Аԥсреи абзареи рлакҭа иҭаԥшыз Алеқсандр Какачиа еибашьратə хҭысқəа

© Фото : Фотоальбом "Аиааира"ОВНА
ОВНА - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаарамза 25 рзы Очамчыра ақалақь аҭарцəразы ажəылара иалахәыз, Борис Ԥачлиа игәыԥ "Дед" иалаз аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Алеқсандр Какачиа игәалаиршәоит 25 шықәса раԥхьатәи ахҭысқәа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Тҟəарчал араион Бедиа ақыҭа инхо, Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Алеқсандр (Иалта) Какачиа, аҧсреи абзареи рыла дҭаҧшхьеит. Ашықəсқəа ирыӡрыжəыз ари ауаҩ, дызнысхьоу иҧсҭазааратə мҩа ашьҭа данхыҧшыло луанытə дқəыҧсычҳауеит. Уи иацуп ахьаа, агəырҩа, алаҕырӡ, еимгеимцарак иадымхаргьы ухаҿы иузаамго ҳаибашьцəа гəымшəақəа рхаҿсахьа, зыҧсадгьыл ахьчараз хьыӡла-ҧшала иҭахаз, мышктəи аҧсҭазаара ашəышықəса анаҧсахуаз аамҭа.

Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҭоурых аҿы Очамчыратəи ажəылара ҳаҧсуа еибашьцəа ирықəымҿиаз акакəны иҧхьаӡоуп. Ақалақь аҭарцəра злымшаз ҳаибашьцəа ихьаҵны ишаауаз ауп, Аҽгəара ақыҭан заанаҵы зҽыҵəахны итəаз аҕацəа амацəаз ишҭаркыз. Уи иацын хырҧашьа змамыз аҧсҭбарақəа. Зыӡбахə ҳамоу аибашьра аветеран Алеқсандр Какачиа ари ахҭыс хлымӡаах даҿахəҳəагоуп, зыҧсы ҭаны еиқəхаз аибашьцəа дыруаӡəкуп.

"Сара хаҭала салахəын "Дед" ҳəа хьыӡшьарас изарҳəоз, Ҧақəашь ақыҭа еиуаз Борис Ҧачлиа напхгара зиҭоз агəыҧ. Жьҭаарамза 25 рзы Очамчыра ақалақь аҭарцəразы зхы акыз ажəылара алацəажəара гəаҕьыуацəоуп. МГУ ҳəа зарҳəоз агəыҧи ҳара ҳгəыҧ аибашьцəеи ҳаицны иҳауз адҵа анагӡаразы амҩа ҳақəлеит", — ҳəа ажəабжь гəыҭшьаага ҳзеиҭаҳəара далагеит аибашьра аветеран.

Аибашьра еибашьроуп. Уи иацуп агəаҕьра, афырхаҵара, аҧсҭбарақəа. Абарҭқəа зегьы ахаҵа иҧышəагоуп. Аҧсадгьыл ахьчара зыҧсҭазаара аҵкыс еиҳаны избоз ҳаибашьцəа рылшара, еизҳауа абиҧарақəа ҭоурыхла имырӡкəа еиҭарҳəалап, урҭ рҿырҧшы адунеи иақəлахан иҟалап.

"Амза 25 рзы Тҟəарчалынтəи Ҧақəашьҟа ҳдəықəлеит. Ауха амш цəгьа бааҧс ыҟан, ақəа кыдхаҽа илеиуан, идыдуан, имацəысуан. Ганкахьалагьы уи ҳара ҳзы ибзиан. Ҧақəашьынтəи шьапыла Елыр анышəынҭрақəа ахьыҟоу ҳааит, абаржа ӡхыҵраны иахьыҟаз, аха уи залыршамхеит. Знык уаанӡа ҳаннеи, Дед иуазма, "Ԥхьаҟа!", — ҳəа адҵа ҳаиҭеит. Очамчыра ҳалалеит, иҳацхраартə еиҧш аҭагылазаашьа ҟамлеит, ҳхала ҳалахеит, ҳамгьежьыр ҧсыхəа ҳмауит, иҳакəшо иалагеит", — дҳацəажəон Алеқсандр Какачиа.

Геннадий Смыр - Sputnik Аҧсны
Геннади Смыр: Аԥсны атанкист имш азгәаҭара аҭоурых ӷәӷәа амоуп

Иҩызцəа аибашьцəа аӡəырҩы реиҧш аџьамыҕəа цəгьа зхызгаз Алеқсандр Какачиа иӡбахə шсахьаҳазгьы, хаҭала дсыздыруамызт. Сҩызак лыла иҭел аномер сыҧшааит, сизасит.

Аиаша шəасҳəап, сара схаҭа исцəыуадаҩын угəы ҭызшьаауаз аҭоурых алацəажəара сшалагарыз. Ҳаибадырит, иасҳəеит сыззасыз, аҭак аҟаҵара ицəыуадаҩхазаргьы, сгəы дамысит, иҟасҵаз аҳəара дахаҵгылеит. Дцəажəон аибашьҩы, уажəы-уажəы дқəыҧсычҳауан, ус хрыжь-хрыжь ацəажəара дналагон. Иажəақəа ирхылҿиаауаз ахшыҩҵакқəа ирылхны асахьақəа сара стəала сыблаҿы иаазгон, аха уи гəыҿкааган.

"Ацҳаҿы иҟаз апост ҳаҩсуан, уаҟа бџьарла еибыҭаз ауаа гылан. Гранатомиотла ҳаихсын апостгьы, игылаз автобусгьы ҟəыбаса икаҳажьит. Аштаб рымазаарын, ҳнеин аӡəгьы дҳамбаӡеит, автоматқəагьы убра икаҧсан. Очамчыра амилициа ахьыҟоу аҭыҧ аҟынӡа ҳнеит, нас ҳамгьежьыр ада ҧсыхəа ҟамлеит. Амҩан машьынак ҳҧылеит, цхыраара ицоз акəхарын, ҳаниба амашьына аанкыланы дыбналеит ҳəа ауп сгəы ишаанаго аҧсҟы зкыз. Абас аусқəа ҳрықəшəеит", — ҳəа азгəеиҭеит аибашьҩы.

Издыруадаз усҟан аҧсреи аҧсҭазаареи рымҩа ианыз ҳаибашьцəа раҧхьа ишьҭаз, урҭ зықəшəараны иҟаз аҕа хəымга игəҭакы.

Агәымшәаразы амедал занашьоу, Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Ҭемыр Џьалаӷониа - Sputnik Аҧсны
Арыцҳашьара илан, ауаҩы изы иԥсы ҭихуан: аибашьҩы Ҭемыр Џьалаӷониа иҭоурых

"Уазик "бортовой" ҳəа изышьҭоу амашьынала ҳаауан. Аҷкəынцəа ааҧсеит, ахыҧсыра рхыргеит. Рыӡбахə анысҳəо сылаҕырӡқəа аауеит. Жьҭаарамза 26, ашьыжь асааҭ 9 рзы, Аҽгəара ақыҭан 19-ҩык аҷкəынцəа ҭахеит, иҟоуп ирҳəынҷаз…", — дҳацəажəон Алеқсандр Какачиа.

Аҽгəара абжьаҵəирҭаҿы иҧшыхəуаз ҳаҕацəа рыгəҭакы рмеижьеит. Рхымца иагеит наунагӡа адунеи иақəлахо ҳаибашьцəа гəымшəақəа.

"30-ҩык ҳзықəтəаз амашьына еихсит, саргьы убра сҭатəан. Ҳазлыҧшыз ус ажəала иузеиҭаҳəом, уи хлымӡаахуп. Раҧхьа ҳзықəтəаз амашьына аныбжьыс, абри амашьына убра игылан амыждаразы. Аҧҳə ҭан, иҭаҳгеит, уахь ҳаиасаанӡа аамҭа хацəцеит. Ҳара ҳзықəтəаз амашьына абырбал аҵшəеит, абџьар иақəыз егьи уҳəа, ҳаргьы ҳрацəаҩын, иазымычҳаит. Убасҟан ауп даҽа машьынак ахь ҳаниас, ҳаҕацəа уи иазыҧшын", — ахҭыс аиҭаҳəара егьа ицəыуадаҩзаргьы еиҳа-еиҳа дагəыланахалон.

Аҧсҭазаара еимгеимцарак иаҩызоуп. Досу имоуп иара ициз алахьынҵа. Уи хырҧашьа змам акакəны ауаҩытəыҩса илахь иануп.

"Убас еиҧш иҟоуп убра, уахьыбналаша ҭыҧгьы ыҟам. Зыҧсы згаз излаҳгазгьы сыздыруам, ҧшьҩыкны сара сназлаз ҩнык аҿы ҳнанагеит, иҟан ихəқəаз, урҭ алаҳгеит. Иҟан адырҩаҽнынӡагьы зхабар ыҟамыз. Абас хəыҷы-хəыҷла ҳҽеидаҳкылеит", — иҳəеит Алеқсандр Какачиа.

Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

Зыҧсы еиқəхаз рзы еиҳагьы еицəан излаҧшраны иҟаз ахлымӡаах. Ухаҿы иузаамго, хҽышьа змамыз ирывыршьааз рҩызцəа рҭахара.

"Аҧсцəа Бедиаҟа иааҳгеит, ишаҳəҭаз еиҧш рҭыҧ иқəҵаны Тҟəарчал агоспиталь ахь идəықəаҳҵеит. Акаамеҭ ззырҳəоз ҳахьит… Рыхьӡ кашəара ақəымзааит… "- абраҟа еиқəиҳəалеит аибашьҩы иажəабжь.

Леон иорден занашьоу Алеқсандр Какачиа ҧшьҩык ахшара драбуп. Аибашьра изыннажьыз ахəрақəа ирхырҟьаны игəабзиара уашəшəыроуп, аҩбатəи агəыҧ иаҵанакуа аинвалидцəа ргəыҧ дахыҧхьаӡалоуп. Иара иҭахəуп Аҧсны уаҳа аибашьра ҟамларц. Изызҳауа абиҧара ҭоурыхла мацара ирдыруазарц ҳаҧсадгьыл иахҭнагаз агəаҟра. Аҧсреи абзареи рыбла иҭаҧшыз Алеқсандр Какачиа иҩызцəеи иареи рфырхаҵара ес-ииуа ирыцилап, аамҭа иаҿахəҳəаганы иҟалап.

Ажәабжьқәа зегьы
0