Алаӷырӡи аччаԥшьи зцыз Аиааира амш

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛикование в Сухуме
Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25 шықәса раԥхьа игаз Аиааира шрыдыркылаз атәы ҳзеиҭарҳәеит зыхшара дзыԥхаз ани, аибашьра аветерани, усҟантәи аамҭазы хәышықәса зхыҵуаз, аха ибзиаӡаны игәнызкылази, аибашьра иахааным, аха заб иажәақәа рыла изаҳахьоу.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Сынтәа, цәыббра 30 рзы иҵуеит 25 шықәса, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аԥсуа жәлар Аиааира ргеижьҭеи. Ари арыцхә доусы ҳгәаҟны инхеит илашоу, агәырӷьара зцу, игәырԥшаагоу мшны. 25 шықәса раԥхьа, ари ахҭыс шрыдыркылаз атәы ҳзеиҭарҳәеит зыхшара дзыԥхаз ани, аибашьра аветерани, усҟантәи аамҭазы хәышықәса зхыҵуаз, аха ибзиаӡаны игәнызкылази, аибашьра иахааным, аха заб иажәақәа рыла изаҳахьоу.

Имӷьо ахәра

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеран: минуҭкгьы ҳгәы камыжькәа Аҟәа агаразы ҳақәԥон

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, ԥхынгәы 25, 1993 шықәсазы, Аҩадатәи Ешыра, Гәымсҭатәи афронт аштаб амҩақәҵаҩ, 27 шықәса зхыҵуаз, зқәыԥшра зегьы амилаҭ хақәиҭратә қәԥара иазызкыз, аԥсадгьыл ашьаарҵәыра ианҭагыла, зашьцәа ирывагылаз Ирина Сыҷынааԥҳа аӷа ихымца лыԥсҭазаара ҿахнаҵәоит. Аҭыԥҳа лҭахара рызхыгомызт лҭаацәа. Ан, Алла Камидаҭ-иԥҳа Џьниаԥҳа адунеи лзылашьцеит, иҭашәеит лымра шаша, лыбла гәыҭбаақәа еиқәԥсеит, наӡаӡа, длыцәцеит лыԥҳа ссир.

"Аибашьра адәаҟны анацәа рызаҵәқәагьы рыцәҭахеит. Аха, уи иаанагаӡом ахшара рацәа змоу, ари ахьаа иалаӡоит ҳәа. Ишырҳәо еиԥш, унацәкьыск хыуҵәаргьы, унапы зегьы ухьоит. Адунеи алаԥшра сҭахымызт Ирина лылымкаа, аха егьырҭ схәыҷқәа рыцҳасшьон, сгәы ҿасҳәоит ҳәа салагон, иауомызт акәымзар", — лҳәоит зыԥҳа дзыԥхаз ан.

Ахаан, зыбла еиҵыхны акы еигәырӷьоит ҳәа иҟамыз Алла Камидаҭ-иԥҳа, цәыббра 30, 1993 шықәсазы лыжәлар аныҳәа ду рыцеиҩылшеит.

"Ирина лыԥсҭазаара далҵижьҭеи ҩымзи бжаки ракәын иҵуаз. Сыхәра шьабон, аха Аиааира ажәабжь хәырбӷьыцхеит зыхшара аибашьраҿы иҭахаз анацәа зегьы ҳзы. Ҳара еилаҳкааит дара баша ишҭамхаз", — ҳәа азгәалҭоит Алла Џьниаԥҳа.

Хыџьгәа Мачагәа-иԥҳа Гәылариаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Кавказ ахьчаразы" амедал зауз Аҷандаратәи аԥҳәыс лҭоурых

Аԥсуа ԥҳәыс, ан, анду Алла Камидаҭ-иԥҳа Аиааиара амш аламҭалазы лыжәлар ирзеиӷьалшьеит аҭынчра нагӡаны, доусы анасыԥ лаша иманы, игәы бзианы, аԥсҭазаара деилаҳауа дыҟазарц. Ахысыбжьқәа гозар, аҵеи иира иазкызарц.

Ухьаагьы ухазыршҭуа ҟалоит

Хҩык ахәыҷқәа аҩны иааныжьны, Сулҭан Сосналиев идҵала Гагратәи агарнизон амедицинатә маҵзура аиҳабыс иахагылаз, анаҩс Гәымсҭатәи афронт ахь ишьҭыз, аӡиас ирны жәаҩыла ахәцәеи, аԥсцәеи аԥсуа ган ахь иаазгахьаз, аибашьцәа ԥсеиқәырхагас ирзыҟаз, Нана Акабԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит раԥхьаӡатәи Аиааира амш илнаҭаз ацәаныррақәа ртәы.

"Гагратәи ахырхарҭаҟны, раԥхьатәи аԥсцәеи ахәцәеи ҳадаҳкыло ҳалагеит ԥхынгәымза 20 инаркны. Сара амедицинатә занааҭ сымамызт, аха арыцҳара ҳанақәшәа иҳамҵоз иарбану. Хымԥада ҳгәы ҭҟәаҵуан ҳашьцәа еиҵбацәа, ҳаиҳабацәа рыԥсыбаҩ анааргоз. Амедиеҳәшьцәа зегьы, ацхыраара зырҭоз аибашьцәа убысҟак ирыхӡыӡаауан, доуҳатә мазараны ирԥхьаӡон. Гагра араион ахы ианақәиҭха, Гаидар Иазычба игәыԥ сацны Гәымсҭатәи афронт ахь сцеит. Араатәи аҭагылазаашьа атәы аҳәара уадаҩуп. Ҳаҳәшьцәа рыбӷа иқәҵаны иҭахази, ихәызи еилашуаз аӡиас ирны иҭыргон", — еиҭалҳәоит аибашьра аветеран.

Нана Акабԥҳа хәажәкыра 16, 1993 шықәсазы Гәымсҭа аӡиас ахықәан ахәра ӷәӷәа лоуит.

"Уи аҽны разҟык сыман ҳәа исԥхьаӡоит, сгәы атапанча ахьаваз. Избанзар аминаршәга раԥхьатәи ахыԥҽыха убри аҭыԥ иақәшәан, сабџьар сахьчеит, аха егьи иааиуаз сгәаҵәа иалалеит. Иаразнак Афонтәи агоспиталь ахь сыргеит, аҳақьымцәа саанхо саанымхо аҳәара рцәыуадаҩхеит", — азгәалҭоит Нана.

Амедеиҳәшьа лыԥсы анеиқәха, диаган Гагратәи агоспиталь ахь. Убраҟа дшышьҭаз ауп Аиааира амш дшаԥылаз.

"Аиааира, Аиааира ҳәа слымҳа иҭасит акаруаҭ аҿы сахьиаз. Иаразнак издырит изыхҳәаазгьы. Азнык азы сылаӷырӡқәа дәықәлеит, иҳавыршьааз гәнызгеит, ари амш рыбла иахьамбаз хьаазгеит. Хара имгакәа спалатахь ихалеит сгәыԥ иалаз аибашьцәа. "Нана, абар автомат, абарҵантәи бхысроуп Аиааира аҳаҭыр азы" рҳәан абџьар иаахеит. Аха сара сымчқәа убысҟак икәадан, 30 кьыла акәын искапаноз. Автомат акәым, сшьапқәа аарла сышьҭырхуан. Исылымшошәа анырба, сыхьӡала Аиааиразы ахқәа ажәҩан ахь иршьҭит", — илгәалашәоит аибашьра аветеран, Аԥсны Афырхаҵа Нана Акабԥҳа.

Амедеиҳәшьа илымаз ахәра даара аҽарцәгьеит, илхылгеит аоперациақәа жәба. Аҵыхәтәаны, ҳазшаз аԥҳәыс илхылгаз ахьаақәа лхаиршҭит, шықәсқәак ааҵуаны лҭаацәараҟны аизҳара ҟалеит, Нана длыхшеит аԥа.

Хышықәса раахыс, Нана лԥеиҵбы Дауҭ, Сербиа ипрофессионалтәу ашьапылампылтә клуб аҟны дыхәмаруеит, ларгьы аамҭала уахь нхара диасит. Аиааира ду аҽны лыжәлар дрылагылазар лҭахын, аха ишылҳәо еиԥш "лыԥсы Аԥсны иҟоуп". Алаӷырӡи агәырӷьареи зцу амш аԥсуа жәлар ирыдныҳәало ирзеиӷьалшьоит уаҳа еибашьра ҟамларц, аӡәи-аӡәи ҳаҭырла еизныҟәаларц, ҳаԥсадгьыл зну аҿиарамҩа лашазарц.

Ухәыҷны, Аиааира уанеигәырӷьо

Леон иорден занашьоу Асланбеи Сангәылиа - Sputnik Аҧсны
Аветеран: ҳажәлар ирхыргаз аџьамыӷәа рацәоуп, уи ҳхамшҭроуп

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, Аиааира амш хәыҷҵас даԥылеит хәышықәса зхыҵуаз, Лӡаа ақыҭан ииз Анри Вели-оглы. Иара ажәа "Аиааира" иинардырит, иаб Енвер ирласны аҩныҟа дшыхынҳәуаз.

"Аиааира амш, иахьеиԥш ибзианы исгәалашәоит. Сҩызцәа хәыҷқәеи сареи, Лӡаа ақыҭан, ахәы ҳаракы ҳахәмаруа ҳаҿан. Ус, ҳашԥшуаз, амшын аԥшаҳәа азааигәара иҟоу архәҭантәи, ажәҩан ахь асалиутқәа дәықәырҵо иалагеит. Ана, ара "Аиааира" ҳәа ҳлымҳа иҭыҩуан. Ахәыҷқәа зегьы ҳгәырӷьеит, уажәшьҭа аӷацәа ҳрыцәшәаӡом, ҳабацәагьы аҩныҟа иаауеит ҳәа еибаҳҳәон. Уи ауха аӡәгьы дмыцәаӡеит. Ақыҭауаа ҩнаҭацԥхьаӡа инеины еидныҳәалон. Аибашьраҿы иҭахаз рҳаҭгәынқәа рҟны арыжә хырҭәалон", — игәалашәоит Анри.

Анри иаб Енвер Вели-оглы деибашьуан Лӡаатәи агәыԥ дацны, Џьон Дбар икомандаҟаҵарала. Ахәра аниоулак аҩныҟа ддыргьежьуеит, аха зегь акоуп ихьаақәа антәалак, иҩызцәа дрыхьӡоит.

Аиааира амш инамаданы, Анри Вели-оглы иуаажәлар ирзеиӷьеишьоит, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара зырхәашьуа хҭыс ҟамларц. Изызҳауа ахәыҷқәа ракәзар, рхаан еибашьра рымбарц, рҭаацәеи дареи еибааӡарц.

Агәалашәара ыӡуам

12 шықәса зхыҵуа Лаура Ажьиԥҳа, Аиааира амш даԥылоит дазгәыдууны. Уи иҷыдоу рыцхәуп лара лзы, избанзар лаб Ҭемыр Ажьиба 16 шихыҵуаз иқәыԥшра абџьар ахысыбжь иахәаҽхьан.

Ҭемыр Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иаӡрыжәаз ақәыԥшра

"Сара саб, ашкол даналга ашықәсан ауп аибашьра аналага. 16 шықәса шихыҵуазгьы, абџьар шьҭыхны иԥсадгьыл ахьчара дазгылеит. Сабдуи уи иашьцәеи, ажәыларақәа рахь дымцарц азы зехьынџьара имҩа ркон. Раԥхьаӡакәны дызлахәыз жәылароуп хәажәкыра 15-16-тәи. Усҟан ила зааԥшоз иҭахеит иҩызцәа, иаргьы ахымҩас иқәшәеит. Саб исзеиҭеиҳәон, Гәымсҭа аӡиас ишыруаз, аӷацәа шрылахысуаз, аха шьҭахьҟа ҳхьаҵып ҳәа аӡәгьы ишиимҳәоз. Аибашьраҿы дҭахеит сабду иашьа гәакьа Едуард Ажьиба, уи Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Есышықәса Аиааира амш аҽны, ҳазегьы иҳаҭгәын ахь ҳнеиуеит, ашәҭқәа шьҭаҳҵоит", — еиҭалҳәоит ахәыҷы.

Лаура иазгәалҭеит аибашьра аҭоурых атәы, аҩны адагьы ашкол аҿгьы ишрарҳәо. Есышықәса агәалашәаратә рыцхәқәа раан, иҭахаз аибашьцәа рбаҟа ишаҭаауа. Егьа аамҭа царгьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа иҿыцны ҳгәалашәараҿы ицәырҵуеит. Уи есыҽны ҳаламцәажәаргьы, ҳгәы иҭаҵәахуп, аамҭа-аамҭала ахьаа ҳнаҭо.

Ажәабжьқәа зегьы
0