Аныҳәареи аԥкрақәеи: COVID-19 Аираа рныҳәара аиҭакрақәа шаланагалаз

© Foto / Есма Тодуа Аираа
Аираа - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.08.2021
Анапаҵаҩра
Аираа рацуныҳәаҿы иалацәажәеит адунеи зегьы аҿы еиԥш, Аҧсны иалаҵәаз аҿкчымазара бааԥсы аиҳабацәа рацәыхьчаразы аныҳәара шынарыгӡаша. Абри атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Иарбанызаалак аныҳәара ҩ-мчыбжьа-мызкы шагыу аҽазыҟаҵара иалагоит. Аныҳәара мҩаҧызгаран иҟоу еилацәажәоит, иҟарҵо рыӡбоит, иҿыцу аӡә далалар иҭахызар иахәҭоу ала дымҩақәырҵоит, изымнеиуа дыҟазар уигьы заа иааицҳауеит, аныҳәарҭа ҭыҧ дрыцқьоит, абас ирацәоуп уи иацу акәамаҵамақәа. Сынтәа Аираа рыжәлантәқәа рныҳәараҿы, мамзаргьы дара ишахьӡырҵо Аираа рацуныҳәаҿы ихадараны излацәажәоз адунеи зегьы аҿы еиҧш, Аҧсны иалаҵәаз аҿкчымазара бааҧсы аиҳабацәа рацәыхьчаразы аныҳәара шынарыгӡаша акәын. Иагьырыӡбеит, Аибӷа, Аираа ахьҭыҵыз ҳәа иҧхьаӡоу аҭыҧ аҿы аныҳәаразы уаанӡа изылшоз, згәы иаҭахыз зегьы цозҭгьы, уажәы аныҳәаҩи уи ицхрааша, дымҩаҧызгаша рхыҧхьаӡара рацәамкәа аҷкәынцәеи царц. Убас иагьыҟарҵеит.
© Foto / Есма ТодуаАираа рныҳәара
Аираа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аираа рныҳәара
Нанҳәа 1 азы, амҽышаҽны, гәыҧҩык аҷкәынцәа аныҳәаҩ Анатолии (Баграт) Аиба раҧхьа днаргыланы Аибӷа Аираа рныҳәарҭа ҭыҧ ахь ихалеит. Иазгәаҭатәуп, Уаҭҳарантәи уахь ахаларазы ф-сааҭк амҩа иқәхоит. Аҭыҧ рыцқьаны ашәымкьаҭ ргыланы иҟарҵеит. Аҷкәынцәа Аираа ахьныҳәо аҭыҧ аҿы ахыб аҭаны, адҩыла анҵаны идыргылеит. Иара убас ишьҭарҵеит "Аираа рныха" ҳәа зну ахаҳә. Ари аҟаҵаразы аныҳәаҩ азин зриҭаз, аҭыҧ аҟны ныҟәаҩцәақәак аннанаго ыҟоуп, машәырла аӡәы аиакәымк ҟаимҵарц, аҭыҧ "имҟьашьырц" азыҳәан ауп.
© Foto / Есма ТодуаАибга Аираа рныҳәарҭа
Аираа Рныха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аибга Аираа рныҳәарҭа
Иҟаҵатәқәаз анеиқәдыршәа ашьҭахь, аныҳәаҩ Анатолии (Баграт) Аиба аб-шьтәа атәыҩа инанкны, аӡыхь ыҵхәраа иахьлеиуа аган аҿы, аџьҵла амҵан аҧхьа днагыланы, егьырҭ аҷкәынцәа ишьҭахь иааикәшаны игылан, Анцәа иахь ихы нарханы дныҳәеит абарҭ ажәақәа ҳәо: "Аиба инцәахәы, сааукәыхшоуп! Иахьа ҳшьамдгьыл аҿы, ҳабацәа, ҳабдуцәа иахьықәҵыз, абра ҳааны, ҳгәырӷьаҵәа, ишахәҭоу, аб-шьтәак шьны агәаҵәа уҳарбоит. Ҳуҳәоит, ҳаццакра ҳахҭныумҟьан, ҳамдырра ҳахҭныумҟьан, умчала, зегь рыла аҧсҭазаараҟны азҳара ҳҧыхьашәо, аидгылара ҳҧыхьашәо, Аҧсны абзиара ҟало, бзиарас иҟоу зегьы ҳаргьы ҳахәҭаа алауршәырц ҳуҳәоит!" - ҳәа абас Аираа рыжәлантә дрықәныҳәоит.
© Foto / Есма Тодуа Аираа рныҳәара
Аираа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аираа рныҳәара
Ашьҭахь ашьтәа агәи агәаҵәеи арбангьы деиҭаныҳәоит. Анаҩс аҭыҧ аҿы араса амахәқәа еиқәҵаны,  изыхныҳәаз нықәҵаны илатәаны акрырфоит. Абысҭа, акәац, аџьыкхыш, аҩы – абарҭ заҵәык роуп араҟа згьама рбо.
Аибӷа имҩаҧгаз аныҳәара иацааиз егьи амҽышазы, иахьа, нанҳәа 8 азы, Аираа ахьықәнагалаз, ршьапы зықәдыргылаз адгьыл, Уаҭҳара ақыҭа Баҽа ҳәа иахьашьҭоу аҳаблаҿы аныҳәара мҩаҧыргоит. Араҟагьы аныҳәарҭа ҭыҧ аҿы еизаз ахацәа, уаанӡеиҧш рхыҧхьаӡара рацәамызт. Аныҳәаҩ хада Анатолии (Баграт) Аиба иарма напаҿы агәыи агәаҵәеи аҵәы иахаҵаны икны, иарӷьа напаҿы аҩеиқәаҵәа кны, даҽа быжь-ҩык агәыи агәаҵәеи зкуа аныҳәаҩцәа наиваргыланы доусы аӡәаӡәала иныҳәан, нас егьырҭгьы агьама дирбеит. Хымҧада, аҭыҧ ахь имҩеизгьы рықьҭамхәқәа аарышьҭит.
© Foto / Есма Тодуа Аираа рҭацацәа рныҳәара
Аираа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аираа рҭацацәа рныҳәара
Аҳәса рганахьалагьы, есышықәса, ари аныҳәара анымҩаҧыргоз, ахацәа ныҳәаны ианалгалак ашьҭахь, даргьы џьарак еизаны, иныҳәон. Аха иахьа араҟагьы аҧсахрақәа ҟаҵан. Аҳәса имҩаҧырго аныҳәараҿы иӡбан, досу рыҩнаҭақәа рҿы, абиҧарала аныҳәара мҩаҧыргарц, ауаа рацәа реизара аҿкы чымазара рацәыхьчаразы. Ас еиҧш ала аныҳәара амҩаҧгара, уи аҧҟарагьы еиланаго иҟаӡам, избанзар аныҳәара ахәҭа хада аӡәгьы дацәхьаҵӡом, досу рықьҭамхәқәа еилаҵаны (аҳәса идырхио аҿы уи – ашә аӡеи, ашылеи, ачашылеи роуп) иҟарҵоит.
© Foto / Есма Тодуа Аираа рҭацацәа рныҳәара
Аираа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Аираа рҭацацәа рныҳәара
Аҳәса ахьныҳәуа иадыргало ихадароу ачысхкқәа иреиуоуп: ачаҳаржә, акәтыжь, абысҭа, ацха-ӡҩа, ахарҵәы-ӡҩа, ацха, ахарҵәы, дара абарҭ роуп аишәаҟны иқәдыргылогьы. Аҩнаҭаҿы дныҳәоит аҧҳәыс еиҳабы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
 
Ажәабжьқәа зегьы
0