Зхьаа згәалақәа ацәызҳәаз апоет: Витали Амаршьан игәалашәара иазкны

© Foto / Абхазия-ИнформВиталий Амаршан
Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.09.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 80 шықәса ихыҵуазаарын Аԥсны Жәлар рпоет, апрозаик, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи занашьаз Витали Амаршьан. Уи игәалашәара иазку анҵамҭа азирхиеит Анатоли Лагәлаа.
"Адунеи аҿы зегь реиҳа алахьеиқәра зцу агәырӷьара – поетны аҟазаароуп. Егьырҭ зегьы рацәак ихьааӡам, аԥсрагьы налаҵаны".
Федерико Гарсиа Лорка
Иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы, 80 шықәса ихыҵуазаарын Аԥсны Жәлар рпоет Витали Амаршьан. Сара раԥхьаӡа акәны Витали Амаршьан дызбеит саб ажурнал "Алашара" аредакциаҿы саннеигаз. Усҟан аа-класск рҿы стәан. Исхашҭӡом, ажурнал аредактор хада Алықьса Џьениа Аиааира Ашҭаҿы иахьа ибылны игылоу ажәытәтәи Аиҳабыра рыҩны иавагылаз х-еихагылак иҟаз аҩны аҩбатәи аихагылаҿ дтәан. Имаӡаныҟәгаҩ адҵа лиҭеит апоетцәа Мушьни Миқаиеи Витали Амаршьани сзаашьҭ ҳәа. Урҭ ахԥатәи аихагылаҿ итәан, адырра анроу, иаразнак илбааит. Алықьса иреиҳәеит сажәеинраалақәа игәцаракны ирыԥхьарц, "Сымҩашьозар, аҟыбаҩ злоу аӡә иакәзар ҟалап!" ҳәагьы нациҵеит.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВитали Амаршьани Анатоли Лагәлааи
Витали Амаршьан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Амаршьани Анатоли Лагәлааи
Убри аҽны стетрад хәыҷқәа сымхны ахы инаркны аҵыхәанӡа ирыԥхьеит саби сареи ҳаштәаз, сыгәгьы рызҭарҵеит сҩымҭа хәыҷқәа. Уи нахыстәи даҽа ҭоурыхуп, аха Виталии сареи ҳаибадырра шалагаз абас ауп…
Акыр шықәса анҵы уи ашьҭахь, 2005 шықәса рзы, иара ихаҭа ихәыҷра игәаларшәо хә-томкны иҭыҵыз ишәҟәы аԥхьажәаҿы иҩуеит:
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВитали Амаршьан
Витали Амаршьан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Амаршьан
"Сахьиз, сахьааӡаз Џьгьарда ақыҭан, ҳкәасқьа ахәы ҳарак иқәгылоуп, уи сылацәа анаахыст избаз ауп, аиԥш ҭыԥ ԥшӡа, ҭыԥ џьанаҭ адунеи исзаламызт. Сныҟәо, сцәажәо, избо-исаҳауа гәныскыло саналага инаркны, ҳгәашә сынҭыҵны, Ахықә ҳәа ҳзышьҭоу адгьыл цәхыԥраҿ санааилак, лбааҟа сахьыԥшуаз, лагӡа-ҩагӡа, снапсыргәыҵа ианушәа, ҳқыҭа зегьы ккаӡа салаԥшуан.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВитали Амаршьан
Витали Амаршьан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Амаршьан
Сара сҿарагьы, аԥхыӡ еиԥш, еишьылкакараӡа, еиҭаҳәашьа змам акы иҳәаԥыӡаԥуа иалан, сгәы сыхон, аха иахьсыхоз ҳәа егьсзеилкаауамызт. Ус-ус, ихҭакны сзыԥхьоз анҭ ашәҟәқәеи, уаанӡатәи ссахьаҭыхрақәеи, сыгәҭахәыцрақәеи, зегьы неилалан, хыма-ԥсыма ақьаади акалами шьҭыхны, ажәақәа реинраалара сҽыназыскит. Уи ҿык-бзык иазымҳәо хаарак наҵызбааит, гьама ссирк нахыскааит, уахынла акәаҷаб садҟәыҟәла, аҵхқәа ԥысҽуагьы сҿаасхеит. Раԥхьаӡа изҩыз ажәеинраалагьы "Аԥсуа поетцәа шәахь" ахьӡын. Абар иаргьы, мшаҽны ишииз еиԥш, кьыс амаӡамкәа.
Ирымаӡамкәа рхатә ԥхьагыла,
Ҵыси жәҵысиҵәҟьа зԥырӡом.
Дырмит Гәлиа шәаԥхьа дангыла,
Ишьҭанеиуаз шәеиҵахаӡом.
 
Аҳәыҳә гәарҭа иԥыруа инеиуаз,
Шәаргьы шәнарԥылеит шәԥыруа.
Шәгәаҵа иҭыҵуаз шәашәа еиуаз,
Аҳауа иналалеит икаууа.
 
Ари уажә акәым, шәнеихьеит шьарда,
Шәымҩа шәықәланы шәцауеит.
Саргьы сыҵԥрааит абра, Џьгьарда,
Сызшәыхьӡозар - сшәыхьӡауеит!.."
Витали Амаршьан ихы-иԥсы ақәҵан иус ԥшьа даҿын, уи аԥсҭазаараҿы дызлаԥшыз, инырыз, дзыблыз ахҭысқәа зегьы ирҿиамҭақәа рахь ииаигеит, рыԥсы ҭеиҵеит, алитературатә ԥсҭазаара риҭеит. Уи иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи ажәлар ргәаҿы инеит, ишьҭыркааит, рыгәҭыхакәа ирзааигәахеит.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВитали Амаршьан
Витали Амаршьан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Амаршьан
Иара апоет иажәақәа рыла иаҳҳәозар: "Схы сыԥхьаӡоит сара, иааиԥмырҟьаӡакәа агармониа иашьҭоу поет лирикны. Апоезиа - уи сара исыԥсҭазаароуп, исыԥсыԥлагаҩагароуп. Аԥсабара зегь реиҳа сгәы зырцыхцыхыз, абҷеиԥш зны исыхьыз раԥхьаӡатәи сыбзиабароуп, сгәы иҭымҵәо ихааӡа ԥсраҽнынӡагьы исыцзааит. Иагьыздыруеит, иреиӷьу сҩымҭақәа, ӡыӷәарӷәалеила акәымкәа, сшьала ишҩу, сыԥсы ишахылҵыз.
Зыхшара аҩны ианыҟоу згәы раҳаҭу ан леиԥш, ианакәызаалак сҩымҭақәа акьыԥхь рбаанӡа еиҳа сгәы рызҭынчуп, еиҳа среигәырӷьоит, знык акьыԥхь иананылалак нахыс, измааноу сыздыруам аха, лахьеиқәҵарак сызцәырҵуеит. Зԥацәа хьыӡрацара изышьҭыз аб иеиԥшгьы, такәаамҭа акы сазыԥшуп. Ицаз шцаз, уаҳа ишыхнымҳәуа аныздырлак, саақәыԥсычҳауеит, уаҳа акымзарак.
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВитали Амаршьан
Витали Амаршьан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Амаршьан
Уи аахыс Аԥсны ахҭыс дуӡӡақәа ҟалахьеит. Зегьы иреицәахеит 1992 шықәсазы ҳзықәшәаз аибашьра. Уи хаҭала исыцрасит, саблит".
Иахьатәи ҳара ҳформат аҿы инарҭбаан узрылаҵәажәом ашәҟәыҩҩы ипрозатәи ипоезиатәи рҿиамҭа дуқәа, урҭ ҳара ҳлитература дырбеиахьеит, иреиӷьӡоу апрозатә ҩымҭақәа рахь ишьоуп, иаҳҳәап, иҭоурыхҭә роман "Аԥсҳа". 
Ипоезиа ҳалацәажәозар, уи иреиҳаӡоу акульминациаҿ ихаргалеит аибашьра иазку иажәеинраалақәа. Апоет иҷкәын заҵә иҭахара, уи иацу агәырҩа инарҩит даара иҵаулоу, иӷәӷәоу, ԥсра зқәым ажәеинраалақәа. Абраҟа иааҳгоит урҭ руак:
Марттәи ажәылараан
Гәымысҭа ирит ахацәа ӷьеиҩқәа,
Аҟәа ргарцаз ԥхьа инеихеит!
Рҭыԥ иахымсит ирышьҭанеишаз,
Шьҭахьҟа ихьаҵны рыԥсы ргеит…
 
Ԥхьаҟа ижәылаз рхы иамеигӡа,
Аԥсра иаԥылеит хацәнымырха.
Рыԥсы ҿызхшаз уаҩ дымнеиӡеит,
Уи даргәырӷьаӡеит ҳаӷа!
 
Аҟәа далҵырц дышдәықәлахьазгьы,
Ҩаԥхьа ишьҭахьҟа дхынҳәит.
Ҳҵеицәа бзиахәқәа иҭахазгьы,
Напыҟьашьыла уаҟа иржит.
 
Иҳарымҭеит рыԥсыбаҩқәаҵәҟьа,
Наҟ-ааҟ иҳалҵырц аҭыӡшәа.
Аха иарбан иҟоу ҳԥызымшәацҳәа,
Адунеиаҿ ҳара абра!
 
Ҳаҽҳрыӷәӷәароуп ҳаӷа ицасҳәагь,
Ҳаиҭазхәыцроуп ҳ-Аԥсынра.
Иҳақәлаз раҵкыс зынӡа ишәарҭоу,
Рҵыхәажә ԥаҳҵәап ҳазҭиуа!..
 
Ҳхацәа ӷьеиҩқәа рхы назқәырҵаз,
Ршьа зызкарҭәаз ҳаҳҭынра,
Уеизгьы-уеизгьы иҳархынҳәырцаз,
Ҳаиҭажәылароуп ԥхьаҟа!
 
Адунеи дуӡӡа ашьа ааргьы,
Ажәҩан ҳақәҳаргь ибганы,
Мнеишьа ҳамам, егьа аамҭа царгьы,
Мнеишьа ҳамаӡам ҳаҩны!!!
1993, Лыхны.
Ас еиԥш иҟоу апоет инысымҩа, уи иҭижьыз ишәҟәқәа, урҭ рҵакы, дарбан аԥсуазаалакгьы идыруазароуп, иныруазароуп, насоуп уаҵәтәи ҳамш аншәарҭамхо, избанзар, уи ҳҵеира ршьала ишаагоу ауп иаҳәо апоет иԥсҭазааратә цәқәырԥара:
© Foto / предоставлены Анатолием ЛагулааВитали Амаршьани Анатоли Лагәлааи
Виталий Амаршан и Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Витали Амаршьани Анатоли Лагәлааи
Аԥсны жәлар рпоет, апрозаик Амаршьан Витали Џьота-иԥа диит Аԥсны, Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭа цәыббра 22 1941 шықәса рзы, иԥсҭазаара далҵит хәажәкыра 24 2020 шықәса рзы. Иара СССР Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәареидгылеи, Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи (1999) дырлахәылан, ашьҭахь – Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа (2003) далахәылан. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ (2015) ҳәа ахьӡ ихҵан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡареи ианашьан. Дыҩуан аԥсышәала.
© Foto / из личного архива семьи АджбаАпоетцәа: Таиф Аџьба, Белла Ахмадулина, Витали Амаршьан
Поэт Таиф Аджба (справа) с поэтессой Беллой Ахмадулиной и писателем Виталием Амаршан - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Апоетцәа: Таиф Аџьба, Белла Ахмадулина, Витали Амаршьан
Акыр заа иаб диԥхеит (1943 ш.). Витали, иара убас иашьцәа еиҵбацәа Валерии Артури рааӡеит рани ран лаҳәшьеи. В. Амаршьан далгеит Џьгьардатәи абжьаратәи ашкол (1959). 1962 ш. нахыс А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны аҵара иҵон. 1965 ш. иҵара ааныжьны А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт дҭалоит. Иҵара хиркәшоит 1970 шықәсазы. Алитинститут аҟны апоетикатә ҟазара амаӡақәа аҵихуан еицырдыруа аурыс поет, алитератураҭҵааҩ С. С. Наровчатов напхгаҩыс дызмаз асеминар аҟны. Аҵара еицырҵон, иагьеиҩызцәан иналукааша аурыс поет Иури Кузнецови иареи. Аус иухьеит ажурнал "Алашара" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс, ашьҭахь аредактор хада ихаҭыԥуаҩс, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа амаӡаныҟәгаҩс.
© Sputnik / Бадрак АвидзбаКнига Виталий Амаршан
Книга Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны
1/5
Книга Виталий Амаршан
© Foto / предоставлены Анатолием ЛагулааКниги Виталия Амаршан
Книги Виталия Амаршан - Sputnik Аҧсны
2/5
Книги Виталия Амаршан
© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Маршан
Виталий Маршан - Sputnik Аҧсны
3/5
Виталий Маршан
© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааВитали Амаршьан
Витали Амаршьан  - Sputnik Аҧсны
4/5
Витали Амаршьан
© Foto / предоставлены Анатолием ЛагулааКниги Виталия Амаршан
Книги Виталия Амаршан - Sputnik Аҧсны
5/5
Книги Виталия Амаршан
1/5
Книга Виталий Амаршан
2/5
Книги Виталия Амаршан
3/5
Виталий Маршан
4/5
Витали Амаршьан
5/5
Книги Виталия Амаршан
В. Амаршьан заа ажәеинраалақәа рыҩра далагеит. Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1962 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ("Аԥсны") аҟны, уи нахыс - ажурнал "Алашара" (№4) аҟны. Раҧхьатәи иажәабжьқәагьы кьыҧхьын "Алашара" адаҟьақәа рҟны (1966). Апоет ҿа ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба рырҿиара, иара убас аурыс классикцәа: А. С. Пушкин, М. И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Иҩымҭақәа рнылахьеит иара убас ажурнал "Амцабз", "Аҟәа-Сухум", агазеҭқәа "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Правда", "Известия", "Литературная газета", "Литературная Россия" уҳәа. Иҭижьхьеит хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәа, апоемақәа, аповестқәа, ароманқәа, аочеркқәа. 20 инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи еидызкыло ишәҟәқәа ҭыҵхьеит.
В. Амаршьан иажәеинраалақәа жәпакы, иҭоурыхтә роман "Аԥсҳа" еиҭагоуп аурыси аҭырқәеи бызшәақәа рахь.
Аԥсшәахь еиҭеигеит В. Н. Соколов, С. С. Наровчатов, З. М. Тхагазитов, И. Ш. Машбаш, К. С.-Г. Џьегуҭанов, Р. Гамзатов ражәеинраалақәа, В.М. Шукшин, Г.Д. Гәлиа, Е.Ф. Басариа ражәабжьқәа, М. Твен ироман "Том Соиер ихҭысқәа" уҳәа егьырҭгьы.
Витали Амаршьан - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2020
Ҳажəлари ҳлитературеи рзы игəы-иԥсы ҭихит: Витали Амаршьан игәалашәаразы

Аҭыжьымҭақәа

Аԥсышәала
Агәеисыбжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1966; Еиуеиԥшым аҟазшьақәа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1967; Сразҟы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1969; Ааԥынтәи ақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1972; Мрагыларахь зхы хоу акәасқьа. Аповестқәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1974; Аигәныҩра. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1975; Амш ахәлара иҳамнахаанӡа. Ароман. Аҟәа, 1981; Ашьхыцқәа ртәыла. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1983; Аччаԥшь. Ажәабжьқәа. Аҟәа. 1986; Схәыҷра аӡынра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа. 1988; Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1991; Аԥсҳа. Аҭоурыхтә роман. Аҟәа, 1994; Уашхәа мақьаԥсыс. Аҭоурыхтә хьӡыртәра. Аҟәа, 1999; Бзиала уаабеит, Том Соиер! Ажәабжьқәа, аиҭагақәа, ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2002; Иҩымҭақәа реизга: 6-томкны. Аҟәа, 2005-2010; аурысшәахь аиҭагақәа: Месяц сева. Стихи. М., 1980; Там где люди, там и я. Стихи. Сухуми, 1980; Леон Апсха. Исторический роман. Сухум, 2003; Апсха Леон. Историческии роман. (2-е издание). Сухум, 2012.
Витали аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоз ари ачымазара бааԥс иҳалоу даара аҽырцәгьан иҟан, гәыблыла дызҵәыуашаз аӡәырҩы зымнеиӡеит, аха рыгәқәа рҿы рхы-рыԥсы далырхит. Абра иаазгоит уатәи сцәажәара аҟынтәи хәҭак:
Витали, уара акырынтә Аҟәа агәы ашашараҿ ҳаҷкәынцәа ахьжу утәаны иухугахьан, урҭ гәаныла урацәажәон, урҭ рхы зқәырҵаз ҳаԥсадгьыл шьҭа аӷа иганахьала кьыс шамоуа агәра дургон… Нас, аҩны уанааилак, аҵх агәы иааумнахаанӡа, уи агәырҩа иахылҵыз, ишыԥхоу, ишшу, уаԥхьаҩцәа ҳахь ииаугон, ирылухуан аҩымҭа хатәрақәа… Убас ииз роуп уажәеинраалақәа, упоемақәа, уроманқәа, иара убасгьы ҳхьаақәа зегьы згәылаҵәаху уҭоурыхтә рҿиамҭа "Уашхәа мақьаԥсыс". Аԥсыуак дыҟанаҵ, есымша иқьышә иқәыххло, инарҵаулаӡаны дзырхәыцуа, абырлаш еиԥш ҳпоезиа иалаԥсоу уцәаҳәақәа:
Ашәышықәсқәа рнаҩыс ҳаԥхьаҟа зны,
Аԥсыуак дҭынчӡа дыштәоу иҩны,
Игәиҽанӡамкәа ашә аатуеит,
Аԥша иаанартызшәагь ибауеит,
Аха аԥшакәӡам иаазыртуа,
Са соуп иҩнало усҟан уа!..
Мамзаргьы;
Ауаҩы
Ауаҩы дажәӡом, ауаҩы дааԥсоит,
Ауаҩы дкарахоит бааԥсыла!
Ашәышықәса амҵан ҭынч днатәоит,
Иԥсы ааиҭакны ҿыц дҩагыларц!..
Аха маҷ-маҷ ацәа уи дагоит,
Цәарҭасгьы изыҟалоит адәаӡа…
Ауаҩы дыԥсӡом, ауаҩы дааԥсоит,
Ауаҩы дамхацәоит наӡаӡа!.."
Абриаҟара зхызгаз апоет макьана дҳалагылазар акәын, аха имчқәа зегьы нҵәеит, ихьаақәа дыркит, игәырҩа хьанҭа изышьҭымхит. Инхеит иара иаԥиҵаз ԥсра зқәым арҿиамҭақәа, урҭ уаҵәы игыло аҿар баагәараҵас иахьчалоит…
Ажәабжьқәа зегьы
0