Ахаҳә ашша алызхуа, мамзаргьы харантәи икәалыкәаџьоз аҵәа ҟаԥшьқәа ирыхҳәаау ажәабжь

© Фото : Aarón Blanco TejedorЯблоки
Яблоки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Аинар Ҷыҭанаа иаҳзеиҭеиҳәеит иԥсҭазаараҟны дзықәшәаз хҭыск, ауаҩытәыҩса ицәаҩа бааԥсқәа иреиуоу акаҷбеира иазкынгьы игәжәажәарақәа ҳацеиҩишеит.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ԥхынгәымза амра ашәахәа цаҳә-цаҳәқәа хәыҷы-хәыҷла еихсыӷьуан, ақыҭа мҩа саныланы, счабра ду сҿышьуа саннеиуаз. Уаҳа зылшо иԥсра убеит ҳәа ауп сшыҟоу хҭыс рацәала игәылҭәааз ари амш анҵәамҭазы, аха аҩнынӡа сызгаша сымҩа макьана инымҵәаӡац аҟнытә, ашьыжь еиԥш ашаца-шацаҳәа акәымзаргьы , "уалла" сшьаҿақәа неихго, сҽырӷәӷәаны саауеит. Ӡы-хьшәашәак уажәы исзеицәамхар ҟаларын. Сыцагьы уажәшьҭа ҿаҵақәак азҭасыршәыр цәгьа ишамбо аҟара снардыруеижьҭеи акрааҵуеит, аха аҩнынӡагьы уажәшьҭа рацәак бжьам, иаасычҳап...

Акамбашь - Sputnik Аҧсны
Быжьшықәса ибжьаӡны иҟаз: зыҩныҟа амҩа зхамышҭыз акамбашь Бақәыль аҭоурых

Аха сышнеиуаз, сыварахьшәа баҳча ссирк сылаԥш анақәшәа, сгәы иамукәа сааҭгылан, саанаԥшы-ааԥшит. Абаҳчаҿы ашәырҵлақәа рхыԥхьаӡара рацәам, реиҳаракгьы ҵәаҵлақәоуп, аха харантәи икәалыкәаџьо исҿаԥхо аҵәа ҟаԥшь ҟәазқәа уамак ала иԥшӡоуп, ргьамагьы ссирхашт, ҳәарада. Ааигәа-сигәа аӡәгьы сылаԥш иқәшәом уажәазы. Ас иманшәаланы "амомент" соузар, ҩбаҟа ҵәа ҿыхны, наҟ-арахь икны саарыцҳауа, ԥшьаала сымҩа инацысҵар, аҩнынӡа сназгаша "абылтәгьы" соурын, абаҳча аԥшәмагьы уеизгьы-уеизгьы ԥхасҭа дук исҭарым ҳәа азысыӡбан, аамҭа мгакәа аанда снадгылт.

Даараҵәҟьа исгәамԥхаӡеит аҵәаҵлақәа санырзааигәаха сназлаԥшыз ацәыршәагара. Иабаҟоу харантәи сыԥсы злахаз аҵәа ҟаԥшь ҟәазқәа? Ааи, аԥштәхәы аганахьала сыла самжьаӡеит, урҭ ҟаԥшьқәаҵәҟьоуп. Ашәагаагьы ҟәнушьартә иҟам, схы иаҟарақәоуп амахәқәа ырхәаны, ихьанҭыџь-хьанҭыџьӡа, аԥсаҵла ахәмаргақәа реиԥш икнаҳау ашәыр. Аха ари абаҳчаҿы игылоу аҵәаҵлақәа зегьы сара сеиԥш иреилаҳашаз ауаҩы дрыниаанӡа сынтәатәи рҽаҩра зегьы хьӡыда-цәада иҿабаазаап, иагьа уҽазушәаргьы, афаразы имаҭәахәу ҵәа цырак узрылԥшаауам. Убри аангьы абаҳча анапы агуп сҳәар – гәнаҳарахоит: аҵа цқьаӡа ирхуп, амахәқәа ишахәҭоу еиԥш еилыхуп. Аха уи зегьы змаҭәахәгәышьоузеи, зегьы ззыҟаҵаз аҵыхәтәантәи алҵшәа ахархәара маиузар, аџьабаа абзабаа ацымлазар, ихәарҭаны изыҟамлазар ауаҩы изы? Аԥшәма ихаҭа аҵәафара уамак дамеилаҳазаргьы, игәылацәа ирзишар амурыз… Аҵәыуашьа ззымдыруаз ихы ԥиҽуан аума ари иахьӡу, мамзаргьы ау дымлаҟәит, акьаҿ днамӡеит акәу? Мап, арҭ ахшыҩҵакқәа уажәы сызлаԥшыз апылҳаҭра ианымаалошәа збоит. Абаҳча зҵазкуа анхарҭа злақьаԥҭоу ала, еиҳа ииашахоит ала цәгьа иаргьы иафомызт, даҽакгьы ианаҭомызт ҳәа ари ахҭыс аҟазшьарба азыҟаҳҵар.

Щенок  - Sputnik Аҧсны
Ари аҩыза сымбацт: кыр аамҭа ласбак шысзымааӡаз

Ԥыҭраамҭак санынаԥшааԥш, сыкәша-мыкәша избоз зегьы хшыҩзышьҭра анрысҭа, аԥшәма ари аҩнаҿы уаҳа дышнымхоз аҟара еилсыргеит азоуп ақьаԥҭа ҳәа зысҳәазгьы. Избан акәзар кәыркәа шоуразы ақыҭаҟны ашәқәеи аԥенџьырқәеи ыҵарбаҟа иаркны аӡәы дтәап ҳәа сгәы иаанагом, ауаҩы ихы даӷамзар, мамзаргьы аҩнуҵҟа аҳауа рхьшәашәага изыҩнагыламзар. Аха аԥенџьырқәа акы-ҩба ҭаԥсаны излаҟоу ала ари аҩны зыӡбахә сымоу ахархәага амоуп ҳәа аҳәара даараӡа исцәыуадаҩуп. Сгәанала, алкаа ҟаҵоуп – аԥшәма инхарҭа ҭыԥ иԥсаххьеит. 

Уи зегьы еилкаауп, аҭагылазаашьақәа зегьы еиԥшӡам, аԥшәма иҩны ныжьны ицара мзызс иамоу здыруада… Аха ирхароузеи аҵәақәа? Избан урҭ ҿабаанӡа даҽа џьоукы изырҿаҵахәымхаз? Аԥшәма дкаҷбеизар? Иҟазшьа бааԥсызар? Уи ишәиира иацәшәаны акәзар егьырҭгьы ашәыр уажәраанӡа изакьымсыз? Аха даҽа ганкахьалагьы, зхы иамыхәо даҽаӡәгьы дызихәом аҟнытә, ара уеизгьы-уеизгьы иџьашьатәу ҳәа акгьы ыҟам, сгәанала. Издыруада ус акәымзаргьы, сгәы сажьозаргьы… Издыруада…

Ашәыр ҳҳәеит ҳәа, ауаҩгьы ари аҩыза ахаҿыҩбара ицәтәымӡам. Иаҳҳәап, иҟамлалои убасгьы, харантәи ауаҩы дыԥшӡазшәа анубо, аха иааигәаны данудырлакь дшеиӷрабаау анеилукаауа. Иҟалалоит даҽакалагьы: изаҭәаумшьо аҳәак иҟәнуп ҳәа шырҳәо еиԥш, еиҳа узқәымгәыӷуа ауаҩы, уара еиҳа ацхыраара ануҭаху аамҭазы инапы узырханы уанышьҭихуа. Аҭагылазаашьа ауп аус злоу, иароуп ҳсабрадақәа ҳҿыхны ҳхаҿра иаша алашарахь ицәырызго. Усҟан ҵакы амаӡам ауаҩы иҭеиҭыԥш, "дҟаԥшьу", "деиқәаҵәоу" мамзаргьы "дцәышу". Аҵакы змоу агәаҭа заҵәык акәхоит...

Ус, схәыцуа сышгылаз, исызгәамҭакәа ҷкәына хәыҷык даасыдгылеит. Даара исцәымыӷхеит, аиашазы. Иҟамлои ари абаҳча аԥшәма иара ихаҭа иакәзар? Аха, мап... Аҷкәын саниабадыр, маҷк ҳанааицәажәа, игәрагара сырҳазар акәхап, абаҳча аԥшәма изкны иидыруаз аинформациа ансыцеиҩиша, уаанӡатәи сгәаанагарақәа шьақәырӷәӷәахеит. Иара иажәақәа рыла, аԥшәма ақалақь аҟны дынхоит, зны-зынла даалоит арахь, иабацәа рџьынџь ахь. Ари абаҳча иара инапала иааӡеит, аха иаҿало ашәыр аӡәы дакьысыр иуам, даара аҭыӡшәа алихуеит. Убри аҟнытә агәыла хәыҷқәа аԥшәма аҩны дшыҟам шырдыруагьы, аҵәақәа рҿыхра рзыгәаӷьуам, еиликаар ҳәа ишәоит. Абри акәзаап ара иҟаланы иҟоу...

Ахәыцрақәа уанрылоу хәарҭазар акәхап... Маҷ-маҷ зыҟаҵара салагаз алкаақәа шиашаз еилыскааит... Аха уажәазы шьоукы рҵәабаақәа срықәӡыргьы уамак исҭахымызт аҟнытә, ԥшьаала сымҩа сназыхынҳәит. Сышӡышац сӡышуеит, сыцагьы шышәаҳәац ишәаҳәоит, аха уи уажәшьҭа хырҩа асҭаӡом, сзызхәыцуа анҭ аҵәабаақәа роуп. Сгәыӷуеит, ҽааны урҭ даҽа лахьынҵак рзыԥшуп ҳәа...

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0