Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Данаҟаи даауеит": Аԥсни Ҭырқәтәылеи еицырдыруа Ашәы Данаҟаи иҭоурыхқәа

© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбхазский долгожитель
Абхазский долгожитель - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иуа Коӷониа ипоемақәа руак ззикыз, ахаҵара ду злаз Ашәы Данаҟаи иҭоурых Сырма Ашәԥҳа лматериал аҿы.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ашәы Данаҟаи иӡбахә, ифырхаҵара, иахьа уажәраанӡа ҳажәлар инеимдаа-ааимдо еибырҳәоит, аҭоурых иазынхеит. Дазусҭада Ашәы Данаҟаи, избан ас еиԥш дыхьӡыртәны изихцәажәоз? Уи атәы дазааҭгылоит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҵарауаҩ Арда Ашәба.

Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны
Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит

"Усҟантәи аамҭазы нхыҵи аахыҵи ақәыларақәа аныҟаз, ажәлар анеимырҵәоз, Ашәы Данаҟаи ицәшәаны уаҩ дзахыҵуамызт, убриаҟара ахаҵара илан. Ижәлар ихьчон, ихы ӡыригомызт, "соуп" зҳәоз ахацәа дрыжәлон", — ҳәа азгәеиҭоит аҵарауаҩ.

Иуа Коӷониа ипоемақәа руак Ашәы Данаҟаии Аҟарач Бакәыкәи ирзикхьан. Иуа ажәлар рҿы иаҳахьаз Данаҟаи изкыз аҳәамҭақәа ирылхны иаԥиҵеит апоема. Данаҟаи, нхыҵ аҟарачқәа рҿы Бакәыкә ҳәа иҟаз амагәшьхәа дҭаицалахьан.

"Абжьыуаа рашәаҳәаратә хор "Нарҭаа" Илиа Соломон-иԥа Ашәба напхгаҩыс дызмаз, агастрольқәа рахь ианцоз быргк иҳәо абас иаҳаит: "Шьыбжьонла ҳҭаацәа ҳанздмырцәалак, "Данаҟаи даауеит" ҳәа ҳдыршәон", — иазгәеиҭоит Арда Ашәба.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рҟны Данаҟаи Ашәба ихьӡ камыршәӡакәа иааргоит.

"Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл ауп. Аха атәымџьара анхара ҳазшаз ҳалахь ианиҵеит. Аԥснаа, ҳаԥсадгьыл зыхьчаз, сшәыкәыхшоуп. Гәадурас шәҳамоуп, шәыгәхьааҳгоит. Сара сықәрахь снеихьеит. Сыԥсы ахьынӡаҭоу сыԥсадгьыл сықәыԥшыр сҭахуп. Ашәы Данаҟаи имаҭа соуп сара. Ашәба Данаҟаи сабду иаб иоуп. Сабду Мырза ихьӡын, Мырза иаб иоуп Данаҟаи", — ҳәа иаҳзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа инхо, хылҵшьҭрала Данаҟаи Ашәба изааигәоу, 95 шықәса зхыҵуа Феҳми Ашәба.

Ашықәсқәа цоит иниакәкәа. Аамҭақәа реиҭасра акәзар, аҭоурых иазынхоит. Аиҳабацәа иргәаладыршәоит, ирхадыршҭуам рабацәа, рабдуцәа ирхыргаз аҭоурых. Нхыҵи аахыҵи Ашәы Данаҟаи дыхьӡыртәны ифырхаҵара аӡбахә иалацәажәоит.

Феҳми Ашәба игәалаиршәоит:

"Данаҟаи ихьӡ иадҳәалоу рацәоуп, изку иашәақәа ыҟоуп. Данаҟаи нхыҵи аахыҵи дыбжьан, дҳәынҷон. Ҽнак аҳак иҩны давсуан. Аҳ сасцәақәак шиҭаз ибеит. Иангәеиҭа, иҽы аӷәра аҵәҩан аҟны иаахишьын, дыҩхалан асасцәа рымаҵ иуа далагеит. Аҳәа идҳәалоуп, аԥынҵа аҭра кылнаҵәан, аԥынҵагьы кылыҳәҳәоит. Аҳ исасцәа иџьаршьеит, "ари аҷкәын дызусҭада, ани иаҳәызбала иҟаиҵозеи?" - ҳәа датәамбаӡо иазҵааит. Ари Ашәы Данаҟаи иоуп рҳәеит", - аҭоурых ашьҭа дазхьаԥшуа дҳацәажәон абырг.

Данаҟаи ифырхаҵара ԥыршәарц азы аҳ исасцәа аизара мҩаԥыргарц рыӡбеит.

"Ауаа еизеит. Данаҟаи аҳ ицә ахәда дадырсуеит. Иаҳәа ааҭихын, анахәҭа зкыз икышьа игәамԥхазт, Рыӷәриа Шьаабан ҳәа дыҟан, анахәҭа уи инаииркит. Арҵәааҳәа дыҳәҳәаны ацә ахәда данлас, уи ахы ахәда зкыз иааигәыдҳалеит. Зныкала днасны ахәда хиҵәеит Данаҟаи", - иҳәеит ажәабжьҳәаҩ.

Оскан Тарба - Sputnik Аҧсны
Осқан Ҭарба: ԥсышәак сҳәозар сҭаацәа ирыбзоуроуп, саԥсуара схадмыршҭӡеит

Феҳми иабду иашьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дцахьан. Уа иаб иаҳәшьа дыҟан, даанхеит. Ауха еицдыршеит, рызхара изеибамбауа. Аҟыз рацәаны илыман лара. Иаб иаҳәа Аԥсны инханы иҟан, уи ааилыркын, лҟызқәа руак ахәда хиҵәарц иалҳәеит.

"Аҳәа цырцыруа ианыск иҳәеит Гәызиа, ҩба-хԥа рыхәда зныкала ихысҵәап сгәахәын, иркаланы сласит иҳәеит. Ахәы аалпып-аалпыпын, инцәыҵых-аацәыҵаххын, игыланы ицеит аҟыз. Саб иаҳәшьагьы ашәхымс дықәтәаны дааԥшуан, нас алақмар ҳәаны аҵәыуара далагеит", - иҳәеит Феҳми.

Гәызи иҟалаз изеилымкааит, иаб иаҳәшьа алақмар ҳәаны дызҵәыуоз џьеишьеит. Нас, даалыԥхьан, дналыдлыртәалеит.

"Абри аҳәа уаб Данаҟаи итәуп. Абри ала иҟаиҵақәахьоу рацәоуп. Уара ҟызк ахәда узхымҵәеит, алақмар абасымҳәо", - лҳәазаап.

Аԥсны инхо абырг, Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеран, шәышықәса ирзааигәоу Леуарса Ашәба, иабду иҟынтәи игәалашәоит Ашәы Данаҟаи иӡбахә.

"Сара сабду Ҳасани Данаҟаи еицныҟәон. Данаҟаи иҩыза Ашәба дыҟаӡам. Убриаҟара амч иман, аилкаагьы иман. Данаҟаи ирахә ахьгылаз аҟарач днеин, иԥцаны иманы ддәықәлеит. Ахьшьцәа аӡә дыбналан, Данаҟаи адырра ииҭеит. Данаҟаи апҟеҩҳәа дишьҭалан дихьӡеит, ибжьы иқәиргеит: "Ухылԥа алаба иахаҵаны уҩах", - ҳәа. Ихылԥа алаба инахаҵаны данҩаха, ихылԥагьы алаба ахгьы аахиҵәеит, ирахәгьы иргьежьит шьҭахьҟа", - иҳәеит абырг...

Ашәы Данаҟаи илеишәа бааԥсын, ахаҵара илан. Иԥшәма ԥхәыс д-Аӡынԥҳан. Мышкы иеимсы тлан, иԥҳәыс иналымҵаиршәит, иӡахны инаилҭарц. Акыраамҭа дааԥшит, далгазаргьы, далгеит анигәахә, илҭарц леиҳәеит. Аха, лара аҭакс "исымӡахӡац", — ҳәа наиаҭалкит. Игәы ааԥжәан, иеимаа аалымихын, ус ишыҟаз инаишьаҵаны дцеит ҳәынҷара. Данаауаз Езыгәԥҳак иҽы ахәда дықәкны диманы дааит.

Абас еиԥш ирацәоуп Ашәы Данаҟаи идҳәалоу ахҭысқәа. Ажәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа иргәыласоу ажәабжьқәа ахааназы ԥсра рықәым, ԥсра шрықәым еиԥш дара зырҿио ахаҿсахьақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0