Имедеиҳәшьахаз ахәыҟаҵаҩ: Татиана Аиԥҳа лҭоурых

© Фото : Татиана Аиԥҳа-Жданова лархив аҟынтәТатиана Аиԥҳа-Жданова
Татиана Аиԥҳа-Жданова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса, традициала рашәарамза аҵыхәтәантәи амҽышазы иазгәарҭоит амедицина аусзуҩцәа рымш. Абри амш инақәыршәаны ажурналист Саида Жьиԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит занааҭла ихәыҟаҵаҩу, аха аибашьра адәаҟны имедеиҳәшьахаз Татиана Аиԥҳа-Жданова лҭоурых.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсҭазаара даара иџьашьахәуп. Иахьа унапы злаку аус уаҵәы ушымгәыӷӡо узанааҭ иацәыхараӡоу ҽакала иуԥсахыр алшоит. Убас лыхьит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан амедико-санитартә баталион иалаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Татиана Аиԥҳа-Жданова.

Алла Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Алла Ҵәыџьба: аибашьра ашықәсқәа рзы егьараан атыгә аҟны ҳнеихьан

Хԥеи фбеи зхыҵуаз ҩыџьа лхәыҷқәа ланхәа иналыҭаны, аибашьра ицаз лашьа Витали Аибеи, лымаҳә Андреи Можаискии, атыл амаҵ азызуаз лаб Анатоли Аибеи рҿаԥхьа иԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡаны, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион ахы ианақәиҭыртә ашьҭахь, жьҭаара 18 рзы Татиана далалоит Џьумка Чрыгба командаҟаҵаҩс дызмаз аҩбатәи абригада, актәи абаталион.

"Гагра, Аԥсшьарҭа ҩны "Нарҭ" ҳәа иахьашьҭоу акомендатурахь саннеи, "ҩыџьа ахәыҷқәа ран аибашьрахь усс бымаӡам" ҳәа саҳәаны, насгьы сыԥшәма ижәлала ашәҟәы сахьаныз, стәым милаҭуп ҳәа, аҩныҟа срышьҭит. Аха сара исызгәакьаз зегьы аӷа ихымца иаҿагылан азы аҩны сгәы сартәомызт. Ианысымуӡа, сшаԥсыуаз нараҳәаны, усҟан амилициа аусзуҩцәа рыла ишьақәгылаз агәыԥ саларҵарц срыҳәеит", - еиҭалҳәоит Татиана.

Анаҩс, Татиана амедико-санитартә баталион дахәҭакхеит. Уи акомандаҟаҵаҩ Гәырам Шьоуа, ҿыц изнеиз амедицина аганахь ала аԥышәа шлымамыз аниба, дџьеишьеит. Аха лыгәаӷьра агәра инаргеит зегьы шылҵо, амедеиҳәшьара шлылҵуа. Ус иагьыҟалеит.

"Аибашьра санцоз, агәыр алаҵашьа акәын издыруаз, иара уигьы схазы иҟасҵалон азы исҵеит акәымзар, џьара курск сахымсит. Аиаша сҳәозар ашьагьы сацәшәон", - еиҭалҳәоит лара.

Татиана Аиԥҳа аибашьра адәаҟны раԥхьатәи амедицинатә цхыраара зылҭаз асолдаҭ ижәҩахыр ахыԥҽыха иҭнажәеит. Ахаан ариаҟара ашьа зымбацыз далаԥсны дкаҳахьан, аха зныҭрыс лхаҿы иааит ус ак лыхьар аҩныҟа дшырышьҭуаз, лганахь агәрамгара шцәырҵуаз.

© Фото : Татиана Аиԥҳа-Жданова лархив аҟынтәТатиана Аиԥҳа-Ждановеи Инга Барцыцԥҳаи
Имедеиҳәшьахаз ахәыҟаҵаҩ: Татиана Аиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Татиана Аиԥҳа-Ждановеи Инга Барцыцԥҳаи

"Гәымсҭатәи афронт аҿоуп раԥхьаӡа акәны амедеиҳәшьа лаҳасабала схы ахьԥысшәаз. Азнык азы ауаҩы ижьы ҭжәаны, ашьа даганы данызба салаԥсхьан, аха изулак схы саиааны ацхыраара исҭеит", - ҳәа лажәа иацылҵоит лара.

Татиана хыԥхьаӡара рацәала ахәцәа рыдкылара лықәшәеит Шроматәи ажәылараан, убас Аҟәа агараангьы.

Инга Барциц - Sputnik Аҧсны
Инга Барцыцԥҳа: Марттәи ажәылараан ашәаразы аамҭа ҳамаӡамызт

Ихәызи ишьызи реилыргара, ахәрақәа ррыцқьара, ашьа аанкылара, ахьаа зыртәо агәырқәа рылаҵара уҳәа аамҭа кьаҿ ала иахьӡар акәын.

"Зхи зымгәеи ахыԥҽыха иҭнажәаз еиҳа иӷәӷәақәаз ахәцәа ҳәа иаҳԥхьаӡон. Урҭ рыҩнуҵҟатәи рыԥсҭазааратә цәеижьхәҭақәа ршьацара аанкылара ҳалымшар, агоспиталь ахь инаргаанӡа рыԥсҭазаара иалҵыр ауан, убри аҟнытә ҭакԥхықәрала ҳрызнеиуан, рцәеижь азгәаҭаны иҳарион", - ҳәа инаҵылшьит Татиана Аиԥҳа.

Амедеиҳәшьа илҳәеит, ахәцәа анырзааргоз ахьаа зманы иӷзуаз рзы еиҳа ргәы шҭынчыз, избанзар урҭ рхьаа рныруазар, рыԥсҭазаара ԥырхага аиуӡом, ахьаа гәыҿкаага зманы зыбжьы зыхәлашәоз, зыблақәа ҭыҵны иуҿаԥшуаз дшәарҭан.

Татиана дызлаз агәыԥ рыԥсахуан Пицундаа. Амедеиҳәшьа мышқәак ҳәа аҩныҟа данаауаз уахынла дзыцәомызт. Ахысыбжьқәа дрышьцылахьан азы, аҭынчра лзышьҭхуамызт.

© Фото : Т. Аиба-Жданова лархив аҟынтәТатиана Аиба-Жданова, Инга Барцыц, Ирина Татдаева, Ирина Мамедова, Анна Терзиан
Имедеиҳәшьахаз ахәыҟаҵаҩ: Татиана Аиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Татиана Аиба-Жданова, Инга Барцыц, Ирина Татдаева, Ирина Мамедова, Анна Терзиан

Аибашьратә медеиҳәшьа далахәын Ажьырныҳәатәи, Шроматәи, Аҟәатәи ажәыларақәа, убас Мрагыларатәии, Мраҭашәаратәии афронтқәа анеиқәшәа имҩаԥыргоз арыцқьарақәа. Иланашьоуп "Агәымшәаразы" амедал.

Иазгәоумҭарц залшом, акоронавирус иахырҟьаны иаԥҵахаз аҭагылазаашьа хьанҭа аангьы амедико-санитартә баталион ахаҭарнакцәа аганаҿы ишаанымхаз. Рхаҭақәа ргәабзиара шыуашәшәыроугьы, рықәрақәа шмаҷымгьы, ҩаԥхьа хатәгәаԥхарала рыжәлар ирыдгылеит. Татиана Аиԥҳа илыцеибашьуаз лҩыза, Аԥсны афырԥҳәыс Инга Барцыцԥҳаи лареи Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа хада амедеиҳәшьцәеи дареи рҽеиҭныԥсахло Ԥсоу аҳәааҟны руалԥшьақәа нарыгӡоит. Ииасуа ауаа рымцашоурақәа ршәоит, акоронавирус аҽацәыхьчаразы иарбоу амедицинатә ԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо гәарҭоит.

© Фото : Т. Аиба-Жданова лархив аҟынтәТатьиана Аиба-Жданова, Инга Барцыц, Андзор Гоов, Гәырам Инаԥшьба Ԥсоу аҳәааҿы
Имедеиҳәшьахаз ахәыҟаҵаҩ: Татиана Аиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Татьиана Аиба-Жданова, Инга Барцыц, Андзор Гоов, Гәырам Инаԥшьба Ԥсоу аҳәааҿы

Аибашьра аветеран, машәыршақә имедеиҳәшьахаз Татиана Аиԥҳа, амедицина аусзуҩцәа рымш аҽны, аамҭа хьанҭақәа раан илывагылаз, аибашьцәа рыԥсҭазаара еиқәзырхоз, иахьагьы ауаа ргәабзиара знапы иану амедицина аусзуҩцәа ахатәрақәеи, аҿарацәеи дрыдныҳәало ирзеиӷьалшьеит рхаҭақәа ргәашьамх ӷәӷәаны лассы аамҭа рҭаацәа ирыгымкәа, гәырӷьарыла рыԥсҭазаара мҩасырц.

© Фото : Татиана Аиба-Жданова лархив аҟынтәТатиана Аиба-Жданова
Имедеиҳәшьахаз ахәыҟаҵаҩ: Татиана Аиԥҳа лҭоурых - Sputnik Аҧсны
Татиана Аиба-Жданова
Ажәабжьқәа зегьы
0