Аветеран: ҳажәлар ирхыргаз аџьамыӷәа рацәоуп, уи ҳхамшҭроуп

© Фото : Сырма АшубаЛеон иорден занашьоу Асланбеи Сангәылиа
Леон иорден занашьоу Асланбеи Сангәылиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, аподполковник ԥхьатәа, агәыԥ "Чагьам" акомандаҟаҵаҩы, Џьгьарда ақыҭа ахада Асланбеи Сангәылиа игәалаиршәоит пҳынгәымзатәи аибашьратә хҭысқәа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Аибашьра аԥхьатәи амш инаркны аҵыхәтәанӡа шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа шәуалԥшьа нашәыгӡеит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Асланбеи, ишәгәалашәыршәарц сҭахуп урҭ амшқәа. Иабашәаҳаи, ишԥашәаҳаи аибашьра иалагеит ҳәа?

Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

— Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа анҳаҳа нахыс, аҷкәынцәа аҽеидкылара ҳалагеит. Усҟан, сара Аԥсуа гвардиаҟны сыҟан. Џьгьардаҟа аиасра ансылша ахԥатәи амш азоуп. Ԥшьҩыкны ҳаицын: Аслан Занҭариа, Гәадала Бганба, Гәдоуҭатәи Быҭәба ҷкәынак. Исгәалашәоит, "Катран" архәҭа аҟынтәи Џьынџьал ҷкәынак дыршьит Синоп. Бабышьрантәи ҳаргьы ҳдәықәлеит иаагара. Иаауаз иҳарҳәеит ԥсыуа ҷкәынак дышьны амҩа даныжьлоуп ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, ҳара ҳанихҭыгәла, амашьына дышьны дҭажьын, дшьабахьан. Иуацәақәак убра иҳақәшәеит, дрызгозар аҩныҟа дыргарц раҳәаны, даҽа уск ахь ҳашцоз раҳҳәеит. Абас, иуацәа дрызныжьны дареи ҳареи ҳаиԥырҵит.

- Уантә шәабацеи, шәымҩа абахаз?

— Ҳархәҭа ахьгылаз амҩа ҳақәлеит, аха ақырҭқәа акәшахьан ҳзымнеит. Аҳаирпланқәа хылеит, ҳара ҳтәқәеи дареи еиҿахысит. Ахәларахь ианнеи, Џыџ Чагәаа иманы ииасуеит Мрагыларатәи афронт ахь. Ҩымш ҳанхеит ҳара, аҩымш рзы ахәылбыҽха, ҳаԥшьҩык еицыз Аӡҩыбжьаҟа ҳааит. Ҳшааиуаз, Абыхәбақәак рыҩнаҭа ҳнеит џьара акы ҳнацҳап ҳәа. Убра иҟан абахҭа, абахҭа зыхьчоз Аԥсуа гвардиа иалаз аҷкәынцәа ракәын. Аҷкәынцәа бналан ишаауаз, аӡы дагоит ҷкәынак, Ферызбан иара. "Абааԥс, аӡы иаҳцәагаз аҷкәын аӡы дамаҳхит, шәҳацхраа" — рҳәеит. Ҳара зҿы ҳаҟаз аԥшәма амашьына иман, ацәарҭа данҵаны дҳаман ҳааит Кәтолынӡа. Кәтол, Ферызаа нхон, рнапы данаҳҵеит иҭынхацәа рахь дыргарц. Ус, амҩа ҳшықәыз ажәабжь ҳаҳауеит, аҭагылазаашьа бааԥс ыҟоуп, Тҟәарчалҟа ицатәуп ҳәа. Ҳаргьы Тҟәарчалҟа ҳҿынаҳхеит. Абас, аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны ҳахьхәарҭаз, иахьырҳәоз ҳаҟан.

- Шәара шәалахәын ԥхынгәымзазы Мрагыларатәи афронт аҟны имҩаԥысуаз аибашьратә хҭысқәа. Ҷыдала шәазааҭгыларц сҭахуп Тамшь ақыҭа амшынтә десант аныӡхыҵуаз аамҭа, имҩаԥысуаз ажәыларақәа ртәы. Ишԥашәгәалашәои урҭ амшқәа?

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

— Џьгьардаа аҷкәынцәа Лабра ахырӷәӷәарҭаҿы ҳаҟан. Лабрантәи ҳаибашьуа ҳалбааит Тамшь, Турбаза ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥ ҳақәшәеит. Ԥхынгәымза 2 рзы, шырԥазы абаржа ааит, амашьынақәа ҩба ақәҵит. Ацәылашамҭаз акәын, асааҭ хԥа-ԥшьба раҟара ыҟазар ҟаларын, асааҭқәагь абаҳамаз… Амашьына руак иаразнак ииасны ицеит, Кәтолтәуп иақәтәаз, аҩбатәи иааиуаз амашьына арадиатор хжәеит, акыр ҳадхалазаргьы иаҳаулак иахганы иааҳгеит. Џьгарда акәын усгьы актәи аполк аштаб ахьыҟаз. Аштаб аҟны инаҳгеит абџьарқәа, аџьаԥҳаны зегьы. Убрантә ишаны ақыҭақәа рахь ахырӷәӷәарҭақәа ахьыҟаз ирыҭан. Урҭ зегьы уа иныжьны ҳхынҳәуеит ҳҭыԥ ахь амза фба рзы. Иара убри аҽны Џьгьардаа аҷкәынцәа ахәрақәа ҳауит Тамшь аихамҩаҿы. Акырҭқәа ажәылара ҟарҵеит, аидыслара ӷәӷәа ҟалеит бааԥсыла. Зынӡа 12-ҩык ҳархәуеит, убра иԥсҭазааара далҵуеит Ҭырқәҭәылатәи аԥсыуа ҷқәынак. Џьгьардаа ирхәқәаз иреиуоуп: Дмитри Џьардалаа, Сасран Ерынба, Еврик Ҩардан, сара. Џьгьардатәи ахәышәтәырҭахь ҳааргоит, нас ашамҭазы Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭахь ҳдәықәырҵеит. Ақыҭа Џьгьарда ӷәӷәала иалахысуан, атехника аремонт ахьыҟарҵоз агараж уа иҟан, иааихҵәаҵәҟьаны аума азааргон, абомбақәа аларыжьуан, аснариадқәа зҭырҟьара азын ыҟамыз ала иалахысуан. Џьгьарда ахәышәтәырҭаҿы ҳаннарга еиҳагьы иалахысуа иалагеит. "Агәымшәараз амедал" занашьоу, атехника зегьы аиҭашьақәыргылара знапы иҵсуаз, занааҭла имеханикыз Павел Ашәба ӷәӷәала дахәуеит иҭҟьаз аснариад. Тҟәарчал ҳахьнаргаз палатак аҿгьы ҳаицышьҭарҵеит Џьгьардаа, Павел, сара, Замир Кациа. Аҳақьымцәа Анцәа иҟынтә ацхыраара ҳарҭан ҳаиқәдырхеит. Замири, Павели рыԥсҭазаара иалҵхьеит, ргәалашәара лашазааит.

- Сара ибзианы исгәалашәоит урҭ игәыҭшьаагаз амшқәа, Џьгьарда сыҟан усҟан. Адесант аныӡхыҵуаз, ииашаҵәҟьаны адгьыл хыџхыџуан, еибгаз дгьыл ҿаҵак ыҟамызт абомбақәа ахькамҳауаз…

Автандил Сурманидзе - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аветеран: ажәылара ашьҭахь ҳгәы иалаз акакәын - ҳагәҭакы ахьынагӡамхаз

— Ааи, ақырҭқәа ргәы ԥжәацыԥхьаӡа аҭынч уааԥсыра ахьыҟаз ақыҭақәа ирылахысуан, убриала дара ртәала ршьа руан. Ҳажәлар ирхыргаз аџьамыӷәа рацәоуп.

- Шәара аибашьра арыцхә иадҳәалоу ахҭысқәа зегьы шазгәашәҭо еиԥш, ԥхынгәымзатәи амшқәагьы шәеҩшәыжьуам. Шәабеиқәшәо, ишԥазгәашәҭои уи аамҭа иадҳәалоу аҭоурых?

— Есышықәса, Тамшь ақыҭаҿы игылоу ҳаибашьцәа рбаҟахьы ҳнеиуеит. Убра ҳаизоит, иазгәаҳҭоит, иҭахаз зегьы рҿаԥхьа ҳхырхәоит. Аԥсны аиҳабыра, аиҵбыра рхы аладырхәуеит, ажәакала, аҳәынҭқарратә ҵакы аҭаны имҩаԥысуеит.

- Асланбеи, хымԥада, аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа рацәоуп. Иугәалаушәршәарц сҭахуп еиҳа ухаҿы иааиуа згәаҭақәак.

— Аибашьра еибашьроуп. Ахаҵа дзиуа иԥсадгьыл ихьчарц ауп, ианаҭаххагьы ихы ақәиҵароуп. Аҷкәынцәа гәкажьрак ҟаҳҵаӡомызт, ԥхьаҟа ацара ҳашьҭан еснагь, ҳҩызцәа иҭахақәаз ршьаура ҭакԥхықәран иҳаԥхьаӡон. Иҟан алафтә ҟазшьа змаз ахҭысқәагьы. Исгәалашәоит, ҳхырӷәӷәарҭа Лабра иҟамзи, ҩнык аҿы ҳаԥсы ахьеиҭаҳкуаз ҳаман, ацәарҭагьы абаҳамаз, адашьмаҟны гәабанк, ма хызак ҳақәын. Ахьҭа аӡәы илалар ҟалозма, нас иҳаԥсыхәоз, еибашьуадаз? Зосма Шларба ҳәа дыҟоуп, бушлатк иҳамаз анахь ирхеит, арахь ирхеит изымхеит, иаргьы ишәага дууп. Ҳҩызцәа, "ари деихаҳшаргьы, иоура злаҟоу ала егьизхом" — ҳәа ихлафаауан. Кәтол, Ҭоумышь агараан ҳаргы ҳалахәын.

Игорь Цвинария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аибашьра аветеран: аџьаԥҳаны иҳамаз ала Лабра ақыҭа ҭаҳарцәит

Ақырҭқәа ааны Гергиаа рыҩны иҩнатәахьан. Ҷыҷын Гергиа ҳәа ақыҭаҿы инхоз иаҳирбон аҭыԥқәа. Кындыӷынтәи ихалон рҽеиҭныԥсахланы ақырҭқәа уахь. Амҩа амина ыҵаҳҵон, аус адаҳулон. Ҩымш — хымш раҟара ҵуан рхабар ҳамбеижьҭеи, ҳаргьы интересс иаҳкит иахьагаз, рхабар ахьыҟам ҳәа. Ус ахәы ҳақәланы ҳшаауаз, Кындыӷынтәи еицәажәо иаауеит рыбжьқәа рдуны ақырҭқәа. Ҳаргьы агәаанагара ҳауит, ираахоз ааха рҽацәырыхьчон ҳәа. Ҷыҷынгьы, ибжьы ааҭиган ус иҳәоит: "Аа, арҭ ацыганцәа ара иахьыҟоу, акы иааннакыло иҟоума, арҭ ара иқәҵны ицо иҟоума" — хәа ибжьы рдуны даӷьуа ацәажәара далагеит. Џьамал Чагәаа ус иҳәеит: "Уара Ҷыҷын, убжьы ус иумырдуун, маҷк ирмаҷ" —ҳәа. "Иауеи, даргьы рыбжьы рдуны ицәажәоите, сара сзымцәажәари" — ҳәа. Абас, ҳгәы шьҭибахуан, алаф анаҳҳәозгььы ыҟан.

- Алмасбеи, Аԥсны ахы иақәиҭхеит, аԥсуаа Аиааира ргеит ҳәа шԥауаҳаи, иарбан еибашьратә ҭыԥыз уахьыҟаз?

— Аиааира агара ԥшьымш-хәымш шагыз, Аӡҩыбжьа ацҳа шыҟоу аҭагылазаашьа уашәшәырахеит, ацхыраара рҭахуп, уахь шәцароуп рҳәан, Лабрантәи аҷкәынцәа шьҭысхын, исымаз адҵа насыгӡарц, иахьырҳәаз ҳцеит. Хымш убра аладахьтәи ацҳаҿы хтәан, ҳҿаԥхьа ақырҭқәа. Аиаша шәасҳәап, ахҩахахагь ҳамамызт, акы ҳнацҳартә еиԥшҵәҟьагьы аҭагылазаашьа ҳамамызт, убри аҩыза ахысра ӷәӷәақәа цон. Атанк дааҵагылан ақырҭуак дҳаихсит, аха ҳара аҭабиа ҳҭатәан, акгьы ҳмыхьит разҟны. Аевкалипт дуӡӡак гылан ихжәаны иҳалаижьит. Инал Амҷба даахәмарын ус иҳәеит: "Акагьы шәацәымшәан, уи ҳиршәарц ауп, мамзар акры изыҟаҵо џьышәшьома" — ҳәа. Арка аҵсырҭа хыхьчагас иҟаҵаны, дҳалахысуан. Аԥсны Аиааира амш еицыз зегьы Егры ҳаԥылеит. Мраҭашәаратәи Мрагыларатәи афронтқәа рҿы еибашьуаз аҷкәынцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит. Егры ҳнаӡаанӡа, ҳшааиуаз Араду ҳанхеит, Арадунтә ашьжьымҭан ҳдәықәлан, асааҭ хәба реиԥш шыҟаз ашьыбжьышьҭахь Егры ҳнеит. Ҳиааира нагӡара ақәзааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0