"Агныҳәа": аижәлантәқәа Амԥараа рҭоурыхи, рҵаси, рныҳәарақәеи

© Фото : из архива семьи АмпарЗосим Амԥар
Зосим Амԥар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлақәа зегьы рхатәы ҭоурыхи, аҵасқәеи, ақьабзқәеи, аныҳәарақәеи рымоуп. Амԥараа рҭыԥҳацәа ирызкыу алегенда иарҿиаз "Агныҳәа" захьӡу аныҳәара атәы ҳзеиҭеиҳәеит Гагра араион, Лӡаа ақыҭа абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Зосим Шәлиман-иԥа Амԥар.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ҭоурыхла Амԥараа Рҩаԥшь аиланхарҭаҟны инхон. Ҽнак зны унеишь-уааишь ҳәа ззырҳәоз хаҵа нагак, иԥшәма ԥҳәыс Жәанԥҳа, аангылара лашьцәа рҟны дааныжьны Рҩаԥшьҟа даныхынҳә, Амԥараа ахьеиланхоз аҭыԥ адгьыл иахәлабгеит. Рыжәла зыжәлоу ниаӡӡа ицеит.

Жәанԥҳа лыԥшәма длышьҭаланы дмаауашәа анылба, лашьцәа дрыҳәеит лыҩныҟа дыргарц. Аҭыԥ аҟны ианнеи, реиланхарҭа шҭабгаз рбеит. Ус аамҭакы ашьҭахь, зцәазтәымкәа иҟаз Жәанԥҳа аԥа длоуит. Абас ауп, иахьа Амԥараа шҿиаз. Жәанԥҳа лыбзоурала Рҩаԥшь ҩаԥхьа иазыхынҳәит иқәӡӡаахьаз ажәла. Аха зегь акоуп ҿиара рмоуит.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
"Хаҵа имцо Анцәа дҳаумҭан": ахатә ԥсҭазаара ашьақәыргылара иазку аныҳәара

Ажәла анымҿио, рҭыԥ рыԥсахроуп рҳәоит, убри аҟнытә Амԥараа Калдахәараҟа ииасит. Иахьа Аԥсны инхоит 50 ҭӡы. Жәытә аахыс Амԥараа рҭыԥҳацәа рыԥшӡара атәы змаҳац дыҟамызт. Легендала дара ирхыбаауан Амшынтә мамыршәаггьы.

"Рҩаԥшь аиланхарҭа амшын иаԥнуп. Ҳарҭ Амԥараа уи ҭоурыхла иҳадгьылын. Ҳажәлагьы "Амшын ахәыҷқәа" ҳәа ауп иаанаго. Ҳҭыԥҳацәа ракәзар, уамак ала иԥшӡан рҳәоит. Легендала есышықәса, Амшынтә мамыршәаг, иреиӷьу Амԥараа рҭыԥҳа ԥсаҭатәс дагон. Уи атәы зегьы ирдыруан. Аԥсаҭатә иатәыз аҭыԥҳа, аԥсра лҽазыҟалҵон. Лхала амшын аԥшаҳәаҿы лаамҭа анааилак дтәаны дыԥшуан.

Шықәсык зны, ԥҳәызбак лашьа, Амшынтә мамыршәаг сара бацәысхьчоит, басҭаӡом иҳәазаап. Ахыци ахәымпали ааирмазеин, иаҳәшьа длыцны агаҿахь дылбааит.

Аҵхагәҭаны амшын ацәқәырԥа шьҭыҵит, аԥша ӷәӷәа асуа иалагеит. Амшын агәы ааимҟьаны, ибжьыҵыз амамыршәаг Амԥарԥҳа дахәлабгарц ианалагоз аамҭазы, аҭыԥҳа лылаӷырӡ лыҿҟьан, лшьамхы зхы ықәҵаны иамхацәаз лашьа иӡӷы иақәҭәеит. Иҭрысны иҿыхаз арԥыс, иабџьар ала, амамыршәаг деихсуа далагеит, аха ахыц ақәшәомызт.

Амамыршәаг дазымиааиуашәа аниба: "Саҳәшьа думган, егьыс иуҭахыу уаҳәа!"— иҳәеит. Аха иара ақәшаҳаҭымхеит. Аиашьа аҵыхәтәантәи ахыц андәықәиҵа, амамыршәаг агәы иалалеит. Аԥсхыхра иалагаз Амшынтә мамыршәаг, аҵыхәтәантәи амч ааизганы, ишәиизаап. Есышықәса абри аҭыԥ аҟны ашьа кашәымҭәакәа хҿыхра шәмоуааит ҳәа. Уи нахыс Амԥраа, Рҩаԥшь агаҿа азааигәара "Агныҳәа" захьӡу ахныҳәара мҩаԥырго иалагеит", — алегенда ақьабз шахылҿиааз атәы еиҭеиҳәоит абырг.

"Агныҳәа" мҩаԥыргоит абҵарамза раԥхьатәи асабшеи амҽышеи, ҩымш инеиԥынкыланы. Аныҳәара зду иашҭаҟны еизоит Амԥараа хәыҷи дуи, аҭацацәагьы налаҵаны. Иахьнеиуа, инаргоит ачашыла, ашәаӡа, ахәыӡ, ажәакала доусы рықьҭамахә аларҵоит.

"Асабша аҽны, аҭацацәа рымацара иааилаланы, амгьал ркәаҳауеит, дара рхыԥхьаӡара рацәазаргьы, зегь акоуп амажәа рнапы акьдырсроуп, рыхәҭа ашәаӡа аларҵароуп. Анаҩс, изду аԥшәма иҿҳәеиҵаз ахәшҭаараҟны, аихатәы аԥҷаҭ ахәыжәбӷьы аҵаҵаны, амгьал анҵаны, хыхьла еиҭа ахәажәбӷьы ала ихҩаны, аԥырӷы ақәԥсаны ирӡуеит. Агныҳәа иазкыз амгьал аура ҩметрак ыҟан, аҭбаара метрак, аҿыгҳара жәа-сантиметрак еиҵамкәа. Анаҩс арасаҵәы шышны, аԥҷаҭ алхны, имазеихоз амгьал анырҵон. Абысҭа уны акалаҭқәа ирҭарҵон. Ари ачыс аҩбатәи амш, амҽыша иазкын", — иҳәоит Зосим Шәлиман-иԥа.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Асабшаҽны, доусы инаргоз ала иааидтәалон, аишәа иқәырҵон аҟәыдеилыршәшәа, аԥсыӡ, арҵәы уҳәа, ачгьахьы иатәу ачыс. Адырҩаҽны, Амԥараа ажәла зыжәлоу хаҵеи ҷкәыни, Рҩаԥшь аныҳәарҭа ҭыԥ аҟны ашьыжь иныҳәон. Уахь аҳәса зынӡа инеир ҟаломызт.

"Амԥараа ҳныҳәаҩ агра имамзароуп. Имаха ишьаха еибгазароуп. Изду инеиго, шықәсык еиҵам, ахәыц еиқәаҵәа злам, аџьма аҿы ааӡәӡәаны, ажакьақәа аарыцқьаны, иаргьы иҽеиҿикааны, Ҳазшаз диашьапкроуп. Анаҩс, аџьма ахәда аҳәызба аҵишьоит. Уи нахыс, аныҳәаҩ ашьтәа аҭыԥ иахьықәырҵо инапы аиркӡом. Аџьма ацәа ахызхуа, еиҿихӡом. Ҳара 50 ҭӡы ҳаҟоуп. Ашьтәагьы убри аҟара хәҭа-хәҭала еихыршоит. Аныҳәарҭа аҟны, ашьтәа агәи агәаҵәеи амца иҽҳәаҵаны ирӡуеит. Аныҳәаҩ ҩаԥхьа дныҳәоит, агәи агәаҵәеи ргьама ибоит, аҩы цқьа днаҿыхәоит. Иара иаамышьҭахь, арыжәтә иахныҳәоит еиҳабы-еиҳабыла", — аныҳәара апроцесс далацәажәоит абырг.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

"Агныҳәа" аҩбатәи амш иатәу чысуп абысҭа, аҟабақ, аџьма агәи агәаҵәеи (уи ирссаны, зегьы ирыздырхоит), аџьыкхыш, аҩыцқьа. Арахь иаарго афатә, акәаци амгьали рыда, шьҭахьҟа иугар ҵасым, зегьы аҭыԥ аҟны ифатәуп, ижәтәуп. Ахацәа хә-ҵәыцак иреиҳамкәа ирыхныҳәоит.

Агәи агәаҵәеи, аҟаби ахьырӡыз амца андырцәоз, аныҳәаҩи даҽа ҩыџьа аиҳабацәеи, мҿқәак ааҿҳәыганы, амшын аҟны инеины инеиҿҟьа-ааиҿҟьаны аӡы иарҭон, "абарҭ шаго еиԥш, ҳацәгьа-мыцәгьа аманы ицааит" — наҳәаны.

Анаҩс 50 хәҭа аџьмажьи, 50 хәҭа амгьали ҭаацәацыԥхьаӡа ишаны иргар акәын. Уи ашьҭахь, амра ҭашәаанӡа, ахацәа рыҩны инеины, абысҭа уны, акәац жәны, (уи аџьыкхыш ада акгьы адукылар ҟалаӡом) аҩыцқьа ааҭыганы, ҩаԥхьа рҭаацәа рныҳәон.

Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, абас еиԥш аныҳәақәа рымҩаԥгара аҳәынҭқарра аҿагылара арҭон, Амԥараагьы егьырҭ реиԥш, "Агныҳәа" аҟаҵара азин рымамызт. 80-тәи ашықәсқәа рышьҭахь ауп ҩаԥхьа ажәытә ҵас андырхынҳә. Амԥараа рҭыԥҳацәа ссирцәа ирыбзоурахаз аныҳәа иахьа ажәла еидызкыло, еибазырбо акәны иҟоуп.

"Агныҳәа" аҵас хазына зхылҿиааз алегенда ашәҟәы ианиҵахьеит аҵарауаҩ Шьалуа Инал-иԥа.

Ажәабжьқәа зегьы
0