Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы

© Foto / из архива семьи Зантария Даур Зантария
Даур Зантария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Анапаҵаҩра
Даур Занҭариа иахьа дыҟазҭгьы ихыҵуан 68 шықәса. Акыршықәса аиҩызара гәыблыла ицныҟәызгоз, иахьагьы игәалашәара зцу Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иара иҩымҭақәак ныррас илырҭази, ашәҟәыҩҩы идҳәалоу лгәалашәарақәеи ртәы дырзааҭгылеит.

Иахьа ашәҟәыԥхьара азгәышьра ԥсасины иҟагәышьоуп, абарҭ анҵамҭақәа рыла Даур иҩымҭақәа ргьама зымбац аӡә даднаԥхьаларгьы акыр иаԥсоуп сгәахәуеит. Шәхаҿгьы ишәзаагом иара ибозҭгьы, заҟа деигәырӷьарыз.

Даур Занҭариа сара дшысгәалашәо ала, абзиабара зыгхаз ахәыҷ иеиԥш дыҟан. Адунеи иқәлара залымдарак аҵаны дахәаԥшуан, уи шамаха дшаламцәажәозгьы игәнигон. Даара дазгәышьуан иара иахь агәыблыра змаз аԥхьаҩцәа рцәырҵра. Ҳаӷеимшхара, иара ишиаҳауаз даҽаӡә дурҽхәаргьы, ахыбаара изцәырҵуан.

Элеонора Когония и Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2020
Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны

Ҽнак зны иареи сареи Жәлар рфорум "Аидгылара" аҭыӡҭыԥ аҟынтә амҩаду ианыршәланы каҳуажәра ақалақь ахь ҳцон. Атротуар наҟтәи аганахь ҳара ҳахьынтәаауаз ихы рханы дцон ԥсыуа хаҵа ԥшӡак. Даур иахь схы насырхан, "ииасны ицо иеиԥш иҟоу иоуп сара исгәаԥхо" сҳәахт. "Дзыбҭахузеи ани, ҽнак шәынтә идавление ишәоит", - иҳәеит ҳақьымс уи ахаҵа иара димазшәа. Абас дыҟан, инаимҩатәны аҵәқәа иршәуан, длафуан. Абас дшыҟаз акәын бзиа дшаҳбоз.

Асовет аамҭазы маҷ ҵхы ԥаҳамҽыцызт иареи ҳареи. Усҟан кәымрак иаҟараз саҳәшьа лыкҿаҩраҿы Аҭынчра апроспект № 50–тәи аҭыӡҭыԥ зеиӷьыҟам алитературатә клуб иаҩызан. Иахьа изиирамшу ашәҟәыҩҩы иқьаадқәа наиҩыҵракны иҩымҭақәа рыԥхьаразы дҳазнеиуан. Еиҳаракгьы ажәеинраалақәа ракәын дзыԥхьоз, апоезиаҿгьы дышхәыдамыз ҳаилиркаарц иҭахын, ҳара иажәабжьқәа еиҳа ҳашрызҿлымҳазгьы. Уажәабжьқәа роуп иаҳгәаԥхо ҳәа аниаҳҳәозгьы дахыбаауан.

Уахык зны дааит иара аҵх цахьаны. Дааит, "шәгыл, ажәеинраала ссир зҩит, сышәзаԥхьоит" ҳәа адҵа наҳаиҭеит саҳәшьеи сареи. Ҳамгылар иуазма, ҳчаиршыга нақәыргыланы ҳааидтәалақәеит. "Абри ҿыц изҩыз ауп" иҳәан урысшәала Пушкин ибзиабаратә лирика аахиртлеит. Саҳәшьеи сареи ҳалақәа еиқәшәар ҳамхаччар ҳәа ҳшәон азы ҳаиҿаԥшӡомызт. Цәгьа игәарԥханы даԥхьеит аурыс гени иажәеинраала: "Ах, обмануть меня не трудно! Я сам обманываться рад!" иҳәан, аџьшьаратә интонациала иаахиркәшеит. "Нас, ишәԥажәбеи?" дҵаахт иара, илақәа агызмал ччаԥшь рыхны. "Уара, иссируп, аха Пушкин итәызшәа сыҟоуп", - аасҿыҵҟьеит. "Ибымҳәар ҳәа сшәозма, хәыҷы ҟадыџь", - иҳәан ичаи днаҿыхәеит, "бзиа шәызбоит, ных, ных" нацҵаны. Абас дыхәмаруан, абас дқьачақьуан иқәра узеилымкаауа.

© Foto / Из личного архива Элеоноры КогониаДаур Занҭариа гәаларшәагас Елеонора Коӷониаԥҳа илиҭахьаз ифотосахьа
Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Даур Занҭариа гәаларшәагас Елеонора Коӷониаԥҳа илиҭахьаз ифотосахьа

Иахьынӡасгәалашәо, иара ииҩыз рахьтә еиҳарак дзыԥхьоз абзиабаратә лирика иахаҿран. Аҳәара уадаҩуп иара урҭ хаҭала аӡәы илзикуазу, мамзаргьы амуза изаанагоз ахәыцрақәа ирхылҵуазу, аха сара издыруаз иԥшәма Лариса Аргәынԥҳа илыхгамзар ҟалап. Иҟан аамҭақәа дара реизыҟазашьақәа акризистә ҟазшьа анрымаз, иара иԥан бааԥсра ачҳарагьы мариамызт, аха, зегь акоуп, адәахьы ицәыримгоз ҩнуҵҟала лара лахь имаз аԥхарра иазкызар ҟалап илирикатә цәаҳәақәа. Даур знымзар-зны лара лыбзырӡы иҳәо смаҳацызт, еснагь дҵәылихуан, длыхлафаауан. Ус акәзаргьы, илира фырԥҳәызбас иамаз ла лакәын сгәы шазҩло ала.

Анцәахшагьы аҵмыҳәҳәаргьы

Зыччаԥшь рзеиԥшны ирыхьӡо,

Амреиԥш, блакҭа цқьа хәашьӡом,

Згәеисра ҭаахьоу иага рҳәаргьы…

Абарҭ ацәаҳәақәа шьахәла иҭырхуеит Лариса лхаҿсахьа. Уи дыздыруаз аӡәгьы иамеикрым, лара длашо аԥсҭазаара дшаныз зегь "зыччаԥшь рзеиԥшны ирыхьӡо" лакәны. Лариса иара иаԥхьа лдунеи аанлыжьит, лцәа иалаз ачымазара иахҟьаны. Иара игәнигон уи, иаахтны имҳәозаргьы, даԥсыуамзи, дгәынқьуамызт ауаа иахьырбоз. Знымзар-зны уи лыԥсра инаҭоз ахьаа атәы цәыримгацызт аибашьра ашьҭахь ҳанеибабоз. "Бзиа бызбоит" захьӡу иажәеинраала иккаӡа иаанарԥшуеит, уи ус баша наԥшыхақә зсахьа дыхнахыз ишлызкым, уи ззырхоу ашәҟәыҩҩы акыр изааигәоу шлакәу:

Бзиа бызбоит…

ауаа санрылоу, цәажәарыла,

ччарыла сгәы схасыршҭуеит,

Схала саныҟоу - бысхьаауп…

Ииашаҵәҟьаны, адәахьы ицәыримгоз ихьаақәа ипоезиаҿы иааирԥшуан. Ауаа рзы, иҩызцәа рзы иара "дцәажәаҩын", иуирдыруамызт ихала даныҟаз ихьааз. Ус акәзаргьы, сара илақәа ирхызбаалон иччаԥшь иалаҵәахыз ахьанҭара, ҳанеицәажәоз ҩынтәыршыра иавакны ицәыригоз илаф иаҵаҵәахыз шырацәаз. Дқьачақьуан иқәра иузадымкыло, имаз ихьаа убри ала ихиҽуазшәа.

Аибашьра ашьҭахь сыԥшәма иашьцәа иреиуаз, Даур иҩызаз аӡәы, Америкаҟа дцеит нхара. Убри аамҭазы сара сыҷкәын хәыҷы акәырҷыжь дақәырҭәаны апроспект ианыршәланы ақалақь агәахьы сцон. Даасԥылеит Даур. "Мшыбзиа" аҭыԥан "дзыбааӡои бара ари, ддухар Америкаҟа дцоит", - иҳәеит дцәыҵаччо. Абас дымӡышәан агәаԥхара зҵаз илафқәа рыла…

Даур Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2020
Зажәа хьыршәыгәыз ашәҟәыҩҩы: Даур Занҭариа изы ажәа

Даур апоезиа ишамеикуазгьы, зегь коуп сара сзы дыпрозаикуп, уаҟоуп иара арҿиаҩы иаҳасабала ибаҟа ахьиргылаз. Иара иҳәон еиԥш "сажәабжь еизада ахьалагоҵәҟьа абракәзар ҟалап". Уи азыскуеит санхәыҷыз сыԥхыӡ иалаз, сцәырҳаны саазырԥшуаз ӡызлан илзикыз асиужет. Санду ажәытә жәабжьқәа лдыруан, уи лылоуп раԥхьаӡа ишсаҳаз ахацәа ӡызлан ишлырҭаслымуаз. Аҵарауаа ианырҵаз атекстқәа рҿы ҳаԥхьоит :"Аӡызлан ҳәа изҿу ауаҩ сахьа лымоуп, аԥс ҷыдеи, абаҩ ҷыдеи лылоуп, иԥсабаратәым хылҵшьҭроуп". Абарҭқәа рыдагьы ӡызлан "даара соуп зҳәо хаҵа нагак, гәымшәак иакәымзар, дииааиуеит рҳәеит" ҳәа аҳәоит амиф.

Нас ушԥалцәымшәоз ӡызлан? Аҳәамҭақәа рҿы иаарԥшу ӡызлан ахацәа ракәын дыззыҭрыслоз, дзеикануаз, аха сара усгьы слыцәшәон "зшьапԥынҵақәа зышьҭахьҟа иԥшуаз" аӡаҳкәажә. Ҳара Кәтол Бзана захьӡу акәара ахықәан ҳанхон, иааилахәлар, бцаны аӡы хьшәашәа таны иаага ҳәа сарҳәар ҳәа сшәон саныхәыҷыз. "Лҟәырҷаха узгар, дуԥырхагахомызт" ҳәа ажәабжьҳәацәа ирҳәозаргьы, сара уи сылымшар ҳәа сшәон. Схәыҷымзи, ӡызлан слыцәшәон, лыгәрагь згон…

Ҽнак зны иаасыртит сҩыза Занҭариа амифологиатә ҟазшьа змоу, аполитика-сатиратә елементқәа рыла еилаӡҩоу иажәабжь "Ӡызлан". Ари ажәабжь кьаҿ хышәшықәсатәи аҭоурыхқәа иргәылсуа Ӡызлан–Ӡаҳкәажә лымчра анырра ду анамази "аӡы зырхәашьыз" ҳтәыла ианаланагала ашьҭахь лара баша дӡызланны даныҟала аамҭақәеи аанарԥшуеит. Сара схәыҷра ашықәсқәа раамҭазы сзыцәшәоз ӡызлангьы лымчра каԥсахьазаарын Даур иажәабжь ишаҳәо ала, аха урҭқәа сыздыруамызт аҟынтә, Бзана ашәҟәыҩҩы иажәабжь аҿы Бзарӡы ҳәа ззиҳәо ахь уахынла сшәаны сцомызт. Ӡызлан слыцәшәон. Занҭариа иажәабжь аҿы, ӡызлан амифи ареалтә ԥсҭазаареи дрыбжьагьежьуеит. Автор уи дааирԥшуеит дугәаԥхаратәы, иахьа ҳдунеи еиҳарак дахьалыхәдаау гәхьааугаратәы. Занҭариа и-Ӡызлан ҳкультуреи ҳҭоурыхи ирыхәҭаку, ҳаԥсҭазаара иаларсу хаҿсахьоуп.

Даур Занҭариа бзиа абызшәа идыруан: ацәқәырԥа ԥсыдақәа, афымца дарчыхәчыхәуа, лҵәыџь жжаӡа, алашьцара ҟьаԥс, ар зхымхәыцуа, ишҳамыркхаз аӡиасқәа, даныцәкәырӡклоз еиԥш – уҳәа ҟазарала еиҿартәыз, шамаха иуԥымло ажәеидҳалақәа рацәоуп ирҿиамҭақәа рҿы. Даур илексика иамоуп ахатә ҷыдара, уи ихы иаирхәон аҵәылхра иаҟазшьарбагоу ажәақәа: арныг, дзажәӡа, дҟәызгаӡа… Аԥсҭазаараҿгьы зны-зынла наҟынтәи иааны "аӡы зырхәашьыз" рлексика ихы иаирхәон Даур. "Ӡонӡ" иҳәон иара даара ииҭахым аӡәы данихцәажәоз. Нас, дынхәыҵаччон, зсахьа ҭихуаз инаалоз атәым ажәа ахьидыруаз азы. Ироман "Золотое колесо" аҿы ана-ара иуԥылоит "мазакәаль" ҳәа ҳтәыла иаланагалаз аӡырхәашьцәа иртәу ажәа. Урысшәала иҩу ари ароман акыр ахәшьара бзиа зҽаԥсазтәыз шакәугьы, исҳәарц сҭахуп Даур ишәҟыҩҩра аҩаӡара аҳаракыра ихатәы бызшәа ала ирҿиаз аҩымҭақәа рҿы шакәу иахьааирԥшыз.

Иахьа сыззаҭгылаз "Ӡызлан" акәзар, аҭоурых-мифологиатә дунеи ду аанарԥшуеит. Араҟа иара дызлацәажәо анкьатәи ҳатрадициақәеи усҟан ҳабдуцәа зықәныҟәоз аҵасқәеи рӷьырак иахьа аҭоурых иазынхеит. Уи адагьы, ари ажәабжь аҿы аполитикатә сатира иахаҿырбаганы, ақыҭа иалҵыз, ачынуаҩра иарԥхаз Гьыргәал Лагәысҭан-иԥа даҳирбоит аамҭа иарҿиаз аматериалтә бзазара иарԥхоз дырхаҿырбаганы: "Ақыҭазын аџьабаа збаҵәҟьоз Гьыргәал Лагәысҭан-иԥа иакәын. Шьоук реиԥш, ажәала акәымкәа, усла ақыҭа дацхраауан, абнара хыршьааит, аужәра ирхит ақыҭан. Абнақәа рааигәара инхоз ракәзар, ашәи, аџьи, ахьеи кубаметрла иаларҵон, акыргьы рхашәалеит, уи азы иаҳагьы Лагәысҭан-иԥа ихьӡ ҳәаны аӡы ржәуам", - иҩуеит Даур асарказм злыжжы иҟоу итекст аҿы "дандачныкьха" ҳәа ззиҳәо даарԥшуа.

Ари аамҭа иара ихаҭа иқәыԥшра ианасакьаҳәымҭазтәи ахҭысқәа роуп, аха иара иӡызлан лхаҿрала, уажәы-уажә ҳаиаигоит ажәытә ҳәамҭақәа рсиужет ахь. Лымчқәа шкаԥсахьаз шылныруазгьы, Ӡызлан Даур и-дачныкь аӡмыжь дыхтәаланы аԥсыӡқәа ахьикуаз диеиҩаӡарц далагоит. Ашәҟыҩҩы уи адачныкь Лагәысҭан-иԥа даара сатиратә хәыцрала даҳирбоит: "Зны шьыжьымҭанк аӡызлан дыԥшызар, хаҵак аҵәгәыр кны лыӡмыжь дыхтәалоуп. Дтәоуп иара, ашьушьа иалху чынаа рыкьанџьеиԥш дзажәӡа, дҟәызгаӡа".

Циза Гумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2018
Арадио
Гәымԥҳа: знык Даур Занҭариа иҩымҭақәа ирыԥхьаз - деиҭарзыхынҳәуеит

Аамҭа ҿыц ицәырнагаз афырхаҵа аӡызлан зынӡа динырӡомызт, иара дагьхеимҵозар акәхарын: "Убасҟаноуп аӡызлан ианылдыр Гьыргәал Лагәысҭан-иԥа лара дшимбоз, дшимаҳауаз. Лареи иареи еиқәымшәоз, хаз-хазы иҟаз ҩ-дунеик иртәын. Дхазымҵоз рзыҳәан дцәада-жьыдан аӡызлан", - иҳәоит автор ӡызлан лаамҭа аԥсасира ишаҿыз ҳирбарц, "лара дынцәахәын, лара ԥсра лықәмызт, аха илдыруан аӡызлан знымзар-зны ахаан лыҟазаара нҵәара зқәым, чҳашьагьы змам шәымҭакны иааҭгылар шалшоз".

Занҭариа иажәабжь зызку аӡызлан амчреиԥш лцәеижь шылцәыӡуаз убоит, автор ишиҳәо еиԥш, дхазҵо даныҟамла "аҽны ларгьы дшыҟамлоз" ҳгәы азирҩоит, уи алагьы ӡызлан лӡыжь казказқәа иуадаҩу аамҭа шырзыԥшу аарԥшуа.

"Ӡызлан" аҿы автор уажәы-уажә дрызхьаԥашуеит ироман "Золотое колесо" аҿы дызлацәажәо, аӡы зырхәашьуаз мазакәальраа: "Руаӡә ишьапҭаршә аӡыхь иӡааиӡәӡәалеит, ҽаӡә ихылԥажә ала аӡы итеит", - иҳәоит Даур Ӡаҳкәажә лыԥсы зыхҭнылҵоз, ԥсҭазаарас илымаз аӡмыжь еизызгоз аӡиас ацқьара еилазырҩынтуаз рзы. "Шьҭа еилкаан усуцәоушәа ҳтәыла иалалаз амыцқьақәа шракәыз… абас иаалырҟьан урҭ иааз аӡиасқәа зегь рҟьашьын, дықәҵны ашьхарахь дцеит Ӡызлан-Ӡаҳкәажә", - иҩуеит иара ӡызлан лымчхара аԥырхага аиуа ишалагоз ааирԥшырц.

Амифологиатә шьаҭа змоу Занҭариа иажәабжь "Ӡызлан" аҿы аӡаҳкәажә лҳарҭа-сырҭақәа шмаҷхаӡаз ааирԥшуазаргьы, уи зынӡагьы ҳаԥасҭазаара даламкәаны ҟалашьа шамам дазхәыцуеит. "Абас мацара Ӡызлан-Ӡаҳкәажә ду длеиуа-длеиуа мацара, дышлеиуаз баша ӡызланхеит", - иҳәоит иара, аха нас инациҵоит: "уи сҳәеит ҳәа, иахьа уажәраанӡагьы ауаа лыцәшәон лара. Аҭаца ҿыц аҩны данааргалак, аӡызлан уи аҭацагьы дахымбаакәа аӡы лылҭаларц азын, ачашә ҟаҵаны аӡаҿы дырныҳәар акәын, уаанӡагьы ӡаагара дрышьҭӡомызт". Ари аныҳәара џьара-џьара иахьагьы иҟарҵоит, ус анакәха, ӡызлан дхазҵо нханы иҟоуп. "Лыгәра зго ыҟанаҵы" дыҟами мшәан лара…

© Фото : apsnytekaДаур Зантария
Даур Занҭариа иӡызлани сыԥхыӡқәеи: ашәҟәыҩҩы, аҩыза игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.05.2021
Даур Зантария

Даур Занҭариа иахьа дыҟазҭгьы, ихыҵуан 68 шықәса. Идунеи иԥсахит 48 шықәса дшырҭагылаз, нанҳәамза 7 2001 шықәса рзы. Иахьа уажәраанӡагьы исыцуп исзынижьыз аԥхарра, "бзиа бызбоит, ных, ных" ҳәа исеиҳәалоз ажәақәа џьара даасԥылан инасышьҭеиҳәарашәа зыԥсы ҭоу иакәны сизхәыцуеит…

Ажәабжьқәа зегьы
0