Кьасоу Ҳагба: ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы аиуеит, ихы мжьакәа, иус ишахәҭоу дазнеир

© Foto / из личного архива Кьасоу ХагбаКьасоу Хагба
Кьасоу Хагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа имшира азгәеиҭоит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор, Аԥсны акинемотографцәа реидгыла ахантәаҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Кьасоу Ҳагба.

Аԥсны Акинематографистцәа реидгыла ахантәаҩы, актиор Кьасоу Ҳагба Sputnik акорреспондент аинтервиу лыҭо, дазааҭгылеит ихәыҷра ашықәсқәеи, ирҿиаратә мҩа шалагази, иаликаауа аспектакльқәеи, инаигӡахьо арольқәеи ртәы.

Наала Гәымԥҳа, Sputnik.

Кьасоу Ҳагба аиицәажәара анхациркыз, гәыблыла ихәыҷратәи ашықәсқәа игәаларшәеит.

"45 шықәса инарзынаҧшуа ақалақь аҟны сшынхогьы, ҧхыӡла ақыҭа ауп избо. Схәыҷреи сқәыҧшреи зегьы сқыҭа иадҳәалоуп. Саныхәыҷыз саб дҳаҧхеит, сан хҩык ахшара ааӡатәыс ҳлоуит. Есымшааира Анцәа диҳәон, игәра лгон. Аџьабаа ӷәӷәаны илбеит ҳааӡараҿы", - иҳәеит иара

Кьасоу Ҳагба қәҿиарала дҭалоит, дагьалгоит Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи Аҳәынҭқарратә Атеатралтә Институт.

© Foto / из личного архива Кьасоу ХагбаКьасоу Хагба
Кьасоу Ҳагба: ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы аиуеит, ихы мжьакәа, иус ишахәҭоу дазнеир - Sputnik Аҧсны
Кьасоу Хагба

"Афбатәи акласс ааныжьны сҭалеит уахынлатәи ашкол. Ажәабатәи акласс саналга, исыӡбеит сактиорхарц, сҭаларц Атеатралтә институт. Акино, атеатр, акультура рахь агәыблыра сзыркыз ҳәа исыҧхьаӡо, сызхәаҧшуаз акиносахьақәа, актиорцәа уаҟа рыхәмаршьа атәы ауп. Уи аҩыза алшара ҳаман, лассы-лассы ҳқыҭа иаҭааны афильмқәа ҳдырбон. Раҧхьаӡакәны актиорк иаҳасабала асценахь сцәырҵит Аинститут аҭаларазы аҧышәара анасҭоз амш аҽны. Аҧышәара лыдылкылон Нелли Ешҧҳа. Исыдылҵеит аетиуд ақәыргылара. Мчыбжьык ашьҭахь сааины, ашәарыцараҟны слеи сареи ҳзыниаз ахҭыс ала илыдызгалеит. Уи даара ахәшьара бзиа алҭеит, убас сҭалеит Қарҭтәи Атеатралтә институт", - ҳәа игәалаиршәоит.

Актиор Ҳагба: сзыхьӡаз ахәыҷы намысла, уаҩышәала, ԥсыуала иҟасҵон>>

Кьасоу Ҳагба имаҷымкәан инаигӡахьеит асценатә рольқәа, ихадароу ахаҿсахьақәа. Урҭ рахьтә: Молчалин ("Зыхшыҩ зызрыцҳароу" А. Грибоедов), Аԥсҳа Леон ("Аԥсҳа Леон" А. Агрба), Цезарь ("Иули Цезарь" У. Шекспир), Махаз ("Махаз" Ф. Искандера, ареж. В. Ақаҩба), Тартиуф ("Тартиуф" Мольер, ареж. К. Хачегогу), Лаимен ("Ашьха Морган аҟынтәи хланҵы" А. Миллер, ареж. В. Ақаҩба), Џьонни Паттинмаик ("Адгьылбжьаха Кинишмаҟынтәи ахымхәа" Макдонаха, ареж. В. Ақаҩба). "Кьоџьаа рҭыӡшәа" Гольдони (Исидоро), "Брисбенынтәи аемигрант" Шехаде (Ашькылкҩы, ареж. В. Ақаҩба), "Аӡыцәа шкәакәа" В. Касланӡиа (Зафас, ареж. В. Ақаҩба), "Ацынҵәарах" Б. Шьынқәба (Хамыҭбеи Чачба).

© Foto / из личного архива Кьасоу ХагбаКьасоу Хагба
Кьасоу Ҳагба: ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы аиуеит, ихы мжьакәа, иус ишахәҭоу дазнеир - Sputnik Аҧсны
Кьасоу Хагба

"Раҧхьаӡакәны ихадоу ароль сыхәмарит Вампилов ипиеса ала иқәыргылаз аспекталь "Аҭӡамц" аҟны. Уаҟа ихадароу апрокурор ироль насыгӡон. Ари ақәгылара сдипломтә усумҭа акәын, ибзианы ирыдыркылеит. Анаҩс Аҧсны ирацәаны ақыҭақәа ҳарҭааны идҳарбеит", - ҳәа азгәеиҭоит Кьасоу Ҳагба.

1978 шықәса раахыс С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҟаз афольклортә ансамбль "Уарада" дасолистын. 1999 шықәса инаркны 2000 шықәсанӡа Аҧсны Акультура Аминистрс дыҟан. 2002 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Апарламент адепутатс дыҟан. Кьасоу Ҳагба С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр иаҧхьагылоу актиоруп.

© Foto / из личного архива Кьасоу ХагбаКьасоу Хагба
Кьасоу Ҳагба: ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы аиуеит, ихы мжьакәа, иус ишахәҭоу дазнеир - Sputnik Аҧсны
Кьасоу Хагба

Актиор ихаҿы иаанхаз, еиҳа игәалашәарақәа иаарылыҳәҳәо иҟоу Швеицариа иқәдыргылаз аспектакль ауп. Уи атәы ҳзеиҭеиҳәеит актиор.

"Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара мызқәак шагыз, Швеицариа атәылаҟны агастрольқәа ҳаман. Уи иреиӷьу агастрольқәа ируакуп сара сзын. Гиульден ипиесала иқәыргылан "Кьоџьаа рҭыӡшәа" заыхьӡыс аспектакль. Иқәиргылеит Валери Михаил-иҧа Ақаҩба. Ари раҧхьаӡатәи Аҧсуа театр аҳәаанырцә ақәгылара акәын. Аспектакль ахы инаркны аҵыхәанӡа аҧсышәала имҩасит. Ахәаҧшцәа аспектакль алагаанӡа ирзеиҭарҳәеит уи аҵакы зызкыз, аҭоурых. Иџьоушьаша, абызшәа шырзеилымкаауазгьы, ахыбра зегьы ҭәын, ҭыҧк ҭацәны усгьы иубомызт. Аспектакль ашьҭахь ахәаҧшцәа зегьы ҳадеизаланы ҳнапынҵамҭа иаҳәон", - ҳәа игәалаиршәоит актиор.

Кьасоу Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Кьасоу Ҳагба: амилаҭтә киносахьа аҭыхра уахгьы-ҽынгьы ҳаҿызароуп

Асцена Кьасоу Ҳагба изыҳәан ҧсҭазаароуп, идунеи шьаҟа ӷәӷәаны иаҵагылоуп.

"Асцена уанықәгыла нахыс, ахәаҧшҩи уареи шәеимадара ацәажәара уалагаанӡа,уҩнуҵҟатәи уҧсҭазаара иахылҵуа ацәанырреи дареи еиқәшәаны ианеилаҵәалак, нас ауп амшын иху аӷбеиҧш уаманы аҿанынанахо. Уроль нагӡаны уаналгалак, ахәаҧшҩы ибла ихубаало аҧхарра иабзоураны, еиҭах сыхәмарындаз ҳәа агәаҳәара узцәырҵуеит. Зегь реиҳа ихадароу, ауаҩы ихы мжьакәа, дызҿу аус ишақәнагоу даназнеиуа, убасҟан ауп иҧсҭазаара аҵакы анаанахәо, алҵшәа анаиуа. Амилаҭ ҟазара - уи ҳара ҳӡырызго, ҳхаҿра, ҳдунеи зегьы идзырбо акакәны иҟоуп", - ҳәа азиҧхьаӡоит иара.

Кьасоу Ҳагба бзиа ибаны, имч-илшара зегьы изанааҭ иазкны, иахьа уажәраанӡа мааҧсарада аус иуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0