Давид Симониа: аҟаза аԥсҭазаара бзиа ибозароуп

© Sputnik Аинар ҶыҭанааДавид Симониа
Давид Симониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ҳаамҭазтәи аилазаара мыцхәы шәыга рацәала "иҷашәшәуп", еиҳаракгьы аҭыԥҳацәа ртәы ҳҳәозар. Ҳара хықәкыла иааҳарԥшырц иаҳҭаху ашәыгақәа рыԥшӡара акәӡам, иԥсабаратәу аԥшӡара ауп" ҳәа игәы иаанагоит ААУ аҟазара аҟәша 4-тәи акурс астудент Давид Симониа.

Иара убас Давид Симониа еиҭеиҳәеит ауниверситет аҟны аҵаратә процесс шымҩаԥысуа, идипломтә усумҭа зызку, насгьы аҟазаратә абиԥара ҿыц ахаарԥшразы ирзаԥҵоу аҭагылазаашьақәа ртәы. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Ианбеилукааи аҟазара ухы азукырц шуҭаху?

- Асахьаҭыхраҿы исылаз абаҩхатәра азгәазҭаз саб иоуп. Иара иоуп аиҳабыратәи аклассқәа рахь саниас асахьаҭыхратә школ ахь сназгазгьы. Абраҟа иазгәасҭар сҭахуп шамахамзар абжьаратә школқәа рыҟны асахьаҭыхра иахьынӡахәҭоу хшыҩзышьҭра шамам, зҵакы дуу маҭәарк еиԥш ишазымнеиуа. Иагьа ус иҟазаргьы, сара сгәы ззыбылуаз ахырхарҭа сацәхьамҵкәа, иреиҳау аҵараиурҭа санҭалоз аҟазара алысхит. Аха усҟан ари ахырхарҭа хазы игоу акафедра амамызт, апедагогикатә факультет иаҵанакуан.

Амиран Адлейба - Sputnik Аҧсны
Адлеиба: аԥсуа хәыҷқәа ԥсабарала аҟыбаҩ ҷыда рылоуп

2017 шықәсазы Ныгәзар Ҷыҷыкәа-иԥа Логәуа инапхгарала ҳара иаҳзаадыртит аҟазара аҟәша. Уаанӡагьы, уи аахысгьы ҳарҭ астудентцәа анапы бзианы иҳадыркылоит ҳнапхгаҩы, иара убас Чхамалиа Руслан Григори-иԥа, Габелиа Лаша Сергеи-иԥа реиԥш иҟоу аҟазацәа ӷәӷәақәа. Ҵыхәаԥҵәарада рџьабаазы иҭабуп ҳәа расҳәоит, избанзар иахьазы издыруа ахәыҷы дара роуп изыбзоуроу, дара роуп арҿиаратә хаҭара сылазааӡаз. Насгьы арҭ аҟазацәа рҵаҩцәак раҳасабала мацара акәымкәа, рҿиаҩцәак раҳасабалагьы ирацәаӡоуп ирҿысҵааша. Дара еснагь аицәажәара, агәаанагарақәа реимадара иазыхиоуп, сызразҵаауа изакәызаалак ҭакда инрыжьуам.

- Аҟазара, ҷыдала асахьаҭыхрагьы, иамоуп ахырхарҭақәа рацәаны. Урҭ зегьы рҟынтәи уара угәы иақәшәоз, еиҳа иузааигәаз шԥалухи?

- Арҿиаҩы еснагь ихы азҵаара аиҭоит "сара схы арҿиара аҩнуҵҟа избоу, мамзаргьы арҿиара са сыҩнуҵҟа избоу?" ҳәа. Хаҭала сара сыҩнуҵҟа арҿиара збоит. Сгәанала, ари агәыцә зыҩнуҵҟа иззыԥшаауа дарбанызаалак иҿи-инапи еиқәыԥсаны дтәар ҟалаӡом, еиҳа-еиҳа уи амчра аизырҳара дашьҭазароуп. Аҟаза аԥсҭазаара бзиа ибозароуп ҳәа агәра ганы сыҟоуп. Абзиабарада аҟаза ицәаныррақәа, игәҭахәыцрақәа уҳәа ирҿиамҭа изанырԥшӡом, дыблаҟьоит.

Аслан Кәыркәнаа  - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа

Арҿиаратә гәалаҟара иариуа аидеиақәа ҳәарада еиуеиԥшым. Хаҭала сара ауаа рсахьа аҭыхра бзиа избоит, еиҳа исзааигәоу хырхарҭоуп. Убри аҟнытә адипломтә усумҭақәа рырхиара аамҭа анааи, сырҵаҩы, сусумҭа напхгара азҭо Чхамалиа Руслан Григори-иԥа иабжьгарала, сара иалысхит "апортрет" ажанр. Сара еснагь ауаа рхымҩаԥгашьа, рхаҿсахьа аҽеиҭакшьа ацклаԥшра бзиа избон. Иаҳҳәап, ауаарацәа санрылоу, урҭ азгәаҭарақәа рыҟаҵара еиҳагьы исзыманшәалоуп. Ауаҩы дшыччо, мамзаргьы илахь шеиқәу; акы игәы азԥжәаны данцәажәо, мамзаргьы игәарԥханы ҭынч акы анеиҭеиҳәо – абарҭ еиуеиԥшым ахымҩаԥгашьатә цәаныррақәа роуп исызҭо аҟазаратә идеиақәагьы. Ҳәарада, асахьаҭыхҩы илоу аҟазаратә баҩхатәра ганрацәала аарԥшра илшозароуп, саргьы егьырҭ ажанрқәагьы лахь рысҭаӡом, аус рыдызулоит.

-Ҳаилазаараҿы ишԥарыдыркыло арҿиара? Ирацәаҩума шәарҭ арҿиаҩцәа шәхәыцшьа иазааигәоу, еилызкаауа?

- Ҳаамҭазтәи аилазаара мыцхәы шәыга рацәала "иҷышәуп", еиҳаракгьы аҭыԥҳацәа ртәы ҳҳәозар. Ҳара хықәкыла иааҳарԥшырц иаҳҭаху ашәыгақәа рыԥшӡара акәӡам, иԥсабаратәу аԥшӡара ауп. Даҽа ганкахьала, угәы-уԥсы иалхны иҭухуа асахьақәа иааукәыршаны иҟоу ауаа ианырзеилымкаауа еиҳауп, ианеилыркаауа аасҭа. Аха арҿиаҩы уи игәы канамыжьлароуп, избан акәзар араҟа еилкаалатәуп ҳаамҭазтәи аилазаараҿы арҿиаратә гьама маҷк ишеицакхаз. Иахьа ауаа еиҳа иргәаԥхоит убри аҩыза асахьақәа - афотосахьа иеиԥшу, иузаҩымдыраауа. Игәоуҭартә иҟоуп аҿыханҵа ахә зызшьо ауаа еиҳа-еиҳа рхыԥхьаӡара ишагхо. Иаҳҳәап, аҳәаанырцә акәзар, ҳара иааҳгар ҳалшоит имаҷымкәа аусумҭақәа рҿырԥштәқәа, хԥа-ԥшьба ԥшшәы рыла иҭыху – аха зыхәԥса Аԥсны абиуџьет аасҭагьы еиҳау. Урҭ аҭыхымҭақәа ааганы ҳара ҳаилазаараҿы раларҵәара ҳалагар, иҟалап, амалаҳәагьы аӡәгьы иҭахымхар.

Асахьаҭыхратә ҟазара аспециалитет 5-тәи акурс астудент Зарифа Анқәабԥҳа - Sputnik Аҧсны
Зарифа Анқәабԥҳа: ауаҩытәыҩса иҩнуҵҟатәи аԥсабара ақыцә "арҳәара" уадаҩуп

Аҟазара аҟәшаҿы аус зуа ҳарҵаҩцәа ракәыз, астудентцәа ракәыз, зегьы ҭаацәарак еиԥш ҳаизыҟоуп. Сара арахь санаауаз исымаз адыррақәа даараӡа имаҷын ҳәа сҳәар сылшоит, аха сзыхәҭакхаз аҭаацәара абзоурала сара исоуит сыԥсҭазаара зегьы иалызго, еснагь исыцзаауа адыррақәа. Урҭ, ҳәарада, макьана ирацәоуп сызҳәаӡом, аха сара уажәшьҭа исуалуп урҭ реизырҳара, еиҳа-еиҳа ргәылырҭәаара. Ҭаацәашәалатәи аизыҟазаашьақәа ртәы анаҳҳәо, сара иаразнак схахьы иааиуеит аабыкьа Ныгәзар Ҷыҷыкәа-иԥа инапхгарала Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва ҳцара. Третиаковтәи ацәыргақәҵа, Ҵереҭели имузеи, Пушкин ихьӡ зху амузеи, еиуеиԥшым аҟазаратә ҵараиурҭақәа уҳәа, мчыбжьык аҩнуҵҟа иахьынӡалшоз аҳҭнықалақь акультуратә ԥсҭазаара ҭаҳҵааит. Иара убас аԥсуа студентцәа Швеицариа иргахьеит. Уа дара ирыман аҭагылазаашьа иҿыцу адырра арҳарадагьы, аҟаза икласс амҩаԥгара.

Дыҟамзар ҟалап аҟазара аганқәа руакы иадамзаргьы азҿлымҳара азымҭо ауаҩы. Уи аилкаараҿы, ҳәарада, ицхраатәуп, дымҩақәҵатәуп. Убри азы еиҳа мҽхакы ҭбаала имҩаԥыслар ахәҭоуп акультуратә еицәажәарақәа, аԥышәа аимдара. Иахьазы уи аицәажәарагьы ҳагуп ҳҳәар иашам, избанзар иаҳзаԥҵоуп уи азы ихымԥадатәиу аҭагылазаашьақәа. Иаҳҳәап, иҳамоуп ацәыргақәҵатә зал, ҳҟазара алҵшәа егьырҭ ҳколлегацәа, мамзаргьы азҿлымҳара змоу дарбанызаалак дырбара. Ҳәарада, иҟоуп аԥсуа ҟазара гәык-ԥсыкала иацхраауа, иҿиар зҭаху ауаа, иара убасгьы абаҩхатәра злоу, уи аарԥшраҟны ацхыраара зҭатәу аҿар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0