"Илбаз иакәӡам дыззааргаз…" - аҧшра Иаса Қьырса иира аухаз

© Sputnik / Сергей Венявский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСвяточные гадания
Святочные гадания - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаацәара иалам аҭыԥҳацәа иззынасыҧхаран иҟоу еилкааразы Иаса Қьырса иира аухаз имҩаҧырго аҧшрақәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Имаӡам аҭыҧҳацәа бзиа ишырбо аҧшра иззынасыҧхаран иҟоу еилкаара азыҳәан. Изаҳамҳәарызеи нас, аҭыҧҳацәагь рхала ракәым уи иазҿлымҳау.

Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ашәба: аԥсуаа рхатә ԥшрақәа рыман

Хымҧада адинхаҵара иадгылом ари аҩыза азнеишьа, аха дарбан иқәыҧшны ҧшракгьы ҟазымҵац. Ари атрадициа жәытәаахыс иаауеит. Аҧшцәеи аҟәыдырҧацәеи аҧсуаа еснагь ирыман, ирыгым иахьагьы. Акзаҵәык излеиҧшым: анкьа аҟәыд дырҧон, ажәҩашәаҟьа иаҧшуан, уажәы - амаца дырҧоит, акаҳуа иаҧшуеит.

Аха Иаса Қьырса иира аухаз имҩаҧырго аҧшра егьырҭ иреиҧшым. Араҟа рхы иадырхәо амацагь акәым, иагькаҳуам. Ари аухаз зыдунеи зыҧсаххьо рҭынхацәа ирыҧхьаны ирацәажәоит. Ари амш – ажьырныҳәа фба заа аҽазыҟаҵара иалагоит уи аритуал зҽалазырхәуа. Аҿар заа еицәажәан ирыӡбоит зыҩны еиқәшәаша, иахьымҩаԥыргаша аҧшра, насгьы рыуа иарбан ҧшроу иҟарҵаша, рхы иадырхәаша амаҭәарқәа уҳәа.

Аҧшрақәа рыхкқәа рацәоуп, еиуеиҧшым. Аҧсуаа ҳҟны аҧыжәара рымоуп хы-мҩак ахьеихало аӡырыҩра, мамзаргьы раҧхьа уназықәшәаз ауаҩы ихьӡ азҵаара – убри ихьӡ ихьӡзаауеит узыҿҳәарахогьы ҳәа иҧхьаӡаны, амацәаз акылҧшра.

Ақалақь аҿы иаҳа уеилазырҧсаауа, уарыхьҭашьуа уҟазҵо афильм "цәыршәагақәа" реиҧш ухәы-ужьы еилазырқақо амагиа рхы иадырхәоит. Асааҭ жәаҩа аухазы алашарақәа зегьы рҧсны, астол ақәыршә шкәакәа ықәыршәны, ацәашьы аркны аҧсы иҧхьарц иалагоит. Уи азы рхы иадырхәоит ихагьежьу ачанах, ақьаадбӷьыц ихаргьежьны алфавитла анбанқәа анҵаны, анбанқәа рыҵаҟа ахыҧхьаӡарақәа 0 инаркны 9-нӡа. Аханы "ааи" ҳәа ануҵоит, ҵаҟа – "мап". Итәоу руаӡәк аӡәы иҧсы аҧхьара далагоит ихьӡ ҳәаны уаҳзааи ҳәа. Нас уи азҵаарақәа иҭара иалагоит. Аҧсы асаан иргьежьуеит "ааи", ма "мап" ахьану ахь. Азҵаарақәа заа ирхианы иумазароуп, насгьы аҧсы кыр инырхара ҟалаӡом – уи аҩны дыҩнаханы ҧырхага ҟаиҵо далагар ҟалоит рҳәоит.

Мужчина прыгает через костер на праздновании Ночи святого Хуана в Испании - Sputnik Аҧсны
Барбанџьиа, аӡырыҩра, анасыԥ аԥшра - Нанҳәа аламҭалазтәи ақьабзқәа

Иҳазҳәом ари аҧшра ахкы аҧсуаа иртәу акоуп ҳәа, аха ҳаамҭазы иаҳа аҿар ирылаҵәаны иҟалаз иароуп. Иазгәаҭатәуп: зычҳара маҷу, агәшәара злоу ауаа ари аҩыза аԥшра рҽаладмырхәыр еиӷьуп, избанзар уи рҽадырцалацәар, ргәы еиҭаҧар, ишьақәнарҟьар ауеит.

Хаҭала аиҳабацәа рҟынтәи зыӡбахә саҳахьо аҧшрақәа иреиуоуп амацәаз укылҧшны асаркьа аныҧшылара уаха асааҭ жәаҩа рзы. Асаркьаҿы унасыҧ дубоит ҳәа рҳәоит. Ирацәаҩуп убас ала ҳазнасыҧу даҳбаҵәҟьеит ҳәа еиҭазҳәогьы. Аха "Амҩазаҩ" ас еиҧш ҭоурыхк изеиҭаҳәара иацәыҧхашьеит аҟынтәи сара исзеиҿымкааз акылҧшра атәы шәасҳәап.

Иҵып уажәшьҭа быжьба-ааба шықәса. Саҳәшьцәеи сареи хаҵа имцац ҳан лаҳәшьа лыҩны ҳаиниеит. Аҧшра ишаҭахызҵәҟьа еиҧш аҧҳәыс цқьа иаҭахыз амаҭәарқәа рыла ҳаиқәлыршәеит: уаҩ иимкыц ампахьшь ҿыц ҳлыркит, астолқәыршә ҟәашәшәӡа, уаҩ дызнымҧшылацыз асаркьа хәыҷ, анапеимдахьа амацәазгьы ҳаҧшааит. Ажәакала, уаҳа наҭахымкәа ҳҽазыҟаҳҵеит. Асааҭ жәаҩагьы ҟалеит, ҳазныҧшылоз асаркьа ада егьырҭ зегь хҩаны иҟаҳҵеит. Ацәашьы лаҳаркын, ҳнатәеит. Аҧхьа акылҧшра иалагаз сан лаҳәшьаҧҳа лоуп, егьи саҳәшьеи сареи насҭха ҳтәаны ҳлызкылҧшуан. Амала лассы-ласс ҳҽызнымкылакәа ҳамхаччон, уи азы акәзаргьы здыруада сан лаҳәшьаҧҳа илбаз ахьиакәымхаз дыззааргаз!

Ари аҧшра анымҩаҧуго уцәажәар, уччар ҟалаӡом, уимоу уҽмырҵысыкәа амацәаз укылҧшны асаркьа уаныҧшылозароуп. Заҟа аамҭа ҵыз здыруада, аха аӡә даасымбакәа сгылом ҳәа зҽазҵәылхны икылҧшуаз саҳәшьа асаркьа данацрымҵӡа, аҵыхәтәан Баалоуҧҳа Мадина леиҧш "ак аауа избеит" лҳәеит "аӡә даауеит" аҭыҧан. Уи лышьҭахь иаанхаз егьи саҳәшьеи сареи акры ҳбо ҳаҟазма,.. дышҵәылаҳуаз, ҳшеибарччоз иҳаршеит.

Амала аиашаз иҳәатәыми, ашықәсан хаҵа дцеит, илбаз иакәӡам дыззааргаз шәымҳәозар.

Ажәабжьқәа зегьы
0