"Мыцҳәа икәара", мамзаргьы ковид-феикқәеи уҳәансҳәанқәеи

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОслабление карантинного режима в городах России
Ослабление карантинного режима в городах России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
СОVID-19 акәшамыкәша ицәырҵуа ацәажәарақәеи уҳәансҳәанқәеи рҟынтәи реиҳа лассы-лассы иуԥыло, иара убас ковид-феикқәа рцәырҵшьеи урҭ ауаа ишрылаҵәои дрылацәажәоит афольклорист Есма Ҭодуа.

Есма Ҭодуа, Sputnik

"Мыцҳәа икәара ҳаицҭахысуа"

Аҿкы чымазара СОVID-19 Аԥсны ицәырҵижьҭеи акәшамыкәша уҳәансҳәанқәагьы аира иалагеит иаразнакы, аиҳаракгьы асоциалтә ҳақәа рҿы. Убас ала ари ачымазара иазкны аинформациа ицәырҵуа рҟны иҵоурам маҷымкәа иуԥылоит, афеикқәа ҳәа ззырҳәо. "Мыцҳәа икәара" иҭахысуа раԥхьатәи афеикқәа иреиуан СОVID-19 ҳәа ачымазара ыҟаӡам, ауаа ирхылаԥшларц азы ачипқәа рзыҟарҵарцоуп ҳәа. Иара убас уи иавагылан аӡбахә уаҳауан аимадара 5G ахь ииаргоит ҳәа. Аха ишаҳбо ала, СОVID-19 цәырҵижьҭеи шықәсык ҵырц егьагым, ачипқәагь уаҩы изыҟарҵом, 5G ахабар ыҟам.

Абхазское село  - Sputnik Аҧсны
"Изакәытә аамҭақәоузеи иаҳхаҳгахьоу?!" – акоронавирус ицәырнаго агәалашәарақәа

Аҵыхәтәантәи аамҭазы, ашкол аҭалара ааигәахацыԥхьаӡа, актуалра аман даҽа уҳәансҳәанк: "сентиабр 20 рзы ашколқәа адыркуеит" ҳәа иныҵыҩ-ааҵыҩуа аӡбахә уаҳауан. Макьанагьы аҭаацәаратә чатқәа рҿы иалацәажәоит ари азҵаара, аиҳаракгьы изыцәшәо ахәыҷқәа адистанциатә ҵарахьы зынӡа ҳәа ииаргар ҳәоуп.

Уажәы, ачымазара зыхьуа еиҳахацыԥхьаӡа (аштаб ишаанацҳауа ала, урҭ рхыԥхьаӡара есыҽны иацымлозар, иагхом) уи шәарҭаҵәҟьоуп ҳәа агәрагаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵахоит, "ковид ҳәа егьыҟам, ари гриппуп" рҳәоит. Ԥыҭҩык иазгәарҭоит иҳаҩсыз ҭагалан-аӡынразы ирхыргеит ари ачымазара ҳәа, аха усҟан уи СОVID-19 ахьӡуп ҳәа рыздырамызт.

Анаҩс ажәлар рыбжьара ицәырҵуеит иара убас уҳәансҳәанқәа ари аҿкы чымазара злархәышәтәуа – ажьаӷь уаткеи, аџыши, алимони.

Абас еиԥш "мыцҳәа икәара" ҳаицҭахысуа еизаҳгаз ацәажәарақәа зегьы реихшьаала ҟауҵозар, СОVID-19 ҳәа акгьы ыҟамзаап, иҟазаргьы ахәышәтәра мариоуп ҳәа игәы иаанагоит ауаҩы.

"Аҿаԥа зҿоу"

Зынӡаск даҽа категориак ахь иаҵанакуеит асабрадауаа. Асабрада аиҳарак иныҟәызго амедицина аусзуҩцәа роуп. Иаарту аинформациа акәзар, ачымазара зыхьызи урҭ шырхәышәтәызи ирызку џьаргьы иубаӡом, есыҽны зыӡбахә рҳәо ичмазаҩхаз рхыԥхьаӡарақәа рыда, иара уигьы, уажә иҟоу ацәажәарақәа рыла, ԥшьымш-хәымш иагханы ауп ишыҟарҵо.

Акоронавируси, алхрақәеи, ҳаамҭазтәи афольклори - Sputnik Аҧсны
Акоронавируси, алхрақәеи, ҳаамҭазтәи афольклори

Иаахҵәаны иуҳәозар, аинформациа иаша зҳәаша "аҿаԥа зҿоу" ирҩызахеит. Ажәлар рҟынтәи ас еиԥш асабрада ныҟәызго хыцҩыцқәак анырбогьы, даҽа дунеик аҟынтәи иааз реиԥш ирҿаԥшуеит, урҭгьы "аҿаԥа рҿалар" ҳәа иацәшәаны, дук инамгакәа инархырхуеит.

Ауаа ашәара рызцәырнагоит, иара убас, иаарласны иаауеит авакцина ҳәа анырҳәогьы, избанзар иҟоу ацәажәарақәа рыла "уи ауп ачипгьы, 5G-гьы, аҿаԥа ҳҿазҵогьы, ҳаҩны ҳзыртәогьы". Аха зҿы ӡыла изырҭәыз иеиԥш, дырҩегь уи аӡбахә зҳәараны иҟоу ирҳәаӡом, мамзаргьы имаҷны ирҳәоит, ауаа рҟынӡа ишымнеиуа ала.

Егьа ус шакәугьы, "ҳаиҳа зымчу" рыԥҟара инақәыршәаны, аныҳәақәа зегьы анаҳхаҳгалак ашьҭахь, иаанхаз ачарақәа ҳанрыхьӡалак ашьҭахь, октиабр 5 инаркны "аҿаԥа ҳҿарҵоит". Иара абри аҵыхәтәантәи ажәабжь ицәырнагеит даҽа уҳәансҳәанк: аҳәаа абри арыцхә азы иадыркуама ҳәа.

Иаартны аҭак аныҟамлалак, мамзаргьы ихьшәаны аҭак анурҭо, абас ажәлар рҳәамҭақәа ииуеит, акы ацҵо, акы агырхо, ма иҟам-ианым ааго.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0