Ахаҵамԥҳәыс: Хана Ҭаркьылԥҳа Хышаа рабиԥарак шеиқәлырхаз

© Sputnik / Томас ТхайцукБерег моря
Берег моря - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Хышаа рҭаца Хана Ҭаркьылԥҳа Аԥсныҟа ахынҳәра шлылшази, рабиԥара шеиқәлырхази ртәы аҭоурых дазааҭгылоит Саида Жьиԥҳа.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан ҳажәлар реиҳарак Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит. Ахьҭеи, амлеи, ачымазара бааԥси ирзымиааиз атәым дгьыл рызқәаҭыԥхеит ршьапы анықәдыргыла нахыс. Ауадаҩрақәа ирҿагылаз, иахьа уажәраанӡа урҭ ирхылҵшьҭроу рыжәла иацырҵоит уаҟа. Аԥынгылақәа шыҟазгьы, аамҭак ашьҭахь зџьынџьдгьыл ахь аара зылшазгьы ҟалеит. Урҭ дреиуан Хышаа рҭаца Хана Ҭаркьылԥҳа. Лара лысабицәа лыманы Аԥсныҟа дхынҳәит, уи алагьы Хышаа рабиԥарак рыԥсадгьыл аҿы рышьаҭа аларкит. Ари аҭаацәаратә ҭоурых еиҭеиҳәеит Хышаа ирхылҵшьҭроу арԥыс қәыԥш Осман.

Дамеи Чаӷыр-иԥа Мықәба ихылҵшьҭра - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2020
Мықәаа рҭаацәара аҭоурых: ҩыџьа аицалацәа абиԥарак шыдмырӡыз

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Хышаа рыжәла аҭоурых ду амоуп. Сажәабжьҳәаҩ Осман излеиҭеиҳәо ала, аҭауадцәа Мқанаа қыҭа мҩак аҟны ҩыџьа асабицәа шыцәаз рбеит. Руаӡәы, дара ишырҟазшьаз еиԥш, инапқәа ихы иаҵаҵаны дыцәан, егьи игәыҵаԥсаны. Еицыз Мқанаа руаӡәы, аҭауадцәа реиԥш ицәаз ааӡара дигоит, дхышын азы Хышба ҳәа ажәла ииҭоит, аҩбатәи – анхацәа дриҭоит. Уи нахыс Мқанааи Хышааи аишьцәа ҳәа еибабоит.

"Аиҳабацәа изларҳәо ала, ҳара шьҭрала ҳ-Калдахәаратәқәоуп. Уаҟа "Қәаса иӡы" ҳәа иҵҵуаз аӡбахә ззымдыруадаз. Иара Қәаса ҳәа иҟаз сабду иабду иакәын. Ақыҭаҟны даара ҳаҭыр иқәын, аимак-аиҿак аӡбаразгьы идҵаалоз рацәаҩын", - иҳәоит амаҭа.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Қәаса Хышба ихылҵшьҭра рыԥсадгьыл нырмыжьыр ада ԥсыхәа ҟамлеит. Иԥа Лаз идунеи иԥсаххьан, аха иԥшәмаԥҳәыс Хана Ҭаркьылԥҳаи, ҩыџьа рхәыҷқәеи (аԥеи аԥҳаи), апап иԥҳа хәыҷи, Қәаса иԥа еиҵби Ҭырқәтәылаҟа иахнагоит, ишеицыз атәым дгьыл аҟны иӡхыҵуеит. Ахҵәацәа зегь реиԥш амлеи, ахьҭеи, ачымазареи рыхго рыԥсҭазаара мҩасуан.

Гьаргь Аргәын - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2020
Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых

Ҽнак зны, Хана Ҭаркьылԥҳа илааӡоз апап иԥҳа ӡыхьк ахықәан лыхәда аџьар шхшьыз рбеит ҭырқәцәақәак. Уи иахырҟьаны гәыбӷан лоуа далагеит. Хана лхаҭа лакәзаргьы, атәым дин мап ацәылкхьан. Лабхәында еиҵбы изныкымкәа иҭаца илабжьеигахьан аҭырқәцәа ажәа раҭаламкырц, аха аԥҳәыс аҟазшьа џьбара лыман, аӡәы иҿаԥхьа лхы лалырҟәуамызт. Хышықәса ааҵуаны, Хана ахәыҷқәа лыманы анышь ала амшын дхылеит. Шаҟа мши ҵхи аӡы дхыз еилкаам, аха аԥҳәыс илылшеит Аԥсныҟа ахынҳәра, дыӡхыҵит Рҩаԥшь ҳәа иахьашьҭоу Лӡаа ақыҭа азааигәара. Лабхәында еиҵбы иакәзар хабарда дыбжьаӡуеит.

"Рҩаԥшь Хана Ҭаркьылԥҳа ланшьа дынхон. Иаҳәшьаԥҳа Ҭырқәтәылантәи нышьала Амшын еиқәа еихҵәаны дааит ҳәа аниаҳа изхаҵомызт. Ишҵабыргыҵәҟьаз анеиликаа, ажәабжь бзиа иазҳәаз ауардын ацәқәа аҵакны ҳамҭас ииҭеит. Хана ланшьа изааигәара, Лӡаа ақыҭаҿы анхара далагеит", - аҭоурых иациҵоит Осман.

© Foto / Из семейного архива Османа ХышбаШьҳаӷәан Хышбеи Мусҭафа Жьибеи
Ахаҵамԥҳәыс: Хана Ҭаркьылԥҳа Хышаа рабиԥарак шеиқәлырхаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Шьҳаӷәан Хышбеи Мусҭафа Жьибеи

Хана лԥа Шьҳаӷәан Хышба адоуҳатә школ далгоит. Анаҩс ақыҭаҟны уадак змаз ашкол иргылоит, апап дааԥхьаны ақыҭауаа рхәыҷқәа аҵара дырҵара иҽазикуеит. Ари аус аиҿкаара ахарџь ацын азы иуардын ацәқәа аҵакны иҭиуеит. Игәылацәа "аҩны иаша имаӡам, иара ашкол иргылоит" ҳәа дҵәылырхуан. Ашықәсқәа анҵы, уадак змаз Шьҳаӷәан ихыбра иавадыргылоит даҽа школк, уи иахьа 122 шықәса ахыҵуеит.

Хана Ҭаркьылԥҳа еиқәлырхаз Хышаа рабиԥара амҳаџьырра анаҩс ирнырит 37-тәи ашықәсқәеи, Аџьынџьтәылатәи аибашьра Дуи, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи ирыцыз ауадаҩрақәа. Аха абарҭқәа зегьы ириааины Аԥсны аҭоурых аҟны зышьҭа нзыжьыз иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгаз Хышаа ирхылҵшьҭроу маҷҩым.

© Foto / Из семейного архива Османа ХышбаДорофеи Шьҳаӷәан-ип,а Хышба
Ахаҵамԥҳәыс: Хана Ҭаркьылԥҳа Хышаа рабиԥарак шеиқәлырхаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Дорофеи Шьҳаӷәан-ип,а Хышба

Сталини Бериеи имҩаԥыргоз аполитика иахырҟьаны аҭакра иқәҵан, анаҩс анцәа имчала ихы дақәиҭтәын Шьҳаӷәан иԥа Дорофеи. Хана лмаҭацәа иреиуоу Андреи Хышба Македониа аконцлагерь аҟны хышықәса дыҭҟәаны дыҟан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду еилгаанӡа. 1992-1993 шықәсқәа раангьы фырхаҵарала рыԥсадгьыл рыхьчон Хана лыбзоурала еиҵагылаз Хышаа рабиԥара ҿа.

© Foto / Из семейного архива Османа ХышбаАндреи Шьҳаӷәан-ип,а Хышба
Ахаҵамԥҳәыс: Хана Ҭаркьылԥҳа Хышаа рабиԥарак шеиқәлырхаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Андреи Шьҳаӷәан-ип,а Хышба

"1980-тәи ашықәсқәа раан, сабду иаб Дорофеи Хышба аҩны идикылеит Ҭырқәтәылантәи раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа иааз Хышаа рхаҭарнакцәа. Урҭ еиҳабыс дрыцын Зеҳни Хышба. Асасцәа ирзеиҭаҳәан Хана Ҭаркьылԥҳа иаалырԥшыз ахаҵамԥҳәысра атәы. Ҭырқәтәылатәи Хышаа ари аҭоурых иаршанхеит", - аиҳабацәа рҟынтә иаҳахьоу ажәабжь еиҭеиҳәоит Осман Хышба.

© Foto / Из семейного архива Османа ХышбаОсман Алиас-иԥа Хышба
Ахаҵамԥҳәыс: Хана Ҭаркьылԥҳа Хышаа рабиԥарак шеиқәлырхаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Осман Алиас-иԥа Хышба

Иҟамзар ҟалап Аԥсны ҭаацәарак аҭоурыхтә ӡыблара зкьымсыз. Осман Хышба иажәабжь иҳанаҳәоит арыцҳара иаӡрыжәаз ҳажәлар зегь акоуп рџьынџьдгьыл аҟны ишаԥшәымацәоу. Абраҟоуп иахьыҟоу иахьатәии уаҵәтәии рԥеиԥш.

Ажәабжьқәа зегьы
0