Сара аакласск рҿы стәан Виачеслав Ҷыҭанааи сареи ҳанеибадыр. Усҟан ашәҟәыҩҩцәа лассы-лассы араионқәа рҿы инеиуан, еиҿыркаауан алитературатә семинарқәа. Уаҟа ахәыҷқәа ражәеинраалақәеи ражәабжьқәеи ианырзыӡҩрлак, иргәаԥхоз Аҟәаҟа аредакциақәа рахь иаарыԥхьон. Убасҟан ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәбеи акритик Рауф Ебжьноуи сҩымҭақәа ргәаԥхан, саргьы Аҟәаҟа алитературатә семинар ахь саарыԥхьеит.
Ари асеминар иалахәын Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтә иалрыԥшааз ахәыҷқәа, астудентцәа. Убасҟан ауп Виачеслави сареи ҳанеибадыр. Уи К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа интернат далгахьан, Аҟәа ақалақь бзианы идыруан, даԥшәымахахьан, ашәҟәыҩҩцәагьы рацәак дырцәыԥхамшьакәа драцәажәон.
Виачеслав иажәеинраалақәа зегь ҿырҳәала идыруан, ибзиангьы дрыԥхьон. Уи аҽны ашәҟәыҩҩцәа ҳҩыџьагьы ҳажәеинраалақәа даара иргәаԥхеит. Асеминар анеилга, Виачеслав даасыдгыланы дсазҵааит, узцыда уара ҳәа. Азныказ сара стәала иаахьымӡӷысшьеит, аха нас иасҳәеит саб дышсыцыз, уи апарк аҿы дысзыԥшны дыштәоу!
- Аҩныҟа дҳашьҭып!- иҳәеит иара, гызмалрак аҵаӡамкәа дааччан.- Уаха сара сҿы уҟаз, ара азеиԥшынхарҭаҿы ауада сымоуп.
Сара азныказ исҳәашаз сақәымшәеит, саангыларцгьы сҭахын, аха саб сицны аҩныҟа сцаргьы цәгьа избомызт, арахь асеминар аҿы сдырҽхәахьан, уи ажәабжь "шыԥхаз" саб изеиҭаҳәара сахыццакуан!
- Аҟәа усырҵоит!- деиҭаасыхлафит иара, - ажәеинраала бзиақәа зыҩуа Аҟәагьы бзианы идыруазароуп!
Саб иҿы ҳнеины иаҳҳәеит иааӡбаз, Виачеслав ихы-иҵыхәа цқьа ианеиликаа, инапы снаниҵан, ҟәрышьқәакгьы наҳаиҭан аҩныҟа дцеит.
Абас ауп ҳаибадырра ахы шакыз, сҩыза, сыԥсҭазаараҿы даара иӷәӷәаны исывагылаз, иахьа сызқәу сымҩа сахымҟьартә ианаамҭаз ацхыраара сызҭаз Виачеслави сареи.
Уи нахыс, сара ашкол сшалгазҵәҟьа аинститут сҭалеит, хышықәса азеиԥшынхарҭа сыҩнан, иаргьы ешьак еиԥшҵәҟьа илаԥш схын. Иҟоуп иареи сареи ҳаиҩызараҿы ахаан исхамышҭуа ахҭысқәа рацәаны, абраҟа урҭ рахьтә ҩбаҟа-хԥаҟа анысҵоит.
Виачеслав иашьцәеи иаҳәшьцәеи зегьы дреиҳабын. Уи иашьцәа ԥсуаҵас иааӡаз ҷкәынцәан, иара иаԥхьа аҭаацәара алалара рзыгәаӷьуамызт. Арахь иара иани иаби дыхҭаркит, уеиҳабызар, уашьцәагьы мҩакы иқәҵа, урԥырхагамхан, уаргьы шьҭа ухы уаазхәыц ҳәа. Уи иаанагоз еилкаан, ихы дахәар акәын! Виачеслав абри абри лоуп ҳәа аӡәгьы далхны димаӡамызт, иара иҳәашьа аӡәгьы "дҭеимԥшыхәцызт" макьана, анаԥш-ааԥшра акәын дызҿыз!
Исгәалашәоит, хәылԥазык, ҳаашәарыцап, иудыруеи ҳдарҩатә еиӷьхар иҳәан, апроспект ҳаныланы ҳҿынаҳхеит. Ус ҳалаԥш нақәшәеит афиша, усҟан астудентцәеи Аҟәатәи акультуратә хан аҿы еиҿкааз ақәыԥшцәа ртеатри еицымҩаԥыргоз спектакльк цон. Нас ҳаузынкылозма ҳара, ахәаԥшҩы ирольгьы, аҽырбаҩ ирольгьы нагӡо аԥхьаҵәҟьа ҳнатәеит! Виачеслав ихы аасыдикылан исеиҳәеит, уаҟа ихәмаруаз ӡӷабк дшигәаԥхаз. Уи акәхеит, аспектакль анаанҵәа, лҩызцәеи лареи алаф нараҳәо, апроспект ҳаныланы ҳҿынаҳхеит. Лҩызцәа аӡәы, лара лыжәлантә, ҳпоетесса гәлымҵәах, Саида Делԥҳа лакәын, егьи- ажурналист Инна Ҳаџьымԥҳа, лара- иахьа Виачеслав ихәыҷқәа ран, Нонна Делԥҳа лакәын!
Азеиԥшынхарҭаҿы ҳаннеи, урҭ рахьтә сара Саида дыздыруан, иласҳәеит, ҳҩыза лаҳәшьа дшигәаԥхаз, еибаҳардырырц шаҳҭаху!
- Ибзиоуп!- лҳәеит лара,- амала амыцхә дыԥхашьаҩуп, иаҳзеирцәажәар!
- Иаргьы дыԥхашьаҩуп, аха уи ихәшә сара издыруеит, сҳәан, иаразнак рыжәтә хәыҷык аахәан иаазган, азеиԥшынхарҭа аҩбатәи аихагылаҿы дара руада ҳныҩналеит.
Нонна иара усгьы ажәак аалыхәлымшәеит, иаразнак лцәа иалашәеит ҳгәы иҭаз. Аха Саидеи, Иннеи сареи аҭагылазаашьа "еиқәҳархарц" ҳалагеит. Ус ҳаӡбеит, ҳарҭ ҳабжьы рдуны ҳцәажәалап, ажәеинраалақәа ҳрыԥхьалап, уимоу, амҳаҵәқәа ықәықшаны "амузыка" аҳарҳәалап, уи иалагӡаны, издыруада Виачеслав акыр изҳәозар ҳәа! Аха Виачеслав, цас иҟаиҵозшәа, убри аҽны ибыз ихәлашәеит, акызаҵәык ииҳәаз, иаб ԥҳәыс даага ҳәа дшыхҭеикыз ауп, лара дшигәаԥхаз, лара лыда дышхәарҭам, - уаанӡа ииҳәарц игәы иҭаз зегьы шҳәатәыз ихашҭит!
Ҳара еиҭах ҳабжьқәа ҳрыӷәӷәеит, дара зынӡак хьаас иҳамаӡамшәа ҟаҳҵеит, уимоу, Саида дагьыкәашеит, ажәеинраалақәа ҳрыԥхьеит! Виачеслав уи иаҩижьуазма, арыжәтәгьы, иқәыԥшрагь, ҳара ҳазҿызгьы зегьы еилалан, игәы иацрасзар акәхап, уаанӡа иҿаҳәазшәа иваԥсаз инапқәагьы рҟьара далагеит. Аха игәы иҭаз зегьы иҳәарцаз, ҳара иҵегь ҳабжьы еиҵаҳхыр акәын, ҳара иҵегь ҳабжьы еиҵаҳхыр,- акомендант дхалан ҳдәылицон! Ус ҳаӡбеит, уахатәи ҳаиқәшәараҿ ҳаангыларц, уаҳа ацҳамҵарц, уаҵәы ҳаиҭеиқәшәарц. Дара аӡӷабцәагьы гызмалқәамзи, еиҿдырԥшуазар акәхарын, ауха иаҳҳәози адырҩаҽны иаҳҳәози еиқәшәозу еиқәымшәозу! Уаҵәы захьӡыз ҳазегь ҳаиҭеиқәшәеит, еибаҳҳәеит ҭыԥ ԥшӡак ахь ҳаиццарц, ҳаԥсқәа ҳшьарц. Ҳцеит Лбаатәи Ешыра, Виачеслав иҩыза гәакьак иҿы зегьы ҳшеицыз. Уи ауаҩ даара ибзиаӡаны ҳидикылеит, Виачеслав ауха Нонна диҳәеит! Мызк анааҵ, Виачеслави Ноннеи рынасыԥ еиларҵеит!
Ахаан исхамышҭуа ахҭысқәа иреиуоуп: даҽа уахык, усҟан авокзал авараҿы ҩынхәыҷык аҟны қьырала иамхны ҳанхон сҭаацәеи сареи, цхыбжьон ашә асыбжь геит. Сҩагылан иаасыртызар, Славик дҳаш-ҳашуа, иԥсы игәы икылахо, ццакырак, ма ус ӷәӷәак дшақәшәаз мҩашьо, ирласны уҽеилаҳәаны уаала иҳәеит. Ҳабацо сҳәан, ҳабацо умбо, Нонна ахшараиурҭаҿы дааганы дышьҭасҵеит, аҳақьым хадеи уареи ибзианы шәшәшеизыҟоу здыруеит, усызиацәажәароуп иҳәеит. Саргьы ахьышәҭҳәа сҽааиласҳәан, сҿанынасхоз аамҭаз: "Дәрыԥшьҟа ааигәа умцаӡаци?!" ҳәа дсазҵааит. Ҳашԥамцац, иаҳхысыз асабшазы уахьынтәи ҳмааи анысҳәа, нас, ҳацлымҳәа зырҵасыша акгьы ааумгаӡеи, иҳәеит! Ишԥаасымгеи, уааи, акака аажәып сҳәан, аҿаԥарашәа иҟаз ахь ҳнҩналеит. Уи акәхеит, аҩны иҟазгьы цыфақәак анааҳзықәлыргыла, аӡәы имаӡа иҵәахып, ҩбаҟа сааҭ ҳаидхалеит!
Ацхыбжьон, ахшараиурҭаҿы ҳаннеи, Нонна деибга-деизҩыда аҷкәын длоухьан!.. Ахшареилыргаҩ ӡӷаб гәырӷьаҽҳәаша анҳалҭоз, Славики сареи лхы наҳақәылкын:
- Нонна дсыҳәан, хынтә ахԥатәи аихагыла аҟынтә сылбаалышьҭхьеит, - лҳәеит,- цхыбжьон хәшәык иашьҭалан ицан, машәырк рмыхьзааит ҳәа! Ҳарҭ ҳабызқәа ҳрымҭииргьы, алашьцара ҳалубаауазар акәхарын ҳҟаԥшьҟаԥшьӡа ҳшыҟаз!
- Шәарҭарак ҳақәшәеит, аха ҳацәцеит!- ҳҳәеит ҳаргьы ҳаҿамхаӡакәа!
Виачеслав аҩыза изы иԥсы ҭихуан, иахьынӡаилшоз дивагылан. Уи алитератураҿы даара агьама бзиа змаз поетын, ирацәаӡаны аҩымҭақәа ҿырҳәала идыруан. Уи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ииҩыз аепиграммақәеи, апородиақәеи, ажәеинраалақәеи, ажурнал "Алашара" адаҟьақәа рҿы ианылахьеит. Ҳаԥсуа поезиа дацәыӡит ҳаԥхьаҩцәа бзиақәа зыргәырӷьашаз, иҵаулан ихәыцуаз, ажәа агьама зныруаз, злафи зҟазшьа бзиақәеи рыла угәырҩақәа ухазрышҭуаз, ахааназ зҭыԥ даҽаӡә иҭыԥ иаламҩашьо ҳҩыза бзиа, ҳашьа бзиа- Виачеслав Ҷыҭанаа.
"Аԥсуа поезиа антологиаҿы" иануп зхатә ҭыԥ аанызкылахьоу иара ицәаҳәақәа – иара иуасиаҭ.
Сҩызцәа, игәыӷуа исзыԥшыз,
Еиқәтәаз сгәеисыбжьы шышәныҩуа,
Исзымҳәаз ажәа, сгәы иҭашыз,
Сызхьымӡаз сашәала сышәҵәыуа!