Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукДырмит Гәлиа иҩны-музеи
Дырмит Гәлиа иҩны-музеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра аҽны Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа ҩаԥхьа днеит ари ахәышҭаарахьы. Иара иҳадигалоит амузеи аиҿкаара зыбзоуроу, сасцәа дахьқәас иаҭаахьоу, аҭоурых змоу експонатқәас уа ицәыргоу, насгьы уадаҩрақәас изҭагылоу ртәы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Харантәи иааиз сасра

"Ара дынхон, аусгьы иуан зфырхаҵара џьашьатәу, збаҩхатәра ҳараку, аԥхарра ду зҵоу ауаҩы… Иара иахьагьы ара дтәаны иҩызцәа дырзыԥшызшәа сгәы иабоит. Урҭ ари аҩнаҿы еснагь ирацәаҩызаауеит – абиԥаралеи милаҭлеи еиуеиԥшымкәа. Дара кыршықәса Дырмит Гәлиа иахь сасра иаалоит", - Константин Симонов абарҭ ицәаҳәақәа рыла иаатуеит Д.И. Гәлиа иҩны-музеи азеиӷьашьарақәа рышәҟәы.

Ара иара убас иуԥылоит Евтушенко, Козакова, Окуџьава реиԥш иҟоу, адунеи зыхьӡ ахыҵәахьоу ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы рнапынҵамҭақәа. Амузеи анапхгара изларҳәаз ала, кыршықәса раахыс зҭыжьра рҭахыз ари аизга сынтәа акьыԥхь абараны иҟоуп.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваБулат Окуџьава Гәлиа иҩны-музеи азеиӷьашьарақәа рышәҟәаҿы иаанижьыз анҵамҭа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Булат Окуџьава Гәлиа иҩны-музеи азеиӷьашьарақәа рышәҟәаҿы иаанижьыз анҵамҭа

Аԥсуа милаҭтә литература апатриарх, жәлар рпоет Дырмит Гәлиа 1960 шықәсазы иԥсҭазаара даналҵ, 1912 шықәса раахыс дахьынхоз иҩны амузеи алхзарц азыӡбан. Уи азы адгылара ҟалҵеит иԥшәма Елена Бжалаа. Ари аус иадԥхьалан Урыстәылантәи аспециалистцәа: апроект автор - Марк Горелик, асценарист - Инна Наровлианскаиа. 1974 шықәса цәыббрамза 22 аҽны иаартын Д.И. Гәлиа иҩны-музеи.

Амузеи афондқәа рҟны иҟоу аматериал шамахамзар зегьы Дырмит Гәлиа иҭаацәа рҟынтәи ироуз ауп. Урҭ зегьы реидкылара, реихшара знапы алакыз иреиуан: Таҷ Гыцба, Гиви Агрба, Геннади Аламиа, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы амузеи напхгара азҭоз Еҭери Коӷониаԥҳа, Наҭелла Џьичоева уҳәа. Д.И. Гәлиа иҩны-музеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, аӡәы ихала арахь данымҩахыҵуагьы, агәаҳәара имазар, аекскурсиа изымҩаԥыргоит.

Амузеи адырра зҭаху уи "аӡәы" иахьала сара шсакәыз анысҳәа, аа-шықәса раахыс аекскурсиа амҩаԥгаҩыс ари ахыбраҿы аус зухьо Елла Ҭаниаԥҳа днасаԥызеит.

Иҭоурых – ажәытәӡа иалоуп

45 шықәса раԥхьатәи ауадақәа рырхиашьа иахьагьы аҩны-музеи аҩнуҵҟа еиқәырхоуп. Апоет ари аҩнаҿы данынхоз аамҭазтәи аҩнымаҭәа досу рҭыԥқәа рҟны ишгылоу ала, иацы акәушәа уааҟалоит аԥшәма инхарҭа анынижьыз.

© Sputnik / Томас ТхайцукДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Иван Ҭарба ажәеинраала зхиҳәааз Дырмит Гәлиа иҟәардә дугьы улаԥш нақәшәоит, аҩбатәи аихагылаҟны иҟоу апоет иусурҭатә уада аҩналарҭаҿы.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Ауада ахаҭа мемориалтә музеиуп, избан акәзар Дырмит Гәлиа аракәын иаамҭа аиҳарак ахьихигоз. Агәҭахьшәа игылоуп апоет ихы иаирхәоз арҿиаратә мыругақәа зқәу астол ду. Ари ауадаҿы имаҷымкәа арҿиаҩы ишәҟәқәа еизгоуп, авторс дызмоу реиԥш, адунеитә литература аҟнытә дзыԥхьоз авторцәа рҩымҭақәагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Акәакьахьшәа улаԥш ақәшәоит 1925 шықәсазы Дырмит Гәлиа Қарҭ иҭижьыз "Аԥсны аҭоурых", астол иқәуп Мушьни Лашәриа еиҭаҭыжьны амузеи ҳамҭас иаиҭаз Аԥшьаҩыра ашәҟәы, Дырмит Гәлиа иԥа Гьаргь инапынҵамҭа ацҵаны ҳамҭас ииҭахьаз Гиоте "и-Фауст". Астол азааигәара игылоуп ашәҟәыҩҩы имаҭа хәыҷ изы иааихәахьаз апианино. Уа иқәгылоуп ари аҭаацәара ду афотосахьақәа.

Амемориалтә музеи ааныжьны узыҩнало асасааирҭа еизыхәхәаҿы еизгоуп еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Дырмит Гәлиа хыԥхьаӡара рацәала ауаа ирҭоз аҳамҭақәеи агәаларшәагақәеи. Зегь раԥхьагьы улаԥш нақәшәоит апоет, апрозаик Константин Симонов 1954 шықәсазы Дырмит Гәлиа ҳамҭас ииҭаз китаитәи ашәындыҟәра. Иара убас 1967 шықәсазы А.С. Пушкин ихьӡ зху Ленинградтәи амузеи ахьӡала аԥсуа литература ашьаҭаркҩы ҳамҭас ианаишьаз иажәеинраалақәа реизга болгар бызшәала. Иҟоуп афонд иацәыӡыз аҳамҭақәагьы. Иаҳҳәап, ашәҟәыҩҩы Васили Ажаев иҟынтәи Гәлиа иоухьаз аҩыгақәеи ахьтәы ԥсыӡи Аџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡит.

© Sputnik / Томас ТхайцукДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Аҳамҭақәа руада уаныҩныслакь, уҩналоит асабрада ауада. Аекскурсиамҩаԥгаҩ Елла Ҭаниаԥҳа лажәақәа рыла, амузеи иаҭаауа ашколхәыҷқәа ҷыдала ари ауада иазҿлымҳауп, иазҵаауеит уи аҭоурых.

"Зыжәлар бзиа еицырбоз рнапы дықәыргыланы дшынаскьаргоз зныԥшуа афотосахьақәа адунеитә музеиқәа жәпакы рҟны иалкаау ауада азыркуеит. Ҳаргьы уи ақьабз ҳацныҟәеит", - исеиллыркаауеит Елла Владимир-иԥҳа. Ауада ҭшәоуп, агәҭаҵәҟьа ишкәакәаӡа иааԥшуеит Дырмит Гәлиа ихаҿсахьа, уи ашьапаҟны цырак ашәҭ каршәуп, наҟ-ааҟ аҭыӡқәа рҿы икнаҳауп ҩ-фотосахьак. Ажәакала, аҭааҩ иаҳасабала кыраамҭа асабрада ауадаҿы аанхара уеизгьы-уеизгьы исҭахымхеит.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Ҳаҩналеит актәи ацәыргақәҵатә уада. Уа ирацәан аԥсуа нхаҩцәа рыбзазашьаҟны, рыкҿаҩраҟны рхы иадырхәоз амаҭәарқәа: амҵәышә, агәыгәым, аирыӡ, аныга, акамбашь атәыҩа иалху амҳаҵәқәа уҳәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҟынтә акы-ҩба амузеи аусзуҩцәа ирыцааит, аха реиҳарак аамҭала аҳәынҭқарратә музеи аҟынтәи иааган. Убасгьы актәи ауадаҿы ицәыргақәҵоуп жәлар рмузыкатә рҳәагақәагьы: аԥхьарца, аҩымаа, ахмаҷыр. Аха ихаданы, ара иҟоуп Дырмит Гәлиа инапала ииҩхьаз инысымҩа зну абӷьыц, амҳаџьырра агәаҟрақәа зныԥшуа аҭыхымҭақәа.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Ари ауадаҿы иҟоуп 1863 шықәсазы Дырмит Гәлиа Ашьхарыуаа рышкол данаанахәаз аамҭазтәи аҭыхымҭа, уа рҵаҩыс иоуз Константин Маҷавариани ифотосахьа, иара убас Дырмит Гәлиа ишколтә хәшьарақәа зну абӷьыц.

Аҩбатәи ацәыргақәҵатә зал, Дырмит Гәлиа иԥацәа ҩыџьеи иԥҳаи рыԥсы ахьыршьоз ауада акәын. Ара избаз аҟнытә зегь раасҭа сылаԥш адхалеит аҳәса ркәадыр. Елла Владимир-иԥҳа лажәақәа рыла, ари аҩыза акәадыр аҽықәтәараан Дырмит Гәлиа иԥшәмаԥҳәыс лхы иалырхәон. Аха уигьы аибашьраан ибжьаӡит аҟнытә, шықәсқәак раԥхьа амузеи анапхгара акәадыр ҿыц ҿаҵаны иаархәар акәхеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Ахԥатәи ацәыргақәҵатә уадаҿы, егьырҭ зегьы рҟнеиԥш аекспонатқәа рацәоуп, аха зегьы ирылкаатәуп 1912 шықәсазы Дырмит Гәлиа Қарҭ иҭижьыз "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи". Ара ицәыргақәҵоуп Дырмит Гәлиа еиҳа иаликаауаз аҳәаанырцәтәи авторцәа рышәҟәқәагьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Жуковски, Короленко, Кольцов уҳәа. Аҩны-музеи аҩнуҵҟа аекскурсиа актәи аихагылаҿы иҟоу аилатәаратә уадаҿы инҵәоит.

© Sputnik / Айнар ЧитанаваДом-музей Дмитрия Гулиа
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Дом-музей Дмитрия Гулиа

Уаҵәтәи аԥеиԥш

Москватәи ахәаахәҭра-цәыргақәҵатә центр "Манеж" аҟны сынтәа имҩаԥгаз жәларбжьаратәи амузеитә цәыргақәҵа иалахәын Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҩны-амузеигьы. Амузеи анапхгаҩы Светлана Корсаиаԥҳа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа Дырмит Гәлиа 145 шықәса ихыҵреи амузеи 45 шықәса ахыҵреи ирызкын.

Иара убас, Светлана Винор-иԥҳа иазгәалҭеит амузеи ахыбра аиҭарҿыцра аҭахны иҟоижьҭеи акыр шааҵуа, аха шықәсырацәала ари апроблема қәнагала хырҩа шаҭам. Лара илҳәеит амузеи акәша-мыкәша акультуратә хыбра иақәнагоу ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа ишацклаԥштәу, амашәыр ҟамларазы.

© Sputnik / Томас ТхайцукД.И. Гәлиа иҩны-музеи шьаҭанкыла аиҭарҿыцра аҭахыижьҭеи акыр ҵуеит
Иара ихәышҭаара: Дырмит Гәлиа иҩны-музеи 45 шықәса ахыҵра иазкны - Sputnik Аҧсны
Д.И. Гәлиа иҩны-музеи шьаҭанкыла аиҭарҿыцра аҭахыижьҭеи акыр ҵуеит

"Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара гәҭыхас иҳамоу аҩны-музеи уаҵәтәи аԥеиԥш ауп. Ара иҟоуп жәашықәсала амузеи зџьабаа адызҵо аусзуҩцәа, Дырмит Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи инагӡаҵәҟьаны, инарҵауланы издыруа, зус иазҟазоу ауаа. Ажәакала, акадрқәа рганахьала еилахара ҳамаӡам, аҿарацәа ҳадаҳкылозаргьы, урҭ идзырҵаша ауаа ыҟоуп. Акызаҵәык ҳгәы иҵхо – амузеи шықәсырацәала иазымхо аиҭашьақәыргыларатә усқәа иахьанӡагьы иахьзалыршамхаз ауп", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0