виктор-иԥҳа Ҷанԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит еиуеиԥшым аамҭақәа раан Гагра араион аҟны аҟазара ианнакылоз аҭыԥ атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Мери Ҷанԥҳа даныхәыҷыз инаркны аҟазарахь агәыбылра лдыркхьан лҭаацәа. Виктор Ҷанбеи иԥшәма ԥҳәыс Наталиа Гагәылиаԥҳаи ԥшьҩык рыԥҳацәеи хҩык рԥацәеи ашәаҳәареи, акәашареи, жәлар рмузыкатә инструментқәа рарҳәареи ддырҵахьан иахьынӡахәыҷыз. Аха ԥхьаҟа, аҟазара зыԥсҭазаара иадызҳәалаз рыԥҳа Мерии, рԥеиҵбы Нодари роуп.

© Sputnik / Саида ЖибаМери Чанба
Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Чанба

"Ҳаб даара бзиа ибон амузыка. Нодар Гәдоуҭа акультура аҩнаҟны данықәгылоз, иагьа ус имазаргьы, аамҭа ԥшааны дизыӡырҩырц дцон", — илгәалашәоит Мери.

Нодар Москва, Чаиковски ихьӡ зху амузыкатә консерваториа далгеит. Иахьа, Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, адирижиор ихьӡ адунеи иалаҵәахьеит. Мери лакәзар, Аԥшьдәанытәи ашкол даналага, дҭалоит Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа. Анаҩс, лырҵаҩы Кәасҭа Ченгьелиа аусура далаиргоит Аҟәатәи аҟазаратә ҩны аҟны, иара убас Аҟәатәи абжьаратә школ №10 аҟны музыкантс.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа - Sputnik Аҧсны
Ԥарулуа: жәлар ринструменталтә ҟазара ыӡыртә ашәарҭара ыҟаӡам

"Сара имҩаԥызгоз амузыка алитературеи, атеориеи, аҭоурыхи роуп. Егьыс аҵараиурҭаҟны иаҳдырҵон еиуеиԥшым амузыкатә инструментқәа рарҳәарагьы. Сара исықәманшәалахон агитара, амырзакан, апианино рарҳәара", — лҳәоит Мери Виктор-иԥҳа.

1974 шықәсазы, амузыка арҵаҩы аусура даауеит Гаграҟа. 1958 шықәсазы, Гагра ақалақь, амузыка азы раԥхьатәи аклассқәа аартын аԥсшьарҭа ҩнык аҟны. Ус 1968-1970 шықәсқәа раан, наҟ-наҟ Аԥсны Жәлар рартист ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахаз Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа ибзоурала иргылан, араион зегьы аҟнытә, аҟазара злаз ахәыҷқәа еидызкылаз амузыкатә школ. 1966-1974 шықәсқәа рзы иара директорс дыҟан. Анаҩс, Џьон Латариа ҳәа қырҭуак напхгара азиуа далагеит. 1990 шықәса инаркны, 2012 шықәсанӡа Гагратәи амузыкатә, анаҩс аҟазаратә школ директорс дахагылан Мери Ҷанԥҳа. 1997 шықәсазы, Гагра араион акультура аҟәша аиҳабыс иҟаз Ҭенгьыз Габуниа ицхыраарала амузыкатә школ ахыбраҟны иаартын амузыкатә ҵараиурҭагьы.

"Гагратәи амузыкатә школ иоунажьхьеит шәҩыла амузыкантцәа. Ҳара ҳгәазырҳага лоуп, иахьа Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Лара лаб Пицундантәи диманы даауан. Убасҟан арҵаҩцәа зегьы агәра ҳлыргеит, лаԥхьаҟа ак шлылҵуаз. Аӡӷаб хәыҷы анцәа илаҭәеишьеит артистра. Гагратәи амузыкатә школ доушьҭымҭоуп, Аԥсни анҭыҵи еицырдыруа ауарӷанрҳәаҩы, Аԥсны Жәлар рартистка Марина Шамԥҳа. Иахьа араион аҟны, аҟазара арҿиара знапы алакыу иреиуоуп, Гагратәи амузыкатә школ аушьҭымҭацәа Белла Кокосқьериаԥҳа, Ирина Гәарамиаԥҳа, Џьуна Ԥлиаԥҳа, Аркади Костаниан уҳәа аӡәырҩы", — ҳәа азгәалҭоит амузыка арҵаҩы.

Асовет аамҭақәа раан, Гагратәи амузыкатә школ ааӡамҭацәа аконцертқәа рыманы иқәгылон Аԥсни, Қырҭтәылеи, Урыстәылеи еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟны. Рхы рыладырхәон афестивальқәеи, аконкурсқәеи. Изныкымкәа рҽаԥсартәахьан Гран-При.

Гагратәи амузыкатә школ ашьақәгылареи, иаанарԥшуаз алҵшәақәеи рҿы, аџьабаа рбеит арҵаҩцәа дуцәа Баграт Багаҭелиеи, Оҭар Хәынҵариеи. Аамҭала ақырҭцәа ҳхаԥаны ҳаныҟаз, ҳхатәы бызшәа анырхәаҽуаз, дара рыҩџьегьы аԥсуа ашәақәа ҳтәылеи, анҭыҵи ажәлар иддырҳауан, ҳмилаҭтә культура ӡырыргон.

Оҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынҵариа 60-шықәса ихыҵра иазкны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, уи аԥхьаҟагьы зҭагылазаашьа уашәшәырыз амузыкатә школ ахыбраҟны, аҵаратә процесс амҩаԥгара ашәарҭара цәырнагеит, аха уеизгьы жәабаҟа шықәса арҭ аҭыӡқәа рҟны амузыка ҩныҩуан.

"15 шықәса инеиԥынкыланы, зны Гагратәи абжьаратә школ №2 ахыбраҟны, зны аџьармыкьа аԥхьа, ԥасатәи ахәыҷбаҳчаҟы аклассқәа аартны иҳаман. Аҟазаратә школ инагӡаны аусура шалымшозгьы, ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иагхомызт. Аҭаацәа рымчала, ауадақәа аремонтқәа рзуны, амузыкатә инструментқәа аахәо ҳааиуан" — аамҭа хьанҭақәа дрылацәажәоит Мери Виктор-иԥҳа.

2014 шықәсазы, атәыла анапхгара рымчала, Гагратәи аҟазаратә школ иазалхын ахыбра ҿыц, иҟаҵан акапиталтә ремонт. Уи аҟны ацхыраара ду аалырԥшит Хьыбла Гьерзмааԥҳагьы.

"Хьыбла Гьерзмааԥҳа изныкымкәа Гагратәи аҟазаратә школ дацхраахьеит ԥарала. Лара лыбзоурала иааҳхәахьеит зда ҳхәарҭам амузыкатә инструментқәа", — ҳәа азгәалҭоит Мери Ҷанԥҳа.

1998 шықәсазы, Мери Виктор-иԥҳаи Ҭенгьыз Габуниеи еицхырааны, Гагра араион акультура аҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, ирылдыршеит аклассикатә музыка афестиваль "Лира" аиҿкаара. Уи ала дара иргәиҭан еиҵагыло абиԥара амузыка радыԥхьалара, аҟазара агәыбылра адыркра.

"Раԥхьатәи ҳфестиваль иалахәын, Гагра араион аҟны аус зуаз амузыкатә школқәа рааӡамҭацәа, аконцерт мҩаԥаагеит аҟазаратә школ ажәытә хыбраҟны. Анаҩс, 2000 шықәсазы афестиваль амҩаԥгара ҳалагеит Пицундатәи ауахәама аконцерттә зал аҟны. 2003 шықәсазы, ари акультуратә усмҩаԥгатә амҽхак ҳарҭбааит. Арахь ааԥхьара раҳҭо ҳалагеит Аԥсны ахыи аҵыхәи рҟнытә амузыкатәи, аҟазаратәи школқәеи рҵаҩцәа. Уи нахыс, афестиваль "Лира" есышықәсатәихеит, итрадициатәхеит", — лҳәоит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ.

Марина Жиба - Sputnik Аҧсны
Марина Жьиԥҳа: ашәа аныҟам, саргьы сыҟам

Мери Ҷанԥҳа 73 шықәса дшырҭагылоугьы, уажәраанӡа Гагратәи аҟазаратә школ аҟны аус луоит, аҵара аҟәша амаҵ азылуоит, имҩаԥылгоит хыхь ишаҳҳәахьаз еиԥш амузыка алитературеи, атеориеи, аҭоурыхи рзы амаҭәарқәа. Иара убас аус лыцыруоит, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭақәа ирцәымшәаз, ауадаҩрақәа ириааиз амузыка арҵаҩцәа Лиудмила Цыгәԥҳа, Лариса Хәарцкьиаԥҳа-Аиба, Анна Териапиан.

Иахьа Гагратәи аҟазаратә школ директорс дамоуп, Белла Кокосқьериаԥҳа. Лара илылшо зегь ҟалҵоит, араион аҟны аԥсуа культура ган рацәала иӡырызго абиԥара ҿыц рааӡараҿы.

Аҟазаратә школ аҟны, ахәыҷқәа рзы иаартуп аҟәшақәа быжьба, урҭ иреиуоуп: асахьаҭыхра, жәлар рыкәашара, жәлар ринструментқәа, аклассикатә ахкынагӡара, апианино, аскрипка, аккордеон. Ԥхьаҟа иргәиҭоуп иҵегь аҽырҭбаара. Араҟа аҟазара рыларааӡоит 300-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа.

Ажәытә аамҭақәа реиԥш, иахьагьы Гагратәи аҟазаратә школ хьӡи-ԥшеи амоуп. Иаҳҳәозар Ҭенгьыз Какәыбаа напхагара зиҭо акәашаратә ансамбль "Гагрыԥшь" Аԥсныи аҳәаанхыҵи аӡбахә хара ицахьеит. Аколлектив изныкымкәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа иаԥсахахьеит. Гагратәи аҟазаратә школ мацара акәымкәа, араион зегьы, иара Аԥсныи ахьӡ ҭнагахьеит.

Сынтәа, цәыббрамзазы, Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ихьӡ зху Гагратәи аҟазаратә школ иахыҵуеит 60 шықәса. Ари аиубилеитә рыцхә азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Мери Виктор-иԥҳа лнапы алакыуп, архив аизгара.

"Аҟазаратә школ 60 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы, ҳара ажәытә рҵаҩцәеи аҿари агәаҳәара еицҳамоуп ашәҟәы аҭыжьра. Убри аҟнытә аидкылара ҳаҿуп архивтә видеонҵамҭақәа, афотосахьақәа, агәалашәарақәа. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, аамҭала амузыкатә, аҟазаратә школ аҟны аус зуаз, аҵара зҵоз аҳәара шәысҭоит, ҳашкол ахьӡ зҳәо џьара архивтә материалк шәымазар иҳақәшәыршәарц", — ҳәа инаҵылшьит амузыка арҵаҩы.

Мери Ҷанԥҳа хҩык лыԥҳацәа рахьтә, аӡәы, Џьуна Ԥлиаԥҳа лара леиԥш амузыка алалхит. Аус луоит Гагратәи аҟазаратә школ аҟны.

Мери Виктор-иԥҳа Ҷанԥҳа, аҟазара арҿиараҿы илбахьо аџьабаазы иланашьоуп хыԥхьаӡара рацәала адипломқәеи, арҽахәабӷьыцқәеи.

© Sputnik / Саида ЖибаМери Чанба
Мери Чанба - Sputnik Аҧсны
Мери Чанба

Ажәабжьқәа зегьы
0