"Ԥсыуак мап ицәимкыцт": Ҭырқәтәылатәи ачынуаҩ Кадыр Абаӷба иҭоурых

© Foto / предоставил Кадыр АбагбаКадыр Абагба
Кадыр Абагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәаа саназааигәаха, "Аԥсны Аҳәынҭқарра" ҳәа аҩыра анызба еиҳа-еиҳа сгәы еисуа иалагеит. Сыԥсадгьыл сшьапы анықәсыргыла, исылжжыз ацәаныррақәа еиҭаҳәашьа рымам.
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа ирызкны Sputnik Аԥсны асаит азы иазсырхио анҵамҭақәа рҟны изныкымкәа рыӡбахә шәзеиҭасҳәахьеит ҳазхыҽхәо, ҳгәы шьҭызхуа, зыда ҳамам ҳажәлар иреиӷьу рхаҭарнакцәа. Иахьагьы, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, дышәсырдырар сҭахуп Ҭырқәтәыла иналукааша ауаҩ ду, ачынуаҩ, Ҭырқәтәыла ҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ, Ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра ахадара иусбарҭа аексперт Кадыр Рефқьи-иԥа Абаӷба.
 Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Кадыр Рефқьи-иԥа Абаӷба диит Адаԥазар ақалақь азааигәара, Месудие ақыҭан. Иаби иан Шьуқран Кәышмалԥҳаи ирааӡеит хәҩык ахшаара, хҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи.
Кадыр, Сақариатәи абжьаратә школ ашьҭахь, дҭалоит Анкаратәи ауниверситет, аԥсабаратә аҭҵаарадыррақәа рфакультет. Абиолог изанааҭ иоуны, ихьчоит адоктортә диссертациа. Аҵара ашьҭахь аусура далагоит Сҭампыл ақалақь, агәабзиарахьчара аминистрра иатәу, амикробиологиатә лабораториаҿы. Уантәи диаргоит Анкара агәабзиарахьчара аминистрра алабораториа аҳәынҭқарратә гәаҭара аиҳабыс. Иахьа Кадыр Абаӷба Ҭырқәтәыла агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩс дыҟоуп, убас Ҭырқәтәыла ахадара аусбарҭа аекспертс.
© Foto / предоставил Кадыр АбагбаКадыр Абаӷба иԥшәмаԥҳәыси иԥацәеи
Кадыр Абагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Кадыр Абаӷба иԥшәмаԥҳәыси иԥацәеи
Кадыр Рефқьи-иԥа амаҵура ду шныҟәигогьы, дшеилахоугьы, иара изы раԥхьа игылоу иуаажлар ринтересқәа роуп. Знызаҵәыкгьы ицхыраара зҭаху ԥсыуак мап ицәимкыцт.
Кадыр Абаӷба иԥшәмаԥҳәыс дҟабарда ҭыԥҳуап, Емине Кәышҳа лыхьӡуп. Лара акыр шықәса арҵаҩы изанааҭ ала алицеи аҟны аус луит, аҿар дырзаԥхьон аҳасабеилыргаразы алекциақәа. Дравторуп аметодикатә цхыраагӡақәа жәпакы. Аԥсуа-аҟабарда ҭаацәараҿы ирызҳаит ҩыџьа арԥарцәа. Даргьы рани раби реиԥш иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгеит.
"Сԥеиҳабы Емир-Кәанч Анкаратәи ауниверситет алитературатә факультет далгеит, аус иуеит Ҭырқәтәыла аҿари аспорти рзы аминистрра аспециалистс. Аиҵба Омер-Гуреи, иан лџьынџьдгьыл аҟны азанааҭ иоур иҭаххеит. Аурыс бызшәа ҵаны, дҭалоит Ҟабарда-Балкариатәи Аҳәынҭқарратә университет, аекономикатә факультет. Иара ҵыԥх ауп иҵара анхиркәша, макьаназы дхәыцуеит аусура далагару идыррақәа ирыциҵару ҳәа", - иԥацәа рыӡбахә иҳәоит Кадыр.
© Foto / предоставил Кадыр АбагбаКадыр Абаӷба
Кадыр Абагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Кадыр Абаӷба
Иабдуцәа рҭоурых дазааҭгыло, Кадыр Абаӷба еиҭеиҳәеит дара амҳаџьырра ҟалаанӡа Гагра иацәыхарамкәа, Баӷрыԥшь ақыҭан ишынхоз. Кадыр иабду иаб Ҳасан иоуп аамҭа еиқәаҵәақәа раан ахҵәара иақәшәаз. Раԥхьа, Билеџьик ақалақь аҟны ршьапы адаркит, анаҩс Ҳасан иԥа Меҳмеҭ-Али иашьцәа Абаӷбақәа ахьынхоз Адаԥазар ақалақь иаԥну Месудие ақыҭахь дцеит.
2015 шықәсазы, Кадыр Абаӷба раԥхьаӡа акәны иҩызцәа дрыцны Апсныҟа дааит.
"Аҳәаа саназааигәаха, "Аԥсны Аҳәынҭқарра" ҳәа аҩыра анызба еиҳа-еиҳа сгәы еисуа иалагеит. Сыԥсадгьыл сшьапы анықәсыргыла, исылжжыз ацәаныррақәа еиҭаҳәашьа рымам, сҵәыуару, сыччару сзымдырит", - ҳәа игәалаиршәоит ҳџьынџьуаҩ.
Кадыр Абаӷба Аԥсны дахьынӡыҟаз иҩызцәеи иареи атәыла ахыи аҵыхәеи еимырдеит, Егрынӡа ицеит. Убасҟан иара ҩаԥхьа агәра игеит иџьынџьдгьыл ахь ахынҳәра шиҭаху.
© Foto / предоставил Кадыр АбагбаКадыр Абаӷбеи Аҳмаҭ Хапати
Кадыр Абагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Кадыр Абаӷбеи Аҳмаҭ Хапати
"Сара аусура садҳәалахеит, смаҵура акәымзар егьараан Аԥсныҟа схынҳәхьазаарын. Тәанчара санцалак сгәы иҭоуп сабдуцәа рхәышҭаарамца ахьеиқәыз Баӷрыԥшь дгьыл ҽыҭк аахәаны, сԥацәа рзы ҩнык аргылара. Издыруада, мышкызны ҳаиҳабацәа рыбаҩқәа ахьыҟоу, иԥшьоу адгьыл аҿы рдацқәа аурыжьыр", - ҳәа игәҭакқәа ҳацеиҩишеит Кадыр Рефқьи-иԥа.
Кадыр Абаӷбеи сареи ҳаибадыруеижьҭеи хышықәса ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны игәасҭеит иуаҩра шҳараку, иԥсадгьыли иуаажәлари рзы ихы дшамеигӡо. Абжьааԥны, Ҭырқәтәыла исԥыло ҳџьынџьуаа Аԥсны иадҳәалоу аҭоурыхқәа ирызҵаауазар, Кадыр Абаӷба уи аганахь ала иааџьоушьаратәы адырра ҳаракқәа имоуп. 
Аԥсуаа иаҳхаҭарнаку Ҭырқәтәылатәи ачынуаҩ Кадыр Абаӷба иеиԥш иҟоу ауаа роуп, атәым дгьыл аҟны ҳӡырызго, адунеи ҳалазмырӡо.
Ажәабжьқәа зегьы
0