Логәуа: ажәытәан избахьаз аҭацаагара иадҳәалоу ақьабзқәа уамакала иԥшӡан

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Логуа
Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа дазааҭгылоит иара хаҭала дызхаану, иибахьоу аԥсуа ақьабзқәа ртәы зҳәо ахҭысқәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Нугзар Ҷыҷыкәа-иԥа, аԥсуара злеибарку амахәҭақәа рацәоуп. Убарҭ рахьтә ҳарзааҭгылап акык-ҩбак. Иаҳҳәозар, ажәытә аԥсуаа рчараушьа зеиԥшрааз, аҭацаагарақәа шԥамҩаԥысуаз?

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц: аԥсуа лабашьа аҵакыи, ахархәашьеи

— Сара сахьиз, сахьааӡаз Ҷлоу ақыҭаҿы ауп. Сара сыла иабахьаз, усҟантәи аҭацаагарақәа шымҩаԥысуаз, ачара шыруаз даара интересуп ҳәа сгәы иаанагоит. Избанзар, усҟани уажәи зынӡа еиԥшӡам. Усҟан, уахынла акәын ачара аныруаз, уи сара бзианы сахаануп. Иара закәытә ҵакыз иамаз уажәшьҭоуп еиҳа сазхәыцуа саналагаз. Аҭацаагацәа рышьҭуан, шамахамзар ачара зуаз ауаҩы, аҭаацәара иалалоз, наҟ-ааҟ еиқәышаҳаҭны, еибадыруа, ҳаҭыреиқәҵарыла акәын ишеизныҟәоз. Убри аҟынтә, ачара аҿҳәара ԥырҵәон, заанаҵы аҩганкгьы ирдыруан ачара аҿҳәара, иақәнагаз, ҳаҭыр змаз ауаа аӡәык-ҩыџьак нарыцҵаны аҭацаагацәа рышьҭуан аҽқәа рыла. А-60-тәи ашықәсқәа рзы имаҷын амашьынақәа змаз. Убри аҟынтә, аҽы бзиақәа рыман, рҽеилаҳәашьа мацара акыр иаԥсан. Абыргцәа, ахацәа бзиақәа ҽыжәлон, еиҳабык дрыцырҵон, аҳәса рганахьгьы изықәнагаз, аҭаца илывагыланы даазгашаз дәықәырҵон. Аҳәса зықәтәоз аҽқәа хазын, еиҳа злеишәа бзиақәаз ракәын. Насгьы, акәадырқәа иақәырҵоз хазын, аурыс седло ҳәа иашьҭан. Ганкахьала ршьапы хшьны иақәтәон аҳәса. Уи шаҟа иҳаҭырыз шәымбои, иԥхашьаран ҳәа иԥхьаӡан аԥҳәыс ахаҵа еиԥш аҽы дақәтәар. Абарҭ ахҭысқәа сыбла ихгылоуп иахьагьы. Ҭацаагара ианцоз ҳара ҳхәыҷқәан, ҳаԥшын абарҭ аныхынҳәуа ҳәа.

- Аҭаца иарбан аамҭаз ашҭа данҭаргалоз?

— Аҵх акыр ианцалак, аҽанеҩнашоз аламҭалазы акәын аҭаца данааргоз. Иԥхашьаран амш адәы ишықәу аҭаца дрыман иаар. Аҭацаагацәа рҟынтәи аҿарацәа аҷкәынцәа рыццон, убарҭ аӡәы-ҩыџьа ажәабжь ааргон, раԥхьа инаӡо ҳәа. Агәырӷьаҿҳәаша рыманы аҽқәа рыла ихысуа ашҭа иҭалон. Аҭаца дааргоит, уажәшьҭа иааигәаны иҟоуп ҳәа акәын иаанагоз. Аԥшәмацәа, ауа-аҭынха иҟаз зегьы еизаны ашҭаҿы иаагылон аҭаца лаагара иазыԥшны. Ус ԥыҭрак ашьҭахь аҭацаагацәа аауан, ашәа ҳәо. Аԥхьа игылан ҩыџьа-хҩы, агәҭахьшәа аҭаца наҟ-ааҟ илывагылан аҽыҷкәынцәа аҭацаҩызара лзызуаз. Уахьынтәигьы илыцаауан, абзыԥқәа рҿы ус рҳәоит — ахаҵаҩызеи, аҭацаҩызеи ҳәа, абжьыуаа ҳҿы — амаҟарацәа ҳҳәоит. Еивагыланы ҳаҭыр еиқәҵаны иаауан. Абас, аҭаца дҭаргалон ашҭа. Лҽыжәшьха даара ҳаҭыр ақәын. Иаразнак аиҳабацәа ахьгылаз дааргаӡомызт. Ашҭа ианҭалалак рҽааԥхьакны иаагылон, нас изықәнагаз ауаа неины, аҭаца дырԥшӡаны дҽыжәырхуан. Убри ашьҭахь еилагыланы аҭацаагарашәа рҳәон. Усҟан уажәеиԥш аҩнеихагыла дуқәа зегьы ирымамызт, аха зегь акоуп аԥсуа кәаскьақәа ҳаракны игылан, амҿтәы мардуанқәа аҿан. Ҳара ҳхәыҷқәан, аҭаца данхаргалоз ҳрыхәаԥшуан. Изықәнагам дхысыр ҟалаӡомызт, изықәнагаз аиҳабацәа ракәын ихысуаз. Нас аихац дыҵыргон, аҟамақәа кны.

- Аҭаца леилаҳәашьа зеиԥшрааз?

— Даараӡа иԥшӡан. Абырфын касы еиқәара лҿаршәын, лхы-лҿы аалырԥшӡомызт.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

- Избан уахынла, избан еиқәароу акасы?

— Ажәытә акагьы машәырны иҟарҵаӡомызт, аритуалтә ҵакы аман. Аҭаацәара иаланагало ауаҩы, аҭаацәара ҿыц аԥиҵоит. Уи зегь мышьҭабзиала ашьапы икыроуп, алаԥш цәгьа иҟәгазароуп. Аҭаацәара бзианы иҿиарц азы, абарҭ ақьабызқәа зегьы азгәарҭар акәын. Аҵх далакны дзыргоз. Аиқәарагьы зылҿадыршәуаз убри азоуп. Лара далыԥшны зегьы лбон, лара дырбаӡомызт. Аҭаца ҿыц нас лбарагьы акыр иаԥсамхози!

- Аҭаца ланхәа лхы шԥамҩаԥылгоз аҭаца данылзааргалак?

— Аҭаца аихац дыҵхны данхаргалоз, анхәа лакәын раԥхьа аԥсшәа зҳәоз илԥыланы. Убасҟан ирымаз ала ахаа-мыхаа лықәрыԥсон, абаз ҿарпқәа лықәрыԥсон дымшхарц, дыҵххарц, дхаахарц. Ацха лқьышә иқәыршьуан, уи анхәа лакәын иҟазҵоз. Дныҳәан дыҩналгалон. Аҭаца акәакь аҿы акәын дахьыкҿадыргылоз. Уа аҭацаҩыза длыдгылан, аԥшәмацәа рганахь алагьы илыдгылан. Ишабалак хәыҷгьы-дугьы халан дырбо иҟаӡамызт. Уа инеиуаз аҳәса еиҳабацәа ракәын, иныҳәон, иныԥхьон, аҿарацәа лыддыргылон.

- Амаҳә ихымҩаԥгашьа зеиԥшрааз?

— Амаҳә зынӡагьы дцәырҵӡомызт. Уи аҩыза ахымҩаԥгашьа аҵак ду аман. Уи аҭаацәара далалеит, аҿыц ԥсҭазаара аԥиҵеит, иҩызцәа идгаланы хазы иҽыԥхьаикуан. Абарҭкәа зегьы зыҟарҵоз, мышьҭабзиала иҿиарц азы акәын. Амҳара атәы сара сахаанымызт, аха даара аҵакы аман. Иҟан аҭаца дышиашаз аҩны данаарымгоз. Днаган аешьараҿы ҳаҭыр ахьамаз еиҳабык иҿы ддыртәон, мамзаргьы аншьцәа рҿы днаганы дандыртәозгьы ыҟан. Жәохәымш анҵлак, аҩн ду дҩаргон, лҿы хыртуан убри аҽны дырныҳәон.

- Аҭаца лныҳәара шԥамҩаԥысуаз, насгьы дызныҳәодаз?

— Дымныҳәаӡакәа аҭаца адәы дықәуҵар, ажәлар дрылауыргылар ҟалаӡомызт. Дызныҳәоз, анхәа аԥхьа днаргыланы, аешьара иатәу, аҳабла иатәу аҳәса ҟәыӷақәа еизон, аныҳәара мҩаԥыргон. Ҳаҭыр змаз абырг дааргон, аҭаца лҿы хыртуан абас. Аҿхтра ҳәа ахьӡын. Аҿыхҭаԥса ишәар акәын, џьара ҳамҭак ҟаиҵар акәын, иԥаразаргьы анкьа араӡын ҟарҵон амышьҭа бзиоуп ҳәа, ачанах ианырҵон. Анхәа имҩаԥылгоз аҵасқәа рацәан аҭаца лныҳәараҿы. Еиуеиԥшым аҳаԥшьа хәыҷқәа ыҵарҵон. Аҩнаҭаҿы аҿиара ҟаларц, анцәахәқәа хаз-хазы иҳамами аԥсуаа, убарҭқәа зегьы азгәарҭон. Лышьҭрахь аӡатә ыҟазар иаарҭиир акәын, ма иара иахылҵыз. Уи аб иганахь ала иҟарҵон, уи лара нцәахәыс илыман, илхылаԥшуан лхәыҷқәагьы ларгьы. Аӡатә ыҟамзар, ма акы ахьыр, аҭыԥан даҽакы ықәдыргылон, аӡатәшьҭра змоу ҳәа.

Обручальные кольца - Sputnik Аҧсны
Ахкаршәра, агараҿаҟәара: аԥсуаа ржәытә ҭаацәараԥҵара иазку згәаҭақәак

Убри зегь зыҟарҵоз лареи лҭаацәеи рыхьчара азакәын, аԥхьаҟа аҿиара ҟаларц. Аԥҳәыс ахшара данлоулак хазы дырныҳәон. Уажәы ахәыҷы диир, зегьы ҳнеины даҳбарц ҳалагоит, уи ус ҵасӡам. Уигьы аамҭа амоуп ауаа дырбартә еиԥш данцәыргатәу. Урҭқәа сара акырынтә избахьан, ҳара ҳхәыҷқәан, сан лнапы кны есымша слыцын, иахьагьы асахьеиԥш сыла ихгылоуп урҭ ахҭысқәа. Убас иԥшӡан, атрадициа бзиақәа аман иҟан аԥсуа чара, аҭацаагара.

- Аԥсуа чара иамаз акәамаҵамарақәа зеиԥшрааз?

— Аԥсуа чара убас иҟарҵон, асаси аԥшәмеи еиҟәыганы, еихәаԥшуа идыртәон. Аха, амаҟарацәа ҳәа иаауаз усҟан, уажәеиԥш ирацәаҩымызт, иԥхашьаран ҳәа иԥхьаӡан. Ачара зуаз иԥшәмацәа наидкыланы аҭамада далырхуан, нас иааиз амаҟарацәа лбааганы ҳаҭыр рықәҵаны идыртәон. Аҩынаҳацәа ықәдыргылон, ҳаҭыр еиқәҵаны аҵәца хәыҷқәа рыла аныҳәаҿақәа рҳәон. Абыргцәа хазы идыртәон. Ҿаԥыцла ацәажәара акраҵанакуан. Аҭамада дыздыртәоз убри акәын, аҭаацәара иалалаз ишьҭреи иҭаацәареи рҭоурых бзианы далацәажәар акәын иааиз асасцәа рҿы. Уахьынтәи иаазгьы рҭоурых идыруазар акәын. Усҟан еибамдыркәа аҭаацәа шамахамзар иаԥырҵаӡомызт. Пату еиқәҵаны аҭаацәарақәа аԥырҵон азоуп, аҿиарагьы зыҟаз еиҳа усҟантәи аамҭазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0