Аҳәынҭқарра иаанамыртыц азакәан, ма ақьаад аҿы ихәыдаԥсадатәиу ҳмедицина

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота станции скорой помощи. Архивное фото
Работа станции скорой помощи. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азакәан иақәыршәаны ихәыдаԥсадатәиу, аха аус аҟны зыхә шәатәу Аԥсны амедицина аиҿкаашьазы лгәаанагара ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Аҳәынҭқарра иаанамыртыц азакәан, ма ақьаад аҿы ихәыдаԥсадатәиу ҳмедицина

Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ауаа ргәабзиарахьчара азҵаатәы ҵарны иқәгылоуп. COVID-19 иахҟьаны иҳалаҳәоу апандемиа иаанарԥшит ҳара ҳгәабзиарахьчаратә система абҩарақәа. Иалшома ҳара ҳҳәынҭқарра ауаа хәыдаԥсада рыхәшәтәра, закәанла ус акәушәа иҟазаргьы? Амедицина хәыдаԥсаданы ҟалашьа амаӡам, уи ахә ма аҳәынҭқарра ахахьы иагароуп, мамзаргьы даҽаӡәы.

Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны
Аҳәаа аартреи Аԥсны агәабзиарахьчара аҭагылазаашьеи: Ҭамаз Ҵахнакьиа иҿцәажәара

Аамҭак аԥхьа сгәы аабааԥсхан, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭахь снанагеит. Аҳақьым дсыхәаԥшит, нас исалҳәеит анализқәа хԥа алабораториаҿы сылбааны ишасҭаша. Сгәы даара еиҟарамызт, аныҟәараҵәҟьагьы сылшомызт, аҽны ԥаралагьы уамак сеиқәшәамызт, счымазарагьы иаалырҟьаны ахы снардырт. Сылбааит алабораториахь. Алаборант исалҳәеит урҭ ах-анализк рзы 900 мааҭ сшәар шакәу, акы 300 мааҭ иаԥсан. Сара сазҵааит, исоуама ачек ахә ахьысшәо азы ҳәа.

"Иарбан чеку, ареактивқәа ҳхала иааҳхәоит", - лҳәан алаборант даҽа планетак аҟынтә иааз леиԥш дсыхәаԥшит. Ари аҩыза азнеишьа сгәы аарҵкапын, аҳақьымгьы "ажәа ҟәандақәа" наласҳәан, сыҩныҟа сеиҭахынҳәит, нас схала аԥҭекаҿы хәшәқәак аахәан сҽысыхәшәтәит.

Ҳуааԥсыра зегь рсоциалтә бзазара еиԥшым, ауаҩы иаалырҟьаны дычмазаҩхар, амедицинатә усҳәарҭаҿы хәыдаԥсадатәи ацхыраара иоуазароуп, ҳзакәан инақәыршәаны. Ус акәзаргьы, ақьаад аҿы ихәыдаԥсадатәиу ҳзакәан аус аҿы ахә ахшәаатәуп бжеиҳан.

Люди в масках  - Sputnik Аҧсны
Аԥҟарақәа зну ақьаад зегь ачҳауеит, аус злоу аԥкрақәа рықәныҟәашьа ахылаԥшроуп

Иахьа Аԥсны иҳәынҭқарратәу усҳәараҭак аҿы амедицинатә цхыраара инадҳәаланы, ахә зхушәаауа азы ачек џьаргьы иуоуӡом, избанзар макьана иҟам уи мҩақәызҵо ԥҟарак. Аԥсуа ҳақьымцәа зны-зынла ишакәым ирыхцәажәозаргьы, исҳәарц сылшоит ҳара ишҳамоу зыквалификациа ҳарку, зус здыруа аҳақьымцәа. Иахьа ицәырҵыз ачымазара ҿкы COVID-19 иаанарԥшит ҳҳақьымцәа рхы аџьамыӷәа шықәырхуа. Убас шакәугьы, иахьатәи апациентцәа зегьы ирылшом ргәабзиара ашьақәыргыларазы иахәҭоу ахәшәқәа зегь раахәара, арентген, КТ уҳәа еиуеиԥшым агәаҭарақәа рхысра. Даҽазнык еиҭасҳәоит, амедицина ихәыдаԥсаданы изыҟалом, уи ахә ахшәаатәуп.

Уажәшьҭа сазааҭгыларц сҭахуп жәабран 8, 2016 шықәсазы Аԥсны иҭыҵыз "Агәабзиарахьчаразы" азакәан. Иахьа ҳмедицина аиҿкаашьа ҳахәаԥшуазар, уи азакәан ишынҭыҵыз ус ишьҭоуп, аҳәынҭқарратә структурақәа уи азакәан анаҩс амҩақәҵаразы ақәҵарақәагьы ҭырмыжьыц. Уажә аабыкьа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы КТ захьӡу аппарат ахысра ахә ахьахшәаатәу азы аҭыӡшәа цәырҵит, уи даднагалеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.

Иахьа ҳара иҳамоу азакәан ишаҳәо ала, иҳәынҭқарратәу амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы апациентцәа хәыда-ԥсада ирыдыркылароуп. Даҽа зҵаароуп - аҳәынҭқарра иазшәома уи ахә? Ҳара "ҳгәабзиарахьчаразы азакәан" иану атекстқәа ҳрызхьаԥшуазар "агарантиатә медицинатә цхыраара рнаҭоит атәылауаа". Уи қьаадбызшәоуп, аус аҿы, апациентцәа бжеиҳан ахә ахыршәаауеит ргәабзиара аҭҵаара иадҳәалоу апроцедурақәа, иара убас, аҳақьымцәа ахьаҷаҷ аҳәынҭқарра аҭыԥан ирызҭо зҽызхәышәтәуа роуп. Ари акыр иманшәалоуп атәыла анапхгаразы, апациентцәа рхала ахә ахыршәаауеит рчымазара, убри аан аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа ашәахтәқәа ршәаӡом уи азы, ирҭаххаргьы шәашьа амам, избанзар иахьа уажәраанӡа Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иаднамкылац "Агәабзиарахьчаразы азакәан" мҩақәызҵо, азкәан иашьҭанеиуа ақәҵарақәа.

Абри азы ааигәа игәаанагара иҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳқьым хада Апполон Гәыргәлиа: "Хәышықәса рыҩнуҵҟа исзалмыршеит ахәышәтәырҭаҿы официалла зыхә шәатәу адырбарц Аԥсны аиҳабыра". Сызлацәажәо азакәан Апарламент аҿы аус адызулоз дреиуоуп Гәыргәлиа, усҟан иара ддепутатын.

Аколонка анысыҩуаз даҽазныкгьы сиазҵааит, иахьа аҳәынҭқарратә медицинатә усҳәарҭақәа акассатә аппартақәа ҟаҵаны азин рымоума ахәԥса алхразы ҳәа. "Мап", - аҭак ҟаиҵеит Гәыргәлиа, избанзар азакәан мҩақәызҵо уи иашьҭанеиуа аԥҟарақәа Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылароуп", - иҳәеит иара.

Андзор Гоов - Sputnik Аҧсны
Гоов: асоциалтә аԥҭекақәа аԥҵатәуп

Ажәакала, азин ыҟаӡам ахә ахшәаара официалла, даҽа ганкахьала еиуеиԥшым адиагностикатә, аҭҵааратә усқәа рзы апациентцәа ахә ршәоит, аҳәынҭқарра уи аҟынтә акгьы амаӡам.

Сынтәатәи аԥхынразы сыҷқәын игәабзиара аҭҵааразы анализқәа, арыԥҳа аҭыхра, уҳәа алабораториатә ҭҵаарақәа нацҵаны бжьаратәла 3 нызқь нысхит, анаҩс ахәшәқәеи ахирургиатә цхыраареи рзы инысхыз атәы сҳәарым. Анализқәа рзы ачек ҳарҭеит џьара заҵәык, иҳәынҭқарратәым алабораториаҿы. Апациентцәа еиҳа ирзыманшәалахон сгәахәуеит, амедицинатә цхыраара ироуа азы акассаҿы ахә ахшәаара, инапырҟәыҷуа аҳақьым иҿаԥхьа имгыларц азы.

Иазгәасҭарц сҭахуп, иахьа аҳақьымцәа ирзыԥҵәоу ауалафахәы аӡбахә аҳәарагьы шыԥхашьароу. Ас ҟалашьа амаӡам. Адунеиаҿ зехьынџьара ари азанааҭ акыр зыхә ҳаракны иршьо усуп. Иофициалтәу ахә ахшәаара ҟалар, аҳақьымцәагьы ирықәнагоу ауалафахәы роуан, иара убас, ашәахтәқәагьы аҳәынҭқарра иаланагалон имаҷымкәа аԥара. Иахьа апациентцәа аҳақьымцәа ахьаҷаҷ рырымҭо иалагар, ироуа ауалафахәы злалаҟәу ала, ҳхәышәтәырҭақәа ҭацәуеит, аҳақьымцәа азхәыцуа иалагар алшоит рџьабаа ахәԥса ахьыршәаша Аԥсны анҭыҵтәи аклинкақәа рҿы аусура.

Аихшьаала ҟасҵозар "агәабзиарахьчаразы азакәан" ишрыдыркылаз ус ишьҭоуп адекоративтә ҟазшьа аманы, анаҩс, ихәыдаԥсадатәу, ахә зыхшәаатәу азҵаатәы кьыс амаӡам. Зегьы ирдыруеит бжеиҳан апациентцәа рҽыхәышәтәра имаҷымкәа аԥара шахҭнырҵо, даҽа ганкахьала ақьаад аҿы "Аԥсны амедицина иҳәынҭқарратәу аусҳәарҭақәа рҿы хәыдаԥсадатәиуп". 1992 ш иҳабашьырц иааз ақырҭуа ҳәынҭқарра ахаҭарнакцәа ракәзар, Аԥсни Қырҭҭәылеи рҳәаа азааигәара, наҟ дара рганахь Рухьи идыргылахьеит аԥсуаа ахьрыдыркылаша аклиника. Ари политикоуп, дара уи ала адунеи иадырбоит аԥсуаа ргәабзиара ахылаԥшра рнапаҿы ишыҟоу.

Апандемиа аамҭазы имаҷҩым ҳтәылауаа уахь аҽыхәышәтәразы ицаз, иҟоуп аԥсыҭбарақәагьы, урҭ ҳара ҳастатистикатә хсаалагьы иарбаӡам. Урыстәыла ҳара ҳзы стратегиатә партниоруп анаҳҳәо, хымԥада иазхәыцтәуп, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа азааигәара амедицинатә центр аартра. Уи лшара бзиахон, ҳаӷацәа рнапы ҳанымԥшыло аҟаҵаразы. Ақьаад иану азакәан 27-тәи ахәҭаҷ ҳазхьаԥшуазар, абас аҳәоит:

"Аԥсны атәылауаа милаҭс изеиуазаалакгьы, дыԥҳәысума, дхаҵоума, иарбан динзаалак иныҟәыргозаалак, азин рымоуп хәыдаԥсадатәи ацхыраара аиура, Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылаз ахырхарҭақәа рыла".

Шаҟа иԥшӡаны иҩузеи азакәан, аха уи аус азыруаша азакәан иашьҭанеиуа аԥҟарақәа иахьанӡа Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иҭнамыжьыц ҳамҳәозар.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0